Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • es26
  • Март

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Март
  • Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Амҽыша, март 1
  • Ашәахьа, март 2
  • Аҩаша, март 3
  • Ахаша, март 4
  • Аԥшьаша, март 5
  • Ахәаша, март 6
  • Асабша, март 7
  • Амҽыша, март 8
  • Ашәахьа, март 9
  • Аҩаша, март 10
  • Ахаша, март 11
  • Аԥшьаша, март 12
  • Ахәаша, март 13
  • Асабша, март 14
  • Амҽыша, март 15
  • Ашәахьа, март 16
  • Аҩаша, март 17
  • Ахаша, март 18
  • Аԥшьаша, март 19
  • Ахәаша, март 20
  • Асабша, март 21
  • Амҽыша, март 22
  • Ашәахьа, март 23
  • Аҩаша, март 24
  • Ахаша, март 25
  • Аԥшьаша, март 26
  • Ахәаша, март 27
  • Асабша, март 28
  • Амҽыша, март 29
  • Ашәахьа, март 30
  • Аҩаша, март 31
Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026
es26

Март

Амҽыша, март 1

Иԥсыз ауаҩы игәнаҳақәа ианажьуп (Рим. 6:7).

Абиблиаҿы иануп зны ииашаз, аха нас ииашақәам уааны иҟалаз рыӡбахә. Иаҳҳәап, аҳ Соломон. Иара Иегова ибзианы дидыруан, насгьы игәы дақәшәо имаҵ иуан, Анцәагьы дизылԥхон. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Соломон амцнцәахәқәа дрымҵахырхәо далагеит. Иара игәнаҳақәа Иегова игәы ԥыржәеит, насгьы уи иусқәа ирылҵшәахаз израильаа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ирныруан (1 Аҳ. 11:5—9; 2 Аҳ. 23:13). Анцәа Иажәаҿы иануп Соломон «дыԥсын... анышә дарҭеит» ҳәа (1 Аҳ. 11:43). Ажәа «дыԥсит» ажәытә уриатә бызшәа аҟынтә еиҭоугозар, иаанагоит «иабацәа рганаҿы диеит». Абиблиаҿы Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа рзгьы убас ҳәоуп, иаҳҳәап, аҳ Давид изы. (Иаҿшәырԥш 1 Аҳ. 2:10, албаага.) Аха иаанагома уи Соломон иԥсы ҭалоит ҳәа? Абиблиаҿы уи анӡам. Аԥсҭалара — ари бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭа ауп. Иегова уи аҳамҭа риҭоит наӡаӡа имаҵ ауразы алшара зиҭарц иҭаху ауаа (Иов 14:13, 14; Иоанн 6:44). Иоуама уи аҳамҭа Соломон? Уи здыруа Иегова иоуп, ҳара иҳаздырӡом. Аха ҳара иаҳдыруеит Иегова иӡбарақәа зегь шиашоу. w24.05 4, абз. 9

Ашәахьа, март 2

Сара уқьалаҿы наӡаӡа ссасызаауеит (Аԥсал. 61:4).

Иегова ҳаԥсҭазаара анизаҳкуа, иқьалаҿы ҳсасцәаны ҳҟалоит. Уа ҳара иаҳзыԥшуп доуҳатә фатәыла ирхиоу астол. Иара убас егьырҭ асасцәа аамҭа рыцыхгара алшара ҳамоуп. Иегова иқьала — иалкаау ҭыԥӡам. Имаҵзуҩцәа ахьыҟоу ауп иқьалагьы ахьыҟоу (Аат. 21:3). Иаҳҳәар ҳалшозеи гәыкала Иегова изиашаз иԥсхьоу имаҵзуҩцәа рзы? Иаҳҳәар ҳалшома дара уажәыгьы Иегова иқьалаҿы исасцәоуп ҳәа? Ааи. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избан акәзар Иегова урҭ ихашҭӡом, иара изы дара рыԥсы ҭоуп. Уи ҳбарҭоуп Иисус иажәақәа рҟынтә: «Аԥсцәа рыԥсы шҭало атәы ҳҳәозар, уи Моисеигьы иҳәеит. Амца зкыз ачықь аӡбахә аниҳәоз, иара Иегова „Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа“ ҳәа изиҳәеит. Иара зыԥсы ҭам Рынцәа иакәӡам, зыԥсы ҭоу Рынцәа иоуп, избанзар иара изы урҭ зегьы рыԥсы ҭоуп» (Лука 20:37, 38). w24.06 3, абз. 6, 7

Аҩаша, март 3

Иегова — сара сымч иоуп, сԥырак иоуп (Аԥсал. 28:7).

Цадок бџьарла деибыҭаны, аибашьрагьы дазхианы Хеврон днеит (1 Аш. 12:38). Иара Давид дидгыланы аибашьреи Израиль аӷацәа рҟынтә ахьчареи дазхиан. Цадок ԥшьаҩыс амаҵ иуан. Убри аҟынтә иҟалап уиаҟара аибашьышьа изымдыруазҭгьы. Аха иара агәымшәара ду илан. Ицхраазеи аԥшьаҩы Цадок агәымшәара аизырҳара? Иара иӷәӷәаз агәымшәара злаз ахацәа ҩызцәас иман. Ҳәара аҭахума, урҭ анырра бзиа ирҭон. Иаҳҳәап, Давид. Иара израильаа аибашьра ианцоз ирхагылаз агәымшәара злаз уаҩын, убри аҟынтә израильаа аҳас дырзыҟаларц рҭаххеит (1 Аш. 11:1, 2). Иаӷацәа данрабашьуаз Давид еснагь Иегова диқәгәыӷуан (Аԥсал. 138:3). Цадок агәымшәара злаз егьырҭ ахацәагьы ҩызцәас иман, иаҳҳәап: Иодаи иԥа Бенаиеи иареи, ажәлар ирхагылаз 22-ҩык егьырҭ ахацәеи (1 Аш. 11:22—25; 12:26—28). Дара гәыкала Давид идгылан. w24.07 3, абз. 5, 6

Ахаша, март 4

Анцәа гәыҭбаарала иааирԥшуа ақьиар[а]... ...зааирԥшуа аҽыриашара дуцхраарц азы шакәу узеилымкааӡои? (Рим. 2:4).

Тарс иатәыз Савл Христос иҵаҩцәа гәымбылџьбарала дрышьҭашәарыцон. Ақьырсианцәа реиҳараҩык уи ахаан иҽиԥсахӡом, насгьы иҟаиҵо дахьхәӡом ҳәа ргәы иаанагозҭгьы ҟаларын. Аха зыԥсы ҭалаз Иисус даҽакала акәын дышхәыцуаз. Иаргьы Иабгьы Савл иҟазшьа бзиақәа рбон. Иисус иҳәеит: «Сара уи ауаҩ далысхит» (Аус. 9:15). Иара Савл иҟаиҵоз ахьхәра дицхраарц азы аџьашьахәгьы ҟаиҵеит (Аус. 7:58—8:3; 9:1—9, 17—20). Савл — ԥыҭрак ашьҭахь апостол Павел ҳәа еицырдыруа иҟалаз — данқьырсианха, Иеговеи Иисуси иара иахь иаадырԥшыз ақьиареи арыцҳашьареи шаҟа ахә ҳаракны ишьо лассы-лассы иҳәон (1 Тим. 1:12—15). Зны Павел иаҳаит коринфтәи аизараҿы ламысдарала зхы мҩаԥызгоз ақьырсиан аизараҿы дшаанрыжьыз, насгьы акгьы шиарымҳәоз. Иҟаиҵеи Павел? Иара урҭ ақьырсианцәа амҩақәҵарақәа риҭеит. Урҭ амҩақәҵарақәа Иегова изкны иаҳдырҵо рацәоуп. Анцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы данахьирхәуа, уи абзиабара аарԥшны иҟаиҵоит, насгьы уи дахьхәуазар, арыцҳашьара ааирԥшуеит. Ҳаргьы арыцҳашьара ааҳарԥшлароуп. w24.08 13, абз. 15, 16

Аԥшьаша, март 5

Анцәа Иԥа дзааз Аџьныш иусқәа хирбгаларц азоуп (1 Иоанн 3:8).

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Иегова хәыҷы-хәыҷла ауаа идеилиркаауан агәнаҳа иаҵоу ауаа изааигәахара шрылшо. Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз аҿагылара ашьҭахь раԥхьаӡа иара иахь ахаҵара аазырԥшыз Адами Евеи аҩбатәи рԥа Авель иоуп. Авель Иегова бзиа дибон, иргәырӷьара дашьҭан, диҩызахаргьы иҭахын. Иара дыхьчаҩын азы, иԥсаса аҟынтә ауасақәа кәырбанс изнеигеит. Игәаԥхама уи Иегова? Ааи. Иара «Авель дизыразхеит, икәырбангьы идикылеит» (Алаг. 4:4). Анаҩс Иегова ус еиԥш иҟаз аҳамҭақәа бзиа дызбоз, насгьы игәра згоз егьырҭ ауаа рҟынтәгьы идикылон. Урҭ ауаа дреиуан Нои (Алаг. 8:20, 21). Иегова ус еиԥш иҟаз аҳамҭақәа ахьидикылоз ала иааирԥшит агәнаҳа иаҵоу ауаа иргәырӷьареи иҩызахареи шрылшо. w24.08 3, абз. 5, 6

Ахәаша, март 6

Сара сшьақәҟьарц ак аасыгымхеит, хәыҷык ауп исыгхаз сшьацәхнысланы скаҳарц (Аԥсал. 73:2).

Аиашамра ахьаа ӷәӷәа ҳзаанагар ауеит, ҳагәгьы канажьыр алшоит (Еккл. 7:7). Иови Аввакуми реиԥш иҟаз, гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаагьы уи аҩыза рхыргахьеит (Иов 6:2, 3; Авв. 1:1—3). Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа џьашьатәӡам, аха ҳгәаҳҽанызароуп, избанзар урҭ ҳиааир, ииашамкәа ак ҟаҳҵар ауеит, уи ала ҳҭагылазаашьагьы еицәаҳтәуеит, ауадаҩрақәагьы цәыраҳгоит. Ииашамкәа иҳазныҟәаз иҟаиҵаз дахьырхәӡам ҳәа ҳгәы иаанагозар, усҟан ҳара ииашаны ҳхы ахьымҩаԥаҳго акгьы аанагаӡом ҳәа ахәыцра ҳалагар ауеит. 73-тәи Аԥсалом зҩыз убасҵәҟьа дхәыцуан. Иара ибон ауаа цәгьақәа иҟарҵалакгьы шауаз, ииашаз ауаа иҽеимкәагьы ишрызныҟәоз (Аԥсал. 73:12). Иибоз даараӡа игәы канажьит, Анцәа имаҵ аура ҵакыс иамои ҳәагьы дхәыцуа далагеит. Иара иҳәеит: «Сара уи еилыскаар сҭахын, уи агәҭынчра сымнахуан» (Аԥсал. 73:14, 16). w24.11 3, абз. 5—7

Асабша, март 7

Хьӡи-ԥшеи ишәҭ Иегова ажәларқәа зегьы, хьӡи-ԥшеи ишәҭ Иегова ихьӡ-иԥшеи имчи рзы (Аԥсал. 96:7).

Ҳара Иегова дҳараҳкуеит, избанзар даараӡа пату иқәаҳҵоит. Ҳара Анцәа пату зызиқәаҳҵо даара ирацәоуп. Иегова Зегьзымчу иоуп — имч ҳәаа амаӡам (Аԥсал. 96:4—7). Анцәа ишамҭақәа зегьы иҟәыӷара рнубаалоит. Иегова аԥсҭазаара ҳаиҭеит, ҳанхаларц азгьы иахәҭоу зегь ҳаиҭеит (Аат. 4:11). Анцәа ижәлар дрызиашоуп (Аат. 15:4). Иара иҟаиҵо зегь бзианы иҟаиҵоит, иажәагьы еснагь инаигӡоит (Иис. Н. 23:14). Иџьашьатәӡам аԥааимбар Иеремиа Иегова изкны абас ахьиҳәаз: «Ажәларқәеи аҳрақәеи зегьы рҿы иҟоу аҟәыӷацәа рыбжьара уара иуеиԥшу аӡәгьы дыҟаӡам» (Иер. 10:6, 7). Ҳара жәҩантәи Ҳаб пату зызиқәаҳҵо мзызқәак роуп еиқәаҳаԥхьаӡаз. Иегова пату иқәаҳҵоит, аха уи адагьы даара бзиа даҳбоит. Уи дзыҳараҳкуа зегь реиҳа ихадоу мзызуп. w25.01 3, абз. 5, 6

Амҽыша, март 8

Ацәгьара ҟазҵо наҟ дшәылыжәга (1 Кор. 5:13).

Анцәа иаӷацәа иорганизациа ацәгьа азырҳәоит. Иаҳҳәап, Абиблиа аҟынтә ҳара иаҳдыруеит Иегова имаҵзуҩцәа цәеижьлеи хымҩаԥгашьалеи ицқьазарц, насгьы иара игәы ишақәшәо еиԥш имҵахырхәаларц шиҭаху. Иара иҳәоит агәнаҳа ҟазҵо, насгьы аҽыԥсахра згәы иҭам ауаа аизараҿы ишзаанымхо (1 Кор. 5:11, 12; 6:9, 10). Ҳара Абиблиаҿы иану уи анапхгара ҳақәныҟәоит. Аха ҳаӷацәа ауаа бзиа иҳамбошәа, насгьы иҳаиԥшым ҳҭахымшәа, ҳрықәыӡбошәа ҳзырҳәоит. Амц иахыҵхырҭоу дызусҭоу еилаҳкаалароуп. Уи Аҩсҭаа Аџьныш иоуп. Абиблиаҿы иара «амц абыс дамоуп» ҳәа изҳәоуп (Иоанн 8:44; Алаг. 3:1—5). Убри аҟынтә Аҩсҭаа Иегова иорганизациа ахьӡ ирџьаларц азы ҳаӷацәа ихы иахьаирхәо џьаҳшьаӡом. w24.04 10, абз. 13, 14

Ашәахьа, март 9

Урҭ наӡоит (Иез. 33:33).

Ишаҳдыруа еиԥш, арыцҳара ду «Вавилон Ду» ақәгарала иалагоит. Убасҟан шьоукы иргәалашәар ҟалоит Иегова ишаҳаҭцәа уи шыҟало рҳәоижьҭеи акыр шыҵуа. Уи Иегова иган аанкылара згәанарԥхо аӡәыр дҟалома? (Аат. 17:5). Иаҳгәалаҳаршәап Моисеи ихаан иҟалаз ахҭысқәа. Израильаа Египет иалҵны ианцоз, еиуеиԥшым ажәларқәа рҟынтә ирацәаҩны ауаа урҭ ирыццеит (Ақәҵ. 12:38). Иҟалап урҭ рҟынтә шьоукы жәа-рыцҳарак ирызкыз Моисеи иажәақәа шынаӡоз анырба, Иегова игәра ргазар. Убас еиԥш Вавилон ду анықәгахалак ашьҭахь уи збо шьоукы Армагеддон алагаанӡа Иегова иган аанкылара рҭаххар, уи ҳгәы канажьуама? Ҳәарада, мап! Ҳара жәҩантәи Ҳаб ҳиеиԥшзарц ҳҭахуп. Иара «згәы ҳалалу, арыцҳашьареи ачҳареи злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, бзиабарала иҭәу Нцәоуп» (Ақәҵ. 34:6). w24.05 11, абз. 12, 13

Аҩаша, март 10

Ахшыҩ зҵоу ажәақәа урықәныҟәала (2 Тим. 1:13).

Иҟалар алшозеи, «ахшыҩ зҵоу ажәақәа рҿырԥшы» ақәныҟәара ҳаҟәыҵыр? Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизараҿы Иегова имш ааихьоушәа уҳәан-сҳәан рылаҵәеит. Уи зыхҟьар алшоз апостол Павел иҟынтә акәушәа ироуз асаламшәҟәы акәзар ауан. Фессалоника инхоз ақьырсианцәа шьоукы аинформациа гәамҭаӡакәа агәра ргеит, уи егьырҭ рзеиҭаҳәарагьы иалагеит. Дара Павел идирҵоз ибзианы еилыркаауазҭгьы, ржьара ус имариахаӡомызт (2 Фес. 2:1—5). Убри аҟынтә Павел урҭ иаараҳауа зегьы агәра рымгаларц реиҳәеит. Имцу аинформациеи ииашоу аинформациеи реиҩдыраара аԥхьаҟа дрыцхраарц азы фессалоникаа ирзиҩыз аҩбатәи исаламшәҟәы абарҭ ажәақәа рыла ихиркәшеит: «Асалам шәысҭоит сара, Павел. Абар уи снапала ианысҵоит. Сара ус сысаламшәҟәқәа зегьы рҿы иҟасҵоит, сара ишызҩыз жәдыруазарц азы» (2 Фес. 3:17). w24.07 12, абз. 13, 14

Ахаша, март 11

Шәара ачҳара шәҭахуп (Аур. 10:36).

Иудеиа инхоз ақьырсианцәа аԥхьаҟа аԥышәарақәа рзыԥшын, убри аҟынтә ачҳара рымазар акәын. Аӡәырҩы иҭынчраз аамҭақәа раан ақьырсианра рыдыркылеит, убри аҟынтә ахаан ашьҭашәарыцарақәа ирықәымшәаӡацызт. Аха уи закәу бзианы издыруазгьы, еиҳа иӷәӷәаз ашьҭашәарыцарақәа рҽырзыҟарҵалар акәын. Апостол Павел иреиҳәеит дара аҵыхәтәанынӡа Анцәа изиашаны иаанхар шрыхәҭоу — иаҭаххар, Христос иеиԥш аԥсрагьы иазхиазароуп (Аур. 12:4). Ақьырсианра здызкылоз ауриацәа рхыԥхьаӡара еиҳахацыԥхьаӡа ауриацәа еиҳагьы рыԥсахы еибакуан. Шықәсқәак раԥхьа 40-ҩык инареиҳаны ауриацәа «ааилацәажәан, Павел даҳшьаанӡа акрышаҳамфо, акрышаҳамжәуа ҳәа аҿаҭахьа рықәырҵеит» (Аус. 22:22; 23:12—14). Абас еиԥш иҟаз ашьҭашәарыцарақәеи ацәымӷрақәеи раан ақьырсианцәа Анцәа имҵахырхәаларц азы анаҩсгьы еизалар акәын, ажәабжь бзиа рҳәалар акәын, насгьы рхаҵара дырӷәӷәалар рыхәҭан. w24.09 11, абз. 15

Аԥшьаша, март 12

Иисус... иан ус леиҳәеит: «Аԥҳәыс, уажәшьҭарнахыс ари быҷкәын иоуп!» (Иоанн 19:26).

Иоанн Иисус Христос иҩыза гәакьа, насгьы иапостол иакәын (Матф. 10:2). Иара Иисус адгьыл аҿы амаҵ иуанаҵы дицын, иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ибон, иуадаҩыз аамҭақәа раангьы дивагылан. Иисус дыкнаҳаны даныршьуаз Иоанн уа дыҟан, иԥсы анҭалагьы дибеит. Уи адагьы, иара ибеит ақьырсианцәа имаҷыз ргәыԥ еизара дуны ишыҟалаз, насгьы ажәабжь бзиа «ажәҩан аҵаҟа ашамҭақәа зегьы» ишрылаҳәаз (Кол. 1:23). Иоанн аԥсҭазаара ду ниҵит. Иԥсҭазаара ахыркәшамҭаз Абиблиа иахәҭакхаз ашәҟәқәа рыҩра аҳаҭыр иаҭәашьан. Иоанн угәы зырхыҭ-хыҭуа «Иисус Христос иҟынтә аатра» иҩит (Аат. 1:1). Уи адагьы, ԥшь-Евангелиек руаки х-саламшәҟәыки иҩит. Ахԥатәи исаламшәҟәы Гаи зыхьӡыз, иԥа иеиԥш бзиа иибоз, Анцәа изиашаз ақьырсиан изиҩит (3 Иоанн 1). Анцәа изиашаз зықәрахь инеихьаз Иоанн ииҩыз иахьа уажәраанӡа Иисус ишьҭанеицәа ҳгәы шьҭнахуеит. w24.11 12, абз. 15, 16

Ахәаша, март 13

Ахацәа... ...аҳәса... ҳаҭыр рықәышәҵала (1 Пиотр 3:7).

Зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа иԥҳәыс лыхә ҳаракны ишьоит, насгьы Иегова иҟынтә иоуз аҳамҭа еиԥш длыхәаԥшуеит (Ажәам. 18:22; 31:10). Иара еснагь иԥҳәыс қьиаралеи патуқәҵаралеи длызныҟәоит, цәеижьла ианеизааигәахогьы, дызцәыԥхашьо, лыпату лазырҟәуа, мамзаргьы лыламыс иаҵанамкуа акгьы лирҟаҵаӡом. Ахаҵа ихаҭагьы уи аганахь ала Иегова иҿаԥхьа иламыс цқьазароуп (Аус. 24:16). Ахацәа, агәра ганы шәыҟаз Иегова шәыԥшәма ажәалеи услеи пату лықәышәҵаларц азы ижәбо аџьабаа шгәеиҭо. Убри аҟынтә лгәы лышәмырхьлан, хаалеи, қьиаралеи, патуқәҵаралеи шәылзыҟаз. Убас бзиа дшыжәбо, лыхәгьы шышәшьо лшәырбоит. Шәыԥшәма ҳаҭыр лықәышәҵалар, Иеговеи шәареи шәеиҩызара бжьышәхӡом (Аԥсал. 25:14). w25.01 13, абз. 17, 18

Асабша, март 14

Христос ихы ҳақәиҵеит... ахақәиҭра ҳаиҭарц азы, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵара зҽазызшәо, ихазы ҷыдала иалихыз ажәлар реиԥш ҳаирыцқьеит (Тит 2:14).

Иегова имаҵзуҩцәа гәацԥыҳәарала ажабжь рҳәоит, уи ала ҳқьырсианцәоуп ҳәа зҳәо егьырҭ ауаа ирылукаауеит. Иҳацхраауазеи ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара амырӡра акәым, уи еиҳагьы аизырҳара? Иисус ажәабжьҳәара ҳазыҟазар шҳахәҭоу аганахь ала аҿырԥшы ҳирбеит. Иара ахаан ажәабжь аҳәара даҟәыҵӡомызт, аамҭа цацыԥхьаӡа уи аус аҿы еиҳагьы аџьабаа ибон. Иара хышықәса рыҩныҵҟа алаҳа ҿаларц азы алаҳаҵла иахылаԥшуаз аӡахәааӡаҩ ихы иҿирԥшит. Иисусгьы хышықәса раҟара ауриацәа ажәабжь рзеиҭеиҳәон, аха урҭ реиҳараҩык иҵаҩцәаны иҟамлаӡеит. Аӡахәааӡаҩ аҵла акгьы ҿалаӡом, акгьы алҵӡом ҳәа игәы каимыжьӡеит. Убас еиԥшҵәҟьа Иисус урҭ ауаа акгьы рылҵӡом ҳәа имԥхьаӡаӡеит, насгьы урҭ аҵара дырҵара даҟәымҵӡеит (Лука 13:6—9). Имҩақәҵарақәа ҳрықәныҟәалар, насгьы иара ҳаиҿыԥшлар, ҳаргьы гәацԥыҳәарала ажәабжь ҳҳәалоит. w25.03 14—15, абз. 1—4

Амҽыша, март 15

Иҟәышу хшыҩла ихы мҩаԥигоит (Ажәам. 13:16).

Иаҳҳәап, шәара аӡәы дышәгәаԥхеит. Иҟашәҵар шәылшои? Абиблиаҿы иануп аҟәышра змоу хшыҩла рхы шымҩаԥырго. Убри аҟынтә аӡәы дшугәаԥхо иоуҳәаанӡа, маҷк уицклаԥшыр бзиоуп. Ауаҩы ибзианы деилукаар уҭахызар, аизараҿы ма иҩызцәа данрыцу ихы шымҩаԥиго уацклаԥшла. Убасҟан идоуҳара, насгьы иҟазшьа зеиԥшроу еилукаар улшоит. Ухы уазҵаа: «Ҩызцәас имада иара? Дызлацәажәои? (Лука 6:45). Еиқәшәома ҳхықәкқәа?» Иара убас иеизара иатәу аизара ахылаԥшыҩцәа ма ибзианы дыздыруа доуҳала ишәу егьырҭ ақьырсианцәа урацәажәар улшоит (Ажәам. 20:18). Уразҵаа закә ҟазшьақәоу илоу, насгьы ауаа рҿаԥхьа имоу ахьӡ зеиԥшроу (Руфь 2:11). Аха ауаҩы деилукаарц азы уаницклаԥшуа, дзырԥхашьаша аҭагылазаашьа дақәумыршәалан, игәы ԥумҵәалан, насгьы ицәаныррақәа урызхәыцла. w24.05 22, абз. 7, 8

Ашәахьа, март 16

Сыгәнаҳа узаасыртит уара (Аԥсал. 32:5).

Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ахаан игәнаҳа дахьхәӡом ҳәа рыԥхьаӡаӡом. Шьоукы акомитети дареи раԥхьатәи реиқәшәара аан иахьхәуеит. Аха шьоукы еиҳаны аамҭа рҭахуп. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа ус еиԥш иҟоу ауаҩы зныкымкәа иқәшәар алшоит. Иҟалап актәи реиқәшәара ашьҭахь агәнаҳа ҟазҵаз ақьырсиан иарҳәаз азхәыцра далагар. Иҟалап ахынраалара аарԥшны Иегова игәнаҳа ианаижьырц диҳәар (Аԥсал. 38:18). Убри аҟынтә анаҩстәи реиқәшәара аан иубарҭахар алшоит ауаҩы зынӡа даҽакала ахәыцра дшалагаз. Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳаҟаҵаҩ ахьхәра ианицхраауа, аилкаареи аразреи аадырԥшуеит. Дара Иегова иҳәоит рџьабаа дазылԥхарц, насгьы игәыӷуеит аиашьа иҟаиҵаз ма аиаҳәшьа иҟалҵаз дазхәыцны дахьхәып ҳәа (2 Тим. 2:25, 26). w24.08 22—23, абз. 12, 13

Аҩаша, март 17

«Сара аӡәгьы иԥсра саргәырӷьаӡом, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ Иегова. — Убри аҟынтә агәнаҳа аҟаҵара шәаҟәыҵны шәынхала» (Иез. 18:32).

Иегова аӡә дҭахар иҭахӡам. Иара иҭахуп агәнаҳаҟаҵаҩцәа инышәарц (2 Кор. 5:20). Убри азоуп даанзыжьуаз имаҵзуҩцәа рыгәнаҳақәа ирыхьхәларц, насгьы иара иахь ихынҳәларц жәытәнатә аахыс изааиԥхьоз. Аизара ахылаԥшыҩцәа зеиԥшыҟам аҳаҭыр раҭәашьоуп — Иегова аус ицуны агәнаҳа ҟазҵаз ахьхәра рыцхраара (Рим. 2:4; 1 Кор. 3:9). Шәхаҿы иаажәг агәнаҳаҟаҵаҩцәа рыгәнаҳақәа ианрыхьхәуа ажәҩанаҿы шаҟа агәырӷьара ыҟоу! Иӡны иҟаз ауаса аизарахь ианыхынҳәлак, Иегова игәы гәырӷьарала иҭәуеит. Жәҩантәи Ҳаб иааирԥшуа арыцҳашьареи ҳзыԥсам ақьиареи ҳанрызхәыцуа, иара иахь ҳабзиабара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Лука 1:78). w24.08 31, абз. 16, 17

Ахаша, март 18

Иисус урҭ мчыла аҳас дҟарҵарц шырҭаху идыруан азы, еиҭа ахәахьы дхалеит, ихала дыҟазарц азы (Иоанн 6:15).

Иисус ауаа мчыла аҳас дҟарҵарц дақәшаҳаҭхазҭгьы, аполитика даланагалон. Аха иара «ахәахьы дхалеит». Ажәлар шиқәыӷәӷәозгьы, Иисус аполитика иҽалаигалаӡомызт. Шаҟа иҿырԥш бзиоузеи уи ҳара ҳзы! Ҳәарада, ҳара жәлар дук џьашьахәыла акрырҿаҳҵарц, иаҳхәышәтәырц ма ҳархагыларц иаҳмыҳәар ҟалап. Аха ауаа рыԥсҭазаара еиӷьыстәуеит ҳәа иқәгыло аӡә изы ҳабжьы ҳҭиирц, ма даҽакала ҳидгыларц ҳадырцалозар алшоит. Аха Иисус уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы даныҟаз, дымлакҩакӡакәа аполитика аҽалархәра мап ацәикит. Иара убас ԥыҭрак ашьҭахь абас иҳәеит: «Саҳра ари адунеи иатәӡам» (Иоанн 17:14; 18:36, албаага). Ҳара Христос ишьҭанеицәа раҳасабала иара еиԥш ҳхәыцлароуп, насгьы ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Убри аҟынтә Анцәа Иаҳра ҳадгылоит, уи аӡбахә ауаа ирзеиҭаҳҳәоит, насгьы уи ааирц Анцәа ҳиҳәоит (Матф. 6:10). w24.12 4, абз. 5, 6

Аԥшьаша, март 19

Сыԥҟарақәа здызкыло, иагьрықәныҟәо сара бзиа сибоит, сара бзиа сызбо Сабгьы уи бзиа дибалоит, саргьы бзиа дызбалоит, сыхгьы изаасыртуеит (Иоанн 14:21).

Абиблиа анҭышәҵаауа еилышәкаауа шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәала. Иаҳҳәап, Иегова шәиҿыԥшны ауаа еилымхӡакәа иашарала шәрызныҟәала. Иисус шәиҿыԥшны жәҩантәи Шәаби ауааи бзиа ижәбала. Иара убас Иегова ииҭаху ҟашәҵала, насгьы егьырҭ ауаа шәрыцхраала, уи анымариамгьы. Уи адагьы, ауаа ирзеиҭашәҳәала Иегова ирзыҟаиҵаз, даргьы аҿыхра хәарҭа алыргарц азы. Аҿыхра иазкны шаҟа еилаҳкаауа аҟара, насгьы уи шаҟа ахә ҳшьо аҟара, убриаҟара Иегова Иԥеи иареи бзиа иаҳбалоит. Убасҟан даргьы еиҳагьы бзиа ҳарбалоит (Иак. 4:8). Убри аҟынтә шәааи аҿыхра иазкны еиҳаны еилаҳкааларц азы Абиблиа ҭаҳҵаалап, насгьы Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа аматериалқәа зегь ҳхы иаҳархәалап. w25.01 25, абз. 16, 17

Ахәаша, март 20

Уара сыгәнаҳақәа зегьы ушьҭахьҟа иуршәит (Ис. 38:17).

Иахьатәи ажәеинраала абас уаԥхьар улшоит: «Сыгәнаҳақәа умбаларц азы иуԥыругеит». Ҳхаҿы абри аҩыза асахьа ааиуеит: Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ауаҩы игәнаҳақәа аашьҭыхны урҭ уаҳа ахаан имбаларц азы наҟ икаижьуеит. Ари аҳәоу абасгьы еиҭоугар алшоит: «Уара сыгәнаҳақәа ыҟамызшәа иқәугеит». Михеи 7:18, 19 аҿгьы уи иеиԥшу азхәыцра аагоуп. Уа иануп Иегова ҳагәнаҳақәа амшын ишҭаижьуа. Ажәытәан амшын акы анҭаҳауаз, уи ахаан ҭгашьа амаӡамызт. Арҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Иегова ианҳанаижьуа, ҳаламыс уаҳа ҳамыргәаҟларц азы ҳагәнаҳақәа шаҳԥыриго. Давид иҳәеит: «Насыԥ рымоуп зыгхақәа занажьу, зыгәнаҳақәа зхыху ауаа» (Рим. 4:7). Убри ауп анажьраҵәҟьа иаанаго! w25.02 9, абз. 7, 8

Асабша, март 21

Шәгәырӷьала, шәгәырӷьала наӡаӡа, сара исшо шәахәаԥшны (Ис. 65:18).

Иахьа адгьыл аҿы џьанаҭ ыҟоуп. Уа миллионҩыла аҭынчра бзиа избо, насгьы аус бзиақәа ҟазҵо ауаа нхоит. Уи џьанаҭ аҿы инхо ауаа еснагь уа иҟазарц рҭахуп. Уи адагьы, дара уахь егьырҭ ауаагьы ааԥхьара рырҭоит. Уи агәашәқәа зегьы рзы иаартуп. Зыӡбахә ҳамоу адоуҳатә џьанаҭ ауп! Иахьа ари адунеи цәымӷралеи гәымбылџьбаралеи иҭәуп (1 Иоанн 5:19; Аат. 12:12). Ишәарҭоу ари адунеи аҿы ишәарҭам аҭыԥ ахьыҟоу џьоумшьар залшом. Бзиа ҳазбо Анцәа уи ишеит, ҳара доуҳала ҳаизҳазыӷьаларц азы. Абиблиаҿы адоуҳатә џьанаҭ «ахыҵакырҭа», насгьы «ӡыла ирԥсаҳәоу абаҳча» ҳәа азҳәоуп (Ис. 4:6; 58:11). Иегова уа инхо ауаа дырзылԥхоит, убри аҟынтә дара ицәгьоу аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ишынхогьы, акгьы иацәшәаӡом (Ис. 54:14; 2 Тим. 3:1). w24.04 20, абз. 1, 2

Амҽыша, март 22

[Анцәа] гәҭыхас ишәымоу зегь аартны изеиҭашәҳәала (Флп. 4:6).

Шәара аҭаацәара шәалаларц шәҭахызар, уи азы Анцәа шәиҳәозар ҟалап. Ҳәарада, Иегова ахатә ҩыза дшышәзиԥшаауа ала ажәа шәимҭаӡеит. Аха иара шәҭахрақәеи шәцәаныррақәеи дреиҷаҳауеит, насгьы ахатә ҩыза иԥшаара дшәыцхраар илшоит. Убри аҟынтә анаҩсгьы шәыгәҭыхақәа, иара убас шәҭахрақәа рыӡбахә изеиҭашәҳәала (Аԥсал. 62:8). Ачҳареи аҟәыӷареи шәиҭарц шәиҳәала (Иак. 1:5). Шәара шәшақәгәыӷуаз еиԥш акәымкәа, еиҳаны аԥшра шәықәшәаргьы, Иегова дшәеиҷаҳалоит, абзиабарагьы азҿлымҳарагьы шәыгижьӡом (Аԥсал. 55:22). Аха шәхы шәацклаԥшла ахатә ҩыза иԥшаара ада уаҳа акы шәазымхәыцуа шәҟамларц азы (Флп. 1:10). Анасыԥҵәҟьа узаазго Иеговеи шәареи ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәа роуп, аҭаацәара уалоу-уаламу акәӡам (Матф. 5:3). Аҭаацәара иалам ақьырсианцәа еиҳа ахақәиҭра рымоуп (1 Кор. 7:32, 33). Уи шәхы иашәырхәала, иаҳҳәап, иҿыцу амаҵзура ахкы аҽалархәразы. w24.05 21, абз. 4; 22, абз. 6

Ашәахьа, март 23

Шәхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы шәрызхәыцла (Флп. 2:4).

Шаҟаамҭа шәеибадырлар акәзеи? Агха шәмыхьырц азы шәмыццакын (Ажәам. 21:5). Ибзиан шәеибадырырц азы ԥыҭк аамҭа шәҭахуп. Аха иаҭахӡамкәа аамҭа шәымгалан. Абиблиаҿы иануп: «Уззыԥшу акыраамҭа ианыҟамло угәы ухьуеит» (Ажәам. 13:12). Иҟарҵар рылшои егьырҭ, ирдыруа шьоукы аибадырра иаҿызар? Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит шьыбжьхьа еицаҳфарц, аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы иҳалатәарц, ма ҳаԥсы еицаҳшьарц ааԥхьара раҳҭар (Рим. 12:13). Урҭ ҭынч еицәажәарц, аха рхала иаанымхарц азы иҟалап џьара ирыццатәызар, машьынала џьара игатәызар, мамзаргьы аҩныҟа ааԥхьара рыҭатәзар (Гал. 6:10). Аиашьеи аиаҳәшьеи шәыгәра ганы џьара шәрыццарц ишәыҳәазар, уи пату ақәышәҵала. Урҭ рхала иаанышәмыжьлан, аха шәаарыдымҵӡо шәрывамгьежьлан, дара ирҭаху акы алацәажәара алшара роурц азы. w24.05 30, абз. 13, 14

Аҩаша, март 24

Сара уи дахьхәырц аамҭа лысҭеит (Аат. 2:21).

Аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы агәнаҳахь дназгаз аилкаара рҽазыршәоит. Избан ақьырсиан доуҳала дзыԥсыҽхаз? Даҟәыҵма еиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьареи ажәабжь аҳәареи? Мамзаргьы гәыкала Анцәа иҳәара даҟәыҵзар? Иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылара даҟәыҵзар? Изыцихигода иаамҭа, насгьы иарбан гәырҿыхагақәоу иалихуа? Ишԥаиныруеи уи аҩыза аиҿцәажәара, насгьы аԥсшьара? Еиликаауама идикылаз аӡбарақәеи ихымҩаԥгашьеи рыла Иаб Иегова игәы шиирхьыз? Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ихәыцны азҵаарақәа анирҭо, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьызхыз, насгьы агәнаҳахь дназгаз азхәыцра ицхраауеит (Ажәам. 20:5). Аха уи ақьиара аарԥшны иҟарҵалар ауп, насгьы акәамаҵамарақәа зегьы реилкаара иашьҭамзар ауп. Иара убас ҿырԥштәыкгьы ааргар рылшоит. Уи агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы шаҟа ииашамкәа ихы мҩаԥигаз аилкаара ицхраар ауеит. Ари зегь абзоурала раԥхьатәи аицәажәараангьы ауаҩы иҟаиҵаз дахьхәыр алшоит. w24.08 22, абз. 9—11

Ахаша, март 25

Сара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы ауаа ирыласҳәароуп, уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз (Лука 4:43).

Иисус гәацԥыҳәарала «Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа» еиҭеиҳәон. Иара идыруан Анцәа адгьыл ахь дзааишьҭыз уи азы шакәыз. Ажәабжьҳәаратә ус Иисус иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадан. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзгьы иара «қалақьи-қыҭеи зегьы дрылсны, ауаа Анцәа иажәа дирҵон» (Лука 13:22). Уи адагьы, Иисус аҵаҩцәа азыҟаиҵон, даргьы иара иеиԥш ажәабжь рҳәаларц азы (Лука 10:1). Иахьагьы ажәабжьҳәаратә ус аасҭа ихадоу аус ыҟаӡам. Иеговеи Иԥеи уи аус наҳагӡаларц рҭахуп (Матф. 24:14; 28:19, 20). Иҳацхраауазеи гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара? Ҳара ауаа Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлароуп. Иара иҭахуп иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа раҳарц, насгьы уи рыдыркыларц (1 Тим. 2:3, 4). Иегова ҟазарыла ажәабжь ҳҳәаларц азы аҵара ҳирҵоит, избанзар иаҳҳәо ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит. Ауаа уажәы Иегова имаҵ аура иаламгаргьы, арыцҳара ду нҵәаанӡа иган аанкылара иахьӡар ауеит. w25.03 15—16, абз. 5—7

Аԥшьаша, март 26

Аԥсшәа иазҳәо уи иус цәгьақәа дрылахәхоит (2 Иоанн 11).

Ҳхы шԥамҩаԥаҳгар акәу, уаҳа аизара иахәҭакым ауаҩы аизарахь дааир? Ақьырсиан Абиблиа ала иааӡоу иламыс ишиҵанаҳәо ала ихы мҩаԥигар илшоит. Шьоукы аԥсшәа иарҳәарц рыӡбар рылшоит, ма жәа ҟәандақәакгьы иарҳәар ауеит. Аха ҳара уи акыраамҭа ҳиацәажәалаӡом, аамҭагьы ицаҳхаҳгалаӡом. Шьоукы абри аҩыза азҵаара рызцәырҵыр алшоит: «Иамҳәаӡои Абиблиа уи аҩыза ауаҩы аԥсшәа иазҳәо ақьырсиан иус цәгьақәа дышрылахәхо?» (2 Иоанн 9—11). Арҭ ажәеинраалақәа рконтекст иаҳнарбоит уа зыӡбахә ҳәоу аҵабырг иацәхьаҵыз, насгьы Абиблиа зқәыӡбо аусқәа егьырҭ дырҟаҵара иашьҭоу ауаа шракәу (Аат. 2:20). Убри аҟынтә ауаҩы аҵабырг иацәхьаҵыз рҵарақәа ма Абиблиа иаҿагыло даҽа ҵарақәак дааҟәымҵӡакәа ауаа ирылаирҵәозар, аизара ахылаԥшыҩцәа уи иҭааӡом. Ҳәарада, уи ауаҩы дахьхәуеит ҳәа ҳгәыӷуеит. Аха дахьхәаанӡа аԥсшәа иаҳҳәалаӡом, аизарақәа рахьгьы дааҳаԥхьалаӡом. w24.08 30—31, абз. 14, 15

Ахәаша, март 27

Рыхшыҩ макьана иаркын (Марк 6:52).

Иисус ауаа рацәа акранырҿеиҵа, иҵаҩцәа анышь иақәтәаны Капернаумҟа ихынҳәырц реиҳәеит, ихаҭа аҳас дҟазҵарц зҭахыз ауаа ааныжьны ашьха дхалеит (Иоанн 6:16—20). Апостолцәа амшын ианхыз, афырҭын алагеит. Аԥшацәгьа анышь кыднаҟьон, ацәқәырԥа дуқәагьы ҭаҽҽон. Ус аҵаҩцәа Иисус аӡы дықәгыланы дшаауаз рбеит. Иисус Пиотргьы аӡы дықәгыланы иара иахь днеирц иеиҳәеит (Матф. 14:22—31). Иисус анышь данҭала, аԥшагьы еиқәтәеит. Убасҟан иҵаҩцәа ус иарҳәеит: «Уара Анцәа Иԥа уакәҵәҟьоуп» (Матф. 14:33). Иџьоушьартә иҟоуп, аха дара уи абыржәоуп ианеилыркаа, Иисус уи аԥхьагьы аџьашьахәы ҟаҵаны ауаа рацәа акрышырҿеиҵазгьы. Марк ари ахҭыс анеиҭеиҳәоз, ихадоу ак азгәеиҭеит: «Аҵаҩцәа шанханы иҟан, избанзар џьашьахәыла ача иазиуз ҵакыс иамаз рзеилымкааӡеит» (Марк 6:50—52). Дара ирзеилкааӡомызт Иисус ари аџьашьахәгьы, зықьҩыла ауаа акранырҿеиҵаз иҟаиҵаз аџьашьахәгьы Иегова имч ала ишыҟаиҵаз. w24.12 5, абз. 7

Асабша, март 28

[Анцәа] иҭахуп еиуеиԥшым ауаа аҵабырг еилыркаарц, насгьы еиқәхарц (1 Тим. 2:4).

Аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо Иегова иҳарбар ҳалшоит Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш аҽны, уи аԥхьа, насгьы уи ашьҭахь иҟаҳҵо ала. Ҳәарада, ҳара Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳаҭаарц ҳгәы иҭоуп. Уи адагьы, егьырҭгьы уи аиԥылара аӡбахә рзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. Ааԥхьара зышәҭо ауаа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара шымҩаԥысуа реилшәыркаа. Иаҳҳәап, асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭақәа «Избан Иисус дзыԥсыз?», насгьы «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара» дшәырба. Ҳәарада, аизара ахылаԥшыҩцәа аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааԥхьара рырҭарц рҽазыршәоит. Шәхаҿы иаажәг, Иегова ицәыӡыз иуасақәа аизарахь ихынҳәыр, ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы шаҟа агәырӷьара ҟало! (Лука 15:4—7). Шәааи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ҳаннеилак, ҳара-ҳара аԥсшәа шеибаҳҳәо еиԥш, раԥхьаӡакәны иааизгьы, акыршықәса имааицызгьы аԥсшәа раҳҳәап. Ҳара иаҳҭахуп зегьы ҳашреигәырӷьо дҳарбар (Рим. 12:13). w25.01 29, абз. 15

Амҽыша, март 29

Анцәа иареи ҳареи ҳаиниршәарц азы Иԥа кәырбанс дааишьҭит. Иара уи зыҟаиҵаз... бзиа ҳахьибаз азоуп (1 Иоанн 4:10).

Ааи, аҿыхра Иегова аиашара шилоу ҳаилнаркаауеит. Аха еиҳарак уи иҳаилнаркаауеит Иегова ибзиабара шаҟа иӷәӷәоу (Иоанн 3:16; 1 Иоанн 4:9, 10). Иегова иҭахуп наӡаӡа ҳанхаларц, насгьы иҭаацәара ҳахәҭакны ҳҟаларц. Шәазхәыц, Адам агәнаҳа аныҟаиҵа, Иегова уи иҭаацәара аҟынтә ддәылицеит. Убри аҟынтә ауаатәыҩса рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы Анцәа иҭаацәараҿы диӡом. Аха аҿыхра шьаҭас иҟаҵаны Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Уи абзоурала Анцәа дхазҵо, насгьы изыӡырҩуа ауаа ҽнак зны иҭаацәара иахәҭакны иҟалоит. Иара уажәгьы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазар алшоит. Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп. Шаҟа бзиа ҳаибозеи Иегова! (Рим. 5:10, 11). w25.01 21, абз. 6

Абиблиа аԥхьара: (ҽынла: нисан 9 рзы иҟаз ахҭысқәа) Иоанн 12:12—19; Марк 11:1—11

Ашәахьа, март 30

Убасала [Анцәа] бзиа ҳшибо ааирԥшит (1 Иоанн 4:9).

Иегова зыхә ҳараку аҳамҭа ҳзыҟаиҵеит — агәнаҳа аҟынтә ҳҿихит (2 Кор. 9:15). Иара Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит, уи иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Уи абзоурала Иегова ҳаиҩызахар ҳалшоит. Уи адагьы, уи абзоурала наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳауит. Иегова даара бзиа ҳаибоит, убри азоуп агәнаҳа аҟынтә ҳазҿихыз (Рим. 5:8). Иеговеи Иԥеи иаҳзыҟарҵаз ҳхаҳмыршҭларц, насгьы еснагь ахә ҳаракны иаҳшьаларц азы Иисус есышықәса иԥсра амш ҳгәалаҳаршәаларц иҳәеит (Лука 22:19, 20). 2026 шықәсазы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш аԥшьаша, апрель 2 рзы имҩаԥысуеит. Ҳәарада, ҳара зегьы уахь ҳнеирц ҳгәы иҭоуп. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа мчыбжьқәак шагу, насгьы уи ашьҭахь Иегова Иԥеи иареи иаҳзыҟарҵаз ҳазхәыцлар бзиоуп. w25.01 20, абз. 1, 2

Абиблиа аԥхьара: (ҽынла: нисан 10 рзы иҟаз ахҭысқәа) Иоанн 12:20—50

Аҩаша, март 31

Иалшәх амҩақәҵара, араӡны акәымкәа, иалшәх адырра, иреиӷьу ахьы аҭыԥан (Ажәам. 8:10).

Иеговеи Христос Иисуси иаҳзыҟарҵаз ҳазхәыцлар, шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳарбо еиҳагьы еилаҳкаауеит. Иаҳҳәап, ишәылшома ари ашықәс азы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа, иара убас уи ашьҭахь шәыхшыҩ азышьҭны акык-ҩбак Евангелиа шәрыԥхьарц азы аамҭа алышәхыр? Зегь зныкала саԥхьоит ҳәа шәаламган. Еиҳа еиӷьхоит шәмыццакӡакәа шәаԥхьар, насгьы Иеговеи Иисуси бзиа изыжәбо аилкаара хықәкыс иқәшәыргылар. Шәара аӡы шәыҽӡаашәхижьҭеи акыршықәса ҵуазар, Анцәа аиашара шилоу, ибзиабара, насгьы аҿыхра реиԥш иҟоу атемақәа ибзиаӡаны ижәдыруеит ҳәа шәгәы иаанагозар ауеит. Аха аиаша ҳҳәозар, урҭ атемақәа шаҟантә иҭуҵаауазаалакгьы еснагь иҿыцу ак уԥшаауеит! Убри аҟынтә ҳпубликациақәа ҭышәҵаа. Уа шәара ишәыԥшаауеит зыхә ҳараку аинформациа рацәаны. w25.01 24—25, абз. 13—15

Абиблиа аԥхьара: (ҽынла: нисан 11 рзы иҟаз ахҭысқәа) Лука 21:1—36

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра