Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ашәахьа, ииуль 20

Гәык-ԥсыкала [ианашәыжь], игәы [шәырҭынч], мыцхәы игәхьаа иҽеимҭарц азы (2 Кор. 2:7).

Иҟалар алшози аизара ахылаԥшыҩцәа зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы аизарахь ахынҳәра азин ирымҭазҭгьы, мамзаргьы уи аизарахь даныхынҳә ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиқәыхьшәашәа иԥылазҭгьы? Иара «мыцхәы игәхьаа» иҽеиҭар алшон. Уи адагьы, игәы каҳаны Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара даҟәыҵыр ауан. Аха зегь раасҭа еицәоу — аишьцәеи аиҳәшьцәеи зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы ианажьра мап ацәыркызҭгьы, Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа рцәыӡыр ауан. Избан? Избанзар усҟан дара арыцҳашьара злоу Анцәа иакәымкәа, игәымбылџьбароу, агәы зызҭам Аҩсҭаа иоуп изҿыԥшлоз. Даҽакала иуҳәозар, урҭ Аҩсҭаа инапаҿы ауаҩы доуҳала ишьразы ихы иаирхәар алшоз бџьарны иҟалон (2 Кор. 2:10, 11; Еф. 4:27). w24.08 16, абз. 7; 17, абз. 10, 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026

Аҩаша, ииуль 21

Аҳаракырахь дхалан... урҭ ауаа ҳамҭаҵас иҳаиҭеит (Еф. 4:8).

Иисус Христос аизара ацхырааҩцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи рыдагьы, араион ахылаԥшыҩцәагьы ҳаиҭеит. Изакәазы? Аизара дырӷәӷәаларц азы (Аус. 15:40, 41). Иисус Иерусалим иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа ргәазҭеиҵеит Павели, Варнавеи, егьырҭ ахацәеи еиуеиԥшым аизарақәа ирҭааларц азы рышьҭра (Аус. 11:22). Араион ахылаԥшыҩцәа акы ианаҿым ҳәа аамҭак ыҟам. Урҭ рҟынтә шьоукы аизарақәа ирҭааларц азы шә-километрала ихараны ицоит. Есымчыбжьа араион ахылаԥшҩы ажәахәқәа иманы дықәгылоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихларц азы дырҭаауеит, апионерцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи рзы аиԥыларақәа мҩаԥигоит, иара убас ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа мҩаԥигоит. Иара араионтә, насгьы арегионалтә конгрессқәа еиҿикаауеит, уа ажәахәқәа иманы дықәгылоит. Араион ахылаԥшҩы апионерцәа рышкол мҩаԥигоит, ираион аҿы амаҵ зуа апионерцәа рзы иҷыдоу аиԥылара еиҿикаауеит, насгьы афилиал аҟынтә иоуа егьырҭ адҵақәагьы наигӡоит — урҭ рҟынтә аамҭа мгаӡакәа инагӡалатәугьы ыҟоуп. w24.10 21, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026

Ахаша, ииуль 22

Сара урҭ рыгхақәа ранасыжьуеит, рыгәнаҳақәагьы уаҳа исгәаласыршәаӡом (Иер. 31:34).

Аԥааимбар Иеремиа Анцәа иажәақәа иахьатәи ажәеинраалаҿы ианиҵеит. Ауриацәа 8:12 аҿы апостол Павел уи азхәыцра дырҩегь иҳәеит. Ҵакыс ирымоузеи Иегова «уаҳа исгәаласыршәаӡом» ҳәа ииҳәаз ажәақәа? Ажәа «агәаларшәара» Абиблиаҿы «анкьа иҟалаз акы азхәыцра» адагьы, даҽа ҵакыкгьы амоуп. Уи акы аҟаҵара аанагозар ауеит. Иаҳҳәап, Иисус ицыкнарҳаз ацәгьаҟаҵаҩ данԥсуаз абас диҳәеит: «Иисус, Уаҳрахь уаннеилак, сугәаларшәа» (Лука 23:42, 43). Иара Иисус ак изыҟаиҵарц диҳәеит, баша дизхәыцырц мацара акәымкәа. Иисус уи ауаҩы иԥсы шҭеиҵо дақәиргәыӷит. Убри аҟынтә Иегова ҳагәнаҳақәа уаҳа игәалашәаӡом ҳәа аниҳәо, уи иаанагоит ишҳанаижьыз, насгьы урҭ рзы уажәгьы аԥхьаҟагьы ҳшахьимырхәуа. w25.02 11, абз. 14, 15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра