Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ҩынтәзакәан 6
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ҩынтәзакәан. Ахҳәаа

      • Иегова гәык-ԥсыкала бзиа дыжәбала (1—9)

        • «Уӡырҩы, Израиль» (4)

        • Аҭаацәа ахәыҷқәа мҩақәырҵалароуп (6, 7)

      • «Иегова дышәхамшҭааит» (10—15)

      • Иегова дԥышәымшәалан (16—19)

      • Шәхәыҷқәа ирзеиҭашәҳәа (20—25)

Ҩынтәзакәан 6:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2016, ад. 18—22

Ҩынтәзакәан 6:6

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 50

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 55—56, 58—59, 70—71

    «Адырра», ад. 146

Ҩынтәзакәан 6:7

Албаагақәа

  • *

    Ма «шәааҟәымҵӡакәа ирзеиҭашәҳәала».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 50

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    12/2019, ад. 26

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 55—56, 58—59, 70—71

    «Адырра», ад. 146

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ҩынтәзакәан 6:1–25

Ҩынтәзакәан

6 Абар Шәынцәа Иегова ишәсырҵарц исыдиҵаз аԥҟарақәеи, азакәанқәеи, ақәҵарақәеи, шәнапаҿы иаажәго адгьыл ахь шәаннеилак, шәрықәныҟәаларц азы. 2 Шәара шәыԥсы ахьынӡаҭоу Шәынцәа Иегова шәицәшәалароуп, насгьы ишәыдысҵо изакәанқәеи иԥҟарақәеи зегьы шәхәыҷқәеи, шәмоҭацәеи, шәареи инашәыгӡалароуп, акыраамҭа шәынхаларц азы. 3 Уӡырҩла, Израиль, ак агмыжькәагьы урҭ нагӡала. Усҟан шәабацәа Рынцәа Иегова шәшақәиргәыӷыз еиԥш, ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу адгьыл аҿы шәеизҳазыӷьо шәынхалоит, шәхыԥхьаӡарагьы рацәахоит.

4 Уӡырҩы, Израиль: Ҳанцәа — Иегова иоуп. Иегова ҳәа иҟоу аӡәызаҵәык иоуп. 5 Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала, шәгәы-шәыԥсы зегь иара изышәк, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан. 6 Иахьа ишәыдысҵо аԥҟарақәа шәгәы иҭазароуп, 7 урҭ шәхәыҷқәа иргәалашәыршәала*, шәагьрылацәажәала аҩны шәаныҟоу, амҩа шәанану, шәанышьҭало, шәангыло. 8 Шәнапы иадҿашәҳәал урҭ, ишәхамышҭларц азы, шәылахь иакәыршоу аҿаҳәагагьы ишәзаҩызазааит. 9 Ианышәҵа урҭ шәыҩны ашәвазқәеи шәгәашәқәеи рҿы.

10 Шәынцәа Иегова дықәны шәабацәа Авраами, Исааки, Иакови ишәиҭоит ҳәа иреиҳәаз адгьыл ахь шәаннеигалак, — шәара ишәмыргылаз иԥшӡоу ақалақь дуқәеи, 11 шәара еизышәымгаз амал зыҩноу аҩнқәеи, ишәымжыз аӡеизгарҭақәеи, еиҭашәымҳаз аӡахәақәеи амаслинаҵлақәеи ахьыҟоу адгьыл ахь — уаҟагьы шәызхара ыфо шәгәы ҭәны шәанынхало, 12 шәгәышәҽаныз, маҵуцәас шәахьыҟаз Египет шәалызгаз Иегова дышәхамшҭааит. 13 Шәынцәа Иегова шәицәшәала, иара заҵәык имаҵ жәула, иара ихьӡ ала шәықәла. 14 Шәрымҵамхырхәалан егьырҭ анцәақәа, шәааигәара инхо ажәларқәа рынцәақәа, 15 мамзар Шәынцәа Иегова игәы шәзыԥжәоит, адгьыл аҟынтәгьы шәықәихуеит, избанзар шәыбжьара иҟоу Шәынцәа Иегова иара заҵәык уимҵахырхәаларц зҭаху Нцәоуп.

16 Шәынцәа Иегова дԥышәымшәалан, Ма́сса шәаныҟаз дышԥышәшәоз еиԥш. 17 Шәынцәа Иегова инашәыгӡаларц ишәыдиҵаз иԥҟарақәеи, иқәҵарақәеи, изакәанқәеи ак рыгмыжьӡакәа инашәыгӡала. 18 Иегова ииашоуп, ибзиоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟашәҵала, шәеизҳазыӷьаларц, насгьы Иегова дықәны шәабацәа зықәиргәыӷыз адгьыл бзиахь шәнеирц, уи шәнапаҿы иаажәгарц, 19 насгьы уа инхо шәаӷацәа зегьы ықәышәцарц азы, Иегова ишиҳәаз еиԥш.

20 Шәаԥхьаҟа шәхәыҷқәа абас ишәазҵаар: „Изшәиҭеи Ҳанцәа Иегова абарҭ ақәҵарақәеи, аԥҟарақәеи, азакәанқәеи?“ — 21 абас рашәҳә: „Ҳара Египет афараон маҵуцәас ҳиман, аха Иегова напы ӷәӷәала Египет ҳалигеит. 22 Иегова ҳала ишабоз Египети, афараон иҭаацәеи иареи, имаҵуцәеи ықәызхыз узыршанхоз аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟаиҵеит. 23 Иара Египет ҳалигеит арахь ҳааигарц, насгьы дықәны ҳабацәа зықәиргәыӷыз адгьыл ҳаиҭарц. 24 Иегова арҭ азакәанқәа зегь наҳагӡаларц, насгьы Ҳанцәа Иегова ҳицәшәаларц ҳадиҵеит, еснагь ҳаизҳазыӷьаларц, насгьы иахьа ҳаԥсы шҭоу еиԥш ҳаԥсы ҭазарц азы. 25 Ҳанцәа Иегова ишҳаиҳәаз еиԥш иҳәатәы хаҵаны иԥҟарақәа зегьы ак агмыжькәа инаҳагӡалар, ҳуаа иашақәаны ҳиԥхьаӡалоит“.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра