Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Екклезиаст 7
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Екклезиаст. Ахҳәаа

      • Ахьӡ бзиеи аԥсрамши (1—4)

      • «Аҟәыш илабжьара уазыӡырҩуазар еиҳа еиӷьуп» (5—7)

      • «Аус аҵыхәтәа еиҳа еиӷьуп, алагамҭа аасҭа» (8—10)

      • «Адырреи аҟәыӷареи еиҳа рыхә ҳаракуп» (11, 12)

      • Агәырӷьара амши арыцҳара амши (13—15)

      • Иахумырҟьацәалан (16—22)

      • Амҩақәҵаҩ игәеиҭаз (23—29)

Екклезиаст 7:10

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2020, ад. 25

Екклезиаст 7:11

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «алашара збо».

Екклезиаст 7:12

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 37

Екклезиаст 7:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «ибашоу сыԥсҭазаара».

Екклезиаст 7:16

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 35

Екклезиаст 7:21

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ушишәиуа», арагьы, 22-тәи ажәеинраалаҿгьы.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 51

Екклезиаст 7:22

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 51

Екклезиаст 7:27

Албаагақәа

  • *

    Ма «ажәлар еизызго».

Екклезиаст 7:28

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/1/2015, ад. 27—28

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Екклезиаст 7:1–29

Екклезиаст

7 Ахьӡ бзиа зыхә цәгьоу ахәша аасҭа еиӷьуп, аԥсрамш аирамш аасҭа еиӷьуп. 2 Аҵәыуара ахьыҟоу аҩнахьы уцалар еиҳа еиӷьуп, ачара ахьыҟоу аҩнахьы уцалар аасҭа, избанзар аԥсра зегьы ирзыԥшуп, зыԥсы ҭоу уи рхамышҭуазароуп. 3 Агәырҩа аччара аасҭа еиӷьуп, избанзар алахьеиқәра ауаҩы деиӷьнатәуеит. 4 Аҵәыуара ахьыҟоу аҩнаҿы аҟәыш аԥсреи аԥсҭазаареи дрызхәыцуеит, агаӡа дааҟәымҵӡакәа ахәмарраччароуп дзызхәыцуа.

5 Аҟәыш илабжьара уазыӡырҩуазар еиҳа еиӷьуп, агаӡа иашәа уазыӡырҩуазар аасҭа. 6 Избанзар агаӡа иччабжь ачуан аҵаҟа аҿҿаҳәа ибылуа афархь абжьы иеиԥшуп. Уигьы башоуп. 7 Аҟәыш ианиқәыӷәӷәо, агаӡара ҟаиҵар илшоит, аҵарҭышагьы ауаҩы игәы ԥхасҭанатәуеит.

8 Аус аҵыхәтәа еиҳа еиӷьуп, алагамҭа аасҭа, ачҳара улазар еиҳа еиӷьуп, уԥагьазар аасҭа. 9 Агәаара уахымыццаклан, избанзар агәаара злоу агаӡақәа роуп.

10 Иумҳәан: «Избан уаанӡатәи аамҭақәа еиҳа изеиӷьыз уажәтәи аасҭа?» — избанзар иҟәышу уи дазҵааӡом.

11 Аҟәыӷара иаҭынхаз анацу еиҳагьы еиӷьуп, уи адгьыл аҿы инхо* ахәарҭа рзаанагоит. 12 Избанзар аҟәыӷара аԥара еиԥш уахьчоит, аха адырреи аҟәыӷареи еиҳа рыхә ҳаракуп, избанзар адырреи аҟәыӷареи умазар, урҭ уԥсҭазаара рыхьчоит.

13 Урызхәыц Анцәа ду иусқәа. Иара икьаҳәны иҟаиҵаз зыриашар зылшода? 14 Агәырӷьара амш аҽны абзиарақәа ҟаҵала, аха арыцҳара амш аҽны Анцәа уи амшгьы егьи амшгьы шишаз ухоумыршҭлан. Ауаа аԥхьаҟа ирзыԥшу рыздырӡом.

15 Сыԥсҭазаара кьаҿ* аҩныҵҟа избаз рацәоуп: избеит ауаҩ иаша дышҭахо, уи дышиашоугьы, ауаҩы цәгьа акыршықәса дшынхо, ацәгьара шыҟаиҵогьы.

16 Ииашоуп ҳәа иуԥхьаӡо аганахьала иахумырҟьацәалан, амцхә уҟәышушәагьы ааумырԥшлан. Ухы зҭаурхари? 17 Агәнаҳа уҽоумҭан, угаӡамхан. Уаамҭа ааиаанӡа уҽзушьуеи? 18 Еиҳа еиӷьуп актәи агәҽанҵара уқәныҟәалар, аҩбатәигьы ухоумыршҭлар, избанзар Анцәа ицәшәо рыҩбагьы дрықәныҟәалоит.

19 Аҟәыӷара ауаҩ ҟәыш ақалақь зыхьчо жәаҩык ахацәа ӷәӷәақәа раасҭа дыӷәӷәаны дҟанаҵоит. 20 Дыҟаӡам адгьыл аҿы абзиара ада ахаан гәнаҳак ҟазымҵац уаҩ иашак.

21 Ауаа иузырҳәо зегьы угәы иаумырслан, избанзар умаҵуҩы ацәгьа шузиҳәо* уаҳар улшоит. 22 Уара ибзианы иудыруеит ухаҭагьы зныкымкәа егьырҭ ацәгьа шырзуҳәоз.

23 Уи зегьы исымоу аҟәыӷарала иԥысшәан, ус сҳәеит: «Суаҩ ҟәышхап». Аха уи сара исылшо ак акәмызт. 24 Иҟалахьоу зегьы еилкаашьа амаӡам, уи џьара аҵаҿы иҵәахушәа иҟоуп. Еилызкаар зылшода? 25 Сара исыӡбеит аҟәыӷареи зегьы мзызс ирымоуи еилыскаарц, иҭысҵаарц, исыԥшаарц, иара убас исыӡбеит агаӡара цәгьарас иалоуи абзамыҟәра зхеилаԥсароуи еилыскаарц. 26 Сара еилыскааит ашәарыцаҩ ишьацҳәа иаҩызоу, згәы акаҭа иаҩызоу, знапқәа иҭаку рзынџьырқәа иреиԥшу аԥҳәыс аԥсра аасҭа дшеицәоу. Анцәа ду игәы иақәшәо уи длыцәцоит, агәнаҳаҟаҵаҩ — дылҿашәоит.

27 «Абар еилыскааз, — иҳәеит амҩақәҵаҩ*. — Сара зегь акакала иҭысҵааит, зегь еилыскаарц, алкаагьы ҟасҵарц азы, 28 аха абриаҟара сзышьҭаз сзымԥшааӡеит. Зықьҩыла ауаа рыбжьара хаҵа иашак дсыԥшааит, аха урҭ ԥҳәыс иашак дрыланы сымбеит. 29 Еилыскааз акоуп: Анцәа ду ауаа уаа иашақәаны ишеит, аха дара даҽа мҩак алырхит».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра