Ҩынтәзакәан
19 Шәынцәа Иегова зыдгьылқәа шәиҭо ажәларқәа анықәигалак, шәаргьы Шәынцәа Иегова иқәиго ажәларқәа рыдгьылқәа шәнапаҿы иааганы, урҭ рықалақьқәеи рыҩнқәеи рҿы анхара шәаналагалак, 2 Шәынцәа Иегова ишәиҭо адгьыл аҿы х-қалақьк алшәх. 3 Шәынцәа Иегова ишәиҭо адгьыл х-хәҭакны ишәша, амҩақәагьы шәырхиа, ашьра ҟазҵаз ауаҩы урҭ ақалақьқәа руак ахь дыбналаны дцарц азы.
4 Абар ауаҩы дызшьыз иԥсы ҭаны даанхарц азы уахь дыбналаны дцар анилшо: ицәымӷмыз ауаҩы машәырла дишьызар, 5 (иаҳҳәап, иара аӡәы дицны мҿаагара абнахь дцеит, аха аҵла хиҵәарц азы аиха аниҟьа, ахәы ахҟьан, ицыз иаахан, дыԥсит), иԥсы ҭаны даанхарц азы, урҭ ақалақьқәа руак ахь дыбналаны дцароуп. 6 Ақалақь харацәахар, зшьа зуа дышны дшыҟоу ашьра ҟазҵаз дихьӡаны дишьыр ауеит. Аха уи ашьра иқәнагаӡам, избанзар иишьыз дицәымӷӡамызт. 7 Убри азоуп х-қалақьк алшәхырц зшәасҳәо.
8 Шәынцәа Иегова дықәны шәабацәа ишреиҳәаз еиԥш, шәыдгьыл аҳәаақәа анирҭбаалак, шәабацәа зықәиргәыӷыз адгьыл зегь аншәиҭалак, 9 урҭ ахқалақьк даҽа х-қалақьк рыцышәҵа. (Иара ииҳәаз ҟаиҵоит, иахьа ишәысҭо аԥҟарақәа зегьы ак рыгмыжьӡакәа инашәыгӡалар, Шәынцәа Иегова бзиа дыжәбалар, еснагь имҩақәа шәырныланы шәцалар). 10 Усҟан Шәынцәа Иегова ишәиҭо адгьыл аҿы акгьы зхарам ишьа каҭәалаӡом, шәаргьы ашьакаҭәаразы ахара шәыдлаӡом.
11 Аха аӡәы дкылатәаны згәаӷ икыз ауаҩы дишьыр, нас урҭ ақалақьқәа руак ахь дыбналаны дцар, 12 уи дахьынхоз ақалақь аиҳабацәа уантәи дганы, зшьа зуа дирҭароуп, дишьырц азы. 13 Дрыцҳашәымшьан уи. Акгьы зхарамкәа иршьыз ауаҩы ишьазы Израиль ахара ахышәх, шәыԥсҭазаара бзиахарц азы.
14 Шәынцәа Иегова ишәиҭо адгьыл аҿы дасу ишәзалху адгьыл аншәоулак, шәгәылацәа рыдгьыл аҳәаақәа узырбо адыргақәа шәабацәа иахьдыргылаз аҭыԥ аҟынтә еиҭашәымган.
15 Аӡәы ацәгьоура ма агәнаҳа ҟаиҵеит ҳәа ахара идҵаразы шаҳаҭ заҵәык дазхаӡом, иҟаиҵаз агәнаҳа зеиԥшразаалакгьы. Иарбан усзаалак ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа рыла ишьақәырӷәӷәазароуп. 16 Шаҳаҭк ацәгьара игәы иҭакны аӡәы ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа ахара идиҵар, 17 аимак-аиҿак зыбжьалаз рҩыџьагьы Иегова иҿаԥхьеи уи аамҭазы ажәлар рус зыӡбало аԥшьаҩцәеи аӡбаҩцәеи рҿаԥхьеи игылааит. 18 Аӡбаҩцәа уи аус ибзианы иҭырҵаауеит. Шаҳаҭра зуз амц шиҳәаз, насгьы амц ҳәаны иашьа ахара шидиҵаз еилкаахар, 19 уи изиур ииҭахыз иара изыжәу. Ацәгьара наҟ иқәыжәга. 20 Убасҟан уи егьырҭ ираҳауеит, иагьшәоит, уаҳагьы ус ҟарҵалаӡом. 21 Дрыцҳашәымшьан уи: аԥсҭазаара иахшәаатәуп аԥсҭазаара, абла — абла, ахаԥыц — ахаԥыц, анапы — анапы, ашьапы — ашьапы.