Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иисус Навин 10
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Иисус Навин. Аҵакы

      • Израильаа гаваонаа еиқәдырхоит (1—7)

      • Иегова израильаа рзы деибашьуеит (8—15)

        • Иҩны ицо аӷацәа акырцх иашьуеит (11)

        • Амра аангылоит (12—14)

      • Хәҩык аҳцәа шьуп (16—28)

      • Алада иҟоу ақалақьқәа рнапаҿы иааргоит (29—43)

Иисус Навин 10:26

Албаагақәа

  • *

    Ма «хә-ҵлак».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Иисус Навин 10:1–43

Иисус Навин

10 Иерусалим аҳ, Адо́ни-Цеде́к, иаҳаит Иисус Га́и шигаз, насгьы уи Иерихо́н шықәихыз еиԥш ишықәихыз, уи аҳгьы иерихонтәи аҳ изиуз шизиуз. Иара убас иара иаҳаит гавао́наа израильааи дареи аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз, насгьы ирыланхо ишалагаз. 2 Иара даараӡа дшәеит, избанзар ақалақь Гавао́н, аҳцәа рықалақьқәа реиԥш, идууз қалақьын. Уи Га́и аасҭа еиҳан, уа инхоз ахацәа зегьы еибашьцәан. 3 Убри аҟынтә Иерусалим аҳ, Адо́ни-Цеде́к, имаҵуцәа ишьҭит Хевро́н аҳ Хоха́ми, Иарму́т аҳ Пира́ми, Лахи́ш аҳ Иа́фиеи, Егло́н аҳ Деви́ри рахь, абас рарҳәарц: 4 «Шәсыцхраа! Шәааи, гавао́наа ҳрықәлап, избанзар дара Иисус Нави́ни, израильааи, дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит». 5 Хәҩык аморе́иаа раҳцәа — Иерусалим аҳи, Хевро́н аҳи, Иарму́т аҳи, Лахи́ш аҳи, Егло́н аҳи — рҽааидыркылан, рыруаа рыманы, Гавао́н аҿаԥхьа лагерла игылеит, амацәазгьы иҭаркит.

6 Усҟан гавао́наа Иисус иахь, Гилга́л иҟаз алагер ахь, ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭит, абас иарҳәарц: «Ҳуҳәоит, умаҵуцәа аанумыжьын, ирласны уааины уҳацхраа, ҳаиқәырха! Ашьхақәа рҿы инхо аморе́иаа раҳцәа зегьы рҽааидыркылан, иҳажәлеит». 7 Убасҟан Иисус ируааи иеибашьцәа ӷәӷәақәеи иманы Гилга́лынтәи ддәықәлеит.

8 Иегова уи ус иеиҳәеит: «Урцәымшәан, избанзар сара урҭ уара иусҭеит. Дара уҿагылара рылшаӡом». 9 Иисус Гилга́лынтәи ддәықәлан, ауха шаанӡа амҩа дықәын, урҭ ргәырҽанӡамкәагьы дрықәлеит. 10 Иегова аморе́иаа иҟарҵо рзымдыруа иқәирхеит, израильаагьы урҭ Гавао́н ақалақь аҿы иԥыххааса иқәырҵеит. Дара урҭ Бет-Хоро́нҟа ихалоз амҩала ирышьҭаланы, Азе́кеи Макке́деи рҟынӡаҵәҟьа рышьра иаҿын. 11 Аморе́иаа израильаа ирцәыбналаны Бет-Хоро́н ахәала ианцоз, Иегова урҭ ишьырц азы Азе́ка инеиаанӡа, ажәҩан аҟынтә уаҩ иимбац акырцх лаишьҭуан. Акырцх иашьыз еиҳа ирацәан, израильаа аҳәала иршьыз раасҭа.

12 Иегова израильаа ишырбоз аморе́иаа ԥыххааса ианықәиҵа аҽны, Иисус израильаа рҿаԥхьа Иегова ус иеиҳәеит:

«Амра, уаангыл Гавао́н аханы,

Амза, уаргьы — арха Аиало́н аханы!»

13 Израильаа раӷацәа рықәнага иақәдыршәаанӡа, амра џьарак игылан, амзагьы еиҭаҵуамызт. Уи аӡбахә Иаша́р ашәҟәы иануп. Амра ажәҩан агәҭа игылан, аҽнынтәарак аҭашәара иахыццакӡомызт. 14 Уаанӡагьы уи ашьҭахьгьы Иегова абас ауаҩы данизыӡырҩуаз мыш ҟамлацызт, избанзар Иегова израильаа рзы деибашьуан.

15 Уи ашьҭахь Иисус израильтәи ар иманы, Гилга́л иҟаз алагер ахь дхынҳәит.

16 Хәҩык аҳцәа ракәзар, ибналан, Макке́да иҟаз аҳаԥаҿы рҽырҵәахит. 17 Иисус изынарыцҳаит: «Хәҩык аҳцәа Макке́да иҟоу аҳаԥаҿы рҽырҵәахит». 18 Иара ус реиҳәеит: «Аҳаԥы аҭаларҭа ахаҳә дуқәа адшәыжьла, аруаагьы адшәыргыл, ирыхьчаларц азы. 19 Егьырҭ аанымгылаӡакәа ԥхьаҟа ицалааит. Ҳаӷацәа шәрыцрымҵӡакәа шәрышьҭаз, ишәшьла. Рықалақьқәа рҿы рҽырҵәахыр шәымун, избанзар Шәынцәа Иегова урҭ шәара ишәиҭеит».

20 Иисуси израильааи урҭ ԥыххааса иқәырҵеит, ҭӡамцла ихьчаз ақалақьқәа рҿы зҽызҵәахыз рыда зегь ҭахеит. 21 Уи ашьҭахь аруаа зегьы, аӡәгьы дҭамхаӡакәа, Иисус иахь, алагер ахьгылаз Макке́даҟа, ихынҳәит. Убри инаркны израильаа рзы акы аҳәара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. 22 Иисус иҳәеит: «Аҳаԥы ахаҳәқәа адхны, урҭ аҳцәа рыхәҩык арахь исзаажәга». 23 Убасҟан хәҩык аҳцәа — Иерусалим аҳи, Хевро́н аҳи, Иарму́т аҳи, Лахи́ш аҳи, Егло́н аҳи — аҳаԥы иҭыганы, иара иахь иааргеит. 24 Урҭ Иисус иахь ианаарга, иара израильаа зегь еизиган, аибашьра ицыз аруаа реиҳабацәа ус реиҳәеит: «Шәнеины, арҭ аҳцәа рыхәдаџьал шәаӷрагыл». Даргьы неин, рыхәдаџьал иаӷрагылеит. 25 Иисус иҳәеит: «Акгьы шәацәымшәан. Агәымшәара шәылаз, шәыӷәӷәаз. Иегова шәзабашьуа шәаӷацәа зегьы абас рзиуеит».

26 Нас Иисус урҭ ишьын, хә-шьаҟак* рҿы инаганы икнеиҳаит. Дара уа хәылбыҽханӡа икнаҳан. 27 Амра аҭашәамҭаз, Иисус урҭ ашьаҟақәа рҟынтә икныхны, рҽахьырҵәахуаз аҳаԥы иҭарыжьырц адҵа ҟаиҵеит. Нас аҳаԥы аҭаларҭа ахаҳә дуқәа адрыжьлеит. Урҭ ахаҳәқәа иахьа уажәраанӡагьы уа иҟоуп.

28 Уи аҽны Иисус Макке́да инапаҿы иааиган, уи ақалақь аҿы иҟаз зегьы аҳәала ишьит. Иара уи аҳи уа инхоз зегьи ишьит, аӡәгьы иԥсы ҭаны даанимыжьӡеит. Иисус Макке́да аҳ Иерихо́н аҳ изиуз изиуит.

29 Анаҩс Иисус Макке́дантәи израильтәи аруаа зегь иманы Ли́внаҟа дцеит, уа инхозгьы рабашьра далагеит. 30 Иегова уи ақалақьгьы, уи ақалақь аҳгьы израильаа ириҭеит. Дара ақалақь иажәлан, аҳәала зегь ршьит, аӡәгьы иԥсы ҭаны даанырмыжьӡеит. Дара уи аҳ Иерихо́н аҳ изыруз изыруит.

31 Уи ашьҭахь Иисус Ли́внантәи израильтәи аруаа зегь иманы Лахи́шҟа дцеит. Уа алагер иргылан, уи ақалақь аҿы инхоз рабашьра далагеит. 32 Иегова израильаа Лахи́ш риҭеит, даргьы адырҩаҽны уи рнапаҿы иааргеит. Дара уи ақалақь иажәлан, уа инхоз зегьы аҳәала иршьит, Ли́вна иазыруз азыруит.

33 Гезе́р аҳ Хора́м Лахи́ш дацхраарц дааит, аха Иисус уи ицқәази иареи ишьит, аӡәгьы иԥсы ҭаны даанимыжьӡеит.

34 Анаҩс Иисус Лахи́шынтәи израильтәи аруаа зегь иманы Егло́нҟа дцеит. Уа алагер иргылан, уи ақалақь аҿы инхоз рабашьра далагеит. 35 Уи аҽны израильаа Егло́н ргеит, уа инхозгьы аҳәала иршьит. Дара уа иҟаз зегь ндырҵәеит, Лахи́ш иазыруз азыруит.

36 Уи ашьҭахь Иисус Егло́нынтәи израильтәи аруаа зегь иманы Хевро́нҟа дцеит, уа инхозгьы рабашьра далагеит. 37 Израильаа Хевро́ни уи ааигәа-сигәа иҟаз ақалақьқәеи рнапаҿы иааргеит, иара убас уи аҳи урҭ ақалақьқәа рҿы инхози аҳәала иршьит, аӡәгьы иԥсы ҭаны даанырмыжьӡеит. Иисус уа иҟаз зегь нирҵәеит, Хевро́нгьы Егло́н иазиуз азиуит.

38 Аҵыхәтәаны Иисус израильтәи аруаа иманы Деви́рҟа ддәықәлеит, уа инхозгьы рабашьра далагеит. 39 Иара Деви́ри уи ааигәа-сигәа иҟаз ақалақьқәеи инапаҿы иааигеит. Уи аҳ аҳәала дишьит, урҭ ақалақьқәа рҿы инхозгьы нирҵәеит, аӡәгьы иԥсы ҭаны даанимыжьӡеит. Иара Хевро́ни, Ли́внеи, ливнатәи аҳи ирзиуз аҩыза Деви́ри девиртәи аҳи ирзиут.

40 Иисус адгьылқәа зегь игеит: ашьхақәеи, Неге́ви, Шефе́леи, ахәқәеи. Иара уи адгьыл иахагылаз аҳцәа зегьы дыриааит. Аӡәгьы иԥсы ҭаны даанимыжьӡеит, зегь нирҵәеит, израильаа Рынцәа Иегова ишиҳәаз еиԥш. 41 Иисус Каде́ш-Барне́а инаркны Газанӡа ишьҭаз адгьылқәа инапаҿы иааигеит, иара убас Гавао́н аҟынӡа Гоше́н адгьыл зегь игеит. 42 <u202F> Иисус зныкала урҭ аҳцәа ԥыххааса иқәҵаны, рыдгьылқәа игеит, избанзар израильаа Рынцәа Иегова ижәлар рзы деибашьуан. 43 Уи ашьҭахь Иисус израильтәи аруаа зегь иманы, Гилга́л иҟаз алагер ахь дхынҳәит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра