Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 сентиабр ад. 20—25
  • Аиҳәшьцәа ргәы шьҭышәхла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аиҳәшьцәа ргәы шьҭышәхла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЗЫХӘ ҲАРАКУ ҲАҲӘШЬЦӘА ШӘААМҬА РЗЫШӘКЛА
  • АИҲӘШЬЦӘА РЫХӘ ШӘШЬАЛА
  • АИҲӘШЬЦӘА ШӘЫХЬЧАЛА, ШӘАГЬРЫЦХРААЛА
  • АИҲӘШЬЦӘА ЗЕГЬЫ ҲАЦХЫРААРА РҬАХУП
  • Иарбан мчроу аизара аиҳабацәа ирымоу?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иҟарҵалар рылшозеи аиҳәшьцәа?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 сентиабр ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 39

Аиҳәшьцәа ргәы шьҭышәхла

«Ажәабжь бзиа зҳәо аҳәса ҵҩа рымам» (АԤСАЛ. 68:11).

АШӘА 137 Азиашара аазырԥшуа аҳәса

АХҲӘАА*

Агәацԥыҳәара аазырԥшуа ҳаҳәшьцәа аизараҿы аҭак ҟарҵоит, ажәабжь рҳәоит, Аҳратә зал аргылара рхы аладырхәуеит, рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо иреиҷаҳауеит. (Шәахәаԥш абзац 1.)

1. Иарбан цхыраароу аиҳәшьцәа иҟарҵо, аха иарбан уадаҩрақәоу шьоукы зықәшәо? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

ҲАРА даараӡа ҳаигәырӷьоит ҳаизарақәа рҿы зхы иамеигӡо аиҳәшьцәа ахьырацәо! Дара аизарақәа рҿы аҭакқәа ҟарҵоит, ажәабжь рҳәоит, Аҳратә зал иагу ак аныҟаҵатәу ацхыраара иазхиоуп, иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреиҷаҳауеит. Ҳәарада, дара ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Шьоукы зықәрахь инеихьоу рҭаацәа ирхылаԥшуеит, егьырҭ рыуацәа рҟынтә аҿагыларақәа ирықәшәоит. Иҟоуп зхала зхәыҷқәа зааӡо, насгьы урҭ рныҟәгаразы ирацәаны аус зуа.

2. Избан ҳаҳәшьцәа ргәы ашьҭыхра зҳахәҭоу?

2 Избан ҳаҳәшьцәа ргәы ашьҭыхра зҳахәҭоу? Избанзар ари адунеи аҿы лассы-лассы дара ҳаҭыр рықәырҵаӡом. Аха уи адагьы, Абиблиа ҳаанаԥхьоит ҳаҳәшьцәа ргәы шьҭаҳхларц. Иаҳҳәап, апостол Павел Рим иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрыҳәеит Фива гәыкала дрыдыркыларц, иагьреиҳәеит «шәлыцхраа зегь рыла» ҳәа (Рим. 16:1, 2). Иҟалап Павел данфарисеиз иаргьы афарисеицәа зегь реиԥш аҳәса атәеимбозҭгьы. Аха данқьырсианха, Иисус иеиԥш аҳәса рахь апатуқәҵареи ақьиареи раарԥшра далагеит (1 Кор. 11:1).

3. Дышԥарзыҟаз Иисус аҳәса, еиҳарак Анцәа игәаԥхара назыгӡоз?

3 Иисус аҳәса пату рықәиҵон (Иоанн 4:27). Иара ихаан инхоз адиннапхгаҩцәа дреиԥшмызт. Абиблиатә еилыркаагак аҿы иануп: «Иисус аҳәса рыпату лазырҟәуаз ма рыхьӡ зырцәгьоз ажәақәа ахаан иҳәомызт». Иара Иаб игәаԥхара назыгӡоз аҳәса еиҳагьы пату рықәиҵон. Иисус урҭ иаҳәшьцәа реиԥшгьы дрыхәаԥшуан. Иара идоуҳатә ҭаацәара иахәҭакны ииԥхьаӡоз данрыхцәажәоз, ахацәа реиԥш аҳәсагьы рыӡбахә иҳәеит (Матф. 12:50).

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Иисус иаҳәшьцәа реиԥш дызхәаԥшуаз, Анцәа имаҵ зуаз аҳәса рыцхраара еснагь дазхиан. Иара урҭ иаамҭа рзикуан, рыхә ишьон, насгьы ихьчон. Шәааи ҳахәаԥшып уи аҿы Иисус ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

ЗЫХӘ ҲАРАКУ ҲАҲӘШЬЦӘА ШӘААМҬА РЗЫШӘКЛА

5. Избан аиҳәшьцәа шьоукы аҩызцәа рыԥшаара зырцәыцәгьоу?

5 Ҳара зегьы, аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы, аҩызцәа бзиақәа ҳамазар ҳҭахуп. Аха зны-зынла аиҳәшьцәа урҭ рыԥшаара рцәыцәгьоуп. Избан? Ҳахәаԥшып аиҳәшьцәа ирҳәо. Џьордан* зыхьӡу иаҳәшьак илҳәоит: «Сара аҭаацәара салаӡам аҟынтә, лассы-лассы аизараҿы хәарҭа аасымгошәа збоит». Пионерс амаҵ зуа Кристен лмаҵзура лырҭбаарц азы даҽаџьара диасит. Абар лара илҳәо: «Аизара ҿыц ахь уаниасуа ухы заҵәны иубалар алшоит». Аишьцәагьы урҭ ацәаныррақәа рызцәырҵлар ҟалоит. Иегова имаҵ зымуа аҭынхацәа ирыцынхо ақьырсиан иҭаацәараҿы дтәымуаҩушәа ихы ибалар алшоит. Убри аамҭазгьы аизараҟынтә иашьцәеи иаҳәшьцәеи дырзааигәамзар ҟалоит. Аиҳәшьцәа шьоукы рхы заҵәны ирбозар ауеит рчымазара иахҟьаны аҩны иахьзымдәылҵуа азы, мамзаргьы ачымазаҩ дахьырбо азы. Абар Аннетт илҳәо: «Сара аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа сызрыцыхгомызт, избанзар сан дызбон».

Ҳаргьы Иисус иеиԥш Анцәа изиашоу ҳаҳәшьцәа ҳреиҷаҳалар ҳалшоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—9.)*

6. Дышԥарыцхрааи Иисус Марфеи Мариеи, Лука 10:38—42 иану инақәыршәаны?

6 Иисус еиҳәшьцәас ииԥхьаӡоз Анцәа имаҵ зуаз аҳәса аамҭа рзикуан. Иара дара рзы дҩыза бзиан. Иаҳҳәап, Мариеи Марфеи ҩызцәас иԥхьаӡон. Иҟалап дара аҭаацәара иаламызҭгьы. (Шәаԥхьа Лука 10:38—42.) Дара Иисус аамҭа ицыхгара ргәаԥхон. Иаҳҳәап, Мариа Иисус ишьапаҿы дантәа, абжьааԥны иҵаҩцәа ишыҟарҵоз еиԥш*, Иисус длацәҳар ҳәа дшәомызт. Марфа Мариа афатәҟаҵара дахьылмыцхраауаз азы лгәы анылзыԥжәа, уи Иисус иаҳәара дацәыԥхамшьаӡеит. Уи аҭагылазаашьаҿы Иисус аҩыџьагьы ихадоу аҵабырг аилкаара дрыцхрааит. Иара Марфеи, Мариеи, Лазари рахь лассы-лассы днеилон, убри ала идирбон бзиа ишибоз (Иоанн 12:1—3). Иџьашьатәӡам Лазарь иӷәӷәаны данычмазаҩха, дара Иисус ацхырааразы иахьиҳәаз (Иоанн 11:3, 5).

7. Ишԥаҳалшо ҳаҳәшьцәа ргәы ашьҭыхра?

7 Аиҳәшьцәа аӡәырҩы рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо ахьырбо еиҳарак аизарақәа рҿы ауп. Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп урҭ гәыкала ҳарԥылалар, ҳрацәажәалар, насгьы бзиа ишаҳбо раҳҳәалар. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьордан илҳәоит: «Сара даараӡа сгәы иахәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы аҭак ахьыҟасҵо азы сандырҽхәо, ажәабжьҳәара иансыццо, ма даҽакала бзиа сшырбо ансдырбо». Ҳара ҳаҳәшьцәа рыхә шаҳшьо дҳарбалароуп. «Сара издыруеит аизарахь сзымнеир, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шсыдҵаало. Уи агәра снаргоит дара бзиа сшырбо»,— лҳәоит Киа.

8. Ишԥаҳалшо уаҳа Иисус иҿыԥшра?

8 Ҳаргьы Иисус ҳаиҿыԥшны аиҳәшьцәа аамҭа рзалҳхлар ҳалшоит. Ҳара иҳалшоит урҭ ҳаҩныҟа иааҳаԥхьар, акреицаҳфарц ма ҳаицәажәарц азы. Аха ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аамҭа анрыцаҳхаҳго, ҳажәақәа рыла ргәы шьҭаҳхлароуп (Рим. 1:11, 12). Аизара аиҳабацәа Иисус иҿыԥшлароуп. Иара идыруан шьоукы аҭаацәара иаламлаӡакәа аанхара шырцәыцәгьахоз, аха еилыкка иҳәеит анасыԥ зхьыԥшу ауаҩы аҭаацәара далоу-даламу, ма ахәыҷқәа имоу-имаму шакәым (Лука 11:27, 28). Анасыԥҵәҟьа узаазго Иегова имаҵ аура ауп (Матф. 19:12).

9. Иҟарҵалар рылшозеи аизара аиҳабацәа аиҳәшьцәа ирыцхрааларц азы?

9 Аизара аиҳабацәа аизараҿы иҟоу аиҳәшьцәа раҳәшьцәеи ранацәеи реиԥш ирзыҟазароуп (1 Тим. 5:1, 2). Уи азы дара аизара алагаанӡа ма ианынҵәалак ашьҭахь аиҳәшьцәа рзы аамҭа алырхлароуп. Абар Кристен илҳәо: «Аизара аиҳабы игәеиҭеит сара даараӡа сшеилахаз, насгьы дсазҵааит зегь злеилабыгӡозеи ҳәа. Уи даараӡа сгәы шьҭнахит». Аизара аиҳабацәа аиҳәшьцәа ирацәажәаларц азы аамҭа алырхуазар, хьаас ишрымоу ддырбоит*. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Аннетт лассы-лассы аизара аиҳабацәа дахьрацәажәоз шлыхәо иазкны илҳәоит: «Дареи ҳареи еиҳа ҳаибадырит. Убри аҟынтә уадаҩрак ансымоу, рыдҵаалара еиҳа исзымариоуп».

АИҲӘШЬЦӘА РЫХӘ ШӘШЬАЛА

10. Ргәы шьҭызхуазеи аиҳәшьцәа?

10 Ҳара зегьы, ахацәагьы аҳәсагьы, ҳгәы иахәоит иҳалоу абзиара егьырҭ ианырбо, насгьы иҟаҳҵо ахә шыршьо анҳарҳәо. Аха иҟаҳҵо, насгьы иҳалоу аҟазара аӡәгьы игәеимҭозар, ҳгәы каҳауеит. Аҭаацәара иалам пионерс амаҵ зуа Абигеил илҳәоит зны-зынла аӡәгьы хьаас димамшәа лгәы ишабо. Лара илҳәоит: «Сара лассы-лассы исарҳәоит: „Бара абарҭ раҳәшьа бами, ма абарҭ рыԥҳа бами“. Дара сгәарымҭошәа збоит». Аҭаацәара иалам Пем зыхьӡу даҽа иаҳәшьак акыршықәса миссионерс амаҵ луан. Аха нас лҭаацәа дырхылаԥшларц азы аҩныҟа дхынҳәит. Уажәы лара 70 шықәса дшырҭысхьоугьы пионерс амаҵ луеит. Лара илҳәоит: «Еиҳараӡак сгәы анышьҭыҵуа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟасҵо ахә шыршьо ансарҳәо ауп».

11. Ишԥааирԥшуаз Иисус ицхраауаз аҳәса рџьабаа ахә шишьоз?

11 Анцәа изиашаз аҳәса изларылшоз ала Иисус ицхраауан, иара урҭ рыцхыраара ахә ҳаракны ишьон (Лука 8:1—3). Дара рзы ҳаҭыр дуун Иисус ицхраалар ахьрылшоз, аха уи аҩыза аҳаҭыр раҭәашьара адагьы, Иисус урҭ аҳәса иҵаулоу аҵабыргқәа рзааиртуан. Иаҳҳәап, иара дыԥсраны дшыҟаз, аха анаҩс иԥсы шҭалоз реиҳәеит (Лука 24:5—8). Апостолцәа шазыҟаиҵаз еиԥш, Иисус урҭ аҳәсагьы ирзыԥшыз аԥышәарақәа ирзыҟаиҵеит (Марк 9:30—32; 10:32—34). Иазгәаҭатәуп апостолцәа зегьы бналаны Иисус ихала данаанрыжь, урҭ аҳәса дшаанырмыжьыз. Дара Иисус агәаҟратә шьаҟаҿы аԥсра данаҿыз иааигәара иҟан (Матф. 26:56; Марк 15:40, 41).

12. Иарбан усқәоу Иисус аҳәса ирыдиҵоз?

12 Иисус аҳәса рыгәра ганы ихадаз аусқәа рыдиҵон. Иаҳҳәап, Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь раԥхьа дызбаз аҳәса роуп. Иара урҭ аҳәса дрыҳәеит иԥсы шҭалаз апостолцәа ирарҳәарц (Матф. 28:5, 9, 10). Иара убас иҟалап Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. азы иԥшьоу адоуҳа зауз аҵаҩцәа рыбжьара аҳәсагьы ыҟазҭгьы. Уи ус акәзар, иԥшьоу адоуҳа зауз урҭ аҳәса абызшәақәа рыла ацәажәареи урҭ абызшәақәа рыла ауаа «Анцәа иус дуқәа» рзеиҭаҳәареи алшара роуит (Аус. 1:14; 2:2—4, 11).

13. Иарбан усқәоу инарыгӡо ақьырсиан ҳәсақәа иахьа Анцәа имаҵ аураҿы? Ишԥаҳалшо рџьабаа ахә шаҳшьо дҳарбалар?

13 Ҳаҳәшьцәа Анцәа имаҵ аураҿы иҟарҵо зегь азы арҽхәара иаԥсоуп. Дара ацхыраара ҟарҵоит аргыларақәа рҿы, ахыбрақәа рхылаԥшраҿы, тәым бызшәала ажәабжь зҳәо агәыԥқәа ирыцхраауеит, хатәгәаԥхарала Вефиль иацхраауеит. Иара убас аԥсабаратә рыцҳарақәа ахьыҟало ирыцхраауеит, ҳпубликациақәа еиҭаргоит, пионерцәас, насгьы миссионерцәас амаҵ руеит. Аишьцәа реиԥш даргьы аҵара рҵоит апионерцәа рышкол аҿы, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы, насгьы Галаад ашкол аҿы. Уи адагьы, ақьырсиан ҳәсақәа рхацәа аизараҿы, насгьы аорганизациаҿы ирыду аҭакԥхықәрақәа нарыгӡаларц азы ирыцхраауеит. Урҭ аишьцәа «ауаа аҳамҭақәа» роуп, дара ҳара ҳзы иҟарҵо даараӡа ирацәоуп (Еф. 4:8). Аха уи зегьы аҟаҵара рцәыцәгьахон, рыҳәса рыцхыраарада. Иҟашәҵар шәылшозеи аџьабаа иацәымаашьо урҭ аиҳәшьцәа ргәы шьҭышәхларц азы?

14. Ианузеи Аԥсалом 68:11 аиҳәшьцәа ирызкны? Иҟарҵозеи аҟәыӷара злоу аизара аиҳабацәа?

14 Аҟәыӷара злоу аизара аиҳабацәа еилыркаауеит ажәабжьҳәаҩцәа рыбжьара агәацԥыҳәара аазырԥшуа аиҳәшьцәа рхыԥхьаӡара шырацәоу, насгьы дара уи аус аҿы аԥышәа шрымоу. (Шәаԥхьа Аԥсалом 68:11.) Убри аҟынтә дара урҭ рԥышәа рҿырҵаалар рҭахуп. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Абигеил илҳәоит лгәы ишахәо аишьцәа анлазҵаауа иарбан дгалароу ажәабжьҳәараҿы ауаа еиҳа иззыӡырҩуа ҳәа. Лара иацылҵоит: «Уи агәра снаргоит Иегова иорганизациаҿы аҭыԥ шысзалихыз». Иара убас аизара аиҳабацәа ирдыруеит зықәра шәхьоу аиҳәшьцәа иқәыԥшу аиҳәшьцәа ауадаҩрақәа анрымоу ирыцхраалар шрылшо. (Тит 2:3—5). Ҳәара аҭахума, ҳаҳәшьцәа рыхә ҳшьалароуп!

АИҲӘШЬЦӘА ШӘЫХЬЧАЛА, ШӘАГЬРЫЦХРААЛА

15. Иарбан цхыраароу аиҳәшьцәа ирҭаххар алшо?

15 Аиҳәшьцәа уадаҩрак ианақәшәо, ирывагыло аӡә дырҭаххар ауеит (Ис. 1:17). Иаҳҳәап, аԥҳәысеиба ма еилыҵхьоу аиаҳәшьа лзинқәа зыхьчо аӡә дылҭаххар ауеит, насгьы уаанӡа лхаҵа инаигӡоз аусқәа рҿы илыцхраатәызар алшоит. Зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа аҳақьымцәа рацәажәаразы ацхыраара лҭахызар ҟалоит. Аргылараҿы ацхыраара ҟазҵо пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа илыдгылатәхар ҟалоит егьырҭ апионерцәа раҟара ажәабжь ахьылымҳәо азы акритика анылзыруа. Уаҳа ишԥаҳалшо аиҳәшьцәа ҳрыцхраалар? Шәааи еиҭах Иисус иҿырԥштәы ҳахәаԥшып.

16. Дышԥалыдгылеи Иисус Мариа, Марк 14:3—9 иану инақәыршәаны?

16 Иисус иаҳәшьцәа реиԥш дызхәаԥшуаз, Анцәа имаҵ зуаз аҳәса ииашамкәа ианрыхцәажәоз, иаразнак дрыдгылон. Иаҳҳәап, Марфа Мариа лгәы анылзыԥжәа, Иисус Мариа длыдгылеит (Лука 10:38—42). Иара убас Иисус Мариа дихьчеит иҟалҵаз иашаӡам ҳәа зегь анлықәыӡба. (Шәаԥхьа Марк 14:3—9.) Иисус еиликаауан Мариа уи гәык-ԥсыкала ишыҟалҵаз, убри аҟынтә дирҽхәеит. Иара иҳәеит: «Уи Сара аус бзиа сзыҟалҵеит. [...] Илылшауаз ҟалҵеит». Уи инеиҳангьы иара иҳәеит «абри Ажәабжь бзиа ахьрыладырҵәо адунеи зегьы аҿы, абри аԥҳәыс илуз атәгьы рҳәалашт» ҳәа. Ари астатиагьы Иисус иажәақәа шьақәнарӷәӷәоит. Шаҟа лгәы шьҭырхзеи Мариа Иисус иажәақәа! Иџьоушьартә иҟоуп Иисус Мариа иҟалҵаз аус қьиа адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә ус иахьадиҳәалаз!

17. Ианбаҭаххар алшо аиаҳәшьа лыхьчара? Иаажәга аҿырԥштәы.

17 Шәрыдгылома аиҳәшьцәа урҭ аныхьчатәу? Еилҳаргап ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг: аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи игәарҭеит Иегова имаҵ зымуа ахаҵа дызмоу иаҳәшьак аизарақәа дрыгханы дышнеиуа, насгьы ианынҵәалак ашьҭахь иаразнак дышцо. Уи адагьы, шамахамзар, ахәыҷқәа аизарахь иаалгаӡом. Убри аҟынтә дара аиаҳәшьа илықәыӡбо иалагоит. Урҭ ргәы иаанагоит лхаҵа инақәырӷәӷәаны иалҳәазҭгьы, ахәыҷқәа аизарақәа рахь ишьҭлон ҳәа. Аха дара ирыздырӡом аиаҳәшьа илылшо зегь шыҟалҵо. Лхаҵа ианаамҭам уск ҟалҵарц азы длыҳәозар ҟалоит. Иара убас лара ахәыҷқәа рганахь ала иара идикыло аӡбара пату ақәылҵоит. Иҟашәҵарызи шәара аиаҳәшьа акритика шылзыруа шәаҳазҭгьы? Аиаҳәшьа иҟалҵо азы зегьы рҿаԥхьа дшәырҽхәалар, лара ианлаҳауагьы ианылмаҳауагьы, урҭ аицәажәарақәа рҵыхәтәа ԥышәҵәоит.

18. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи уаҳа ҳаҳәшьцәа ҳрыцхрааларц азы?

18 Иара убас ҳаҳәшьцәа рыхә шаҳшьо дҳарбоит, ацхыраара анрыдаҳгало (1 Иоанн 3:18). Зан дызбоз Аннетт илҳәоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи сан илыдтәаларц азы иаауан, сара даҽа усқәак ҟасҵарц азы, мамзаргьы афатә ҳзааргон. Уи сара иснарбон аизараҿы бзиа сшырбо, сыхәгьы шыршьо». Џьордангьы аизараҟынтә ацхыраара лоуит. Иашьак амашьына иагу-иабзоу ацклаԥшышьа лирҵеит. Лара илҳәоит: «Даараӡа сгәы иахәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи хьаас сахьрымоу, насгьы амашьына санақәтәоу амашәыр сақәымшәарц азы иахьсыцхраауа».

19. Ишԥарылшо уаҳа аизара аиҳабацәа аиҳәшьцәа ирыцхраалар?

19 Аизара аиҳабацәагьы аиҳәшьцәа рыцхраара рҽазыршәоит. Дара ирдыруеит Иегова ус ҟарҵаларц шиҭаху (Иак. 1:27). Аԥҟарақәа рышьақәыргылара акәымкәа, Иисус иеиԥш, ианалшо ақьиареи аилкаареи раарԥшра рҽазыршәоит (Матф. 15:22—28). Аизара аиҳабацәа аиҳәшьцәа рыцхраара ианазхиоу, аиҳәшьцәа еилыркаауеит дара Иегова иорганизациеи иареи рзы рыхә шыҳараку. Киа дахьныҟәо ажәабжьҳәаратә гәыԥ иахылаԥшуа аиашьа лара даҽа ҩнык ахь дшиасуа анеиликаа, иаразнак ацхыраара еиҿикааит. Киа илҳәоит: «Уи абзоурала сыгәҭынчымрақәа еиҳа еиҵахеит. Аизара аиҳабацәа ражәа ҟәандақәеи рыцхыраареи агәра снаргеит аизараҿы сыхә шыршьо, насгьы ауадаҩрақәа санрықәшәо схала сшаанымхо».

АИҲӘШЬЦӘА ЗЕГЬЫ ҲАЦХЫРААРА РҬАХУП

20, 21. Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо ҳаҳәшьцәа зегьы рыхә шаҳшьо?

20 Ҳаизарақәа рҿы даараӡа ирацәоуп зхы иамеигӡо аиҳәшьцәа. Дара ҳацхыраара иаԥсоуп. Ҳара иҳалшоит Иисус ҳаиҿыԥшны урҭ ҳаамҭа рзаҳклар, еиӷьны ҳрабадырлар, Анцәа имаҵ аураҿы иҟарҵо зегьы ахә ҳшьалар, насгьы иҳахьчалар.

21 Апостол Павел Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәы аҵыхәтәаны Анцәа имаҵ зуаз жәҩык аҳәса иналкааны рыӡбахә иҳәеит (Рим. 16:1, 3, 6, 12, 13, 15). Ҳәара аҭахума, урҭ аиҳәшьцәа даараӡа еигәырӷьеит Павел асалам ахьырзааишьҭыз, насгьы иахьирҽхәаз. Шәааи ҳаргьы ҳаизараҿы иҟоу аиҳәшьцәа ргәы шьҭаҳхлап. Убас ала иааҳарԥшуеит урҭ бзиа ишаҳбо, насгьы ҳдоуҳатә ҭаацәара иахәҭакны ишаҳаԥхьаӡо.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Хәарҭас ирзаанагозеи ҳаҳәшьцәа ҳаамҭа ахьырзаҳкуа?

  • Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо ҳаҳәшьцәа рџьабаа ахә шаҳшьо?

  • Ианбаҭаххар алшо ҳаҳәшьцәа рыхьчара?

АШӘА 136 Иегова гәыҭбаарала иуиҭо аҳамҭа

Ҳаҳәшьцәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит Иисус ҳаиҿыԥшны аизараҿы аиҳәшьцәа ҳрыцхраалар шҳалшо. Иара Анцәа имаҵ зуаз аҳәса аамҭа рзалихуан, рыхә ишьон, насгьы ихьчон.

Хьыӡқәак ԥсахуп.

Абар абиблиатә еилыркаагак аҿы иану: «Аҵаҩцәа рырҵаҩы ишьапаҿы итәон, рхаҭа рҵаҩцәаны иҟаларц рҽаназыҟарҵоз. Аха аҳәса рҵаҩцәаны аҟалара азин рымамызт... Убри аҟынтә аиудеицәа аӡәырҩы Мариа Иисус ишьапаҿы дтәаны ииҳәоз ллымҳа кыдҵаны дшазыӡырҩуаз рбазҭгьы еилагон».

Аизара аиҳабацәа аиҳәшьцәа ианрыцхраауа агәҽанызаара аадырԥшлароуп. Иаҳҳәап, аизара аиҳабы имацара аиаҳәшьа лахь дцаӡом.

АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аишьцәа Иисус иҿыԥшны аиҳәшьцәа ирыцхраауеит: ҳашьа ҳаҳәшьа лмашьына абарбал аԥсахра длыцхраауеит, даҽа иашьак иԥҳәыси иареи зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лбара инеит, егьи — иԥҳәыси иареи зхала зыԥҳа дзааӡо аиаҳәшьа лахь инеит, аҭаацәаратә мҵахырхәара еицымҩаԥыргарц азы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2022)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2022 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра