Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иисус Навин 1
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Иисус Навин. Аҵакы

      • Иегова Иисус Навин игәы ирӷәӷәоит (1—9)

        • Азакәан убжьы ныҵакны уаԥхьала (8)

      • Аӡиас Иордан арра рҽазыҟарҵоит (10—18)

Иисус Навин 1:1

Албаагақәа

  • *

    Ма «Иешу́а». Иаанагоит «Иегова Аиқәырхаҩ иоуп».

Иисус Навин 1:4

Албаагақәа

  • *

    Адгьылбжьаратәи амшын.

Иисус Навин 1:8

Албаагақәа

  • *

    Ма «уазхәыцла».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 11

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/10/2015, ад. 31

    «Иԥшьоу ҳмаҵзура»,

    10/2015, ад. 3

Иисус Навин 1:14

Албаагақәа

  • *

    Мрагыларатәи аганахь ала.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Иисус Навин 1:1–18

Иисус Навин

1 Иегова имаҵзуҩы Моисеи данԥсы ашьҭахь, Иегова Моисеи цхырааҩыс имаз Иисус* Нави́н ус иеиҳәеит: 2 «Смаҵзуҩы Моисеи дыԥсит. Уажәшьҭа уара израильтәи ажәлар зегь уманы, Иордан урны, ишәысҭо адгьыл ахь уца. 3 Сара шәшьапы зықәшәыргыло адгьылқәа зегь шәысҭоит, Моисеи ишиасҳәахьаз еиԥш. 4 Шәыдгьылқәа ацәҳәыра инаркны Ливанынӡа, аӡиас ду, аӡиас Евфрат, аҟынӡа ишьҭазаауеит, хе́ттаа рыдгьылқәа зегьы шәара ишәтәызаауеит. Мраҭашәарахь ала шәыдгьыл Амшын ду* аҟынӡа инаӡалоит. 5 Уԥсы ахьынӡаҭоу уҿагылара зылшо ҳәа аӡәгьы дҟалаӡом. Моисеи сышицыз еиԥш, уаргьы суцзаауеит. Сара ахаангьы уаансыжьӡом, ахаангьы укасыжьӡом. 6 Агәымшәара улаз, угәы ӷәӷәаз, избанзар уара ари ажәлар сықәны рабацәа зықәсыргәыӷыз адгьыл ахь инаугоит.

7 Амала, агәымшәара улаз, угәы ӷәӷәаз, смаҵзуҩы Моисеи иуиҭаз азакәан ак агмыжьӡакәа инагӡала. Уи иаҳәо ишаҳәаҵәҟьо инагӡала, усҟан еснагь ҟәыӷарала ухы мҩаԥугалоит. 8 Ари ашәҟәы иану азакәан ажәақәа зегьы еснагь иуҿазааит. Уи уахи-ҽни убжьы ныҵакны уаԥхьала*, иану зегьы ак агмыжьӡакәа инаугӡаларц азы. Усҟан умҩа маншәалахоит, ҟәыӷаралагьы ухы мҩаԥугалоит. 9 Сара иуасҳәеит: „Агәымшәара улаз, угәы ӷәӷәаз“. Акгьы уацәымшәан, избанзар Унцәа Иегова уахьцалакгьы дуцуп».

10 Иисус Нави́н ажәлар реиҳабацәа абас реиҳәеит: 11 «Алагер шәалаланы, ажәлар абас рашәҳәа: „Афатә еидышәкыл, избанзар хымш рышьҭахь Иордан шәыруеит, Шәынцәа Иегова ишәиҭо адгьыл шәнапаҿы иаажәгарц азы“».

12 Иисус Руви́м иабиԥареи, Гад иабиԥареи, Мана́ссиа иабиԥара абжеи ус реиҳәеит: 13 «Ишәхашәмыршҭын Иегова имаҵзуҩы Моисеи ишәеиҳәаз: „Шәынцәа Иегова ҭынч, акгьы шәацәымшәаӡакәа шәынхаларц азы ари адгьыл шәиҭоит. 14 Шәыҳәсеи, шәхәыҷқәеи, шәырахәи Моисеи Иордан аарцә* ишәиҭаз адгьыл аҿы иаанхааит, аха шәара, иӷәӷәоу аибашьцәа, ибзианы еиҿкаау ар реиԥш, шәашьцәа раԥхьа шәгыланы шәца. Шәара урҭ шәрыцхраалоит, 15 Иегова шәара аҭынчра шшәиҭаз еиԥш, шәашьцәагьы ириҭаанӡа, иара убас даргьы Шәынцәа Иегова ириҭо адгьыл рнапаҿы иааргаанӡа. Уи ашьҭахь шәара Иегова имаҵзуҩы Моисеи Иордан мрагыларатәи аган ала ишәиҭаз адгьыл ахь шәхынҳәны, уа анхара шәалагар шәылшоит“».

16 Дара Иисус ус иарҳәеит: «Ҳара иҳауҳәаз зегь ҟаҳҵоит, ҳахьушьҭлакгьы ҳцоит. 17 Моисеи ҳшизыӡырҩуаз еиԥш, уаргьы ҳаузыӡырҩлоит. Амала, Унцәа Иегова Моисеи дышицыз еиԥш, уаргьы дуцзааит. 18 Уажәа иахыԥо, уҳәатәы иқәымныҟәо аԥсра изыԥшуп. Амала, уара агәымшәара улаз, угәы ӷәӷәаз».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра