Наум
3 Изакә рыцҳароузеи иазыԥшу ашьа казҭәо ақалақь!
Уи амцҳәаҩцәеи арҳәцәеи рыла иҭәуп,
Уа инхо ак дмырҳәыкәа ахаангьы имтәаӡацт.
2 Аҟамчышьҭыбжь гоит, агьежьқәа* ргәыргәырбжьы ааҩуеит,
Игоит аҽқәа рышьҭыбжь, аҽыуардынқәагьы шьҭхысаа иаауеит.
3 Аҽыуаа ахыкәалаа еиԥш иаауеит, раҳәақәеи раԥсақәеи цырцыруеит,
Ишьу рацәаҩуп, ауаа шьны еиқәыжьуп…
Уахьынаԥшлак аԥсцәа кажьуп!
Ауаа аԥсцәа ирыхҟьашоит.
4 Уи зегьы акаҳԥы лыламысдара ҵыхәаԥҵәара ахьамам азоуп.
Лара лыԥшӡарала ауаа хылхуеит, ҟазарала аспиритизм* лхы иалырхәоит,
Лыламысдаралеи лыспиритизм алеи ажәларқәа хылхуеит.
5 «Сара суҿагылоит*, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова, —
Укалҭ аарҳәны ухы иҭасырԥоит,
Ажәларқәа уеилыхны удсырбоит,
Аҳрақәа рҿаԥхьа усырԥхашьоит.
6 Сара гәамс иҟоу зегь уасыргоит,
Зегь рҿаԥхьа ахьымӡӷ усыргоит, усырԥхашьоит.
7 Уара узбо зегь бналоит, иагьырҳәоит:
„Нине́виа ҭацәит!
Ирыцҳазшьода уи?“
Угәы зырҭынчуа ҳәа уаҩ дҟалом.
8 Узлеиӷьуи уара Но-Амон* аасҭа? Уи Нил аӡышьҭрақәа рҿы игылан,
Иаакәыршангьы аӡы ыҟан.
Малс иамаз амшын акәын, изыхьчозгьы мшынын.
9 Ефиопиеи Египети уи иамаз иҭамбаӡоз амч иахыҵхырҭан.
Пу́ти ливиааи уи иацхраауан*.
10 Ус ишыҟазгьы, иара хдырҵәеит,
Итҟәангьы иргеит.
Ахәыҷқәа рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа, амҩеихдақәа рҿы иршьит,
Аҵәы ҭаԥсаны пату зқәыз ауаа ршеит,
Ауаа дуқәагьы зынџьырла* иршьаҳаит.
11 Уаргьы арыжәтә иашьны иҟоу иеиԥш угазҽазлоит,
Уҽуӡалоит,
Уаӷацәа рҟынтә аҽыҵәахырҭа уашьҭалоит.
12 Ухырӷәӷәарҭақәа раԥхьа иҟалаз алаҳа иеиԥшуп:
Иаауршәшәар, изфар зҭаху иҿы иҭаҳауеит.
13 Урыхәаԥш уеибашьцәа, урҭ аҳәса иреиԥшуп.
Удгьыл агәашәқәа уаӷацәа рҿаԥхьа иҟьаҟьаӡа иаатуеит,
Урҭ рлыкәқәа амца иқәыццышәаа иагоит.
14 Уаӷацәа анукәшо ӡыда унымхарц азы аӡы ҵәахы.
Уҭӡамцқәа рӷәӷәа.
Анышәаԥшь ԥшааны икәаҳала,
Ақьырмытгьы ҟаҵала.
15 Аха уара уеизгьы амца уқәнахуеит,
Аҳәа уашьуеит,
Асаранча ҿа зегь шықәнахуа еиԥш уқәырхуеит.
Уара ухаҭа асаранча еиԥш урацәахаргьы,
Урацәахала!
16 Ухәаахәҭцәа ажәҩан икыду аеҵәақәа раасҭа ирацәахеит.
Асаранча ҿа ацәа кажьны наҟ иԥыруеит,
17 Ухьчацәа асаранча иеиԥшуп,
Ур ирхагылоу ахацәагьы — еилаҭыруа асаранча.
Ахьҭа аныҟоу дара ахаҳәтә ҭӡамцқәа ирцәыҵалоит,
Амра анԥхо, иԥырны ицоит,
Иахьцогьы аӡәгьы издырӡом.
18 Ассириатәи аҳ, уара иухылаԥшуа ахьчацәа ыцәоуп,
Ууаа дуқәа ракәзар, рыҩнқәа рҿы итәоуп.
Ужәлар рҽыԥсаҟьаны ашьхақәа рахь ицеит,
Еидызкыло ҳәагьы уаҩ дыҟам.
19 Арыцҳара уанақәшәалак, акгьы ухәом,
Ухәра зхәышәтәуа ҳәа акгьы ыҟам.
Иухьыз анраҳалак зегьы рнапы аинҟьара иалагоит,
Избанзар уара иумыргәаҟуаз уаҩ дыҟамызт».