Ажәамаанақәа
29 Зныкымкәа дышдыриашахьоугьы, зтәы иазырго ауаҩы*
Иаалырҟьаны дықәгахоит, ҿааҳәыра имоуа.
2 Ауаа иашақәа анырацәоу, ажәлар гәырӷьоит,
Ауаҩы цәгьа напхгара аныҟаиҵо, ажәлар гәынқьуеит.
3 Аҟәыӷара бзиа избо иаб диргәырӷьоит,
Акаҳԥцәа ирыцу имал зегь хыда инихуеит.
4 Аҳ ииашаны аусқәа аниӡбо, атәыла ирӷәӷәоит,
Аҵарҭыша бзиа избо уи ықәигоит.
5 Ауаҩы изааигәоу даниҿагәыбзыӷуа,
Иаԥхьа акаҭа шьҭеиҵоит.
6 Ацәгьаҟаҵаҩ игәнаҳа дашьаҳауеит,
Ауаҩ иаша иакәзар, дгәырӷьаҵәа дыҟоуп.
7 Ауаҩ иаша аӷарцәа рзинқәа дрызхәыцуеит,
Ауаҩы цәгьа урҭ хьаасгьы имаӡам.
8 Аҽхәаҩцәа ақалақь аҿы аҵәы дыршуеит,
Ауаа ҟәышқәа агәыԥжәара еиқәдыртәоит.
9 Ауаҩ ҟәыш агаӡа ажәа имакра далагар,
Ацәҳареи аҵәалаҵареи ада уи бзиарак ҳәа акгьы алҵӡом.
12 Анапхгаҩы амц дазыӡырҩуазар,
Имаҵуцәа зегьы уаа цәгьақәахоит.
13 Аӷари аргәаҟҩи ирзеиԥшу абриоуп*:
Рҩыџьагьы рыла алашара азырбо Иегова иоуп*.
14 Аҳ аӷарцәа ииашаны рус иӡбозар,
Иаҳраҭыԥ ӷәӷәаӡа иҟазаауеит.
15 Ирыбжьо*, идыриашо ауаҩы дҟәышхоит,
Аха ааӡара змам ахәыҷы иан дирԥхашьоит.
16 Ауаа цәгьақәа анырацәахо, ацәгьоурақәагьы рацәахоит,
Аха ауаа иашақәа урҭ шҭахо рбоит.
17 Дааӡала уҷкәын, усҟан иара агәҭынчра уиҭоит,
Агәырӷьара дугьы узааигоит.
18 Анцәа инапхгара* ада ауаа иаарҭаху ҟарҵоит,
Азакәан иқәныҟәо насыԥ рымоуп.
19 Амаҵуҩы ажәала дузыриашаӡом,
Иуҳәо еиликаауеит, аха иҟаиҵаӡом.
20 Имхәыцӡакәа ицәажәо ауаҩы дубахьома?
Агаӡа еиҳа иҽиԥсахыр ҟалап уи иаасҭа.
21 Амаҵуҩы данқәыԥшу инаркны дыбжьухыр,
Абзиара пату ақәимҵо далагоит.
22 Аԥырқьҳәа иҵҟьо аҭыӡшәа ирҿиоит,
Зыԥсахы еибакуа агәнаҳақәа рацәаны иҟаиҵоит.
23 Ауаҩы иԥагьара дланарҟәуеит,
Ахынраалара злоу ахьӡ-аԥша иоуеит.
24 Аӷьыч ицу ихы даӷоуп,
Шаҳаҭра шутәу иаҳауеит*, аха акгьы иҳәаӡом.
25 Ауаа рыцәшәара ацәҟьа иаҩызоуп,
Иегова иқәгәыӷуа дыхьчазаауеит.
26 Анапхгаҩ иахь анеира зҭаху* рацәаҩуп,
Аха аусқәа ииашаны изыӡбо Иегова иоуп.
27 Аиашара бзиа изымбо ауаа иашақәа дырцәымӷуп,
Ииашаны зхы мҩаԥызго ауаа цәгьақәа дырцәымӷуп.