Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ҩынтәзакәан 1
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ҩынтәзакәан. Ахҳәаа

      • Израильаа Хорив ашьхаҟынтә иқәҵны ицоит (1—8)

      • Моисеи ажәлар реиҳабацәеи аӡбаҩцәеи алихуеит (9—18)

      • Ажәлар Кадеш-Барнеа аҳәатәхамҵара аадырԥшуеит (19—46)

        • Израильаа Ханаанҟа ацара мап ацәыркуеит (26—33)

        • Ханаан иақәлоит, аха ақәҿиара роуӡом (41—46)

Ҩынтәзакәан 1:38

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «уҿаԥхьа игылоу».

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «Анцәа уи игәы ирӷәӷәеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ҩынтәзакәан 1:1–46

Ҩынтәзакәан

1 Абар Моисеи Иордан азааигәара, ацәҳәыраҿы, Суф аҿаԥхьа ишьҭаз акаршәрақәа рҿы, Пара́ни, Тофе́ли, Лава́ни, Хацеро́ти, Ди-Заха́ви рыбжьара израильаа иреиҳәаз ажәақәа. 2 (Сеи́р ашьхақәа рахь уназго амҩала, Хори́в инаркны Каде́ш-Барне́анӡа 11 мшы амҩа уқәхоит.) 3 Ҩынҩажәатәи ашықәс азы, ажәеизатәи амза актәи амш аҽны, Моисеи Иегова идиҵаз зегьы израильаа ирзеиҭеиҳәеит. 4 Уи ҟалеит иара Хешбо́н инхоз аморе́иаа раҳ Сихо́ни Аштаро́ти Едре́иеи инхоз башантәи аҳ О́ги даныриааи ашьҭахь. 5 Моавтәи адгьыл аҿы, Иордан азааигәара, Моисеи израильаа азакәан аҵакы реилыркаара далагеит:

6 «Ҳанцәа Иегова Хори́в ҳаныҟаз абас ҳаиҳәеит: „Шәара ари ашьха азааигәара шәынхоижьҭеи акыр ҵуеит. 7 Амҩа шәықәла, шәца аморе́иаа ахьынхо ашьхақәа рахь, иара убас Ара́веи, ашьхақәа рҿи, Шефе́леи, Неге́ви, амшын аԥшаҳәаҿи, ханаа́наа рыдгьылқәа рҿи, Ливани, аӡиас ду Евфрат аҟынӡеи инхо ргәылацәа рахь. 8 Сара уи адгьыл шәысҭоит. Шәца, Иегова шәабацәа Авраами, Исааки, Иакови, урҭ ирхылҵқәои дықәны изықәиргәыӷыз адгьыл шәнапаҿы иаажәг“.

9 Уи аамҭазы сара ус шәасҳәеит: „Схала шәгара сымч ақәхаӡом. 10 Шәынцәа Иегова шәара ԥхьаӡашьа змам жәларны шәҟаиҵеит, уажәшьҭа шәара ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш шәрацәахеит. 11 Шәабацәа Рынцәа Иегова шәхыԥхьаӡара зқьынтә еизирҳааит, ишшәеиҳәахьаз еиԥшгьы дышәзылԥхааит. 12 Сара схала ари аҩыза аидара агара сымч ақәхома, шәеимак-еиҿакқәеи шәареи сымч шәықәхома? 13 Иалшәх шәабиԥарақәа рҟынтә иҟәыӷоу, аилкаареи аԥышәеи змоу ахацәа, сара урҭ шәхасыргылоит“. 14 Шәара ус сашәҳәеит: „Иуӡбаз бзиоуп“. 15 Убасҟан шәабиԥарақәа рҿы хадацәас иҟаз, иҟәыӷаз, аԥышәа змаз ахацәа алхны, зықьҩык, шәҩык, ҩынҩажәижәабаҩык, жәаҩык еиҳабацәас ирхасыргылеит, шәабиԥарақәа рҿы хылаԥшыҩцәас иҟасҵеит.

16 Сара шәыӡбаҩцәа абас расҳәеит: „Шәашьцәа русқәа анеилшәырго, ииашаны ишәыӡбала, ауаҩы иашьеи иареи реимак акәзаргьы, атәымтәылауаҩи иареи реимак акәзаргьы. 17 Еилых ҟамҵакәа ауаа русқәа шәыӡбала, ауаа дуқәагьы шәырзыӡырҩла, анхацәагьы шәырзыӡырҩла. Ауаа шәырцәымшәалан, избанзар Анцәа ихьӡалоуп ауаа русқәа шышәыӡбо. Уск аӡбара шәцәыцәгьахар, сара исышәҭ, сара исыӡбоит“. 18 Усҟан сара шәзықәныҟәалаша амҩақәҵарақәа шәысҭеит.

19 Уи ашьҭахь ҳара Ҳанцәа Иегова ишҳаиҳәаз еиԥш, Хори́в ааныжьны, аморе́иаа рышьхақәа рахь амҩа ҳанықәыз ижәбаз, ишәарҭаз ацәҳәыра ду ҳақәланы ҳцеит. Аҵыхәтәаны Каде́ш-Барне́а ҳнеит. 20 Уа ус шәасҳәеит: „Шәара Ҳанцәа Иегова иҳаиҭо аморе́иаа рышьхақәа рахь шәааит. 21 Шәынцәа Иегова ари адгьыл шәара ишәиҭеит. Шәца, шәабацәа Рынцәа Иегова ишиҳәаз еиԥш, уи шәнапаҿы иаажәг. Акгьы шәацәымшәан“.

22 Аха шәара сара сахь шәааин, ус шәҳәеит: „Шәааи раԥхьа ауаа ҳашьҭып, адгьыл гәарҭарц, насгьы ҳаԥхьа ишьҭоу амҩеи ҳахьцо ақалақьқәеи зеиԥшроу ҳзеиҭарҳәарц“. 23 Сара ишәҳәаз сгәаԥхеит, убри аҟынтә 12-ҩык алсхит, — биԥарацыԥхьаӡа аӡәаӡәа. 24 Дара ашьхақәа рахь идәықәлан, арха Ешко́л инеит, адгьылгьы гәарҭеит. 25 Нас уи адгьыл аҟынтә ашәыр рыманы иаан, ус рҳәеит: „Ҳанцәа Иегова иҳаиҭо адгьыл даараӡа ибзиоуп“. 26 Аха шәара уахь ацара мап ацәышәкит, Шәынцәа Иегова иҳәатәгьы шәацымныҟәаӡеит. 27 Шәара шәқьалақәа рҿы агәынамӡара аарԥшуа, абас шәҳәон: „Иегова ҳаицәымӷуп — Египет ҳзалигаз аморе́иаа ҳрыҭаны ҳақәихырц азоуп. 28 Ҳабацо? Ҳара ҳгәы каҳаит, ҳашьцәа абас анҳарҳәа: ‚Урҭ ауаа ҳара ҳаасҭа иӷәӷәоуп, урылагьы иҳаиҳауп, ажәҩан аҟынӡа инаӡо ахырӷәӷәарҭақәа змоу ақалақь дуқәа рымоуп. Ҳара уа анаки́мцәагьы ҳбеит‘“.

29 Убри аҟынтә сара ус шәасҳәеит: „Шәымшәан, шәырцәымшәан урҭ! 30 Шәынцәа Иегова шәаԥхьа дгыланы дцалоит, шәара шәзгьы деибашьлоит, Египет шәаныҟаз ишыжәбоз еиԥш. 31 Арахь шәаанӡагьы ацәҳәыраҿы шәаныҟаз, шәара ижәбон ауаҩы иԥа дшихылаԥшуа еиԥш, Шәынцәа Иегова дшышәхылаԥшуаз“. 32 Аха уи зегьы шәыла ишабозгьы, Шәынцәа Иегова игәра шәымгаӡеит. 33 Иара шәахьаангылаша аҭыԥқәа алхуа, шәаԥхьа дгыланы дцон, уахынла амца шьаҟала амҩа шәирбон, ҽынла — аԥҭа шьаҟала.

34 Уи аамҭазы Иегова ишәҳәоз иаҳауан, убри аҟынтә игәы ԥжәан, дықәны абас иҳәеит: 35 „Сықәны шәабацәа ирысҭоит ҳәа исҳәаз адгьыл бзиа, ари абиԥара цәгьа рҟынтә аӡәгьы ибараны дыҟаӡам, 36 Иефо́нниа иԥа Хале́в ида. Иара уи ибоит. Дахьыҟаз адгьыл иԥацәеи иареи ирысҭоит, избанзар иара гәык-ԥсыкала Иегова дизыӡырҩуан. 37 (Шәара шәымшала саргьы Иегова игәы сзыԥжәеит, абасгьы сеиҳәеит: ‚Уаргьы уи адгьыл ахь унеиӡом. 38 Умаҵуҩы*, Иисус Нави́н, уи адгьыл ахь днеиуеит. Игәы рӷәӷәа*, избанзар иара иоуп израильаа уахь изго, уи адгьыл рнапаҿы иааргарц азы‘.) 39 Итҟәаны иргоит ҳәа ззышәҳәоз шәхәыҷқәеи ацәгьеи абзиеи закәу макьана иззымдыруа шәԥацәеи уи адгьыл ахь инеиуеит, сара уи дара ирысҭоит. 40 Шәара шәакәзар, шәхынҳәны, Амшын ҟаԥшь ахь узго амҩала ацәҳәырахь шәца“.

41 Убасҟан шәара ус шәҳәеит: „Ҳара Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаҳҵеит. Ҳара, Ҳанцәа Иегова ишиҳәаз еиԥш, ҳцаны ҳаибашьуеит!“ Шәара ашьха ахалара мариахоит ҳәа шәгәы иаанаган, бџьарла шәҽеибышәҭеит. 42 Аха Иегова ус сеиҳәеит: „Абас сызраҳә: ‚Шәхамлан уахь, ҳаибашьуеит ҳәагьы шәаламган, избанзар сара сшәыцны сцаӡом. Шәцар, шәаӷацәа шәԥыххааса шәықәырҵоит‘“. 43 Сара Анцәа ииҳәаз шәасҳәеит, аха шәара шәымӡырҩӡеит. Шәара Иегова иҳәатәы хамҵаӡакәа, шәхы шәақәгәыӷны, ашьхаҟа шәдәықәлеит. 44 Усҟан уа инхоз аморе́иаа шәабашьырц азы ишәԥылеит. Дара ашьхыцқәа реиԥш ишәышьҭалеит, Сеи́р инаркны Хо́рманӡагьы ишәышьҭан. 45 Шәара шәхынҳәын, Иегова иҿаԥхьа аҵәыуара шәалагеит, аха Иегова дышәзымӡырҩӡеит, хьаасгьы шәимкӡеит. 46 Убри азоуп Каде́ш акыраамҭа шәзаанхаз.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра