Екклезиаст
2 Усҟан сгәы иҭасҳәеит: «Ақьафура сҽасҭап, бзиарак алазар збап». Аха уигьы башоуп, акгьы иаԥсам усуп.
2 Аччара гаӡароуп* ҳәа азысҳәеит,
Ақьафура азгьы: «Хәарҭас иалоуи?» — сҳәеит.
3 Сара исыӡбеит аҩы гәахәарас иузаанаго еилыскаарц, аха убри аамҭазгьы схы сзымдыруа аҟынӡа исымжәӡеит, сыхшыҩ аҭыԥ аҿы иҟан. Сара аус гаӡақәа ирылҵшәахогьы еилыскаарц сыӡбеит, ауаа ажәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаара кьаҿ аҩныҵҟа иҟарҵалар еиҳа еиӷьу збарц азы. 4 Сара аус дуқәа ҟасҵеит. Схазы аҩнқәа сыргылеит, аӡахәаҭра еиҭасҳаит, 5 абаҳчақәеи апаркқәеи ҟасҵеит, уа еиуеиԥшым ашәырҵлақәа еиҭасҳаит, 6 аӡҭарчқәа ҟасҵеит, абнаҿы изызҳауа аҵла ҿақәа уантәи аӡы рыҵасҭәаларц азы, 7 сымаҵ зуа ахацәеи аҳәсеи згеит, сыҩнаҭаҿы ииз амаҵуцәагьы сыман. Ашьамаҟеи аԥсасеи рацәаны исоуит, саԥхьа Иерусалим аҳра зуаз зегь раасҭагьы еиҳаны. 8 Сара ахьи араӡни рацәаны еизызгеит, аҳцәеи апровинциақәеи рҟынтә исоуз амазара. Сара ашәа зҳәо ахацәеи аҳәсеи згеит, аҳәса* еизызгеит — ахацәа ргәазырҳага. 9 Сара зегьы среиҳахеит, саԥхьа Иерусалим иҟаз зегьы среиҩсит. Убри аамҭазгьы сҟәыӷара сара исыцын.
10 Иаасҭахыз зегь ҟасҵон, сгәы иааҭахыз ак мап ацәыскуамызт. Сџьабаақәа срылагәырӷьон, уи сџьабаазы исоуаз ҳамҭан. 11 Аха иҟасҵаз зегь санахәаԥш, аџьабаа здызбалоз саназхәыц, избеит уи зегь шбашаз, аԥша ашьҭалара ишаҩызаз.
12 Нас сара аҟәыӷареи, агаӡареи, абзамыҟәреи рызхәыцра салагеит. (Аҳ ишьҭахь иааиуа ауаҩы иҟаиҵар илшои? Уаанӡа иҟарҵахьаз ауп.) 13 Сара избеит аҟәыӷара агаӡара аасҭа ишеиӷьу, алашара алашьцара аасҭа ишеиӷьу еиԥш.
14 Аҟәыш ибзианы ибоит*, агаӡа алашьцара дцәыҵоуп. Аха сара еилыскааит рҩыџьагьы ирзыԥшу ак шакәу. 15 Усҟан сгәы иҭасҳәеит: «Агаӡа ихьуа ауп саргьы исыхьуа. Нас, абас сахьҟәышхаз иснаҭои?» Убри аҟынтә сгәы иҭасҳәеит: «Уигьы башоуп». 16 Избанзар аҟәышгьы агаӡагьы наӡаӡа иргәалашәалаӡом. Аамҭа цар, рҩыџьагьы рхашҭуеит, ирхамышҭуа аӡәгьы дыҟаӡам. Аҟәышгьы агаӡа иеиԥш дыԥсуеит.
17 Сара аԥсҭазаара сцәымыӷхеит, избанзар адгьыл аҿы иҟарҵо зегьы угәы канажьуашәа збеит. Зегь башоуп, зегь аԥша уашьҭазар иаҩызоуп. 18 Сара адгьыл аҿы аџьабаа здызбалоз зегь сцәымыӷхеит, избанзар уи зегьы сара сышьҭахь иааиуа ауаҩы изынсыжьыр акәхоит. 19 Издыруада, уи иҟәышу ма игаӡоу аӡә иакәхоу? Арахь иара инапаҿы иҟалоит адгьыл аҿы џьабаалеи ҟәыӷаралеи исырҳаз зегьы. Уигьы башоуп. 20 Адгьыл аҿы аџьабаа здызбалоз зегьы санрызхәыц, сгәы каҳаит. 21 Избанзар ауаҩы аҟәышреи, адырреи, аҟазареи ихы иархәаны аџьабаа ибозар ауеит, аха зегьы уи аџьабаа адзымбалаз изынижьыр акәхоит. Уигьы башоуп, рыцҳара дууп.
22 Инаҭои ауаҩы адгьыл аҿы иибо аџьабааи аџьабаа абара игәазҭазҵо агәаҳәареи? 23 Иԥсы ахьынӡаҭоу иибо аџьабаа ахьаа ауп изаанаго, игәгьы канажьуеит, уахынлагьы игәы ҭынчӡам. Уигьы башоуп.
24 Ауаҩы изы акрыфареи, акрыжәреи, иџьабаа алагәырӷьареи иреиӷьу ак ыҟам. Сара еилыскааит уигьы Анцәа ду иҟынтә шакәу, 25 сара саасҭа еиӷьны акрызфо, акрызжәуа аӡәыр дыҟоума?
26 Дыззыразу ауаҩы иара аҟәыӷареи, адырреи, агәырӷьареи ииҭоит, агәнаҳаҟаҵаҩ иакәзар, аус ииҭоит — аизгареи аидкылареи, нас уи зегьы иара Анцәа дыззыразу ииҭарц азы. Уигьы башоуп, аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.