Иисус Навин
24 Иисус Нави́н израильтәи абиԥарақәа зегьы Шехе́м еизиган, ажәлар реиҳабацәеи, рхадацәеи, аӡбаҩцәеи, ахылаԥшыҩцәеи дрыԥхьеит. Даргьы ааин, Анцәа ду иҿаԥхьа игылеит. 2 Иисус ажәлар зегь ус реиҳәеит: «Абас иҳәоит израильаа Рынцәа Иегова: „Анкьа зны Авраами Нахо́ри раб Фа́рра дназлаз шәабацәеи шәабдуцәеи аӡиас ду* анхыҵ инхон, егьырҭ анцәақәа рымаҵгьы руан.
3 Аха сара шәабацәа раб Авраам аӡиас ду нырцәынтә дааганы, ханаантәи адгьыл зегь дахызгеит, ахшара рацәагьы исҭеит. Сара уи Исаак дисҭеит. 4 Исаак Иакови Иса́ви исҭеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иса́в сеиртәи ашьхақәа исҭеит, Иаков иԥацәеи иареи ракәзар, Египетҟа ицеит. 5 Нас Моисеии Ааро́ни уахь исышьҭит, Египет арыцҳарақәа ирықәыршәангьы шәалызгеит. 6 Шәабацәа Египет ианалызгоз, даргьы Амшын ҟаԥшь ианазааигәахоз, египтаа рҽыуардынқәеи рҽыуааи рыманы ирышьҭалеит, амшын аҟынӡаҵәҟьагьы ирышьҭан. 7 Убасҟан шәабацәа ацхырааразы Иегова иҳәара иалагеит, саргьы египтааи дареи алашьцара рыбжьасҵеит, нас амшын рыжәысҵеит, иаргьы урҭ ирхыҵәеит. Шәара шәылала ижәбеит Египет иҟасҵаз. Уи ашьҭахь шәара акыршықәса* ацәҳәыраҿы шәынхон.
8 Сара Иордан нырцә* инхоз аморе́иаа рыдгьыл ахь шәназгеит. Дара шәабашьра иалагеит, аха сара урҭ рыдгьылқәа жәгарц азы шәыриаартә иҟасҵеит, шәҿаԥхьагьы иԥыххааса иқәысҵеит. 9 Нас моавтәи аҳ Циппо́р иԥа Вала́к израильаа дырҿагылеит. Иара Бео́р иԥа Валаа́м дааргарц азы ауаа ишьҭит, уи шәишәиирц азы. 10 Аха сара Валаа́м сизымӡырҩӡеит, убри аҟынтә иара зныкымкәа дшәықәныҳәеит. Сара уи шәицәысыхьчеит.
11 Анаҩс Иордан шәырны, Иерихо́н шәнадгылеит. Иерихо́н инхоз ауаа, иара убас аморе́иааи, ферезе́иааи, ханаа́нааи, хе́ттааи, гирга́шааи, хиве́иааи, иеву́сааи шәабашьуан, аха сара урҭ шәыриааиртә иҟасҵеит. 12 Шәара уахь шәнеиаанӡагьы, сара урҭ ргәы каҳартә иҟасҵеит*, убри аҟынтә дара шәыцәшәаны, ибналаны ицеит, аморе́иаа раҳцәа ҩыџьа бналаны ишцаз еиԥш. Урҭ шәызлариааиз шәаҳәеи шәхәымпали рыла акәӡам. 13 Убасала, сара шәызқәымаарыхуаз адгьылқәеи ишәмыргылаз ақалақьқәеи шәысҭеит, шәаргьы уа анхара шәалагеит. Шәара еиҭашәымҳаз аӡахәаҭрақәеи амаслинаҭрақәеи ишәырҭо аҽаҩра шәфоит“.
14 Убри аҟынтә Иегова шәицәшәала*, гәыцқьалеи иашаралеи* имаҵ жәула. Шәабацәа аӡиас ду нырцә зымаҵ руаз анцәахәқәеи Египет зымаҵ руаз анцәахәқәеи наҟ иқәганы, Иегова имаҵ жәула. 15 Иегова имаҵ аура шәҭахымзар, иалшәх иахьа зымаҵ жәуло — шәабацәа аӡиас ду нырцә зымаҵ руаз анцәахәқәа ракәу, зыдгьыл аҿы шәынхо аморе́иаа рынцәахәқәа ракәу. Сыҩнаҭеи сареи ҳакәзар, Иегова имаҵ ҳаулоит».
16 Усҟан ажәлар ус рҳәеит: «Ҳара ахаангьы Иегова даанҳажьӡом, егьырҭ анцәақәа рымаҵгьы ҳаулаӡом, 17 избанзар Ҳанцәа Иегова иоуп ҳабацәеи ҳареи маҵуцәас ҳахьыҟаз Египет ҳалызгаз, насгьы ҳала ишабоз аџьашьахә дуқәа ҟазҵаз. Иара амҩа ҳахьынӡақәыз ҳихьчон, зыдгьылқәа ҳрылсны ҳцоз ажәларқәагьы ҳарцәихьчон. 18 Иегова ажәларқәа зегь ықәицеит, ҳара арахь ҳаанӡа ари адгьыл аҿы инхоз аморе́иаагьы уахь иналаҵаны, убри аҟынтә ҳаргьы Иегова имаҵ ҳаулоит, избанзар иара Ҳанцәа иоуп».
19 Усҟан Иисус Нави́н ажәлар ус реиҳәеит: «Иегова имаҵ аура шәара ишәылшома? Иара дыԥшьоуп, иара заҵәык уимҵахырхәалар зҭаху Нцәоуп. Иара шәыгхақәеи шәыгәнаҳақәеи шәанаижьӡом. 20 Иегова дааныжьны, егьырҭ анцәақәа рымаҵ аура шәалагар, абриаҟара абзиарақәа шышәзыҟаиҵахьоугьы, иаргьы шәаанижьуеит, шәагьықәигоит».
21 Аха ажәлар Иисус ус иарҳәеит: «Мамоу, ҳара Иегова имаҵ ҳаулоит». 22 Иисус ажәлар ус реиҳәеит: «Шәара Иегова имаҵ аура шышәыӡбаз ала шәхаҭа шәшаҳаҭцәоуп». Даргьы ус рҳәеит: «Ааи, ҳшаҳаҭцәоуп».
23 «Ус акәзар, ишәымоу атәым нцәахәқәа наҟ иқәганы, израильаа Рынцәа Иегова гәык-ԥсыкала имаҵ жәула». 24 Усҟан ажәлар Иисус ус иарҳәеит: «Ҳара Ҳанцәа Иегова имаҵ ҳаулоит, ҳагьизыӡырҩлоит!»
25 Уи аҽны Иисус Нави́н ажәлар Анцәа имаҵ шыруло ала ажәа рымхны, аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит. Иара урҭ Шехе́м аусԥҟақәеи амҩақәҵарақәеи риҭеит. 26 Уи ашьҭахь Иисус абри зегьы Анцәа изакәан ашәҟәы ианиҵеит. Нас ахаҳә ду аашьҭихын, Иегова иԥшьаҭыԥ ааигәара игылаз аҵла ду амҵан ишьҭеиҵеит.
27 Иисус ажәлар зегь ус реиҳәеит: «Ари ахаҳә шәареи ҳареи шаҳаҭс иаҳзыҟазаауеит, избанзар уи Иегова иҳаиҳәаз зегь аҳауан. Шәынцәа шәицәхьаҵыр, уи шәҿагыланы шаҳаҭра аулоит. 28 Уи ашьҭахь Иисус ажәлар ауишьҭит, даргьы рыдгьылқәа рахь ихынҳәит.
29 Абарҭқәа зегь рышьҭахь Иегова имаҵзуҩы Иисус Нави́н дыԥсит. Иара 110 шықәса ихыҵуан. 30 Иара идгьыл аҿы, Тимна́т-Сера́х, анышә дарҭеит. Уи ашьха Гаа́ш аҟынтә аҩада иҟаз ефремтәи ашьхақәа рҿы ишьҭан. 31 Израильаа Иегова имаҵ руан Иисус иԥсы ахьынӡаҭаз, иара убас Иисус ишьҭахь инхоз, Иегова ижәлар рзы иҟаиҵаз зегь збоз ажәлар реиҳабацәа рыԥсы ахьынӡаҭаз.
32 Израильаа Египет иалыргаз Иосиф ибаҩқәа Шехе́м иҟаз дгьылхәҭак аҿы анышә иаҭан, Иаков Шехе́м иаб Хамо́р иԥацәа рҿы 100 кеси́так* ҳәа иааихәаз, Иосиф иԥацәа иртәхаз адгьыл аҿы.
33 Дыԥсит Ааро́н иԥа Елеаза́ргьы. Иара ефремтәи ашьхақәа рҿы иԥа Финее́с ирҭаз ахәаҿы анышә дарҭеит.