Даниил
1 Иудеиа аҳ Иоаки́м аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәс азы, вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Иерусалим игарц амацәаз иҭеикит. 2 Иегова иудеиатәи аҳ Иоаки́м Навуходоно́сор дииҭеит, иара убас ииҭеит Анцәа ду иныҳәарҭа иҩназ амаҭәарқәа рыхәҭак. Навуходоно́сор урҭ сеннаартәи адгьыл ахь* иган, инцәа иныҳәарҭаҿы иҟаз ахазынаҭра иҭеиҵеит.
3 Анаҩс аҳ иаҳҭынраҿы зегьы ирхагылаз имаҵуҩы Ашпена́з иеиҳәеит израильаа ԥыҭҩык изнеигарц, аҳцәеи ауаа дуқәеи рышьҭра иатәқәаз уахь иналаҵаны. 4 Урҭ гра змамыз, ԥшралеи сахьалеи еиҿкааз, аҟәыӷареи, адыррақәеи, аилкаареи змаз, аҳ иаҳҭынраҿы амаҵ аура зылшоз арԥарцәа* ракәзар ахәҭан. Ашпена́з урҭ халде́иаа рбызшәала аԥхьашьеи аҩышьеи дирҵар акәын. 5 Уи адагьы, аҳ урҭ арԥарцәа истол аҟынтә есыҽны афатәи аҩи рырҭаларц адҵа ҟаиҵеит. Дара аҳҭынраҿы амаҵ аура иалагаанӡа хышықәса иазыҟаҵалатәын*.
6 Урҭ ирылан Даниили*, Хана́ниеи*, Мисаи́ли*, Аза́риеи*. Дара Иуда ишьҭра иатәын. 7 Аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз урҭ даҽа хьыӡқәак* риҭеит. Даниил ихьӡиҵеит Белтешацца́р, Хана́ниа — Шадра́х, Мисаи́л — Меша́х, Аза́риа — Аведне́го.
8 Аха Даниил аҳ истол аҟынтә ирырҭоз афатәи аҩи иҽаимырҟьашьырц иӡбеит. Убри аҟынтә иара аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз диҳәон дызҟьашьыр алшоз афатә имфаларц азин ирҭарц. 9 Анцәа ду аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз Даниил дизыразхарц, насгьы дрыцҳаишьарц игәазҭеиҵеит. 10 Иара Даниил ус иеиҳәеит: «Сара саҳ сицәшәоит, иара иоуп ишәфалаша-ижәжәлаша зыӡбаз. Иҟасҵои аҳ шәықәлацәа реиԥш шәҟацаӡа шәшыҟам ибар? Аҳ уи сара исхароу џьишьоит». 11 Усҟан Даниил уи Хана́ниеи, Мисаи́ли, Аза́риеи иареи ирхаиргылаз ахылаԥшҩы ус иеиҳәеит: 12 «Суҳәоит, умаҵуцәа ԥышәа. Жәамш рыҩныҵҟа ауҭраҭыхи аӡи ҳарҭалааит, 13 нас аҳ истол аҟынтә акрызфо арԥарцәеи ҳареи ҳаиҿырԥш. Уи ашьҭахь умаҵуцәа ирзууша уӡбап».
14 Ахылаԥшҩы Даниил ииҳәаз дақәшаҳаҭхеит. Иара урҭ жәамш рыҩныҵҟа иԥишәон. 15 Жәамш рышьҭахь дара аҳ истол аҟынтә акрызфоз арԥарцәа зегь раасҭа еиӷьын, рымчгьы еиҳа иҭан. 16 Убри аҟынтә урҭ ирхылаԥшуаз аҳ истол аҟынтә ирырҭоз афатәи аҩи рҭыԥан, анаҩсгьы ауҭраҭых риҭон. 17 Анцәа дугьы урҭ арԥарцәа рыԥшьҩык аҟәыӷареи адырреи риҭеит, иара убас еиуеиԥшым аҩырақәа реилкаара рылшо иҟаиҵеит. Даниил иакәзар, еиуеиԥшым абарақәагьы аԥхыӡқәагьы реилкаара илшон.
18 Аҳ иалихыз аамҭа анааи, аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз урҭ арԥарцәа Навуходоно́сор иахь инеигеит. 19 Аҳ урҭ драцәажәеит, аха арԥарцәа зегь рыбжьара Даниили, Хана́ниеи, Мисаи́ли, Аза́риеи ирыцназгоз аӡәгьы дыҟаӡамызт. Дара аҳ иҿы амаҵ аура иалагеит. 20 Аҳ урҭ аҟәыӷареи аилкаареи рыда иузеилмыргоз аусқәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа анриҭоз, ибон дара иаҳраҿы иҟаз аныхаԥааҩцәеи анашанаҟаҵаҩцәеи зегь раасҭа жәантә ишеиӷьыз. 21 Даниил уа дыҟан аҳ Кир аҳра аура даналага актәи ашықәс аҟынӡа.