Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Екклезиаст 9
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Екклезиаст. Ахҳәаа

      • «Зегьы ирзыԥшу акоуп» (1—3)

      • Ауаҩы иԥсҭазаара далагәырӷьалароуп, аԥсра шизыԥшугьы (4—12)

        • «Иԥсхьоу акгьы рыздырӡом» (5)

        • Анышә аҿы аусура ыҟаӡам (10)

        • Уаназыԥшым аамҭазы уззыԥшым уақәшәар алшоит (11)

      • Аҟәыӷара ахә анырымшьо ыҟоуп (13—18)

Екклезиаст 9:5

Албаагақәа

  • *

    Ма «аулафахәы».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 29

Екклезиаст 9:8

Албаагақәа

  • *

    Агәалаҟазаара бзиа аазырԥшуа амаҭәа, аџьабарамаҭәа акәымкәа.

Екклезиаст 9:9

Албаагақәа

  • *

    Ма «ибашоу уԥсҭазаара».

Екклезиаст 9:10

Албаагақәа

  • *

    Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

  • *

    Ма «агәҭакқәагьы».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 29

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/12/2015, ад. 15

Екклезиаст 9:11

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2017, ад. 31

Екклезиаст 9:18

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи»,

    1/2024, ад. 15

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Екклезиаст 9:1–18

Екклезиаст

9 Сара уи зегьы ибзианы сазхәыцит, еилыскаазгьы абриоуп: ауаа иашақәеи, ауаа ҟәышқәеи, урҭ русқәеи Анцәа ду инапаҿы иҟоуп. Ауаа дара раԥхьа инхоз иаадырԥшуаз абзиабареи ацәымӷреи ртәы акгьы рыздырӡом. 2 Зегьы ирзыԥшу акоуп: ауаа иашақәагьы ауаа цәгьақәагьы, ауаа бзиақәагьы ицқьоугьы ицқьамгьы, акәырбанқәа назгогьы иназымгогьы. Ауаҩ бзиагьы агәнаҳаҟаҵаҩгьы ирзыԥшу акоуп, имхәыцӡакәа иқәуагьы ақәра иахымыццакуагьы ирзыԥшу акоуп. 3 Абри аҩыза арыцҳара збеит адгьыл аҿы: зегь ирзыԥшу акоуп азы, ауаа еснагь цәгьарак аҟаҵара иашьҭоуп; рыԥсы ахьынӡаҭоу рхы гаӡароуп иҭоу, нас иԥсуеит.

4 Зыԥсы ҭоу зегь агәыӷра рымоуп, избанзар зыԥсы ҭоу ала зыԥсы ҭам алым аасҭа еиӷьуп. 5 Зыԥсы ҭоу ишыԥсуа рдыруеит, иԥсхьоу акгьы рыздырӡом, уаҳагьы аҳамҭа* роуӡом, избанзар урҭ аӡәгьы игәалашәаӡом, ирхашҭхьеит. 6 Иӡит урҭ рыбзиабарагьы, рцәымӷрагьы, ршьыцрагьы, адгьыл аҿы иҟало уаҳа акгьы иалахәхаӡом.

7 Угәырӷьаҵәа ача ыфала, угәы ҭгәырӷьаауа аҩы ыжәла, избанзар Анцәа ду уусқәа дырзыразуп. 8 Еснагь амаҭәа шкәакәа* ушәыз, ухы ахәша ахьшьрагьы ухоумыршҭлан. 9 Бзиа иубо уԥҳәыс улыцгәырӷьала адгьыл аҿы Анцәа иуиҭаз аԥсҭазаара кьаҿ* аҩныҵҟа, икьаҿу умшқәа зегь рыҩныҵҟа, избанзар уи уԥсҭазаараҿы иумоу ҳамҭоуп — адгьыл аҿы иубо аџьабаазы уҳамҭа. 10 Унапы иҟанаҵар алшо зегьы ухы уамеигӡакәа иҟаҵала, избанзар анышә* аҿы, уара уахьцо аҭыԥ аҿы, иҟам аусурагьы, ахәыцрагьы*, адыррагьы, аҟәышрагьы.

11 Абар адгьыл аҿы избаз даҽакы: ирласны иҩуеи аибашьҩы ӷәӷәеи аиааира анырымгогьы ыҟоуп, иҟәыӷоу афатә анрымамгьы ыҟоуп, иҟәышу амал анрымамгьы ыҟоуп, ак здыруа ақәҿиара анрымамгьы ыҟоуп, избанзар зегьы ианазыԥшым аамҭазы иззыԥшым иақәшәар рылшоит. 12 Ауаҩы иаамҭа анааиуа издырӡом. Аԥсыӡ акаҭа ишаҿашәо еиԥш, аҵыс ацәҟьа ишакуа еиԥш, ауаагьы иаалырҟьаны арыцҳара иақәшәоит.

13 Абар аҟәыӷара иазкны адгьыл аҿы иҵегь еилыскааз, уи уамашәагьы избеит. 14 Иҟан ауаа маҷны иахьынхоз қалақь хәыҷык. Амч ду змаз аҳ уи ақалақь днадгылан, амацәаз иҭеикит, нас иаакәыршаны ахыхьчаратә ҭӡамц дуқәа иргылеит. 15 Уа иҟәышыз уаҩ ӷарк дыҟан. Иара иҟәышрала уи ақалақь еиқәирхеит. Аха уи ашьҭахь уи аӡәгьы дагьигәаламшәеит. 16 Сара исҳәеит: «Аҟәыӷара амч аасҭа еиӷьуп. Аха аӷар иҟәыӷара рцәымӷуп, иажәақәагьы рхахьы инаргаӡом».

17 Иҟәышу ражәа ҭынчқәа урзыӡырҩлар еиҳа еиӷьуп, агаӡақәа ирхагылоу рыҳәҳәабжь уазыӡырҩлар аасҭа.

18 Аҟәыӷара абџьар аасҭа еиӷьуп, аха агәнаҳа ҟазҵо аӡәызаҵәыкгьы бзиарас иҟоу зегь ықәихыр илшоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра