Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ҩынтәзакәан 8
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ҩынтәзакәан. Ахҳәаа

      • Иегова дшышәзылԥхоз шәхашәмыршҭлан (1—9)

        • Ауаҩы иԥсы злаҭоу ача мацарала акәӡам (3)

      • Иегова дышәхамшҭааит (10—20)

Ҩынтәзакәан 8:15

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашьанҵацаҟьа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ҩынтәзакәан 8:1–20

Ҩынтәзакәан

8 Иахьа ишәысҭо аԥҟарақәа зегьы ак рыгмыжьӡакәа инашәыгӡала, анаҩсгьы шәынхаларц, жәлар дуны шәҟаларц, насгьы Иегова дықәны шәабацәа зықәиргәыӷыз адгьыл шәнапаҿы иаажәгарц азы. 2 Ишәхашәмыршҭлан Шәынцәа Иегова 40 шықәса ацәҳәыраҿы шәызлеигоз амҩа. Убасала иара иҭахын ахынраалара аарԥшышьа шәирҵарц, шәԥишәарц, шәгәы иҭоу еиликаарц, иԥҟарақәа шәрықәныҟәалоу-шәрықәымныҟәалоу ибарц азы. 3 Иара ахынраалара аарԥшышьа шәирҵон, амла шәаиркуан, шәабацәагьы шәаргьы ишәзымдыруаз аманна шәҿеиҵон, ауаҩы иԥсы злаҭоу ача мацарала акәымкәа, Иегова ииҳәо ажәалагьы шакәу еилышәкаарц азы. 4 40 шықәса рыҩныҵҟа шәымаҭәақәа хаӡомызт, шәшьапқәагьы чӡомызт. 5 Шәара ижәдыруеит Шәынцәа Иегова аб иԥа дшиааӡо еиԥш шәшиааӡоз.

6 Шәынцәа Иегова иԥҟарақәа нашәыгӡала, имҩақәа шәырныланы шәцала, шәагьицәшәала. 7 Шәынцәа Иегова адгьыл бзиахь шәигоит, — аӡиасқәа ахьыҟоу, архақәеи ашьхақәеи рҿы аӡы ахьыҵыҵуа аҭыԥқәеи аӡыхьқәеи ахьыҟоу адгьыл ахь, 8 ачарыци, ачаԥшьи, ажьи, алаҳаи, амыҵмыџьи ахьрызҳауа, амаслинахәшеи ацхеи ахьыҟоу адгьыл ахь, 9 меигӡарахда афатә ахьыҟоу, акгьы ахьшәыгымхо адгьыл ахь, ахаҳә аиха ахьалоу, ашьхақәа рҿгьы абҩа ахьыҵышәхло адгьыл ахь.

10 Шәызхара ыфо шәгәы ҭәны шәанынхало, Шәынцәа Иегова ишәиҭаз адгьыл бзиазы дшәырҽхәала. 11 Шәгәышәҽаныз, Шәынцәа Иегова дышәхамшҭааит, насгьы иахьа ишәысҭо иԥҟарақәеи, изакәанқәеи, иқәҵарақәеи рынагӡара шәаҟәымҵааит. 12 Шәызхара анышәфало, аҩн бзиақәа ргыланы урҭ рҿы шәанынхало, 13 шәшьамаҟеи шәыԥсасеи анырацәахалак, ахьи араӡни рацәаны ианшәоулак, иаашәҭаху зегь меигӡарахда ианшәымазаауа, 14 шәԥагьамхааит, маҵуцәас шәахьыҟаз Египет шәалызгаз Шәынцәа Иегова дышәхамшҭааит. 15 Дышәхамшҭааит ашҳам змоу амаҭқәеи аскорпионқәеи ахьыҟаз, адгьыл ахьҩаз, аӡгьы ахьыҟамыз, ишәарҭаз ацәҳәыра ду шәалганы шәызгаз Шәынцәа. Иара ацаҟьа* аҟынтә аӡы шәиржәуан, 16 ацәҳәыраҿы шәабацәа ирзымдыруаз аманна шәҿеиҵон. Убасала ахынраалара аарԥшышьа шәирҵарц, шәԥишәарц иҭахын, уи шәаԥхьаҟа ахәарҭа шәзаанагарц азы. 17 Еизыжәгаз амал шәымч ала, шәхатә џьабаала ишәырҳаит ҳәа шәгәы иаанамгааит. 18 Ишәхамышҭын амал аизырҳаразы амч шәызҭо Шәынцәа Иегова шиакәу. Иара уи зыҟаиҵо дықәны шәабацәеи иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра наигӡарц азоуп, иахьа ишыҟаиҵо еиԥш.

19 Аха Шәынцәа Иегова дышәхаршҭны егьырҭ анцәақәа шәрышьҭалар, урҭ рымаҵ аура, реихырхәара шәалагар, — ишәасҳәо абри ауп — шәара шәҭахоит. 20 Иегова шәҿаԥхьа иқәиго ажәларқәа шҭахо еиԥш, шәаргьы шәҭахоит, Шәынцәа Иегова шәахьизымӡырҩло азы.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра