Thai Liang Lim/E+ via Getty Images
ШӘГӘЫШӘҼАНЫЗ!
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа даараӡа ргәы иҵхоит асоциалтә каҭақәа аҿар ишырныруа
2025 шықәсазы адунеи зегь аҿы аҳәынҭқарцәа зныкымкәа иалацәажәахьеит асоциалтә каҭақәа аҿар ишырныруа, уи агәҭынчымрагьы шрызцәырнаго. Тәылак аҿгьы 16 шықәса иреиҵоу ахәыҷқәа асоциалтә каҭақәа рхархәара азин рымырхит. Иҟоуп егьырҭ атәылақәагьы убас ҟазҵар зҭаху.
Аха иҟоуп аҿар рҟынтә шьоукы асоциалтә каҭақәа ашәарҭара шрыҵоу иақәшаҳаҭхо. Иаҳҳәап, апрель мза, 2025 шықәсазы икьыԥхьын Еиду Аштатқәа рҿы Аҭҵааратә центр Пиу иҟанаҵаз аҭҵаара иаанарԥшыз. Уи аҭҵаара инақәыршәаны, «ахбыџқәа рыбжаҩык инарзынаԥшуа (48%) асоциалтә каҭақәа рықәлацәа иҽеим анырра рнаҭоит ҳәа рыԥхьаӡоит».
Агәабзиарахьчара иадҳәалоу аспециалистцәа аҳәара ишаҿыц иаҿуп асоциалтә каҭақәа аҿар рыԥсихикатә гәабзиареи рыхшыҩи ишаԥырхагоу. Ҵыԥх уи аамҭазы Еиду Аштатқәа рҿы асанитартә ҳақьым хадас иҟаз Вивек Мурти иҳәеит: «Аҿар реиҳараҩык рыԥсихикатә гәабзиара аицәахара иаҿуп, уи зыхҟьо асоциалтә каҭақәа роуп».
Аҭаацәа ирылшоит рхәыҷқәа асоциалтә каҭақәа ирыҵоу ашәарҭарақәа ирцәырыхьчар. Аха ишԥа? Абиблиа уи аҿы ирыцхраауеит.
Аҭаацәа иҟарҵар рылшо
Абиблиаҿы иану абарҭ иҟәыӷоу ҩ-принципк шәрызхәыц.
«Аҟәыш ишьаҿақәа зегьы дрызхәыцуеит» (Ажәамаанақәа 14:15).
Асоциалтә каҭақәа шәхәыҷы иҽеим анырра инаҭар алшозар, уи ахархәара азин ишәҭар ауп ҳәа шәгәы иаанамган. Раԥхьа еилышәкаа шәхәыҷы шаҟа аамҭа уа дҭазаауа, ҩызцәас иалихуа, насгьы дызхәаԥшуа еилиргартә еиԥш дазҳахьоу-дазымҳахьоу.
Еиҳа инарҭбааны уи аӡбахә ҳәоуп астатиақәа «Разрешить ли своему ребёнку пользоваться соцсетями?», насгьы «Учите подростка пользоваться соцсетями с умом» рҿы.
«Шәаамҭа еиҳа ихадоу иазышәкла» (Ефесаа 5:16).
Шәхәыҷы асоциалтә каҭақәа рхархәара азин ишәҭазар, ишьақәшәыргыл уи иадҳәалоу аԥҟарақәа, насгьы урҭ иара дшырыхьчо иеилшәыркаа. Шәхәыҷы ихымҩаԥгашьа аҽаԥсахуашәа жәбозар, усҟан иара ма лара лзы ишьақәшәыргыл аҳәаа асоциалтә каҭақәа рахь аҭаларазы.
Аҳәаақәа зышьақәшәыргылаз шәхәыҷы иеилшәыркаарц азы шәеицахәаԥш, насгьы шәахцәажәа афломастертә анимациа «Асоциалтә каҭақәа ҟәыӷарала ухы иархәала!».
Абиблиаҿы аҭаацәа ирыцхраауа егьырҭ алабжьарақәагьы аагоуп. Лабжьарақәак шәыԥшаар шәылшоит астатиа «Негативное влияние соцсетей на детей и подростков. Чем может помочь Библия»? аҿы.
Еиҳаны еилышәкаа
Абиблиа иҳанаҳәоит даара ицәгьоу аамҭақәа рзы ҳшынхо (2 Тимофеи 3:1—5). Аха убри аамҭазгьы Абиблиа иҳанаҭоит ауадаҩрақәа рыхгараҿы есымша ҳхы иаҳархәалаша алабжьарақәа. Иаҳҳәап, астатиа «Почему так много подростков сталкивается с психическими проблемами? Что говорится в Библии?» аҿы ишәыԥшаар шәылшоит Абиблиа шьаҭас измоу 20 зхьарԥш инареиҳаны. Урҭ азхьарԥшқәа рҿы ахбыџцәа рыԥсихикатә гәабзиара иазку атема иалацәажәоит, насгьы урҭ Абиблиа рыцхраар шалшо. Уи ахәыҷқәа реиԥш аҭаацәагьы хәарҭа рзаанагоит.