Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ҩынтәзакәан 27
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ҩынтәзакәан. Ахҳәаа

      • Азакәан ахаҳәқәа ирынҵатәуп (1—10)

      • Ашьха Гаризими ашьха Гевали (11—14)

      • Ашәиԥхьыӡ рыбжьы ҭыганы ирҳәароуп (15—26)

Ҩынтәзакәан 27:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «ус иагьыҟалааит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ҩынтәзакәан 27:1–26

Ҩынтәзакәан

27 Моисеии израильаа реиҳабацәеи ажәлар рахь рхы дырхан, Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Иахьа ишәысҭо аԥҟарақәа зегьы шәрықәныҟәала. 2 Иордан шәырны Шәынцәа Иегова ишәиҭо адгьыл ахь шәаннеилак аҽны, уа ахаҳә дуқәа ргыланы, кьырла ишәшәы. 3 Аӡиас шәанырлак, ари азакәан ажәақәа зегьы урҭ ахаҳәқәа ирнышәҵа, Шәынцәа Иегова ишәиҭо, ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу адгьыл ахь шәнеирц азы, Шәынцәа Иегова, шәабацәа Рынцәа, шәшақәиргәыӷыз еиԥш. 4 Иордан шәанырлак, иахьа ишшәасҳәо еиԥш, урҭ ахаҳәқәа ашьха Гева́л иқәшәыргыл, кьырлагьы ишәшәы. 5 Иара убас уа Шәынцәа Иегова изы ахаҳәқәа рыла акәырбаннагарҭа шәыргыл, ахаҳәқәа аихатә мыругақәа рыла ишәымцәын. 6 Шәынцәа Иегова изы акәырбаннагарҭа ицәым ахаҳәқәа рыла ишәыргыл, насгьы уа Шәынцәа Иегова ирбылуа акәырбанқәа изнажәгала. 7 Изнажәгала аҭынчратә кәырбанқәа, урҭ уа ишәфала, насгьы Шәынцәа Иегова иҿаԥхьа шәгәырӷьала. 8 Ари азакәан ажәақәа урҭ ахаҳәқәа рҿы еилыкка ианышәҵа».

9 Уи ашьҭахь Моисеии аԥшьаҩцәа-алевитцәеи израильаа рахь рхы дырхан, Моисеи урҭ ус реиҳәеит: «Израиль, ибзианы уӡырҩы. Иахьа шәара Шәынцәа Иегова иитәу жәларны шәҟалеит. 10 Шәынцәа Иегова иҳәатәы хашәҵала, насгьы иахьа ишәысҭо изакәанқәеи иԥҟарақәеи нашәыгӡала».

11 Уи аҽны Моисеи ажәлар абас реиҳәеит: 12 «Абар Иордан шәанырлак ажәлар рныҳәарц азы ашьха Гаризи́м аҿы игылар зыхәҭоу абиԥарақәа: Симеон, Ле́ви, Иуда, Иссаха́р, Иосиф, Вениамин. 13 Абар ашәиԥхьыӡ рҳәарц азы ашьха Гева́л аҿы игылар зыхәҭоу абиԥарақәа: Руви́м, Гад, Аси́р, Завуло́н, Дан, Неффали́м. 14 Алевитцәа ракәзар, рыбжьы рдуны израильаа абас рарҳәоит:

15 „Дшәиуп иҭаԥҟаны ма иҭарҭәаны аидол — Иегова изы ихәымгоу, анапҟаза иҟаҵамҭа — ҟазҵо, насгьы аӡәгьы иахьимбо аҭыԥ аҿы изыргыло ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘* рҳәоит.)

16 Дшәиуп зан ма заб датәазымбо ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

17 Дшәиуп згәыла идгьыл аҳәаақәа узырбо адыргақәа еиҭазго ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

18 Дшәиуп алашә джьаны, ииашам амҩа дықәызҵо ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

19 Дшәиуп атәымтәылауаҩи, аиаҭыми, аԥҳәысеибеи рус иашаны измыӡбо ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

20 Дшәиуп заб иԥҳәыс илыцышьҭало ауаҩы, избанзар иара иаб ахьымӡӷ ииргоит. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

21 Дшәиуп арахә ирызнеиуа ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

22 Дшәиуп заҳәшьа, заб иԥҳа ма зан лыԥҳа, илыцышьҭало ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

23 Дшәиуп занхәа илыцышьҭало ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

24 Дшәиуп дкылатәаны аӡә дызшьуа ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

25 Дшәиуп акгьы зхарам ауаҩы дишьырц азы аԥара зго ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

26 Дшәиуп ари азакәан ажәақәа назмыгӡало, иагьрықәымныҟәало ауаҩы. (Ажәларгьы ‚амин‘ рҳәоит.)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра