Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иаҳҵозеи ҳара аталантқәа ирызку ажәамаана аҟынтәи?
    Ахьчаратә бааш 2015 | март
    • 4, 5. Иааирԥшуадаз ажәамаанаҿы аҳ, насгьы изеиԥшрази аталант ахә?

      4 Уаԥхьа Матфеи 25:14—30. Ҳпубликациақәа рҿы изныкымкәа еиҭаҳәан ари ажәамаанаҿы даҽа тәылак ахь ицаз аԥшәма, ма аҳ 33 шықәса рзы ҳ. ҳ. ажәҩан ахь ицаз Иисус дшааирԥшуа. Уи аԥхьа Иисус уи иеиԥшыз ажәамаана еиҭеиҳәеит, уа иҳәеит даҽа тәылак ахь дызцаз, «аԥсҳара идкыланы дхынҳәразы» шакәу (Лука 19:12). Иисус ажәҩан ахь данца, иара иаразнак аҳратә мчра зегь иҭаӡамызтb. Раԥхьа иара «Анцәа иарӷьараҿ дидтәалт, убри инаркны иаӷацәа иҿаԥхьа асаара ианышьҭаҵахо аамҭа ааира дазыԥшуп» (Аур. 10:12, 13).

  • Иаҳҵозеи ҳара аталантқәа ирызку ажәамаана аҟынтәи?
    Ахьчаратә бааш 2015 | март
    • d Апостолцәа анԥсы ашьҭахь, Аҩсҭаа ақьырсиантә еизараҿы ахьаҵра цәыригеит, уи ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа амҿхак дуун. Убри аамҭа иалагӡаны, аҵаҩцәа разыҟаҵаразы Христос идҵа анагӡаразы иҟаҵаз маҷын. Аха аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахыр акәын «абҵара», мамзаргьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы (Матф. 13:24—30, 36—43). Шәахәаԥш аброшиура «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри?», адаҟьақәа 9—12 (аурыс).

  • Иаҳҵозеи ҳара аталантқәа ирызку ажәамаана аҟынтәи?
    Ахьчаратә бааш 2015 | март
    • 8. Дыззыԥшызи ажәамаанақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу атәцәа рыԥшәма, аталантқәа еиҟараны ишриимҭазгьы?

      8 Ажәамаанаҿы иҳәоуп аԥшәма аӡәы хә-талантк ииҭеит, даҽаӡәы — ҩ-талантк, ахԥатәи — акызаҵәык ауп ииҭаз ҳәа (Матф. 25:15). Аҳ урҭ еиҟараны иримҭаӡеит, аха иара дазыԥшын урҭ имаашьакәа аус руеит ҳәа, даҽакала иуҳәозар, рымчқәа зегь еизганы имаҵ руеит ҳәа (Матф. 22:37; Кәал. 3:23). Христос иҵаҩцәа аталантқәа рхы иадырхәо иалагеит Аҩынҩажәижәабамш аҽны инаркны 33 шықәса ҳ. ҳ. Урҭ ажәабжьҳәара ауси аҵаҩцәа разыҟаҵареи рҿы ирбоз аџьабаа атәы ашәҟәы Аусқәа рҿы инарҭбааны иануп (Аус. 6:7; 12:24; 19:20)d.

      АҴЫХӘТӘАНТӘИ ААМҬАЗЫ АМАЗАРА АИЗЫРҲАРА

      9. а) Иабаргеи ииашаз ҩыџьа атәцәа рталантқәа, насгьы иаҳәозеи уи? б) Иарбан рольу ирзалху «егьырҭ ауасақәа»?

      9 Аҵыхәтәантәи аамҭазы, еиҳарак 1919 шықәса инаркны, Христос доуҳала иалху итәцәа адгьыл аҿы иус нарыгӡоит, ирыҭоу аталантқәа аус ахь ишьҭуа. Раԥхьатәи ҩыџьа атәцәа реиԥш, доуҳала иалху аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбоит. Хә-талантк, ма ҩ-талантк зауз рыуа дарбан ҳәа азхәыцра уиаҟара иаҭахым. Ажәамаанаҿы арҭ аҩыџьа еиԥшны аџьабаа рбон, избанзар ирымаз ҩбартәит. Аха иарбан рольу ирзалху адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу? Даара ихадоу! Ауасақәеи аџьмақәеи ирызкны Иисус иааигаз ажәамаана иаҳнарбоит адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу ауаа рзы ишҳаҭыр дуу Христос иашьцәа рыдгылара, ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус аҿы. Аҵыхәтәантәи амшқәа раан арҭ аҩгәыԥк рыжәҩахыр еибыҭаны аџьабаа рбоит гәарҭрак аҿы еиԥш, гәацԥыҳәарыла аҵаҩцәа азыҟаҵо (Иоан. 10:16).

      10. Иарбан излалукаауа ҷыдароу иамоу Иисус иаара?

      10 Аҳ азин имоуп имазара иацырҵоит ҳәа азыԥшра. Ишазгәаҭаз еиԥш, ииашаз ақьырсианцәа актәи ашәышықәсазы уи имазара иацырҵеит. Аха иаҳҳәарц иҳалшозеи аталантқәа ирызкыз ажәамаана анаӡара зықәшәо ҳара иахьатәи ҳаамҭа — аҵыхәтәантәи амчқәа ирызкны? Ииашоу, аџьабаа збо Христос ишьҭанеицәа рхы аладырхәуеит аҭоурых аҿы зегь реиҳа амҿхак змоу аус: ажәабжь рҳәоит, насгьы ауаа аҵабырг ддырҵоит. Урҭ рҽазышәарақәа ирыбзоураны, есышықәса шәнызқьла аҵаҩцәа ҿыцқәа Аҳра ажәабжьҳәаҩцәас иҟалоит. Абри зегьы шаҳаҭра ауеит напхгара зуа Аҳак иаҳасабала Христос иаара аҷыдара ажәабжьҳәара ауси аҵаҩцәа разыҟаҵареи ихадоу ахәҭа шакәу. Ҳәарада, Аҳ уи даара деигәырӷьоит!

      Иисус даараӡа ихадоу ажәабжьҳәаратә ус имаҵзуҩцәа рыгәра ганы ириҭеит (Шәахәаԥш абзац 10.)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра