Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ҩынтәзакәан 10
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ҩынтәзакәан. Ахҳәаа

      • Иҿыцу ахаҳә ҟьаԥсқәа (1—11)

      • Иегова израильаа рҟынтә дыззыԥшу (12—22)

        • Иегова шәицәшәала, бзиагьы дыжәбала (12)

Ҩынтәзакәан 10:1

Албаагақәа

  • *

    Ма «аиашьык».

Ҩынтәзакәан 10:3

Албаагақәа

  • *

    Ма «алакациа».

Ҩынтәзакәан 10:4

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «10 жәак».

Ҩынтәзакәан 10:7

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Арха».

Ҩынтәзакәан 10:12

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 25

Ҩынтәзакәан 10:17

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак», астатиа 125

Ҩынтәзакәан 10:21

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ҩынтәзакәан 10:1–22

Ҩынтәзакәан

10 Уи аамҭазы Иегова абас сеиҳәеит: „Иусҭахьаз ахаҳә ҟьаԥсқәа иреиԥшны ҩ-хаҳәк цәны иҟаҵа, нас иуманы сара сахь ашьха ухал. Иара убас амҿы иалхны аковчег* ҟаҵа. 2 Сара урҭ иԥуҽыз ахаҳәқәа ирныз аҩыра рнысҵоит, нас урҭ аковчег иҭауҵоит“. 3 Сара ақәыцҵла* иалхны аковчег ҟасҵеит, иара убас иԥысҽыз ахаҳәқәа иреиԥшны ҩ-хаҳәк сцәит. Нас урҭ ахаҳә ҟьаԥсқәа сыманы ашьха схалеит. 4 Иегова урҭ ахаҳәқәа иԥысҽыз ахаҳәқәа ирныз ажәақәа рниҵеит — ажәлар зегьы анеиза аҽны ашьхаҿы амца аҟынтә ишәеиҳәаз Жәа-ԥҟарак*. Нас Иегова урҭ ахаҳә ҟьаԥсқәа сиҭеит. 5 Сара ашьха сылбаан, Иегова ишсеиҳәаз еиԥш, иҟасҵаз аковчег урҭ ахаҳә ҟьаԥсқәа ҭасҵеит. Иахьа уажәраанӡагьы уа иҭоуп.

6 Израильаа Бееро́т-Бе́не-Иаака́н иқәҵын, Мосе́раҟа идәықәлеит. Уа Ааро́н дыԥсит, убраҟагьы анышә дарҭеит. Иара иҭыԥан ԥшьаҩыс дҟалеит иԥа Елеаза́р. 7 Уантәи дара Гудго́дҟа ицеит, Гудго́дынтәи — Иотва́таҟа, аӡиасқәа* ахьырацәоу адгьыл ахь.

8 Усҟан Иегова Ле́ви иабиԥара алихит, алевитцәа Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег нарга-ааргаларц, Иегова имаҵ уа иҿаԥхьа игылазарц, насгьы ихьӡала ажәлар рныҳәаларц азы, иахьа уажәраанӡа ишыҟарҵо еиԥш. 9 Убри азоуп Ле́ви, иашьцәа рыбжьара ихәҭаа, шьҭрала иитәхоз адгьыл зимоуз, иара мазарас, хәҭаас имоу Иегова иоуп, Шәынцәа Иегова уи ишиеиҳәаз еиԥш. 10 Сара 40 мши-ҵхи ашьха саанхеит, раԥхьаӡакәны санхала сшаанхаз еиԥш, Иегова убасҟангьы сыбжьы иаҳаит. Иегова шәықәимхӡеит. 11 Анаҩс Иегова ус сеиҳәеит: „Ажәлар раԥхьа угыланы уцала, урҭ ирысҭоит ҳәа сықәны рабацәа зықәсыргәыӷыз адгьыл рнапаҿы иааргарц азы уахь ига“.

12 Израиль! Ииҭахуи Унцәа Иегова? Ииҭаху абри заҵәык ауп: Шәынцәа Иегова шәицәшәаларц*, имҩақәа шәырныланы шәцаларц, бзиа дыжәбаларц, Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала имаҵ жәуларц, 13 насгьы ахәарҭа шәзааргаларц азы иахьа ишәысҭо Иегова иԥҟарақәеи изакәанқәеи нашәыгӡаларц. 14 Ажәҩани, ажәҩанқәа рыжәҩанҵәҟьеи, адгьыли, адгьыл аҿы иҟоу зегьи Шәынцәа Иегова итәуп. 15 Аха Иегова изааигәеитәыз шәабацәа заҵәык роуп, дара заҵәык роуп бзиа иибаз, ажәларқәа зегь рҟынтә шәара — урҭ ирхылҵқәаз — шәоуп иалихыз, иахьа уажәраанӡагьы убас иҟоуп. 16 Ишәрыцқьа шәгәы, уаҳа ахаан шәҳәатәы иашәмыргалан, икашәыжь шәҟазшьа бааԥс, 17 избанзар Шәынцәа Иегова анцәақәа Дрынцәоуп, анапхгаҩцәа Дырнапхгаҩуп, иара иӷәӷәоу, аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго Анцәа ду иоуп. Иара ауаа еилихӡом, аҵарҭышагьы игаӡом. 18 Иара аиаҭыми аԥҳәысеибеи дрыдгылоит, атәымтәылауаҩ бзиа дибоит, уи иифашеи ишәиҵашеи ииҭоит. 19 Шәаргьы атәымтәылауаҩ бзиа дыжәбала, избанзар шәхаҭагьы Египет шәтәымтәылауаан.

20 Шәынцәа Иегова шәицәшәала, иара заҵәык имаҵ жәула, иара шәизиашаз, иара ихьӡ ала шәықәла. 21 Иара заҵәык иоуп ишәырҽхәалаша. Иара шәылала ижәбоз, узыршанхо* аус дуқәа шәзыҟазҵаз Шәынцәа иоуп. 22 Шәабацәа Египет ианнеи 70-ҩык ракәын иҟаз, аха уажәшьҭа Шәынцәа Иегова ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш шәрацәахартә иҟаиҵеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра