Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 11
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

    • СОЛОМОН ИАЖӘАМААНАҚӘА (10:1—24:34)

        • «Ахынраалара злоу аҟәыӷара рыцуп» (2)

        • «Анцәа ицәхьаҵыз иажәақәа рыла изааигәоу дҭаирхоит» (9)

        • «Абжьгаҩцәа рацәаны иахьыҟоу ақәҿиара ҟалоит» (14)

        • «Згәы ҭбаау ауаҩы ақәҿиара имазаауеит» (25)

        • «Змал иақәгәыӷуа арыцҳара дақәшәоит» (28)

Ажәамаанақәа 11:2

Албаагақәа

  • *

    Ма «зхы здыруа; зылшарақәа здыруа».

Ажәамаанақәа 11:9

Албаагақәа

  • *

    Ма «ацәгьаҟаҵаҩ».

Ажәамаанақәа 11:11

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ауаа иашақәа ақалақь ианазылԥхо, уи ҳаракхоит».

Ажәамаанақәа 11:12

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәы змам».

Ажәамаанақәа 11:13

Албаагақәа

  • *

    Иҟам-ианым зҳәо.

Ажәамаанақәа 11:14

Албаагақәа

  • *

    Ма «аиқәхара».

Ажәамаанақәа 11:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «анапеимыхра зцәымӷу».

Ажәамаанақәа 11:17

Албаагақәа

  • *

    Ма «згәы былуа».

  • *

    Ма «ихы ахьымӡӷ аиргоит».

Ажәамаанақәа 11:22

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәы змам».

Ажәамаанақәа 11:24

Албаагақәа

  • *

    Ма «иуиҭараны иҟоугьы уиҭаӡом».

Ажәамаанақәа 11:27

Албаагақәа

  • *

    Ауаа рыразрагьы акәзар ауеит.

Ажәамаанақәа 11:29

Албаагақәа

  • *

    Ма «ахьымӡӷ азырго».

Ажәамаанақәа 11:30

Албаагақәа

  • *

    Ма «егьырҭ зырҳауа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 11:1–31

Ажәамаанақәа

11 Амц зҳәо акапанга Иегова ицәымӷуп,

Аиаша зҳәо агьыра даргәырӷьоит.

 2 Зхы ақәгәыӷцәара иалагаз ауаҩы ахьымӡӷ игоит,

Аха ахынраалара злоу* аҟәыӷара рыцуп.

 3 Ауаа иашақәа рыцқьара ауп иаазго,

Амцҳәаҩцәа рымц иҭанархоит.

 4 Анцәа игәыԥжәара анааирԥшуа аҽны амал ухәаӡом,

Аиашара акәзар, аԥсра аҟынтә уеиқәнархоит.

 5 Ҽԥныҳәа змам ауаҩ иаша имҩа иашаӡа иҟаиҵоит,

Ацәгьаҟаҵаҩ иакәзар, иус цәгьақәа рымшала дҭахоит.

 6 Ауаа иашақәа риашара еиқәнархоит,

Амц зҳәо ракәзар, ргәаҳәарақәа рыцәҟьа иаҿашәоит.

 7 Ацәгьаҟаҵаҩ данԥсуа, игәыӷрагьы ицыԥсуеит,

Дзықәгәыӷуаз имчқәагьы рҵыхәтәа ԥҵәоит.

 8 Ауаҩ иаша арыцҳара аҟынтә ихы еиқәирхоит,

Иара иҭыԥан ацәгьаҟаҵаҩ арыцҳара дақәшәоит.

 9 Анцәа ицәхьаҵыз* иажәақәа рыла изааигәоу дҭаирхоит,

Ауаа иашақәа ракәзар, рдыррала рхы еиқәдырхоит.

10 Ауаа иашақәа иҟарҵо аус бзиақәа ақалақь аргәырӷьоит,

Ауаа цәгьақәа анҭахо, уа агәырӷьара ду ыҟоуп.

11 Анцәа ауаа иашақәа данырзылԥхо, ақалақь шәҭыкакаҷуеит*,

Ацәгьаҟаҵаҩцәа ражәақәа ақалақь хдырбгалоит.

12 Ахшыҩ змам* изааигәоу диаҭәеишьаӡом,

Иҟәыӷаҵәҟьоу ауаҩ иакәзар, ҿиҭӡом.

13 Ацәгьаҳәаҩ* аӡә имаӡа ҳәо ауаа дрылоуп,

Узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩ иакәзар, амаӡа иҵәахуеит.

14 Иҟәыӷоу анапхгара аныҟам, ажәлар гәаҟуеит,

Абжьгаҩцәа рацәаны иахьыҟоу ақәҿиара* ҟалоит.

15 Аӡәы изы аҭакԥхықәра зхахьы изго ихы арыцҳара иақәиршәоит,

Уи аҩыза аҭакԥхықәра зхахьы изымго* ашәарҭара дацәыхьчоуп.

16 Аԥҳәыс қьиа, аԥҳәыс тата ахьӡ-аԥша лырҳауеит,

Згәыжәла цәгьоу ракәзар, амал заҵәык ауп идырҳауа.

17 Ауаҩ қьиа* иқьиара ихаҭа ахәарҭа изаанагоит,

Згәыжәла цәгьоу ихы арыцҳара иақәиршәоит*.

18 Ауаҩы цәгьа ирҳауа акгьы иаԥсаӡам,

Аиашара лазҵо аҳамҭа бзиа иоуеит.

19 Аиашара иацәхьамҵуа аԥсҭазаара иоуеит,

Ацәгьа аҟаҵара иҩуа иашьҭоу аԥсра изыԥшуп.

20 Згәаҭа цқьам ауаа Иегова ицәымӷуп,

Ламыс змоу ауаа цқьақәа ддыргәырӷьоит.

21 Агәра ганы уҟаз: ацәгьаҟаҵаҩ иқәнага дақәдмыршәакәа дзаанхаӡом,

Ауаа иашақәа рхәыҷқәа арыцҳара иацәцоит.

22 Иԥшӡоу, аха аҟәыӷара ззымхо* аԥҳәыс

Аҳәа аԥынҵа иамоу ахьтәы мацәаз даҩызоуп.

23 Ауаа иашақәа ргәаҳәарақәа абзиарахь инаргоит,

Ауаа цәгьақәа ргәыӷрақәа Анцәа иԥсахеибакра цәырнагоит.

24 Аӡәы меигӡарахда иуиҭоит, аха еиҳагьы иоуеит,

Егьи дкаҷбеиуп*, аха еиҳагьы имҵәоит.

25 Згәы ҭбаау ауаҩы ақәҿиара имазаауеит,

Егьырҭ аӡы дзыржәуа ихаҭагьы идыржәуеит.

26 Ауаа ачарыц даазмырхәо ауаҩы дыршәиуеит,

Идаазырхәо иакәзар, дырныҳәалоит.

27 Абзиара аҟаҵара иашьҭоу Анцәа иразра* иоуеит,

Ацәгьара аҟаҵара иашьҭоу иакәзар, ацәгьара ихьӡоит.

28 Змал иақәгәыӷуа арыцҳара дақәшәоит,

Ауаа иашақәа ракәзар, аҵла иаҵәа иаҩызахоит.

29 Зыҩны арыцҳара иҭазыргыло* аԥша иҭынхоит,

Агаӡагьы аҟәыӷа имаҵ иулоит.

30 Ауаҩ иаша иусқәа аԥсҭазаара узҭо ҵлоуп,

Егьырҭ абзиара аҟаҵара ргәазҭазҵо* дҟәыӷоуп.

31 Ауаҩ иаша адгьыл аҿы иқәнага дақәдыршәозар,

Ацәгьаҟаҵаҩи агәнаҳаҟаҵаҩи еиҳагьы иақәдыршәоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра