Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иисус Навин 6
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Иисус Навин. Аҵакы

      • Иерихон аҭӡамц еилаҳауеит (1—21)

      • Раав лҭаацәеи лареи еиқәхоит (22—27)

Иисус Навин 6:5

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭыӷь атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».

  • *

    Ма «инеиҵыху абжьы».

Иисус Навин 6:24

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҩнаҿы».

Иисус Навин 6:26

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ажәлар абри аҩыза ашәиԥхьыӡ дирҳәеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Иисус Навин 6:1–27

Иисус Навин

6 Иерихо́н агәашәқәа ыҵарҟаца иаркын, избанзар уа инхоз израильаа ирыцәшәон. Ақалақь аӡәгьы далҵӡомызт, аӡәгьы далалаӡомызт.

2 Иегова Иисус ус иеиҳәеит: «Сара Иерихо́н усҭеит. Уара уи аҳ иеибашьцәа ӷәӷәақәеи иареи уриааиуеит. 3 Шәыруаа ҽнак знык ақалақь иакәшалароуп. Убас фымш иҟарҵалароуп. 4 Быжьҩык аԥшьаҩцәа аҭыӷь атәыҩа иалхыз быжь-быкьк кны, аковчег аԥхьа игыланы ицалааит. Абыжьбатәи амш аҽны, ақалақь бжьынтә шәакәшароуп, аԥшьаҩцәа ракәзар, абыкь иаслароуп. 5 Урҭ абыкь* ианаслак, шәаргьы уи абжьы* аншәаҳалак, аибашьцәа зегьы рыбжьы ӷәӷәаны идыргароуп. Усҟан ақалақь аҭӡамц еилаҳауеит, шәаргьы ақалақь шәалалоит».

6 Иисус Нави́н аԥшьаҩцәа даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Аиқәшаҳаҭра аковчег шәыманы шәдәықәла, быжьҩык аԥшьаҩцәа аҭыӷь атәыҩа иалху быжь-быкьк рыманы, Иегова иковчег аԥхьа игыланы ицалааит». 7 Нас аруаа ус реиҳәеит: «Ақалақь шәакәша, бџьарла еибыҭоу аруаа Иегова иковчег аԥхьа игыланы ицалааит». 8 Иисус ишиҳәаз еиԥш, Иегова иҿаԥхьа аҭыӷь атәыҩа иалхыз быжь-быкьк кны иаауаз быжьҩык аԥшьаҩцәа абыкь иасуа рҿынархеит. Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег аазгоз аԥшьаҩцәа урҭ ирышьҭагыланы иаауан. 9 Абыкь иасуаз аԥшьаҩцәа раԥхьа бџьарла еибыҭаз гәыԥҩык аруаа гыланы иаауан, даҽа гәыԥҩык аруаа аковчег иашьҭагыланы иаауан. Ақалақь иахьынӡакәшоз, абыкь асра иаҿын.

10 Иисус аруаа ус реиҳәеит: «Шәыбжьы шәмырган, ҿышәымҭын. Ажәакгьы шәымҳәан. „Шәыбжьы рӷәӷәаны ишәырга!“ ҳәа аншәасҳәалак, убасҟан ишәырга». 11 Дара Иегова иковчег рыманы ақалақь знык иакәшеит, нас алагер ахь ихынҳәын, ауха уа иаангылеит.

12 Иисус ашьыжь шаанӡа дгылеит, аԥшьаҩцәагьы Иегова иковчег аашьҭыхны идәықәлеит. 13 Иегова иковчег аԥхьа игыланы ицоз, аҭыӷь атәыҩа иалхыз быжь-быкьк зкыз быжьҩык аԥшьаҩцәа иааҟәымҵӡакәа абыкь асра иаҿын. Урҭ раԥхьа бџьарла еибыҭаз аруаа ргәыԥ аауан, Иегова иковчег ашьҭахьгьы — даҽа гәыԥк. Ақалақь иахьынӡакәшоз, аԥшьаҩцәа абыкь асра иаҿын. 14 Аҩбатәи амш азгьы дара ақалақь знык иакәшаны, алагер ахь ихынҳәит. Убас фымш иҟарҵон.

15 Абыжьбатәи амш азы дара шаанӡа игылан, уаанӡа ишакәшоз еиԥш, еишьҭагыланы ақалақь бжьынтә иакәшеит. Аха уи аҽны заҵәык ауп ақалақь бжьынтә ианакәша. 16 Аԥшьаҩцәа абжьынтә раан абыкь ианас, Иисус аруаа ус реиҳәеит: «Шәыбжьы ӷәӷәаны ишәырга, избанзар Иегова ари ақалақь шәиҭеит! 17 Ақалақьи уа иҟоу зегьи ықәышәх, уи зегь Иегова итәуп. Амала, акаҳԥы Раа́ви, лыҩны иҟоу зегьи рыԥсы ҭаны иааншәыжь, избанзар лара ҳаԥшыхәцәа лҵәахит. 18 Иқәыхтәу изакәызаалак акы ааигәара шәымнеин, ишәамхамгарц азы. Мамзар израильтәи алагер арыцҳара иақәшәыршәоит, шәымшалагьы иқәыхтәхоит. 19 Аха абҩеи аихеи ирылху амаҭәарқәеи, ахьи, араӡни Иегова изы иԥшьоуп. Уи зегьы Иегова ихазынаҭрахь ишьҭтәуп».

20 Аԥшьаҩцәа абыкь ианас, аруаа рыбжьы ӷәӷәаны идыргеит. Дара абыкь абжьы раҳаны, рыбжьы ӷәӷәаны ишаадыргаз еиԥшҵәҟьа, аҭӡамц еилаҳаит. Убасҟан аруаа ақалақь иалалеит, рнапаҿгьы иааргеит. 21 Дара ақалақь аҿы иҟаз зегь ндырҵәеит, ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи, аҭаҳмадацәеи аҳәала иршьит, ацәқәеи, ауасақәеи, аҽадақәеи ықәырхит.

22 Иисус уи адгьыл гәазҭоз ҩыџьа аԥшыхәцәа ус реиҳәеит: «Раа́в лахь шәцаны, ларгьы, лыҩнаҿы иҟоу зегьы арахь идәылыжәга, шәықәны ажәа шлышәҭаз еиԥш». 23 Аԥшыхәцәа цан, Раа́в лаби, лани, лашьцәеи, иара убас лара лҿы иҟаз зегьы дәылыргеит. Дара лҭынхацәа зегьы ақалақь иалыргеит, аха израильтәи алагер ахь инарымгаӡеит.

24 Уи ашьҭахь израильаа ақалақьи уа иҟаз зегьи амца рыцраҵаны ирблит. Абҩеи аихеи ирылхыз амаҭәарқәеи, ахьи, араӡни ракәзар, Иегова иԥшьоу иқьалаҿы* иҟоу ахазынаҭрахь ирышьҭит. 25 Иисус зыԥсы ҭаны иаанижьыз акаҳԥы Раа́ви, лаб иҩнаҭа иатәқәази, лара лҿы иҟази заҵәык роуп. Лара иахьа уажәраанӡагьы Израиль дынхоит, избанзар Иисус Иерихо́н гәарҭарц азы иишьҭыз аԥшыхәцәа лҵәахит.

26 Убасҟан Иисус абри аҩыза ашәиԥхьыӡ иҳәеит*: «Дшәиизааит Иегова иҿаԥхьа ақалақь Иерихо́н еиҭашьақәзыргыларц иалаго. Иара иԥеиҳаб иԥсҭазаара ақәҵаны уи ашьаҭа аиркуеит, агәашәқәа ҿеиҵарц азгьы иԥеиҵбы иԥсҭазаара ақәиҵоит».

27 Иегова Иисус дицын, уи ихьӡ-иԥша адгьыл зегьы иахыҵәеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра