Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Захариа 8
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Захариа. Аҵакы

      • Иегова Сион аҭынчреи аҵабырги ахьыҟоу қалақьны иҟаиҵоит (1—23)

        • Иерусалим аҵабырг бзиа избо қалақьуп (3)

        • «Аиаша еибышәҳәала» (16)

        • Ачгарамшқәа ныҳәа мшқәахоит (18, 19)

        • «Шәаала, аамҭа мгакәа... Иегова имаҵ ҳаулап» (21)

        • «Жәаҩык ауаа аиудеи икалҭ иахьынҳалоит» (23)

Захариа 8:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 466

Захариа 8:3

Албаагақәа

  • *

    Ма «азиашара злоу».

Захариа 8:14

Албаагақәа

  • *

    Ма «шәагьшрыцҳасымшьаз».

Захариа 8:16

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 36

Захариа 8:23

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2022, ад. 22

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2020, ад. 26—27

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2016, ад. 22—23

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Захариа 8:1–23

Захариа

8 Ар Рынцәа Иегова еиҭа ус сеиҳәеит: 2 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Сара Сион сахыбааны исыхьчалоит, сыԥсахы еибакны исыхьчалоит, сыԥсахеибакрагьы даара иӷәӷәазаауеит“».

3 «Абас иҳәоит Иегова: „Сара Сионҟа схынҳәуеит, Иерусалим сынхалоит. Иерусалим аҵабырг бзиа избо* қалақьны ирыԥхьаӡалоит, ар Рынцәа Иегова ишьхагьы — иԥшьоу шьханы“».

4 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Иерусалим ашҭақәа рҿы ҩаԥхьа алабашьа зҽанҵаны иныҟәо абыргцәа тәазаауеит, 5 ақалақь ашҭақәа ихәмаруа ахәыҷқәа рыла иҭәызаауеит“».

6 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „‚Ажәлар рҟынтә иаанхаз уи ҟалашьа амам ҳәа ирыԥхьаӡозаргьы, сара сзгьы уи ҟалашьа змам акоума?‘ — иҳәоит ар Рынцәа Иегова“».

7 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Сара мрагылареи мраҭашәареи иҟоу адгьылқәа рҟынтә сыжәлар аазгоит. 8 Сара урҭ Иерусалимҟа иаазгоит, даргьы уа инхалоит. Дара сыжәлар ракәхоит, саргьы Рынцәа сакәхоит. Сара урҭ срызиашазаауеит, иашаралагьы срызныҟәалоит“».

9 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Шәыҽшәырӷәӷәа иахьа аԥааимбарцәа ражәақәа заҳауа зегьы. Арҭ ажәақәа ар Рынцәа Иегова иҩны ашьаҭа анадаркы, аныҳәарҭа аргылара ианалага аҽынгьы иҳәан. 10 Иахьа уажәраанӡа ауаа рџьабааи аԥстәқәа рџьабааи ахә ахыршәааӡомызт, аӷацәа рымшала ҭынч уахьынхаша ҭыԥкгьы ыҟамызт, избанзар сара ауаа аиӷара рыбжьасҵон“.

11 „Аха уажәшьҭа ажәлар рҟынтә иаанхаз уаанӡа еиԥш срызныҟәалаӡом, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова. 12 Аҭынчра ажәла лаҵазаауеит, аӡахәа ажь ҿалоит, адгьыл аҽаҩра аанашьҭуеит, ажәҩангьы — аӡаӡа. Сара абри зегьы ажәлар рҟынтә иаанхаз ирысҭоит. 13 Аиудеиааи, израильааи! Шәара ажәларқәа ишәиу жәларны шәрыԥхьаӡон, аха сара шәеиқәсырхоит, сыззылԥхаз ажәлар шәакәынгьы шәҟалоит. Шәымшәан! Шәыҽшәырӷәӷәа!“

14 Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „‚Шәабацәа сгәы анԥыржәа, арыцҳара шәақәсыршәарц шысыӡбаз, сагьшахьымхәыз* еиԥш, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова, — 15 убасеиԥш уажәгьы Иерусалими иудеиатәи ажәлари абзиара рзыҟасҵарц сыӡбеит. Шәымшәан!‘“

16 „Абар шәхы шымҩаԥыжәгалаша: аиаша еибышәҳәала, ақалақь агәашәқәа рҿы аҭынчрахь шәназго ииашоу аӡбарақәа шәыдышәкылала. 17 Ацәгьара шәзибамулан, амц ҳәаны шәымқәлан, избанзар сара уи зегь сцәымӷуп“, — иҳәоит Иегова».

18 Ар Рынцәа Иегова еиҭа ус сеиҳәеит: 19 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Аԥшьбатәи, ахәбатәи, абыжьбатәи, ажәабатәи амзақәа рзы, ачгарамшқәа иудеиатәи ажәлар рзы ныҳәа мшқәахоит, агәырӷьареи аччареи ираамҭахоит. Аиаша бзиа ижәбала, аҭынчра шәашьҭаз“.

20 Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Иааиуеит аамҭа ажәларқәеи еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы инхо ауааи арахь ианаауа. 21 Қалақьк аҿы инхо ауаа даҽа қалақьк аҿы инхо рахь ицаны, абас рарҳәоит: ‚Шәаала, аамҭа мгакәа ҳцаны, Иегова даҳзыразхарц азы ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа ҳиҳәалап, ар Рынцәа Иегова имаҵ ҳаулап. Ҳаргьы ҳцоит‘. 22 Имаҷымкәа ажәларқәеи иӷәӷәоу амилаҭқәеи Иерусалимҟа иаауеит, ар Рынцәа Иегова имаҵ руларц, насгьы иӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова дырзыразхарц азы иҳәаларц“.

23 Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Урҭ амшқәа раан еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо, ажәларқәа зегь рҟынтә жәаҩык ауаа аиудеи икалҭ иахьынҳалоит, иахьынҳалоит, абасгьы рҳәоит: ‚Ҳара шәара ҳшәыцны ҳцоит, избанзар иҳаҳаит Анцәа дышшәыцу‘“».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра