Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Екклезиаст 3
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Екклезиаст. Ахҳәаа

      • «Зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп» (1—8)

      • Аԥсҭазаара алагәырӷьара — Анцәа иҳамҭоуп (9—15)

        • Анцәа ауаа наӡаӡа анхара рҭаххартә еиԥш иҟаиҵеит (11)

      • Анцәа ауаа рус ииашаны иӡбоит (16, 17)

      • Ауаагьы аԥстәқәагьы ԥсуеит (18—22)

        • Зегь анышә ахь ихынҳәуеит (20)

Екклезиаст 3:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак», астатиа 80

Екклезиаст 3:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 98

Екклезиаст 3:7

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    3/2020, ад. 18—23

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2019, ад. 11—12

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/12/2015, ад. 19—20

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 66

Екклезиаст 3:11

Албаагақәа

  • *

    Ма «иашаны; ишақәнагоу еиԥш».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «анаунагӡара ргәы иҭеиҵеит».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    10/2023, ад. 21—22

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    12/2022, ад. 4

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 25

    «Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа)»,

    № 2 2016 ад. 5

Екклезиаст 3:15

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ииасыз».

  • *

    Ма «ҟаиҵоит».

Екклезиаст 3:18

Албаагақәа

  • *

    Ма «гәеиҭоит».

Екклезиаст 3:19

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Адырра», ад. 82—83

Екклезиаст 3:20

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 29

    «Адырра», ад. 82—83

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Екклезиаст 3:1–22

Екклезиаст

3 Зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп,

Ажәҩан аҵаҟа аусқәа зегьы рхатәы аамҭа рымоуп.

 2 Аиразы аамҭак ыҟоуп, аԥсразы аамҭак ыҟоуп,

Аиҭаҳаразы аамҭак ыҟоуп, аҵхразы аамҭак ыҟоуп,

 3 Ашьразы аамҭак ыҟоуп, ахәышәтәразы аамҭак ыҟоуп,

Арбгаразы аамҭак ыҟоуп, аргыларазы аамҭак ыҟоуп,

 4 Аҵәыуаразы аамҭак ыҟоуп, аччаразы аамҭак ыҟоуп,

Аџьабаразы аамҭак ыҟоуп, акәашаразы аамҭак ыҟоуп,

 5 Ахаҳәқәа ԥсаҟьаны акаԥсаразы аамҭак ыҟоуп, реизгаразгьы аамҭак ыҟоуп,

Агәыдыҳәҳәаларазы аамҭак ыҟоуп, уи аныҟаҵатәымгьы аамҭак ыҟоуп,

 6 Аԥшааразы аамҭак ыҟоуп, иуцәыӡыз аԥшаара уанаҟәыҵуагьы аамҭак ыҟоуп,

Аҵәахразы аамҭак ыҟоуп, акажьразы аамҭак ыҟоуп,

 7 Аԥыжәжәаразы аамҭак ыҟоуп, аидӡахыларазы аамҭак ыҟоуп,

Аҿымҭразы аамҭак ыҟоуп, ацәажәаразы аамҭак ыҟоуп,

 8 Бзиа абаразы аамҭак ыҟоуп, ацәымӷразы аамҭак ыҟоуп,

Аибашьразы аамҭак ыҟоуп, аҭынчразы аамҭак ыҟоуп.

9 Инаҭои ауаҩы иџьабаа? 10 Сара избон Анцәа ауаа ириҭаз аусқәа. 11 Иара ианаҭыхыз аамҭазы зегь бзианы* иҟаиҵеит. Иара ауаа наӡаӡа анхара рҭаххартә еиԥшгьы иҟаиҵеит*. Аха дара уеизгьы ахаан Анцәа ду иусқәа зегь аҵыхәтәанынӡа ирзеилкааӡом.

12 Сара еилыскааит аԥсҭазаараҿы ауаҩы изы агәырӷьареи абзиара аҟаҵареи раасҭа еиӷьу ак шыҟам, 13 еилыскааит ауаҩы акрифалар, акрижәлар, иџьабаагьы далагәырӷьалар шихәҭоу. Уи Анцәа иҳамҭоуп.

14 Сара еилыскааит Анцәа ду иҟаиҵо зегьы наӡаӡа ишаанхо. Уи ак узацҵом, ак узагырхом. Анцәа ду ус зыҟаиҵаз ауаа ицәшәаларц азоуп.

15 Иҟоу ҟалахьеит, иҟалараны иҟоугьы иҟаз ауп. Аха Анцәа ду ауаа зышьҭоу* дашьҭоуп*.

16 Абар иҵегь адгьыл аҿы избаз: аусӡбара иаша ыҟазар ахьахәҭоу ацәгьара ыҟан, аиашара ыҟазар ахьахәҭоу азакәандара ыҟан. 17 Усҟан сгәы иҭасҳәеит: «Анцәа ду ауаа иашақәагьы ауаа цәгьақәагьы рус иӡбоит, избанзар иарбан усхкызаалакгьы, иарбан усуразаалакгьы зегьы рхатә аамҭа рымоуп».

18 Иара убас ауаа ирызкны сгәы иҭасҳәеит: Анцәа ду урҭ ԥишәоит*, аԥстәқәа ишреиԥшугьы дирбоит, 19 избанзар ауаагьы аԥстәқәагьы ирзыԥшу акоуп: арҭ шыԥсуа еиԥш ауп егьырҭгьы шыԥсуа, зегьы ԥсыԥк ауп ирымоу. Убри аҟынтә ауаҩы аԥстәқәа дызлареиӷьу ҳәа акгьы ыҟаӡам, избанзар зегь башоуп. 20 Зегь ҭыԥк ахь ауп иахьцо. Зегь анышә иалхын, анышә ахьгьы ихынҳәуеит. 21 Издыруада ауаа рыԥсыԥ хыхь ихалоу-имхалоу, аԥстәқәа рыԥсыԥ ҵаҟа адгьыл ахь илбаауоу-имылбаауоу? 22 Сара избеит ауаҩы изы иџьабаа алагәырӷьара аасҭа еиӷьу ак шыҟам, избанзар уи иара иҳамҭоуп. Изырбар зылшода иара ишьҭахь иҟало?

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра