Ахыԥхьаӡарақәа
10 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Араӡны иалхны ҩ-быкьк ҟашәҵа. Урҭ чаԥаны иҟаҵазароуп. Урҭ абыкьқәа рыбжьы рганы ажәлар еизыргалоит, алагергьы амҩа ианықәлатәу адырра рырҭалоит. 3 Абыкьқәа рыҩбагь рыбжьы ангалак, израильаа зегьы уара уахь, аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь, инеироуп. 4 Быкьк амацара абжьы гар, зықьҩыла израильаа ирхагылоу аиҳабацәа уара уахь инеироуп.
5 Абыкь абжьы еиҭакуа ианшәыргалак, мрагыларахь ала игылоу абиԥарақәа амҩа иқәлароуп. 6 Абыкь абжьы даҽа знык ианшәыргалак, аладахьала игылоу абиԥарақәа амҩа иқәлароуп. Х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу гәыԥк амҩа иқәлацыԥхьаӡа абыкь шәаслароуп.
7 Аизара зегь анеизыжәгалогьы абыкь абжьы шәыргалароуп, аха еиҭакуа акәымкәа, даҽакала. 8 Абыкь иаслароуп аԥшьаҩцәа, Ааро́н иԥацәа. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша, ԥсахра зқәым ԥҟароуп.
9 Шәыдгьыл аҿы ишәықәлаз шәаӷацәа рабашьра шәалагар, аруаа аибашьра рҽазыҟарҵарц азы абыкь абжьы шәыргароуп. Усҟан Шәынцәа Иегова шәыбжьы иаҳауеит, шәаӷацәа рҟынтәгьы шәеиқәирхоит.
10 Агәырӷьара амшқәа раангьы — аныҳәақәа раан, насгьы амза ҿыц аналаго — ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи аннажәго, абыкьқәа рыбжьы шәыргалароуп; усҟан Шәынцәа шәигәалашәоит. Сара Шәынцәа Иегова соуп».
11 Аҩбатәи ашықәс, аҩбатәи амза ҩажәатәи амш азы иԥшьоу аиқәшаҳаҭра* ақьала иахагылаз аԥҭа шьҭыҵит. 12 Израильаагьы ирзышьақәыргылаз аиҿкаара инақәыршәаны, синаитәи ацәҳәыра аҟынтә амҩа иқәлеит. Дара амҩа иқәын Пара́н ацәҳәыраҿы аԥҭа аангылаанӡа. 13 Ари Иегова Моисеи ила ириҭаз анапхгара иацныҟәаны, раԥхьаӡа акәны амҩа ианықәлаз ауп.
14 Раԥхьа гәыԥ-гәыԥла* амҩа иқәлеит Иуда иабиԥара зхагылаз х-абиԥарак рыла ишьақәгылаз агәыԥ. Уи агәыԥ дахагылан Аминада́в иԥа Нахшо́н. 15 Иссаха́р иабиԥара дахагылан Цуа́р иԥа Нафанаи́л. 16 Завуло́н иабиԥара дахагылан Хело́н иԥа Елиа́в.
17 Иԥшьоу ақьала анеимырх ашьҭахь, амҩа иқәлеит Гершо́ни Мера́рии ирхылҵқәаз, дара иԥшьоу ақьала нарга-ааргон.
18 Анаҩс гәыԥ-гәыԥла амҩа иқәлеит Руви́м иабиԥара зхагылаз х-абиԥарак рыла ишьақәгылаз агәыԥ. Уи агәыԥ дахагылан Шедеу́р иԥа Елицу́р. 19 Симеон иабиԥара дахагылан Цуришадда́и иԥа Шелумии́л. 20 Гад иабиԥара дахагылан Деуи́л иԥа Елиаса́ф.
21 Нас амҩа иқәлеит Каа́ф ихылҵқәаз. Дара аԥшьаҭыԥ иҩнагылаз амаҭәарқәа нарга-ааргон. Урҭ неиаанӡа иԥшьоу ақьала ргылазар акәын.
22 Анаҩс гәыԥ-гәыԥла амҩа иқәлеит Ефрем иабиԥара зхагылаз х-абиԥарак рыла ишьақәгылаз агәыԥ. Уи агәыԥ дахагылан Амиху́д иԥа Елиша́ма. 23 Мана́ссиа иабиԥара дахагылан Педацу́р иԥа Гамалии́л. 24 Вениамин иабиԥара дахагылан Гидео́ни иԥа Авида́н.
25 Анаҩс гәыԥ-гәыԥла амҩа иқәлеит Дан иабиԥара зхагылаз х-абиԥарак рыла ишьақәгылаз агәыԥ. Дара зегь рышьҭахь игыланы ицон, раԥхьа ицозгьы рыхьчон. Уи агәыԥ дахагылан Амишадда́и иԥа Ахиезе́р. 26 Аси́р иабиԥара дахагылан Охра́н иԥа Пагии́л. 27 Неффали́м иабиԥара дахагылан Ена́н иԥа Ахи́ра. 28 Израильаа дасу ргәыԥқәа рыла абас еиҿкааны амҩа иқәлон.
29 Моисеи мадиа́наа иреиуаз иабхәа Рагуи́л* иԥа Хова́в ус иеиҳәеит: «Ҳара Иегова ҳазқәиргәыӷыз аҭыԥ ахь амҩа ҳақәлоит. Уҳацны уаала. Уара уи уахьхәӡом, избанзар Иегова израильаа дшырзылԥхало иҳәахьеит». 30 Аха Хова́в ус иҳәеит: «Мамоу, сшәыццаӡом. Сара сыдгьыл ахь сцоит, сыуацәа рахь схынҳәуеит». 31 Усҟан Моисеи ус иҳәеит: «Суҳәоит, ҳааныжьны умцан, уара амҩа ҳурбалар улшоит, избанзар ацәҳәыраҿы алагер ахьыргылатәу удыруеит. 32 Уҳацны уаалар, Иегова иаҳзыҟаиҵо абзиарақәа зегь ҳацеиҩушоит».
33 Дара Иегова ишьхаҟынтә идәықәлан, хымш амҩа иқәын, урҭ ахымшкгьы Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег раԥхьа игыланы ицон, иахьаангылаша днарбаларц азы. 34 Ҽынла рҽеидкыланы амҩа ианықәлоз, Иегова иԥҭа рханы иҟан.
35 Аковчег амҩа ианықәлоз, Моисеи ус иҳәон: «Угыл, Иегова, уаӷацәагьы еимпааит, узцәымӷугьы бналааит». 36 Аковчег анаангылоз ус иҳәон: «Ухынҳәы, Иегова, ԥхьаӡашьак змам израильтәи азықьқәа* рахь».