Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 27
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

    • ИУДЕИАТӘИ АҲ ЕЗЕКИА ИМАҴУЦӘА ИХЫРҨЫЛААЗ СОЛОМОН ИАЖӘАМААНАҚӘА (25:1—29:27)

        • Аҩыза бзиа уанириашо хәарҭоуп (5, 6)

        • Сыҷкәын, сыргәырӷьала (11)

        • Аихеи аихеи еибарҵаруеит (17)

        • «Уара уԥсаса ибзианы иудыруазароуп» (23)

        • «Амал наӡаӡа иҟаӡам» (24)

Ажәамаанақәа 27:2

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәым».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәымдгьыл иатәу».

Ажәамаанақәа 27:4

Албаагақәа

  • *

    Ма «ашьыцра».

Ажәамаанақәа 27:7

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «даӷрагылоит».

Ажәамаанақәа 27:11

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 7

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    12/2016, ад. 30

Ажәамаанақәа 27:12

Албаагақәа

  • *

    Ма «рықәнага иақәшәоит».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/7/2015, ад. 8—9

Ажәамаанақәа 27:13

Албаагақәа

  • *

    Ма «ахаҵа изы».

  • *

    Ажәытәан аӡәы уалла ак анигоз, иуал ирхынҳәаанӡа амаҭәа ма даҽакы имырхуан.

Ажәамаанақәа 27:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «диныҳәар».

Ажәамаанақәа 27:17

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 48

Ажәамаанақәа 27:20

Албаагақәа

  • *

    Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

  • *

    Ауриатә ажәа аваддо́н. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аваддон».

Ажәамаанақәа 27:23

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2022, ад. 17—18

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 27:1–27

Ажәамаанақәа

27 Уаҵәы иҟауҵо уахымыҽхәалан,

Избанзар уаҵәтәи амш иузаанаго уздырӡом.

 2 Убз акәымкәа, даҽаӡәы* уирҽхәалааит,

Уара уакәымкәа, егьырҭ* удырҽхәалааит.

 3 Ахаҳә хьанҭоуп, аԥслымӡгьы ласӡам,

Аха агаӡа уаниргәамҵуа еиҳагьы ихьанҭоуп.

 4 Аԥсахеибакра агәыжәла цәгьоуп, агәыԥжәара аӡхыҵра иаҩызоуп,

Аха ахыбаара* еиҳагьы еицәоуп.

 5 Ауаҩы иҿаҿы дуриашалар еиҳа еиӷьуп, ҿымҭ бзиа дубалар аасҭа.

 6 Аҩыза бзиа уихәыр еиҳа еиӷьуп,

Уаӷа акырынтә уигәӡыр аасҭа.

 7 Амла иамкуа асаранџьгьы мап ацәикуеит*,

Амла иакуа изы иашоугьы хаауп.

 8 Зыҭра аанзыжьыз аҵыс даҩызоуп

Зыҩны аанзыжьыз ауаҩы.

 9 Ахәшеи афимиами угәы иахәоит,

Убасҵәҟьа гәыкала иулабжьо уҩыза угәы дахәоит.

10 Уҩыза даанумыжьын, уаб иҩызагьы даанумыжьын,

Агәаҟра уанҭагылоу уашьа иҩныҟа умцан.

Уааигәа иҟоу агәыла ахара иҟоу уашьа иаасҭа деиӷьуп.

11 Уҟәышыз, сыҷкәын, сагьыргәырӷьала,

Иакәым сзызҳәо аҭак сызиҭарц азы.

12 Иҟәышу ауаа ашәарҭара анырбалак, рҽацәырыхьчоит,

Аԥышәа змам ракәзар, рҽацәырыхьчаӡом, убри аҟынтә агәаҟрақәа ирықәшәоит*.

13 Атәымуаҩ изы аҭакԥхықәра зхахьы изгаз имаҭәа имх,

Атәымдгьыл иатәу аԥҳәыс лзы* аҭакԥхықәра ихахьы игазар, ашасы* имх.

14 Аӡәы ашьыжь шаанӡа ибжьы ҭыганы изааигәоу аԥсшәа иеиҳәар*,

Дишәизшәа иԥхьаӡоит.

15 Имырмыруа аԥҳәыс ақәа анлеиуа аӡы зкылсуа ахыб даҩызоуп.

16 Уи даанызкыло аԥшагьы ааникылоит,

Иарӷьа напаҿгьы ахәша изкуеит.

17 Аихеи аихеи шеибарҵаруа еиԥш,

Ауаҩгьы иҩыза дирҵаруеит.

18 Злаҳаҵла иахылаԥшуа иҿало ифалоит,

Зыԥшәма иеиҷаҳауа ҳаҭыр иқәырҵалоит.

19 Аӡы ухы-уҿы шанубаало еиԥш,

Аӡәы игәы угәы анубаалоит.

20 Анышәынҭреи* аԥсцәа ахьбаауа аҭыԥи* ахаан рызхара ҟалаӡом,

Ауаҩы илақәагьы рыԥсы ҭәӡом.

21 Амца ахьи араӡни арыцқьоит,

Ауаҩы дандырҽхәо, дзеиԥшроу ааԥшуеит.

22 Агаӡа ачарыц еиԥш аҳаҟьа дықәурҟьацларгьы,

Игаӡара илҵӡом.

23 Уара уԥсаса ибзианы иудыруазароуп.

Ууасақәа ибзианы урхылаԥшла.

24 Избанзар амал наӡаӡа иҟаӡам,

Агәыргьынгьы ҵыхәаԥҵәарада абиԥарақәа рахь ииаслаӡом.

25 Аҳаскьын иаҵәа ықәӡаауеит, аҿыц азҳауеит,

Ашьхараҿгьы арахә рзы аҳаскьын еизыргоит.

26 Аҭыӷь ҿақәа амаҭәазы иухәоит,

Аџьмақәа адгьыл аахәаразы иухәоит.

27 Иузхаша аџьмахшгьы умазаауеит,

Уҩнаҭа иатәуи умаҵ зуа аӡӷабцәеи ирызхашагьы.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра