АЖӘАБЖЬ 49
Амра ааҭгылоит
УИХӘАԤШИ Иисус Навин. Уи иҳәоит: ‘Амра, уааҭгыл!’ Иаргьы ааҭгылоит. Аҽнынтәарак уи ажәҩан агәҭаҿы игылоуп. Ари Иегова иоуп иҟазҵо! Аха уааи, еилаҳкаап, Иисус Навин амра алашара зиҭахыз.
Иҽеимз хәҩык аҳцәа ханаантәи адгьыл аҟнытә гаваонаа ианрықәла, урҭ Иисус Навин иахь ацҳаражәҳәаҩ даарышьҭит, ацхырааразы аҳәара ҟаиҵарц. ‘Уааи ҳара ҳахь ирласны! — дҳәоит ацҳаражәҳәаҩ.— Ҳаиқәырха! Хәҩык аҳцәа шьхатәылантә умаҵуҩцәа ирабашьырц иааит’.
Иисус Навин ируаа зегьы ицны цхыраара идәықәлоит. Аухантәарак, урҭ шьапыла ицоит. Урҭ Гаваон ианааилакгьы, ахәҩык аҳцәа рыруаа шәаны иҟоуп, иҩнгьы рыԥсы еиқәдырхоит. Иегова ахаҳәтә кырцх лаишьҭуеит жәҩанынтә, ахаҳәқәа зааханы иԥсыз еиҳа ирацәоуп, израилтәи аибашьцәа рнапала иршьыз раасҭа.
Иисус ибоит, уажәшьҭа амра аҭашәара шааигәахаз. Ихәлоит, хәҩык аҳцәа рыруаа аӡәырҩгьы бналарц рылшоит. Убри аҟнытә Иисус Иегова диҳәоит, иагьиҳәоит: ‘Амра, уааҭгыл!’ Амра заҟа илашо аҟара, убри аҟарагьы израилаа риааира аҵыхәтәанынӡа инаргоит.
Ханаан Анцәа иуаажәлар зҭахым аҳцәа иҵегь ирацәоуп. Иисус Навин ируааи иареи ирҭаххоит фышықәса раҟара, ари адгьыл аҿы иҟоу 31-ҩык аҳцәа раԥыхразы. Убас аныҟала, Иисус деиҷаҳауеит, адгьыл змауц абиԥарақәа рзы ханаантәи адгьыл шазарц.
Акыршықәса ҵит, 110 шықәса дшырҭагылаз Иисус Навин иԥсҭазаара далҵуеит. Иҩызцәеи иареи рыԥсы ахьынӡаҭаз, ажәлар Иегова изыӡырҩуеит. Аха арҭ ауаа бзиақәа анԥслак, ажәлар иҽеимкәа рхы мҩаԥарго иалагоит, нас ауадаҩрақәагьы рызцәырҵуеит. Усҟан ажәлар Анцәа ицхыраара рҭахыҵәҟьоуп.
Иисус Навин 10:6—15; 12:7—24; 14:1—5; Аӡбаҩцәа 2:8—13.