Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ҩынтәзакәан 32
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ҩынтәзакәан. Ахҳәаа

      • Моисеи иашәа (1—47)

        • Иегова ацаҟьа даҩызоуп (4)

        • Израильаа Рыцаҟьа дырхашҭит (18)

        • «Ашьоура зду сара соуп» (35)

        • «Ажәларқәа, ижәлар шәрыцгәырӷьала» (43)

      • Анцәа Моисеи Нево ашьхаҿы дшыԥсуа иеиҳәоит (48—52)

Ҩынтәзакәан 32:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2020, ад. 10

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    4/2016, ад. 3—4

Ҩынтәзакәан 32:3

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2020, ад. 10—11

Ҩынтәзакәан 32:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак», астатиа 125

Ҩынтәзакәан 32:8

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ауаатәыҩса».

Ҩынтәзакәан 32:12

Албаагақәа

  • *

    Иаков.

Ҩынтәзакәан 32:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ауасақәа ирықәу ашшеи».

  • *

    Ма «ашәырӡ».

Ҩынтәзакәан 32:15

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «иашарала зхы мҩаԥызго». Аҳаҭыр зныԥшуа Израиль ахьӡ.

Ҩынтәзакәан 32:21

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «инцәам».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «жәларны иԥхьаӡам».

Ҩынтәзакәан 32:22

Албаагақәа

  • *

    Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ҩынтәзакәан 32:24

Албаагақәа

  • *

    Ма «иҳәазо ашамҭақәа».

Ҩынтәзакәан 32:28

Албаагақәа

  • *

    Ма «алабжьарақәа ирзымӡырҩуа».

Ҩынтәзакәан 32:29

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 35

Ҩынтәзакәан 32:38

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ркәырбанқәа рышша».

Ҩынтәзакәан 32:43

Албаагақәа

  • *

    Ма «агәнаҳа ахихуеит».

Ҩынтәзакәан 32:44

Албаагақәа

  • *

    Ахьӡ Гоша́иа иркьаҿу аформа иаанагоит «Иах иеиқәирхаз; Иах деиқәирхеит». Аханатә Иисус Навин ихьӡ акәын.

Ҩынтәзакәан 32:47

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2023, ад. 3

Ҩынтәзакәан 32:50

Албаагақәа

  • *

    Аԥсра убас ирԥшӡаны иазырҳәон.

Ҩынтәзакәан 32:51

Албаагақәа

  • *

    Ма «сшыԥшьоу дышәмырбаӡеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
  • 48
  • 49
  • 50
  • 51
  • 52
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ҩынтәзакәан 32:1–52

Ҩынтәзакәан

32 «Уӡырҩы ажәҩан, сара сцәажәалоит,

Адгьыл, исҳәо уазыӡырҩла.

 2 Сылабжьара ақәа еиԥш илеилоит,

Сажәақәа аӡаӡа цәыкәбарқәа реиԥш икаҭәалоит,

Ашьац иақәҭәо ақәа хаа еиԥш,

Аҵиаақәа ирықәҭәо ақәаршҩы еиԥш.

 3 Сара Иегова ихьӡ шәыласҳәоит,

Еиҭашәҳәа Ҳанцәа шаҟа дҳараку!

 4 Иара ацаҟьа даҩызоуп, иусқәа наӡоуп,

Имҩақәа зегь иашоуп,

Иара узықәгәыӷыртә иҟоу Нцәоуп, аиашамра ицәымӷуп.

Иара аиашара илоуп, ахаангьы амц иҳәаӡом.

 5 Дара ракәзар, иҽеимкәа рхы мҩаԥыргоит,

Урҭ иара ихәыҷқәа ракәӡам, изхароугьы дара роуп.

Дара ихәымгоу биԥара цәгьоуп!

 6 Аилкаара змам ажәлар гаӡа,

Иегова абас изныҟәома?

Иара аԥсҭазаара узҭаз Уаб иакәӡами?

Узшаз, Ушьақәзыргылаз иакәӡами?

 7 Иугәаларшәа ажәытәтәи аамҭақәа,

Уазхәыц ииасхьоу абиԥарақәа раамҭа.

Уиазҵаа уаб, иара иузеиҭеиҳәоит,

Уразҵаа абыргцәа, дара иуарҳәоит.

 8 Хыхь иҟоу Анцәа Ду ажәларқәа адгьылқәа анырзишоз,

Адам иԥацәа* анхарҭа ҭыԥқәа анриҭоз,

Израиль иԥацәа рхыԥхьаӡара дазхәыцны,

Ажәларқәа рзы аҳәаақәа шьақәиргылеит.

 9 Избанзар Иегова ижәлар иара итәуп,

Иаков дызтәу иара иоуп.

10 Иара уи ицәҳәыз адгьыл аҿы диԥшааит,

Агыгшәыгқәа ахьууа ацәҳәыраҿы.

Иара уи дихӡыӡаауан, дихьчон,

Ибла агәеиԥш диеиҷаҳауан.

11 Ауарбажә аԥацәа аҭра иҭыганы

Ишырхаԥыруа еиԥш,

Амҵәыжәҩақәа еиҵыхны, урҭ шышьҭнаԥаауа еиԥш,

Иаманы ажәҩан ишалало еиԥш,

12 Иегова ихала уи* диманы дцон,

Иара даҽа нцәак дицӡамызт.

13 Иара уи ашьхақәа инапаҿы раагара дицхрааит,

Адгьыл инаҭо аҽаҩрала дчаларц азы.

Иара уи ахраҟынтә ацха иҿеиҵон,

Ахәшагьы — ашьанҵацаҟьа аҟынтә,

14 Иҿеиҵон ашьамаҟа иунаҭо ахәшеи, аԥсаса иунаҭо ахши,

Иреиӷьу ауасақәеи*,

Абаӷьқәеи, башантәи аҭыӷьқәеи,

Иреиӷьӡоу ачарыци.

Уара аҩы ужәуан — ажь ашьа*.

15 Иешуру́н*, уара ажьы анук, узтәыз уиҿагылеит,

Уара ашша уқәлеит, уҟәазхеит, амцхә уфеит.

Иара дызшаз Анцәа даанижьит,

Хеиқәырхагас имаз Ацаҟьа датәеимбаӡеит.

16 Дара атәым нцәақәа рыла игәы ԥыржәон,

Рус хәымгақәа рыла дладырҟәуан.

17 Дара акәырбанқәа Анцәа иакәымкәа, адемонцәа ирызнаргон,

Ирзымдыруаз анцәақәа,

Уаанӡа иҟамыз, ааигәа ицәырҵыз,

Рабацәеи рабдуцәеи ирзымдыруаз анцәақәа.

18 Уара узхылҵыз Ацаҟьа духашҭит,

Аԥсҭазаара узҭаз Анцәа дугәаламшәаӡеит.

19 Иегова уи зегь аниба, урҭ мап рцәикит,

Длазырҟәуаз иԥацәеи иԥҳацәеи аанижьит.

20 Иара иҳәеит: „Уаҳа сааҳәны срыхәаԥшӡом,

Иҟарҵо сымбари.

Дара иҽеим биԥара цәгьоуп,

Азиашара захьӡу ззымдыруа ахәыҷқәа роуп.

21 Дара атәым нцәақәа* рыла сгәы ԥыржәеит,

Акгьы иаԥсам аидолқәа рыла сладырҟәит.

Убри аҟынтә саргьы истәым ажәлар* рыла ргәы ԥызжәоит,

Аилкаара змам ажәлар рыла иласырҟәуеит.

22 Избанзар сгәыԥжәара амца еибанаркит,

Уи амцабз анышәынҭра* аҵанӡа инаӡоит,

Адгьыл аҽаҩреи иареи ықәыццышәаа иагоит,

Ашьхақәа рышьаҭақәа амца рыцранаҵоит.

23 Урҭ имаҷымкәа арыцҳарақәа ирықәсыршәоит,

Сыхҿақәа зегьы ргәыдысҵоит.

24 Урҭ амла иагоит,

Алихорадка рымчқәа рылнахуеит, рҵыхәтәагьы бааԥсхоит.

Сара урҭ агыгшәыгқәа рыжәысҵоит,

Ашҳам змоу, асаба илоу амаҭқәа* рышьҭасҵоит.

25 Адәахьы а́ҳәа иҭанархоит,

Аҩны ашәара рхаԥоит

Аҷкәынгьы аӡӷабгьы,

Асабигьы аҭаҳмадагьы.

26 Сара исҳәарын: ‚Иԥсаҟьаны адгьыл иқәысҵоит,

Урҭ уаҳа аӡәгьы игәаламшәо иҟасҵоит‘

27 Аха исҭахӡам аӷацәа ргәы иҭаччаларц,

Исҭахӡам аҿагылаҩцәа ргәы иажьаны,

Абас рҳәаларц: ‚Ҳара еиҳа ҳаӷәӷәахеит,

Иегова иакәӡам ари зегь ҟазҵаз‘.

28 Израиль — ахшыҩ змам* жәларуп,

Дара аилкаара рымаӡам.

29 Ишԥабзиахоз аҟәышра рымазҭгьы! Усҟан дара уи рыхшыҩ азырышьҭуан,

Ирзыԥшу иазхәыцуан.

30 Илшома аӡәы зықьҩык ԥхеиҵар,

Ҩыџьагьы — жәанызқьҩык?

Ирылшоит, Рыцаҟьа урҭ иҭиир,

Иегова урҭ раӷацәа ириҭар.

31 Избанзар рыцаҟьа Ҳацаҟьа иеиԥшӡам.

Ҳаӷацәаҵәҟьагьы уи еилыркаауеит.

32 Урҭ рӡахәа содомтәи аӡахәа иахылҿиааит,

Гоморратәи аӡахәаҭрақәа рҿы иазҳаит.

Урҭ рыжь ашҳам алоуп,

Ржьымжәақәа ашоуп.

33 Урҭ рҩы амаҭқәа рышҳам иаҩызоуп,

Узшьуа акобра ашҳам иеиԥшуп.

34 Уи зегьы амҳәыр аарханы,

Сыҵәахырҭақәа рҿы иҵәахуп.

35 Ашьоура зду сара соуп, сара урҭ рықәнага иақәсыршәоит,

Аамҭа анааилак, дара шьацәхныслоит,

Избанзар изықәшәо арыцҳара ааигәахоит,

Ирзыԥшугьы ирласны иааиуеит“.

36 Иегова ижәлар рус иӡбоит,

Иара имаҵзуҩцәа рыцҳаишьоит

Рымч шрылӡааз, иаанхазгьы шрыцҳахаз,

Рхы изамыхәо ишыҟалаз анибалак.

37 Убасҟан иара ус иҳәоит: „Иабаҟоу рынцәақәа,

Аҽыҵәахырҭа иахьашьҭаз ацаҟьа?

38 Иабаҟоу иреиӷьу ркәырбанқәа* зфоз,

Кәырбанс инаргоз аҩы зжәуаз рынцәақәа?

Урҭ ҩагыланы ишәыцхрааит,

Ҽыҵәахырҭаны ишәзыҟалааит.

39 Еилышәкаа сара Сшынцәоу,

Сара сыда Нцәа дшыҟам.

Аԥсреи аԥсҭазаареи снапаҿы иҟоуп,

Сара ауаа схәуеит, иагьысхәышәтәуеит,

Снапы иаҿашәаз аӡәгьы дизеиқәырхаӡом.

40 Сара снапы ажәҩан ахь ирханы,

Сықәуеит: ‚Сара, наӡаӡа иҟоу Анцәа, исымаҿоуп‘,

41 Саҳәа цырцыр анысхлак,

Аусӡбаразы снапы анышьҭысхлак,

Саӷацәа рықәнага иақәсыршәоит,

Сызцәымӷугьы рҭыԥ иқәысҵоит.

42 Сыхҿақәа ашьа дсыржәуеит,

Иршьызи ирытҟәази ршьа.

Саҳәагьы ажьы аҿасҵоит,

Аӷацәа раԥхьагылаҩцәа рыхқәа“.

43 Ажәларқәа, ижәлар шәрыцгәырӷьала,

Избанзар иара имаҵзуҩцәа ршьа иуеит,

Иаӷацәа рықәнага иақәиршәоит.

Иара ижәлар рыдгьыл ирыцқьоит*».

44 Моисеи дааин, ажәлар рҿаԥхьа ари ашәа ажәақәа иҳәеит, иара дицын Нон иԥа О́сиа*. 45 Моисеи израильаа абарҭ ажәақәа раҳәаны даналга, 46 абас иҳәеит: «Иахьа ишәысҭо агәҽанҵарақәа шәгәаҵанӡа инажәг, шәхәыҷқәагьы ирашәҳә, ари азакәан ажәақәа ак рыгмыжьӡакәа инарыгӡаларц азы. 47 Арҭ ажәақәа шәара шәзы ҵакы змам жәақәаӡам, избанзар урҭ шәара шәзы ԥсҭазаароуп. Урҭ шәрықәныҟәалар, Иордан шәырны, шәнапаҿы иаажәго адгьыл аҿы акыраамҭа шәынхалоит».

48 Убри аҽныҵәҟьа Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 49 «Авари́м иҟоу ари ашьхахь ухал, Иерихо́н аҿаԥхьа, Моа́в иҟоу Не́во ашьхахь. Уантәи израильаа ирысҭо адгьыл Ханаа́н уахәаԥш. 50 Уи ашьҭахь уара уи ашьхаҿы уԥсуеит, ужәларгьы уҽрыдукылоит*, ашьха Ор аҿы иԥсыз уашьа Ааро́н ижәлар иҽшрыдикылаз еиԥш. 51 Избанзар шәара Каде́ш иҟаз Мери́ва аӡқәа рҿы, Цин ацәҳәыраҿы шәысзымӡырҩӡеит, израильаа рҿаԥхьагьы сҳарашәымкӡеит*. 52 Уара израильаа ирысҭо адгьыл харантәи иубоит, аха уахь унеиӡом».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра