Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ахәаша, ииун 20

Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Рим. 5:5).

Иегова иҩыза Авраам ажәа ииҭеит иара ила ажәларқәа зегьы дшырзылԥхо (Аҟаз. 15:5; 22:18). Авраам ихаҵара ӷәӷәан, убри аҟынтә агәра ганы дыҟан Анцәа иқәыргәыӷра хымԥада ишынаӡо. Аамҭа цон, Авраам 100 шықәса ихыҵхьан, иԥшәмаԥҳәыс — 90 шықәса, аха аԥа дырмоуит (Аҟаз. 21:1—7). Аха Абиблиаҿы иануп: «Авраам ажәлар рацәа абыс дшырзыҟало... дақәгәыӷуан, агәрагьы игон» (Рим. 4:18). Шәара ижәдыруеит Авраам игәыӷра шынаӡаз. Иара акыраамҭа дыззыԥшыз аԥа, Исаак, диоуит. Шьаҭас иамази Авраам игәыӷра? Авраам Иегова ибзианы дидыруан, убри аҟынтә иажәа шынаигӡо агәра ганы дыҟан (Рим. 4:21). Авраам ахаҵара ахьимаз азы Иегова уи дизыразын, насгьы дуаҩ иашаны диԥхьаӡон (Иак. 2:23). w23.12 8, абз. 1, 2

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, ииун 21

Амаҷ аҿы зыгәра угартә иҟоу, еиҳау аҿгьы игәра угартә дыҟоуп, амаҷ аҿы зыгәра угартә иҟам, еиҳау аҿгьы игәра узгом (Лука 16:10).

Узықәгәыӷыртә иҟоу аиашьа иду адҵақәа зегьы ҭакԥхықәрала дрызнеиуеит. Ҳахәаԥшып Иисус иҿырԥшы. Иара аусқәа ишабалак инаигӡаӡомызт. Иара Иегова идиҵоз адҵақәа зегь наигӡон, уи анымариамызгьы. Иисус ауаа бзиа ибон — еиҳараӡак иҵаҩцәа — урҭ иԥсгьы рыхҭниҵеит (Иоанн 13:1). Иисус уиҿыԥшла. Иурҭо адҵақәа зегь гәыкала инагӡала. Дҵак шынагӡатәу узымдыруазар, ахынраалара аарԥшны еиҳа аԥышәа змоу аишьцәа ацхырааразы урыҳәала. Иҟоуп ирыду аасҭа ҟазымҵо ауаа, уигьы зыҟарҵо ирҟәаҵырц азоуп. Урҭ ахаан урмеиԥшхан! (Рим. 12:11). Иуду адҵақәа зегьы «ауаа рзы еиԥш акәымкәа, Иегова изы еиԥш» инагӡала, насгьы узлагаз аус аҵыхәтәанынӡа инагала (Кол. 3:23). Ҳәарада, уара унаӡаӡам, убри аҟынтә агха ухьзар, уацәыԥхамшьакәа иҳәала (Ажәам. 11:2). w23.12 26, абз. 8

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, ииун 22

Дныҳәоуп Иегова иқәгәыӷуа... ауаҩы (Иер. 17:7).

Изакәытә гәырӷьара дуузеи аӡы уҽӡаахны Иегова иҭаацәара уанахәҭакхо иуоуа! Анцәа иҩызахара ҳаҭыр дууп! Ҳара Давид ицәаныррақәа ицеиҩаҳшоит. Иара иҳәеит: «Насыԥ имоуп уашҭақәа рҿы дынхаларц азы иалухуа, иузааигәаутәуа ауаҩы» (Аԥсал. 65:4). Иааиԥхьода Иегова иашҭахь? Иара изааигәахара зҭаху роуп (Иак. 4:8). Иегова шәыҽизкны аӡы шәҽанӡаашәхлак, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит иара меигӡарахда дшышәзылԥхо (Мал. 3:10; Иер. 17:8). Аӡӡаахра — амҩа алагамҭа ауп. Ҳара Анцәа иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны ҳанхалароуп. Ҳзықәшәо аԥышәарақәеи ахыхрақәеи ҳармыхәаԥшӡакәа, Иегова ҳизиашаны ҳаанхалароуп (Еккл. 5:4, 5). Иисус иҵаҩцәа ҳакәны ҳаныҟалалак, иахьынӡаҳалшо ишьҭа ҳхыланы ҳцалароуп, иԥҟарақәагьы наҳагӡалароуп (Матф. 28:19, 20; 1 Пиотр 2:21). w24.03 8, абз. 1—3

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра