АШӘА 105
«Анцәа — дыбзиабароуп»
1. Ҳаб — дыбзиабароуп. Дҳаԥхьоит,
Имҩа бзиа иаҳбаларц.
Уи ҳаизыӡырҩырц ҳа дҳаҳәоит,
Ҳивагылангьы ҳцаларц.
Бзиа гәыкала иаҳбароуп
Ажәлари Анцәеи ҳара.
Нҵәара зқәым абзиабара
Бжьыс иаҳхазааит иҵарӡа.
2. Анцәа игәаԥхара ҳашьҭоуп,
Даара бзиа Уи дбаны.
Анцәа гәнаҳа зуз дынижьуам,
Дықәиргылап ишьапы.
Бзиабара қьиоуп шьарда,
Иразуп, акрачҳауеит.
Иҽхәаӡом, иагьаҵам шьыцра,
Гәыҭбаарыла еизҳауеит.
3. Иумӡан ахаан угәала,
Анажьра еснагь уазхиаз.
Ҳаб уиацәажәа ухала,
Иоуҳәар улшоит узыниаз.
Иаҳирбеит зеиӷьыҟам амҩа,—
Бзиабара аҿырԥшы.
Даҳҭахуп Анцәа, иаҳзааигәоугь,
Урҭ ирзыбылуеит ҳа ҳгәы.
(Уахәаԥш иара убас Марк 12:30, 31; 1 Кор. 12:31—13:8; 1 Иоанн 3:23.)