Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 19
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Езекиа Исаиа ила Анцәа ицхыраара даҳәоит (1—7)

      • Синнахериб Иерусалим иршәоит (8—13)

      • Езекиа иҳәара (14—19)

      • Исаиа Анцәа ииҳәаз наицҳауеит (20—34)

      • Амаалықь 185 000-ҩык ассириаа ишьуеит (35—37)

2 Аҳцәа 19:3

Албаагақәа

  • *

    Ма «ақәыӡбареи».

2 Аҳцәа 19:15

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «рыбжьара».

2 Аҳцәа 19:24

Албаагақәа

  • *

    Ма «Египет ииасуа Нил аканалқәа».

2 Аҳцәа 19:25

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҟаҵоуп».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2024, ад. 30

2 Аҳцәа 19:29

Албаагақәа

  • *

    Езеки́а агәра изырго.

  • *

    Ма «ачаԥшь».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 19:1–37

2 Аҳцәа

19 Аҳ Езеки́а ари аниаҳа, имаҭәа ишәхаԥижәан, аџьабарамаҭәа ишәҵаны Иегова иҩнахьы дцеит. 2 Иара аџьабарамаҭәақәа зшәыз аҳҭынра иахагылаз Елиаки́ми, амаӡаныҟәгаҩ Ше́внеи, аԥшьаҩ еиҳабацәеи Амо́ц иԥа аԥааимбар Иса́иа иахь ишьҭит. 3 Дара ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит Езеки́а: „Ари амш — аџьабареи, аларҟәреи*, ахьымӡӷи ирымшуп, избанзар ахәыҷқәа риразы аамҭа ааит, аха ахшара аиуразы амчқәа нҵәеит. 4 Иудыруеи ассириатәи аҳ зыԥсы ҭоу Анцәа дихыччарц азы иааишьҭыз имаҵуҩы, арабса́к, ииҳәаз ажәақәа Унцәа Иегова иаҳар. Иудыруеи Унцәа Иегова ассириатәи аҳ ииҳәаз ажәақәа рзы дахьирхәыр. Зыԥсы ҭоу рзы Анцәа уиҳәа“».

5 Аҳ Езеки́а имаҵуцәа Иса́иа иахь ианнеи, 6 Иса́иа ус реиҳәеит: «Шәыԥшәма ус иашәҳә: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Урцәымшәан иуаҳаз ажәақәа, ассириатәи аҳ имаҵуцәа сларҟәуа ирҳәаз ажәақәа. 7 Сара хәыцрак игәы иҭасыршәуеит, нас ажәабжь аниаҳалак идгьыл ахь ахынҳәра иҭаххоит. Сара уи идгьыл аҿы аҳәала дҭахартә иҟасҵоит‘“».

8 Арабса́к ассириатәи аҳ Лахи́ш дшаԥырҵыз аниаҳа, иара иахь дхынҳәит. Уи аамҭазы аҳ Ли́вна дабашьуан. 9 Ефиопиатәи аҳ Тирга́ка уи диабашьырц ддәықәлеит. Ассириатәи аҳ уи аниаҳа, еиҭах ацҳаражәҳәаҩцәа Езеки́а иахь ишьҭит абас раҳәаны: 10 «Иудеиатәи аҳ Езеки́а абас иашәҳә: „Узықәгәыӷуа Унцәа Иерусалим ассириатәи аҳ итәхаӡом ҳәа ҳәо уимжьалааит. 11 Иумаҳахьеи ассириатәи аҳцәа адгьылқәа зегь ирзыруз, урҭ шҭадырцәыз. Уара уеиқәхоит ҳәа угәы иаанагома? 12 Сабацәа рабацәа иқәырхыз ажәларқәа рыӡбахә умаҳаӡаци? Рынцәақәа урҭ еиқәдырхама? Иабаҟоу уажәшьҭа Гоза́н, Хара́н, Реце́ф? Иабаҟоу Теласса́р иҟаз едентәи ажәлар? 13 Дабаҟоу Ха́мат аҳ? Дабаҟоу Арпа́д аҳ? Иабаҟоу Сефарваи́м иаҵанакуа ақалақьқәа раҳцәа? Иабаҟоу Хе́неи И́ввеи раҳцәа?“».

14 Езеки́а ацҳаражәҳәаҩцәа асаламшәҟәқәа рымхны дрыԥхьеит. Нас Иегова иҩнахьы дцан, урҭ Иегова иҿаԥхьа еиҵыхны ишьҭеиҵан, 15 Иегова иҳәара далагеит: «Иегова, Израиль Анцәа, ахерувимцәа рханы* аҳраҭыԥ аҿы итәоу! Уара заҵәык уоуп адгьыл аҿы иҟоу аҳрақәа зегьы Рынцәа ду. Уара уоуп ажәҩани адгьыли зшаз. 16 Иегова, улымҳа кыдҵаны уӡырҩы! Иегова, улақәа аартны уԥшы! Иурҳа Синаххери́б зыԥсы ҭоу Анцәа дихыччарц азы иааицҳаз ажәақәа. 17 Ааи, Иегова, ассириатәи аҳцәа ажәларқәа рыдгьылқәеи дареи ықәырхыҵәҟьеит. 18 Урҭ адгьылқәа рынцәақәа амца иаларыжьит, избанзар урҭ нцәаӡамызт, амҿи ахаҳәи ирылхыз, ауаҩы инапыҟаҵамҭақәа ракәын. Убри азоуп рықәхрагьы зрылшаз. 19 Ҳанцәа Иегова, ассириатәи аҳ ҳаицәыхьча, адгьыл аҿы иҟоу аҳрақәа зегьы еилыркаарц азы Нцәас иҟоу уара заҵәык шуакәу, Иегова».

20 Усҟан Амо́ц иԥа Иса́иа Езеки́а абас изынаицҳаит: «Абас иҳәоит Израиль Анцәа Иегова: „Сара ассириатәи аҳ Синаххери́б изкыз уҳәара саҳаит. 21 Сара, Иегова, уи абас изысҳәоит:

‚Сион аԥҳа, ахаҵа дзымбац аԥҳәызба, улцәымӷуп, духыччоит.

Иерусалим аԥҳа лхы рҵысуа ухыччара даҿуп.

22 Узхыччода? Илаурҟәуада?

Убжьы ҭыганы узацәажәода?

Уқьышә иқәуҵо дызусҭада?

Иԥшьоу, Израиль Анцәа иоуп.

23 Уцҳаражәҳәаҩцәа рыла Иегова уихыччо абас уҳәоит:

‚Ԥхьаӡашьак змам сҽыуардынқәа рыла

Сара ашьхақәа рықәцәа схалоит,

Ихараӡоу ливантәи аҭыԥқәа рҟынӡа снаӡоит,

Ливантәи акедр дуқәа хысҵәоит, ихысҵәоит зегь иреиӷьу аможжевельникқәа.

Сара зегь раасҭа иԥхьакырҭоу аҭыԥқәа рҟынӡа снеиуеит, еишәхашьшьы игылоу абнақәа рахь.

24 Аҵеџьқәа жны, сара атәым ӡы зжәлоит,

Сшьапқәа рыла египеттәи аӡиасқәа* ҭасырбоит‘.

25 Иумаҳаӡацзи? Уи жәытә-натә аахижьҭеи иӡбаны иҟоуп*,

Сара уи сгәы иҭаскижьҭеи акыр ҵуеит.

Уажәшьҭа инасыгӡоит.

Уара ақалақь ӷәӷәақәа еиларбганы ишьҭоуҵоит.

26 Уа инхо рхы изамыхәо иҟалоит,

Ашәара рызцәырҵуеит, иԥхашьоит.

Дара адәаҿы изызҳауа аҵиаақәа иреиԥшхоит, аҳаскьын иаҵәа иаҩызахоит,

Ахыб аҿы изызҳауаз, мрагыларатәи аԥша иарҩаз аҳаскьын иеиԥшхоит.

27 Сара издыруеит уантәоу, издыруеит уанцогьы, уанаауагьы,

Издыруеит шаҟа угәы сзыԥжәо,

28 Избанзар исаҳаит угәы шысзыԥжәо, исаҳаит уӷыӷбжьы.

Сара уԥынҵа аҵәаҳә аҿасырԥоит, уҿы аӷәра аҿасҵоит,

Узлааз амҩала урхынҳәны узгоит‘.

29 Абар уи шыҟало агәра узырго* адырга: сынтәа ахала иҟало ачарыц* шәфалоит, иааиуа ашықәс азы ари аҭыԥ аҿы изызҳауа ачарыц шәфалоит, ахԥатәи ашықәс азы илашәҵала, иагьҭажәгалала, аӡахәа шәааӡала, иҿало ажь шәфала. 30 Аиудеиаа рҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхо адац ӷәӷәақәа рышьҭуеит, ашәыр рацәаны изҿало аҵла иаҩызахоит. 31 Иерусалимынтәи иаанхаз аауеит, ашьха Сионынтәи зыԥсы еиқәхаз лбаауеит. Ар Рынцәа Иегова уи дҳаҵҳаҵо иҟаиҵоит.

32 Убри аҟынтә ассириатәи аҳ изкны Иегова абас иҳәоит:

‚Уи ари ақалақь далалаӡом,

Дхысны, ихҿа арахь иааишьҭӡом,

Иԥырак кны даҿагылаӡом,

Аиқәыԥса ҟаҵаны амацәаз иҭеикӡом.

33 Иара дызлааз амҩала дхынҳәны дцоит,

Ари ақалақь далалаӡом, — иҳәоит Иегова. —

34 Сара ари ақалақь еиқәсырхарц азы исыхьчалоит сыхьӡ аҳаҭыразы,

Смаҵзуҩы Давидгьы иаҳаҭыразы‘“».

35 Уи ауха Иегова имаалықь дааин, асси́риаа рлагер аҿы 185 000-ҩык ауаа ишьит. Ашьыжь шаанӡа ауаа ангыла, зехьынџьара аԥсцәа шкажьыз рбеит. 36 Усҟан ассириатәи аҳ Синаххери́б дхьаҵын, Нине́виаҟа дхынҳәит, уа дагьаангылеит. 37 Ҽнак зны иара аныҳәарҭаҿы инцәа Нисро́х данимҵахырхәоз, иԥацәа Адраммеле́хи Шареце́ри аҳәа илаҵаны дыршьын, арараттәи адгьыл ахь ибналаны ицеит. Иара иҭыԥан иԥа Асархаддо́н аҳас дҟалеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра