Ииун
Амҽыша, ииун 1
Ҳара Анцәа Иаҳрахь ҳнеиаанӡа имаҷымкәа агәаҟрақәа ҳхаҳгароуп (Аус. 14:22).
Иегова актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа дырзылԥхеит, зҽызыԥсахыз аҭагылазаашьақәа рҽахьрықәдыршәаз азы. Урҭ лассы-лассы ирышьҭашәарыцон, зны-зынла уи зынӡа ианазыԥшымыз акәын ианақәшәоз. Ҳалацәажәап Варнавеи апостол Павели Листра ажәабжь анырҳәоз изықәшәаз ахҭыс. Уа инхоз ауаа раԥхьа урҭ гәыкала ирыдыркылеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь, аҿагылаҩцәа ирыхҟьаны, шьоукы ауаа Павел ахаҳә дадырган, дыԥсуеит ҳәа иԥырҵны ицеит (Аус. 14:19). Аха Варнавеи Павели даҽа ҭыԥк аҿы ажәабжьҳәара иацырҵеит. Иарбан лҵшәоу уи иаанагаз? Дара «имаҷҩымкәа ауаа ҵаҩцәаны аҟалара» ирыцхрааит, насгьы ражәақәеи рҿырԥши ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхуан (Аус. 14:21, 22). Павели Варнавеи ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәагьы ажәабжьҳәара иахьаҟәымҵыз аӡәырҩы ахәарҭа ду рзаанагеит. Ҳаргьы Иегова иҳадиҵаз аус анынаҳагӡо ҳгәы каҳмыжьуазар, азылԥхара дуқәа ҳауеит. w23.04 16, абз. 13, 14
Ашәахьа, ииун 2
Иегова, сыҳәара уазыӡырҩ, сӷьаҵәыӷьаҵәуа ацхырааразы сышуҳәо урҳа! Арыцҳара амш азы уара суҳәоит, избанзар аҭак шсуҭо здыруеит (Аԥсал. 86:6, 7).
Аҳ Давид ирацәаҩны аӷацәа иман, насгьы лассы-лассы Иегова ацхырааразы диҳәон. Давид агәра ганы дыҟан Иегова иҳәарақәа шиаҳауаз, насгьы рҭак шыҟаиҵоз. Шәаргьы уи ус шакәу агәра ганы шәыҟазар шәылшоит. Абиблиа агәра ҳнаргоит зегь ҳхаҳгарц азы Иегова хымԥада аҟәыӷареи амчи шҳаиҭо. Иара дҳацхраар ауеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла, иара убас имаҵ зымуа рылагьы. Ааи, Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҳара ишаҳҭаху еиԥш акәӡам еснагь ишыҟаиҵо. Аха ҳара иаҳдыруеит иара урҭ рҭак хымԥада ишыҟаиҵо. Иара иаҳҭахыҵәҟьоу ҳаиҭоит, насгьы уи ианаҭахыҵәҟьоу иҟаиҵоит. Убри аҟынтә ахаҵара аарԥшны анаҩсгьы Анцәа шәиҳәала. Агәра ганы шәыҟаз иара иахьагьы дшышәхылаԥшуа, адунеи ҿыц аҿгьы, имаҵзуҩцәа зегь ргәы ззыҳәо анриҭо, дшышәхылаԥшло (Аԥсал. 145:16). w23.05 8, абз. 4; 13, абз. 17, 18
Аҩаша, ииун 3
Исҭои Иегова исзыҟаиҵаз абзиарақәа зегьы рзы? (Аԥсал. 116:12).
Шәхықәкы нашәыгӡар уи ишәзаанаго ахәарҭа шәазхәыцла. Иарбан хәарҭоу шәара шәхықәкы нашәыгӡар ишәоуа? Уи Абиблиа аԥхьара ма анцәаиҳәара иадҳәалазар, Иеговеи шәареи шәеиҩызара шаҟа иӷәӷәахо шәазхәыц (Аԥсал. 145:18, 19). Қьырсиантә ҟазшьак аизырҳара хықәкыс ишәымазар, егьырҭ ауааи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шеиӷьхо шәазхәыц (Кол. 3:14). Ишәылшома шәхықәкы нашәыгӡар, уи ишәзаанаго ахәарҭа џьара ианышәҵар? Анаҩс уа ианышәҵаз аамҭа-аамҭала шәахәаԥшла. Иара убас шәхықәкы анагӡара ишәыцхраауа аамҭа рыцышәхыжәгала (Ажәам. 13:20). Аиаша уҳәозар, ҳхықәкы азхәыцрагьы анаҳҭахым ыҟоуп. Иаанагома уи ҳхықәкы ахаангьы иаҳзынагӡаӡом ҳәа? Мап. Агәаҳәара анҳамамгьы, ҳаанымгылаӡакәа ԥхьаҟа ҳцалар ҳалшоит. Уи мариаӡам, аха иаанаго алҵшәа аџьабаа абара иаԥсоуп. w23.05 27—28, абз. 5—8
Ахаша, ииун 4
Ауаҩы илеиҵо ауп иааирыхуа (Гал. 6:7).
Иҳадаҳкыло аӡбарақәа рзы аҭакԥхықәра шҳаду еилаҳкаауазар, уи ҳгәазҭанаҵоит агәнаҳа шҳахьыз аҳәареи, ҳагхақәа рыриашареи, урҭ дырҩегь рыҟамҵареи. Уи ҳазну амҩа анымҵра иҳацхраауеит. Шәара агха шәыхьзар, насгьы уажәшьҭа акгьы узмыриашозар, уи шәыдышәкыл. Шәемоциақәеи шәымчқәеи шәхы ариашара, ма шәхы ахара адҵара, мамзаргьы егьырҭ ахара рыдҵара иақәшәмырӡлан. Уи аҭыԥан, агха шшәыхьыз еилкааны шәҭагылазаашьаҿы ишәылшо ҟашәҵала. Шәхы ахара адышәҵозар, ахынраалара аарԥшны Иегова ишәанаижьырц шәиҳәала (Аԥсал. 25:11; 51:3, 4). Згәы зшәырхьыз рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭашәҵа. Иара убас, иаҭахызар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәа (Иак. 5:14, 15). Шәыгхақәа ахәарҭа рылганы, уи уаҳа ишәмыхьырц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Убасҟан Иегова агәыҭбаара аарԥшны иаҭаху ацхыраара шшәиҭо агәра ганы шәыҟазар шәылшоит (Аԥсал. 103:8—13). w23.08 28—29, абз. 8, 9
Аԥшьаша, ииун 5
Аԥшьаҩы Иодаи Иоас дахьынӡамҩақәиҵоз, Иоас Иегова иҿаԥхьа ииашаны ихы мҩаԥигон (2 Аҳ. 12:2).
Иодаи аҳ Иоас дымҩақәиҵонаҵы, иара ииашаны ихы мҩаԥигон. Уи аԥшьаҩ хада ибзиаз инырра абзоурала, иқәыԥшыз аҳ Иегова иргәырӷьара дашьҭан. Аха Иодаи данԥсы ашьҭахь, Иоас Иегова даанзыжьыз аҭауадцәа ирҳәоз ҟаиҵо далагеит (2 Аш. 24:4, 17, 18). Уи Иегова даараӡа игәы инархьит. «Иегова урҭ иара иахь ирхынҳәырц азы... аԥааимбарцәа рзынаишьҭуан, аха дара ӡырҩӡомызт». Дара Иодаи иԥа Захариаҵәҟьагьы изыӡырҩӡомызт. Захариа Иегова иԥааимбар, насгьы аԥшьаҩы иакәын, уи инеиҳангьы, Иоаси иареи еиуацәан. Аха Иоас Захариа дыршьыртә адҵа ҟаиҵеит (2 Аш. 22:11; 24:19—22). Иоас Иегова иҿаԥхьа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара имаӡамызт. Иегова иҳәеит: «Сатәазымбо датәарбалаӡом» (1 Сам. 2:30). Ԥыҭрак ашьҭахь зхыԥхьаӡара маҷыз сириатәи ар зхыԥхьаӡара даара ирацәаз Иоас ир аҵадырхеит, Иоасгьы дырхәит (2 Аш. 24:24, 25). Иоас имаҵуцәа еибыҳәаны дыршьит, уи Захариа ишьа ахькеиҭәаз азы. w23.06 18—19, абз. 16, 17
Ахәаша, ииун 6
Уаанӡа шәара шәлашьцаран, аха уажәшьҭа шәлашароуп (Еф. 5:8).
Апостол Павел Ефес акыраамҭа ажәабжь иҳәон, аҵаҩцәагьы азыҟаиҵон (Аус. 19:1, 8—10; 20:20, 21). Павел иашьцәеи иаҳәшьцәеи даара бзиа ибон, насгьы Иегова изиашаны иаанхаларц иҭахын. Ефес инхоз ақьырсианцәа уаанӡа амцдинхаҵаратә ҵарақәеи аҵасқәеи иргәылакны ирыман. Ефес инхоз ауаа рыламысдара ҳәаа амамызт. Атеатралтә қәгыларақәа раан, уимоу адинхаҵаратә ныҳәақәа раангьы, аҟьашь бызшәа уаҳауан (Еф. 5:3). Ефес инхоз «аламыс рцәыӡит» (ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рцәа ахьаа алсӡомызт») (Еф. 4:17—19). Дара ирыздырӡомызт ацәгьеи абзиеи рганахьала Иегова ишьақәиргылаз анормақәа. Убри аҟынтә рыламыс зынӡа иаргәаҟӡомызт. Убри азоуп Павел урҭ ирызкны изиҩыз «рыхшыҩ алашьцара ахаԥаны иҟоуп, Анцәа иҳадигало аԥсҭазаара иацәыхароуп» ҳәа. Аха ефесаа рҟынтә шьоукы алашьцара иҵыҵит. w24.03 20, абз. 2, 4; 21, абз. 5, 6
Асабша, ииун 7
Иегова иқәгәыӷуа дырҩегь амч роуеит. Дара... иааԥсаӡом (Ис. 40:31).
Иегова Гедеон ӡбаҩык иаҳасабала идиҵаз адҵа анагӡаразы ирацәаны аџьабаа ибар акәын. Аухантәарак ицоз аибашьра ашьҭахь мадианаа рхы еиқәдырхарц азы ибналарц иандәықәла, Гедеон урҭ дрышьҭалеит. Иара урҭ дрышьҭан арха Изреель аҟынтә Иордан аҟынӡа (Аӡб. 7:22). Даангылама Гедеон Иордан даннеи? Мап! 300-ҩык ируааи иареи шааԥсазгьы, аӡиас ирны мадианаа ишрышьҭац ирышьҭан. Аҵыхәтәаны урҭ ирыхьӡаны иԥыххааса иқәырҵеит (Аӡб. 8:4—12). Гедеон агәра игон Иегова амч шииҭо, убас иагьыҟалеит (Аӡб. 6:14, 34). Мадиантәи аҳцәа Гедеон ируааи иареи ианырцәыбналоз, дара амахҽқәа ирықәтәан. Израильтәи ар шьапыла иҟан (Аӡб. 8:12, 21). Аха Анцәа ицхыраарала дара раӷацәа ирыхьӡаны иԥыххааса иқәырҵеит. Иахьагьы аизара ахылаԥшыҩцәа агәра ганы иҟазар рылшоит ианаҭаххо Иегова амч шриҭо, избанзар «иара дааԥсом, дкарахом» (Ис. 40:28, 29). w23.06 6, абз. 14; 7, абз. 16
Амҽыша, ииун 8
[Иегова] ахаангьы шәаанижьӡом, ахаангьы шәкаижьӡом (Ҩынтә. 31:6).
Иарбан уадаҩразаалакгьы иҳамоу, Анцәа гәыкала ҳаизыҟазар ҳалшоит. Убри аҟынтә Иегова игәра жәгала. Ҳахәаԥшып аӡбаҩ Варак Иегова имҩақәҵарақәа рыгәра ахьигоз аиааира агара ишицхрааз. Израильаа аԥыракгьы рымамызт, аԥсагьы рымамызт, аха Иегова Варак иеиҳәеит бџьарла еиқәных иҟаз ханаантәи ар реиҳабы Сисара ир дырҿагыланы драбашьырц (Аӡб. 5:8). Аԥааимбарԥҳәыс Девора Варак иалҳәеит Сисареи 900 ҽыуардыни дырҿагыларц азы акаршәрахь дылбаарц. Иҟьаҟьараз уи аҭыԥ аҿы аиааира згоз аҽыуардынқәа змаз шиакәыз шеилкаазгьы, Варак иарҳәаз ҟаиҵеит. Ируаа ашьха Фавор албаара ишаҿыз, Иегова ақәаршҩы аируит. Сисара иҽыуардынқәа аҳәынҵәа илахеит, убас ала Анцәа Варак аиааира ииргеит (Аӡб. 4:1—7, 10, 13—16). Иегова ҳаргьы аиааира ҳаиҭоит, иареи иаҳхаиргылаз ахацәа рыла иҳаиҭо амҩақәҵарақәеи рыгәра ҳгозар. w23.07 19, абз. 17, 18
Ашәахьа, ииун 9
Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит (Матф. 24:13).
Ачҳареи аиқәырхареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Ажәытәан инхоз Анцәа гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәа ачҳара аарԥшны, иқәыргәыӷрақәа зегьы анынаигӡо аамҭа иазыԥшын. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп (Аур. 6:11, 12). Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит адгьылқәаарыхҩы иҿыԥшларц (Иак. 5:7, 8). Адгьылқәаарыхҩы дмаашьаӡакәа ажәла леиҵоит, нас адгьыл аӡы ақәиҭәоит. Аха илеиҵаз анаауа амш алкаан издырӡом. Убри аҟынтә иара ачҳара аарԥшны дыԥшуп, насгьы аҽаҩра шҭеигало агәра ганы дыҟоуп. Ҳаргьы ҳусқәа рацәоуп — Христос идҵа ҳгәы ақәкны инаҳагӡоит, уи «данаауа амш» шаҳзымдыруагьы (Матф. 24:42). Ҳара ачҳара аарԥшны ҳаԥшуп, насгьы агәра ганы ҳаҟоуп, Иегова иалихыз аамҭазы иқәыргәыӷрақәа зегьы шынаигӡо. Аха ачҳара ҳцәыӡыр аԥшра ҳцәыцәгьахоит, Иеговагьы ҳаицәыхарахоит, мамзаргьы ҳгәаҳәарақәа рынагӡара ҳашьҭалоит. Аха ачҳара ҳалазар, аҵыхәтәанынӡа зегь ҳхаҳгоит, ҳахгьы еиқәҳархоит (Мих. 7:7). w23.08 22, абз. 7
Аҩаша, ииун 10
Ашьацәкьарақәа абжак аиха, абжак анышәаԥшь [иалхын] (Дан. 2:42).
Даниил 2:41—43 иану аԥааимбаражәеи ашәҟәқәа Даниили Аатреи рҿы иану егьырҭ аԥааимбаражәақәеи еиҿҳарԥшыр, еилаҳкаар ҳалшоит ашьапсыргәыҵақәа адунеи аҿы ихадоу аҭыԥ аанызкыло Англо-Америкатәи амчра шаанарԥшуа. Уи амчра иазкны Даниил иҳәеит «уи аҳрагьы џьара-џьара иӷәӷәазаауеит, џьара-џьара иԥсыҽзаауеит». Избан уи џьара-џьара изыԥсыҽзаауа? Избанзар итатоу анышәаԥшь ала иаарԥшу иаҳбац ауаа урҭ аҳәынҭқаррақәа ирԥырхагоуп аиха еиԥш иӷәӷәоу рымч ишырҭаху еиԥш аарԥшра. Даниил абаҟа дшахцәажәаз ихадоу ак ҳаилнаркаауеит. Актәи, Англо-Америкатәи адунеизегьтәи амчра амч ӷәӷәа амоуп, уи зныкымкәагьы иаанарԥшхьеит. Иаҳҳәап, уи Актәии Аҩбатәии адунеизегьтәи аибашьрақәа раан аиааира агараҿы ихадоу ароль нанагӡеит. Аха урҭ аҳәынҭқаррақәа рымч атәылауаа идырԥсыҽуеит. Дара аҳәынҭқаррагьы иаҿагылоит, дара-дарагьы еиҿагылоит. Аԥхьаҟагьы аҭагылазаашьа убас иҟазаауеит. Аҩбатәи, Анцәа Иаҳра ауаатәыҩсатә ҳәынҭқаррақәа зегьы рҵыхәтәа аныԥнаҵәо аамҭазы ари адунеизегьтәи амчра акәзаауеит напхгара зуло. w23.08 11, абз. 12, 13
Ахаша, ииун 11
Арыцҳара санақәшәа, Иегова иҳәара салагеит, Сынцәа дсыцхраарц сиҳәеит. Иныҳәарҭа аҟынтәи иара сыбжьы иаҳаит (Аԥсал. 18:6).
Давид дзықәшәоз ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи зны-зынла игәы карыжьуан (Аԥсал. 18:4, 5). Аха Иегова уи игәы шьҭихуан. Анцәа уаҳа злымшоз иҩыза «ибарақьаҭу аҳәырҭақәа рахь» днеигон, насгьы аӡы азааигәара иԥсы ииршьон. Уи Давид имч ҭанаҵон, анаҩсгьы Иегова имаҵ аура ицхраауан (Аԥсал. 18:28—32; 23:2). Аԥсҭазаараҿы ҳшьара ҳақәзырҟьар алшо аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәар ауеит. Аха Иегова урҭ ҳҭадырхар иуӡом (Аҵә. 3:22; Кол. 1:11). Давид зныкымкәа аԥсра дахыԥахьан. Иара даара иӷәӷәаз аӷацәа рацәаҩны иман. Аха Иегова ибзиабара агәҭынчра инаҭон. Давид ибон Иегова есымша дышицыз. Уи агәҭынчра изҭоз хәшәын. Убри аҟынтә абас Иегова ашәа изиҳәон: «Иара сшәарақәа зегь сԥыригеит» (Аԥсал. 34:4). Давид дзыршәоз ыҟан, аха Иегова ибзиабара ӷәӷәа ашәара аиааира ицхраауан. w24.01 30, абз. 15—17
Аԥшьаша, ииун 12
Сыҷкәын, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымҩахь уиаргарц иалагаргьы, ухы румҭан (Ажәам. 1:10).
Ишԥаҳаиҭеи Иоас иҽеимыз аҿырԥшы? Аԥшьаҩ хада Иодаи данԥсы ашьҭахь Иоас иҽеимыз аҩызцәа шьҭихит (2 Аш. 24:17, 18). Иара Иегова бзиа дзымбоз Иудеиа аҭауадцәа дырзыӡырҩуа далагеит. Урҭ иара изы ҩызцәа бзиақәамызт, рымԥан дықәымларгьы еиҳа изеиӷьын. Аха иара урҭ ирҭоз алабжьарақәа дырзыӡырҩуан. Иоас иуа, Захариа, Иоас иҽириашарц аниеиҳәа, иара Захариа дыршьырц адҵа ҟаиҵеит (2 Аш. 24:20, 21; Матф. 23:35). Шаҟа иҿаасҭоузеи, иагьхшыҩдароузеи! Иоас ибзианы даауан, аха нас Иегова даанижьит, ауаҩгьы дишьит. Аҵыхәтәаны ихаҭагьы имаҵуҩцәа дыршьит (2 Аш. 24:22—25). Иоас Иеговеи уи бзиа дызбоз ауааи анаҩсгьы дырзыӡырҩуазҭгьы, иԥсҭазаара даҽакала иҟалар алшон. w23.09 9, абз. 6
Ахәаша, ииун 13
Умшәан (Лука 5:10).
Иисус идыруан апостол Пиотр Анцәа гәыкала дшизыҟоу даанхар шилшоз. Убри аҟынтә аԥхарра аҵаҵаны иҵаҩы абас иеиҳәеит: «Умшәан». Иҳақәиҭу иажәақәа Пиотр иахь агәрагара рныԥшуан. Урҭ ажәақәа Пиотр иԥсҭазаара рыԥсахит. Ԥыҭрак ашьҭахь иашьа Андреии иареи аԥсыӡкра ааныжьны, Мессиа ишьҭанеицәа ракәны иҟалеит. Уи азы Иегова урҭ меигӡарахда дырзылԥхеит (Марк 1:16—18). Пиотр Иисус иҵаҩ иакәны дахьыҟалаз абзоурала ирацәаны аџьашьахәқәа ибеит. Иара иблала ибеит Иҳақәиҭу ачымазцәа шихәышәтәуаз, ауаа адемонцәа шырхицоз, насгьы иԥсхьаз рыԥсы шҭеиҵоз (Матф. 8:14—17; Марк 5:37, 41, 42). Уи адагьы, Пиотр Иисус аҳас даныҟало иоураны иҟаз ахьӡ-аԥша збаз дреиуан. Уи абара иара иԥсы ахьынӡаҭаз ихашҭуамызт (Марк 9:1—8; 2 Пиотр 1:16—18). Ааи, Пиотр Иисус иҵаҩ иакәны дҟамлазҭгьы, урҭ аџьашьахәқәа ахаан ибарымызт. Ҳәарада, иара деигәырӷьон имаз ашәареи иԥырхагаз егьырҭ ахәыцрақәеи ари зегьы аиура иԥырхагахартә ахьимуз. w23.09 21, абз. 4, 5
Асабша, ииун 14
Иисус иҳәеит: «Бжьынтә акәӡам, 77-нтә» (Матф. 18:22).
Апостол Пиотр актәи исаламшәҟәаҿы иҩит гәыкала бзиа ҳаибабозар, знык-ҩынтә акәымкәа, еснагь анажьра ҳшазхиазаауа (1 Пиотр 4:8). Иҟалап Пиотр игәалашәазар акыршықәса раԥхьа Иисус анажьшьа шиирҵоз. Иҟалап усҟан Пиотр игәы иаанагозҭгьы иашьа 7-нтә ианаижьзар, уи гәыҭбаара дууп ҳәа. Аха Иисус иеиҳәеит уи 77-нтә, даҽакала иуҳәозар, еснагь, ишианажьлатәу. Уи ҳаргьы ҳаҵанакуеит (Матф. 18:21). Уи ишәылымшо акы ауп ҳәа шәгәы иаанагозар, шәгәы кашәмыжьын! Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам, анажьра анаҳцәыцәгьоугьы ыҟоуп. Аха ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп, зегь ҳхаршҭны ауаҩы ҳаинышәарц азы. w23.09 29, абз. 12
Амҽыша, ииун 15
Сара... Иегова сиҳәеит, иаргьы аҭак сиҭеит (Иона 2:2).
Аԥсыӡ амгәа данҭаз, Иона агәра ганы дыҟан Анцәа уи дшахьхәыз шибо, иҳәара аҭак шыҟаиҵо, насгьы дышицхраауа. Иегова Иона деиқәирхеит. Уи ашьҭахь иара Иегова иҟынтә иҿыцу адҵа адкылара дазхиан (Иона 2:10—3:4). Ишәымаз агәырҩа иахҟьаны Анцәа иҳәара анышәцәыцәгьаз, ма Абиблиа аҭҵааразы амч аншәымамыз ыҟазма? Ишәхашәмыршҭлан Иегова зегь раасҭа еиӷьны шәшеиликаауа. Убри аҟынтә шәыҳәара кьаҿзаргьы, Иегова ишәҭахыҵәҟьоу шәиҭоит (Еф. 3:20). Шәцәеижьтә ма шәемоциатә хьаа Анцәа Иажәа аԥхьареи аҭҵаареи ишәԥырхагазар, Абиблиа ма ҳпубликациақәа раудионҵамҭақәа шәырзыӡырҩла. Уи адагьы, асаит jw.org аҿы ашәак шәазыӡырҩыр, ма видеонҵамҭак шәахәаԥшыр ауеит. Шәара Иегова шәиҳәозар, нас иорганизациа иаҳнаҭо адоуҳатә фатә шәхы иашәырхәозар, дшәыцхраарц азы алшара ишәҭоит. w23.10 13, абз. 6; 14, абз. 9
Ашәахьа, ииун 16
Иԥшьоу адоуҳа еилыкка иаҳнарбоит актәи ақьала ыҟанаҵы иԥшьоу аҭыԥ ахь амҩа шаартымыз (Аур. 9:8).
Иԥшьоу ақьалеи ԥыҭрак ашьҭахь Иерусалим идыргылаз аныҳәарҭақәеи еиԥшны иҟаҵан. Урҭ ҩ-ҿык рыман: Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи. Урҭ аԥарда рыбжьан (Аур. 9:2—5; Ақәҵ. 26:31—33). Иԥшьоу аҭыԥ аҿы игылан ахьы иалхыз алашарбагеи, афимиам ахьырбылуаз акәырбаннагарҭеи, иԥшьоу ача ахьықәырҵоз астоли. Уахь аҩналара азин змаз иԥшьоу адоуҳала иалхыз аԥшьаҩцәа мацара ракәын, уа ирыдыз аҭакԥхықәрақәа нарыгӡаларц азы (Ахыԥхь. 3:3, 7, 10). Иԥшьаӡоу аҭыԥ аҿы игылан Иегова уа дшыҟаз аазырԥшуаз ахьы иалхыз аиқәшаҳаҭра аковчег (Ақәҵ. 25:21, 22). Уахь аҩналара азин змаз аԥшьаҩ хада заҵәык иакәын. Иара уи есышықәса иазгәарҭоз Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны иҟаиҵон (Алев. 16:2, 17). Аԥшьаҩ хада игәнаҳақәеи ажәлар рыгәнаҳақәеи рзы аԥстәқәа ршьа иманы уахь дыҩналон. Аамҭа анҵы Иегова имаҵзуҩцәа иреилиркааит иԥшьоу ақьалаҿы иҟаз Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи ҵакыс ирымаз (Аур. 9:6, 7). w23.10 27, абз. 12
Аҩаша, ииун 17
Бзиа [шәеибабала] (Иоанн 15:17).
Анцәа Иажәа зныкымкәа ҳаанаԥхьоит бзиа ҳаибабаларц (Иоанн 15:12; Рим. 13:8; 1 Фес. 4:9; 1 Пиотр 1:22; 1 Иоанн 4:11). Аха абзиабара ауаҩы игәаҿы ауп иахьыҟоу, уи аӡәгьы дызҭаԥшӡом. Ишԥарылшо, нас, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳабзиабара рбар? Ҳара уи ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла иааҳарԥшлар ҳалшоит. Абар уи ҟаҳҵалар шҳалшо. «Аиаша еибышәҳәала» (Зах. 8:16). «Шәыбжьарагьы аҭынчра шәыхьчала» (Марк 9:50). «Ҳаҭыр анбасықәырҵо ҳәа шәымԥшыкәа, шәхаҭа егьырҭ ҳаҭыр рықәышәҵала» (Рим. 12:10). «Гәаартыла аишьцәа зегь шәыдышәкылала» (Рим. 15:7). «Гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла» (Кол. 3:13). «Шәеидара хьанҭақәа еицыжәгала» (Гал. 6:2). «Шәгәы шьҭибахла» (1 Фес. 4:18). «Шәеибарӷәӷәала» (1 Фес. 5:11). «Аӡәи-аӡәи шәзы Анцәа шәиҳәала» (Иак. 5:16). w23.11 9, абз. 7, 8
Ахаша, ииун 18
Ишәымоу агәыӷра шәалагәырӷьала (Рим. 12:12).
Ҳара ахаҵара ӷәӷәа ахьаҳҭаху аӡбарақәа есыҽны иҳадаҳкылоит. Иаҳҳәап, ҳара ҳзыҿцәажәо, иалаҳхуа агәырҿыхагақәа, аҵараҵара, аҭаацәалазаара, ахәыҷқәа, насгьы аусура иадҳәалоу аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Ибзиахон абас ҳхы ҳазҵаалар: «Иубарҭоума исыдыскыло аӡбарақәа рыла ари адунеи аҵыхәтәа шааигәоу, насгьы иаарласны Анцәа адунеи ҿыц шыҟаиҵо агәра шызго? Мамзаргьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шыҟало агәра зымго, насгьы знык ауп ҳанынхо ҳәа згәы иаанаго ауаа анырра сырҭоу?» (Матф. 6:19, 20; Лука 12:16—21). Ҳара зегь раасҭа иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалоит, адунеи ҿыц шааигәоу гәыкала агәра ҳгозар. Иара убас ахаҵара ӷәӷәа ҳҭахуп аԥышәарақәа ҳанрықәшәо: ашьҭашәарыцарақәа, иузымхәышәтәуа ачымазара, мамзаргьы ҳгәы казыжьыр алшо даҽа уадаҩрак. Иҟалап ауадаҩра ҳанақәшәо раԥхьа уи аиааира ҳзымариахоит ҳәа ҳгәы иаанагозар. Аха ҳауадаҩра ахи-аҵыхәеи ҳамбозар — лассы-лассы ус ауп ишыҟалогьы, — ҳара агәырӷьара мырӡкәа анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳауларц азы ахаҵара ӷәӷәа ҳҭахуп (1 Пиотр 1:6, 7). w23.04 27, абз. 4, 5
Аԥшьаша, ииун 19
Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала (1 Фес. 5:17).
Иегова ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалар иҭахуп. Иаҳҳәап, аиашьа арегионалтә конгресс ахь дцарц азы аусураҿы аиҳабы доуишьҭырц диҳәарц иҭахуп, убри аҟынтә Иегова дицхраарц диҳәоит. Ишԥаҟаиҵо Иегова имаҵзуҩы иҳәара аҭак? Иара уи иацәажәаразы агәымшәара ииҭар илшоит. Аха уи аиашьа иусура аиҳабы ихаҭа диацәажәар ауп. Иҟалап уи иаразнак доуимышьҭыр, насгьы зныкымкәа диҳәар акәхар. Иҟалап иҭыԥ аҿы даҽаӡәы аус иурц диҳәар акәхар, ма, иулафахәы ишахырхуагьы, аԥсшьарамш игар акәхар. Иегова иаҳҭаху азы ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалар иҭахуп. Иисус иажәақәа иаҳдырбоит ҳаҳәарақәа зегь рҭак иаразнак ишаҳмоуа (Лука 11:9). Убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьлан! Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала (Лука 18:1—7). Убас Иегова ишәырбоит шәзызиҳәо шәара шәзы ииашаҵәҟьаны даараӡа ишхадоу. Уи адагьы, Иегова ибоит шәыцхраара шилшо агәра шыжәго. w23.11 22, абз. 10, 11
Ахәаша, ииун 20
Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Рим. 5:5).
Иегова иҩыза Авраам ажәа ииҭеит иара ила ажәларқәа зегьы дшырзылԥхо (Аҟаз. 15:5; 22:18). Авраам ихаҵара ӷәӷәан, убри аҟынтә агәра ганы дыҟан Анцәа иқәыргәыӷра хымԥада ишынаӡо. Аамҭа цон, Авраам 100 шықәса ихыҵхьан, иԥшәмаԥҳәыс — 90 шықәса, аха аԥа дырмоуит (Аҟаз. 21:1—7). Аха Абиблиаҿы иануп: «Авраам ажәлар рацәа абыс дшырзыҟало... дақәгәыӷуан, агәрагьы игон» (Рим. 4:18). Шәара ижәдыруеит Авраам игәыӷра шынаӡаз. Иара акыраамҭа дыззыԥшыз аԥа, Исаак, диоуит. Шьаҭас иамази Авраам игәыӷра? Авраам Иегова ибзианы дидыруан, убри аҟынтә иажәа шынаигӡо агәра ганы дыҟан (Рим. 4:21). Авраам ахаҵара ахьимаз азы Иегова уи дизыразын, насгьы дуаҩ иашаны диԥхьаӡон (Иак. 2:23). w23.12 8, абз. 1, 2
Асабша, ииун 21
Амаҷ аҿы зыгәра угартә иҟоу, еиҳау аҿгьы игәра угартә дыҟоуп, амаҷ аҿы зыгәра угартә иҟам, еиҳау аҿгьы игәра узгом (Лука 16:10).
Узықәгәыӷыртә иҟоу аиашьа иду адҵақәа зегьы ҭакԥхықәрала дрызнеиуеит. Ҳахәаԥшып Иисус иҿырԥшы. Иара аусқәа ишабалак инаигӡаӡомызт. Иара Иегова идиҵоз адҵақәа зегь наигӡон, уи анымариамызгьы. Иисус ауаа бзиа ибон — еиҳараӡак иҵаҩцәа — урҭ иԥсгьы рыхҭниҵеит (Иоанн 13:1). Иисус уиҿыԥшла. Иурҭо адҵақәа зегь гәыкала инагӡала. Дҵак шынагӡатәу узымдыруазар, ахынраалара аарԥшны еиҳа аԥышәа змоу аишьцәа ацхырааразы урыҳәала. Иҟоуп ирыду аасҭа ҟазымҵо ауаа, уигьы зыҟарҵо ирҟәаҵырц азоуп. Урҭ ахаан урмеиԥшхан! (Рим. 12:11). Иуду адҵақәа зегьы «ауаа рзы еиԥш акәымкәа, Иегова изы еиԥш» инагӡала, насгьы узлагаз аус аҵыхәтәанынӡа инагала (Кол. 3:23). Ҳәарада, уара унаӡаӡам, убри аҟынтә агха ухьзар, уацәыԥхамшьакәа иҳәала (Ажәам. 11:2). w23.12 26, абз. 8
Амҽыша, ииун 22
Дныҳәоуп Иегова иқәгәыӷуа... ауаҩы (Иер. 17:7).
Изакәытә гәырӷьара дуузеи аӡы уҽӡаахны Иегова иҭаацәара уанахәҭакхо иуоуа! Анцәа иҩызахара ҳаҭыр дууп! Ҳара Давид ицәаныррақәа ицеиҩаҳшоит. Иара иҳәеит: «Насыԥ имоуп уашҭақәа рҿы дынхаларц азы иалухуа, иузааигәаутәуа ауаҩы» (Аԥсал. 65:4). Иааиԥхьода Иегова иашҭахь? Иара изааигәахара зҭаху роуп (Иак. 4:8). Иегова шәыҽизкны аӡы шәҽанӡаашәхлак, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит иара меигӡарахда дшышәзылԥхо (Мал. 3:10; Иер. 17:8). Аӡӡаахра — амҩа алагамҭа ауп. Ҳара Анцәа иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны ҳанхалароуп. Ҳзықәшәо аԥышәарақәеи ахыхрақәеи ҳармыхәаԥшӡакәа, Иегова ҳизиашаны ҳаанхалароуп (Еккл. 5:4, 5). Иисус иҵаҩцәа ҳакәны ҳаныҟалалак, иахьынӡаҳалшо ишьҭа ҳхыланы ҳцалароуп, иԥҟарақәагьы наҳагӡалароуп (Матф. 28:19, 20; 1 Пиотр 2:21). w24.03 8, абз. 1—3
Ашәахьа, ииун 23
Ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит (Аҟаз. 2:24).
Иҟашәҵар шәылшозеи, аамҭа аицыхгара шәгәамԥхозар? Ҳхаҿы иааҳгап амца. Уи иаразнак еиқәылаӡом. Раԥхьа аҵәаҟьа хәыҷқәа рыла еиқәырҵоит, нас ауп амҿ дуқәа анақәырҵо. Убас еиԥшҵәҟьа есыҽны маҷк иадамзаргьы аамҭа еицышәхыжәгала. Шәҩыџьагьы ишәгәаԥхо акы еицыҟашәҵала (Иак. 3:18). Амаҷ ала шәалагар, шәыбзиабара дырҩегь амцеиԥш еибакуеит. Аҭаацәалазаараҿы хаҵеи-ԥҳәыси пату анеиқәырҵо, уи акислород иаҩызоуп. Акислород ада амца ирласны ицәоит. Убас еиԥшҵәҟьа абзиабара патуқәҵарада ирласны ихьшәашәоит. Аха хаҵеи-ԥҳәыси пату еиқәырҵаларц азы ирылшо зегьы ҟарҵозар, рыбзиабара амца ыцәаӡом. Аха убри аамҭазгьы ишәхашәмыршҭлан: шәара шәхатә ҩыза пату иқәышәҵоит ҳәа шәгәы иаанагозаргьы, ихадоуп иаргьы уи ибалар. w23.05 22, абз. 9; 24, абз. 14, 15
Аҩаша, ииун 24
Схәыцрақәа сандыргәаҟуаз, уара сгәы урҭынчуан (Аԥсал. 94:19).
Абиблиаҿы иануп гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа ражәақәа, урҭ аншәаӡыӡозгьы ыҟан, иаҳҳәап, раӷацәа анрышьҭашәарыцоз (Аԥсал. 18:4; 55:1, 5). Ҳаргьы аҵара ҳацызҵо, аус ҳацызуа, ҳҭаацәа, ма аҳәынҭқарцәа ҳҿагылар ауеит. Мамзаргьы хәышәтәышьа змам ачымазара ҳадырбалар алшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ахәыҷ иеиԥш акгьы ҳалымшошәа ҳбозар ауеит. Иҟаиҵозеи Иегова урҭ рҩызцәа аамҭақәа раан? Иара ҳгәы шьҭихуеит. Убри аҟынтә Иегова аамҭа ицышәхыжәгала. Еснагь Анцәа шәиҳәала, насгьы Иажәа шәаԥхьала (Аԥсал. 77:1, 12—14). Уи аҩыза ашьцылара шәоур, уадаҩрак шәанақәшәалак жәҩантәи Шәаб ацхырааразы иҳәара шәҭаххар алшоит. Шәгәы иҵхо, насгьы шәзыршәо Иегова изеиҭашәҳәала. Анаҩс Абиблиа ала аҭак шшәиҭо шәазыӡырҩла. Убасҟан шәгәы ширҭынчуа жәбоит (Аԥсал. 119:28). w24.01 24—25, абз. 14—16
Ахаша, ииун 25
Анцәа шәирӷәӷәоит, иара ииҭаху ҟашәҵаларц азы агәаҳәареи амчи шәиҭоит (Флп. 2:13).
Иқәҳаргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡара ҳалшарц азы, агәаҳәара ӷәӷәа ҳамазароуп. Ауаҩы ихықәкы наигӡарц иҭахызар, уи азы илшо зегь ҟаиҵоит. Ҳхықәкы наҳагӡарц иӷәӷәаны ианаҳҭаху, уи аҟаҵара ҳалшоит. Иҳацхраар алшозеи ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара аизырҳара? Анцәа шәиҳәала шәхықәкы анагӡаразы еиҳаны агәаҳәара шәоурц. Иегова иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала шәхықәкы анагӡаразы агәаҳәара шәиҭар илшоит. Зны-зынла ахықәкы зықәҳаргыло ус иахәҭоуп ибзиоуп ҳәа мацара азоуп. Ус ҟашәҵозар, арҽхәара шәаԥсоуп. Аха иҟашәҵар шәылшозеи, уи анагӡаразы агәаҳәара шәзымхозар? Иегова ишәзыҟаиҵо шәазхәыцла (Аԥсал. 143:5). Апостол Павел дазхәыцуан Иегова иара иахь иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара. Уи Иегова изы гәыкала аџьабаа абара игәазҭанаҵон (1 Кор. 15:9, 10; 1 Тим. 1:12—14). Иегова ишәзыҟаиҵо лассы-лассы шәазхәыцлар, шәхықәкы анагӡара еиҳагьы ишәҭаххоит (Аԥсал. 116:12). w23.05 27, абз. 3—5
Аԥшьаша, ииун 26
Ишәырҽхәала Иегова ихьӡ! (Аԥсал. 113:1).
Ҳара жәҩантәи Ҳаб дҳаргәырӷьоит, ихьӡ анҳарҽхәо (Аԥсал. 119:108). Аха иаанагома уи зегь зымчу Анцәа игәы камҳаларц азы инаӡам ауаа реиԥш дырҽхәалатәуп, насгьы бзиа дшырбо иаҳәалатәуп ҳәа? Мап. Ҳара жәҩантәи Ҳаб данҳарҽхәо, хаҭала ҳара ҳазҵазкуа амц ҳаҿагылоит. Аҩсҭаа иҳәоит ауаа рҟынтә Иегова ихьӡ бзиа гәыкала аӡәгьы ихьчалаӡом ҳәа. Иара убас иара иҳәоит феидак ҳаур ауеит ҳәа ҳхәыцны, ҳаззегьы Анцәа даҳҭиуеит ҳәа (Иов 1:9—11; 2:4). Аха Иов Анцәа дизиашаны даанхеит, убас Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәирӷәӷәеит. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Ҳара жәҩантәи Ҳаб гәыкала имаҵ ҳаулар, дҳаргәырӷьалоит, ихьӡ бзиагьы ҳахьчалоит (Ажәам. 27:11). Шаҟа ҳаҭыр дуузеи уи ҳара ҳзы! w24.02 9, абз. 3—5
Ахәаша, ииун 27
Иԥааимбарцәа... рыгәра жәгала, ақәҿиарагьы шәоуеит (2 Аш. 20:20).
Моисеии Иисус Навини рышьҭахь Иегова ижәлар напхгара риҭаларц азы аӡбаҩцәа алихит. Анаҩс аҳцәа рхаан Анцәа аԥааимбарцәа рыла ижәлар мҩақәиҵон. Анцәа гәыкала изыҟаз аҳцәа аԥааимбарцәа ирзыӡырҩуан. Иаҳҳәап, аҳ Давид ахынраалара аарԥшны, аԥааимбар Нафан иеиҳәоз ҟаиҵон (2 Сам. 12:7, 13; 1 Аш. 17:3, 4). Аҳ Иосафат аԥааимбар Иахазиил ила иоуаз амҩақәҵарақәа рыгәра игон, насгьы Иудеиа инхоз ажәлар Анцәа иԥааимбарцәа ирзыӡырҩларц ргәазҭеиҵеит (2 Аш. 20:14, 15). Аҳ Езекиа арыцҳара данақәшәа, аԥааимбар Исаиа иҿы ацхыраара даҳәеит (Ис. 37:1—6). Аҳцәа Иегова имҩақәҵарақәа ианырзыӡырҩуаз, иара ижәлар дырзылԥхон, иагьихьчон (2 Аш. 20:29, 30; 32:22). Зегьы еилыркаауан Иегова аԥааимбарцәа рыла ижәлар шымҩақәиҵо. w24.02 21, абз. 8
Асабша, ииун 28
Урҭ иҟарҵо ҟашәымҵалан (Еф. 5:7).
Аҩсҭаа иҭахуп Иегова бзиа дзымбо аамҭа рацәаны ирыцаҳхаҳгаларц, избанзар усҟан еиҳагьы иаҳцәыцәгьахоит абиблиатә нормақәа рыла анхара. Ҳара иахьа еиҳагьы ҳгәаҳҽанызароуп, избанзар ауаа асоциалтә каҭақәа рылагьы еицәажәоит. Ари адунеи ицқьам ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵамшәа ҳнарбар аҭахуп. Аха уи ҳара ҳазыжьаӡом (Еф. 4:19, 20). Ҳхы ҳахьчарц азы абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар бзиоуп: «Сҽазысшәома аус сыцызуа, аҵара сыцызҵо, мамзаргьы Иегова инормақәа рыла инымхо еиҵаны аамҭа рыцыхгара? Сынхалома Иегова инормақәа инарықәыршәаны, уи азы сфанатикуп ҳәа срыԥхьаӡаларгьы?» Ҳара агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп, ақьырсиантә еизараҿгьы аҩызцәа аналаҳхуа. Убриоуп Павелгьы ииҳәоз 2 Тимофеи 2:20—22 аҟны. Ҳара адунеи ахь иҳахо ракәымкәа, Иегова гәыкала имаҵ аура иҳацхраауа аҩызцәа роуп иҳамазарц иаҳҭаху. w24.03 22—23, абз. 11, 12
Амҽыша, ииун 29
Иегова... дгәыбылҩу[п] (Иак. 5:11).
Шәхаҿы иааиуазеи Иегова шәанизхәыцуа? Ҳара Анцәа дшаҳамбогьы, Абиблиа аҟынтә иара изкны еилаҳкаауа рацәоуп. Иаҳҳәап, уа иануп Иегова «амра даҩызоуп, аԥырак деиԥшуп», иара убас «зегь ықәыццышәаа иқәызҵо мцоуп» ҳәа (Аԥсал. 84:11; Аур. 12:29). Иезекииль ибеит Анцәа асапфир иалху атәарҭаҿы дыштәаз, иара зыхә ҳараку аметаллқәа еилаарцыруа рылашара шихылҵуаз, насгьы иааикәыршаны ацәаҟәа еиԥшу алашара шыҟаз (Иез. 1:26—28). Ҳара Иегова даҳбаӡом, убри аҟынтә бзиа ҳшибо агәрагара ҳцәыуадаҩзар алшоит. Шьоукы Анцәа ибзиабара иаԥсаӡам ҳәа рыԥхьаӡоит, избанзар ахаан аӡәгьы бзиа ибаӡомызт. Иегова ус еиԥш иҟоу ҳцәаныррақәа бзианы еиликаауеит. Иара идыруеит игәрагара ҳцәыуадаҩзар шалшо. Аха Иегова иҭахуп иареи ҳареи аԥхарра зҵоу аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазарц. Убри аҟынтә шаҟа дқьиоу, насгьы шаҟа ахаара иҵоу Абиблиа ала иҳаилиркаауеит. Иегова зегь раасҭа еиӷьны инаало ажәа — абзиабара ауп (1 Иоанн 4:8). Уи иара иусқәа зегьы ирнубаалоит. Иара убриаҟара абзиабара илоуп, бзиа дзымбо рахьгьы уи гәыҭбаарала иааирԥшуеит (Матф. 5:44, 45). w24.01 26, абз. 1—3
Ашәахьа, ииун 30
Иара урҭ аԥҭа шьаҟа аҟынтә драцәажәон (Аԥсал. 99:7).
Иегова израильаа Египет иалигарц азы Моисеи далихит. Ижәлар анапхгара шриҭоз реилиркаарц азы рыла иабоз ашьақәырӷәӷәара риҭеит. Ҽынла дара ирбон аԥсҭҳәа шьаҟа, уахынла — амца шьаҟа (Ақәҵ. 13:21). Моисеи уи ашьаҟа ахьцоз дцон, уи израильаагьы иаргьы Амшын ҟаԥшь ахь инанагеит. Аха ауаа шәеит, избанзар Амшын ҟаԥшьи египеттәи ари ианрыбжьаха, царҭа рымамкәа иқәхазшәа ргәы иаанагеит. Аха уи гхаӡамызт. Иегова иҭахын Моисеи ажәлар убрахь инеигарц (Ақәҵ. 14:2). Нас Анцәа џьашьахәыла израильаа еиқәирхеит (Ақәҵ. 14:26—28). Моисеи агәра ганы дыҟан анаҩстәи 40 шықәса рыҩныҵҟа Иегова ижәлар аԥҭа шьаҟа ацхыраарала ацәҳәыра иалганы ишигоз (Ақәҵ. 33:7, 9, 10). Иегова Моисеи уи ашьаҟа аҟынтә диацәажәон, анаҩс уи Иегова имҩақәҵарақәа ажәлар иреиҳәон. Израильаа еилыкка ирбон Иегова Моисеи ила напхгара шриҭоз. w24.02 21, абз. 4, 5