Ииун
Ашәахьа, ииун 1
Избанзар уара, Иегова, уқьиоуп, насгьы анажьра уазхиоуп (Аԥсал. 86:5).
Аҿыхра иахьа уажәнатә хәарҭас иаҳзаанаго рацәоуп. Иаҳҳәап, уи абзоурала Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Иара уи уалны идӡам, аха уи гәык-ԥсыкала иҭахуп (Аԥсал. 103:3, 10—13). Иегова ауаа рыгәнаҳақәа ранаижьуеит. Аха шьоукы ргәы иаанагоит дара уи иаԥсаӡам ҳәа. Аиаша уҳәозар, уи иаԥсоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Апостол Павел иҳәеит «апостол ҳәа сзуҳәартә еиԥшгьы сыҟам» ҳәа. Аха нас иациҵеит: «Анцәа иааирԥшыз сзыԥсам ақьиара абзоурала сара сапостолуп» (1 Кор. 15:9, 10). Ҳара ҳагәнаҳақәа ҳанрыхьхәуа, Иегова иҳанаижьуеит. Избан? Уи ҳахьаԥсоу азы акәӡам, аха бзиа ҳахьибо азоуп. Шәара акгьы шәаԥсаӡам ҳәа шәгәы иаанагозар, ишәхашәмыршҭлан: Иегова иҿихыз инаӡоу ауаа ракәӡам, аха зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа агәнаҳаҟаҵаҩцәа роуп (Лука 5:32; 1 Тим. 1:15). w25.01 26—27, абз. 3, 4
Аҩаша, ииун 2
Ауаҩ қьиа иқьиара ихаҭа ахәарҭа изаанагоит, згәыжәла цәгьоу ихы арыцҳара иақәиршәоит (Ажәам. 11:17).
Ҳара ауаа ирҳәои ируеи аконтроль ҳзаҭаӡом, аха ҳхы шымҩаԥаҳго ҳацклаԥшлар ҳалшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы игха ианаҳажьыр зегьы иреиӷьуп. Избан? Избанзар ҳара Иегова бзиа даҳбоит, иара иҭахуп ауаа рыгхақәа ранаҳажьларц. Ҳара ҳгәыԥжәара ҳхымԥсаауазар, насгьы ауаа рыгхақәа ранаҳмыжьуазар, уи иакәым ак ҳнарҟаҵар алшоит, ҳгәабзиарагьы иаԥырхагахар ауеит (Ажәам. 14:17, 29, 30). Ҳгәалақәа анҳхаҳаршҭуа, уи аԥырхага ҳзаанагартә алҳаршаӡом. Убас ҳара иаҳзеиӷьу ҟаҳҵоит: уаанӡатәи ҳхаршҭны ԥхьаҟа ҳцоит, насгьы аԥсҭазаара дырҩегь ҳалагәырӷьоит. Иҳацхраауеи ҳхьаа артәара? Маҷк шәааԥшы. Шәазхәыц: ааха зауз ауаҩы иҽихәышәтәырц, насгьы дшьақәгыларц азы аамҭа иҭахуп. Аемоциатә ааха зауз рзгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Шәшьақәгыларц азы шәхы аамҭа ашәҭ. Убасҟан шәзыргәааз гәыкала ианажьра еиҳа ишәзымариахоит (Еккл. 3:3; 1 Пиотр 1:22). Иегова шәзыргәааз ауаҩы ианажьра дшәыцхраарц шәиҳәала. w25.02 15—17, абз. 8—11
Ахаша, ииун 3
Икьакьоу афатә афара зылшо доуҳала ишәхьоу роуп (Аур. 5:14).
Ихадоу ақьырсиантә ҵарақәа рахь иаҵанакуеит, иаҳҳәап, ахьхәра, ахаҵара, аӡӡаахра, насгьы аԥсҭалара (Аур. 6:1, 2). Ақьырсианра урҭ аҵарақәа шьаҭас иамоуп. Убри азоуп апостол Пиотр Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны ажәабжь аниҳәоз, урҭ аҵарақәа рыӡбахә зиҳәоз (Аус. 2:32—35, 38). Христос иҵаҩцәа ҳакәны ҳҟаларц азы ҳара ихадоу урҭ аҵарақәа рыгәра ҳгароуп. Иаҳҳәап, Павел еилыкка иаҳирбеит аԥсҭалара агәра ҳамгозар, ииашаҵәҟьоу қьырсианцәаны ҳашзыҟамло (1 Кор. 15:12—14). Аха ихадоу аҵарақәа ирызку адыррақәа анҳаулак, уа ҳаанымгылароуп. Икьакьоу адоуҳатә фатә аԥхьанатә иҳауз аҵарақәа иреиԥшӡам. Уи Иегова изакәанқәа рыдагьы, иара дышхәыцуа аилкаара иҳацхраауа апринципқәагьы аҵанакуеит. Уи афатә ахәарҭа ҳзаанагаларц азы Абиблиа ҭҵаалатәуп, ҳзыԥхьо иазхәыцлатәуп, насгьы еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҵалатәуп. Убасҟан Иегова дзыргәырӷьало аӡбарақәа рыдкылашьа ҳҵоит. w24.04 4—5, абз. 12, 13
Аԥшьаша, ииун 4
Ниневиа инхоз ауаа аӡбара аан... [игылоит] (Матф. 12:41).
Анцәа Иона игәалаиршәеит Ниневиа инхоз ауаа ацәгьеи-абзиеи шырзеиҩымдыраауаз (Иона 1:1, 2; 3:10; 4:9—11). Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус уи ахҭыс аӡбахә иҳәеит, Иегова аиашареи арыцҳашьареи шилоу ауаа идеилиркаарц азы. Аӡбараан Ниневиа иатәыз ауаа рыԥсы ҭалоит. Иарбан аамҭоу уи? Иисус иҳәон аԥхьаҟа зус ӡбахо ауаа ҟалоит ҳәа (Иоанн 5:29). Иара зыӡбахә имаз «ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы» рыԥсы анҭало Зқьышықәсатәи анапхгара аамҭа акәын (Аус. 24:15). Ииашақәам ауаа «рус ӡбахоит». Уи иаанагоит дара еилыркаауа рхы иадырхәалоу-иадмырхәалоу рбарц азы Иеговеи Иисуси урҭ ишрыцклаԥшло. Ниневиа иатәыз зыԥсы ҭалаз аӡәы Иегова имҵахырхәара мап ацәикыр, Иегова уи диқәыӡбоит, наӡаӡа анхарагьы алшара ииҭаӡом (Ис. 65:20). Аха ицқьоу амҵахырхәараҿы ҳара иҳавагыло зегьы наӡаӡа анхара алшара роуеит! (Дан. 12:2). w24.05 5, абз. 13, 14
Ахәаша, ииун 5
Ауаҩытәыҩса Иԥа дзааз, иӡны иҟаз ԥшааны, еиқәирхарц азоуп (Лука 19:10).
Иисус ихатә ҿырԥшала иааирԥшит Иаб шаҟа арыцҳашьара илоу (Иоанн 14:9). Анцәа Иԥа иажәақәеи иусқәеи еилыкка иаадырԥшуан арыцҳашьара злоу Иаб шаҟа ауаа бзиа ибо, насгьы дарбанзаалак ауаҩы агәнаҳа аҿаԥхьа аиааира агара дицхраарц шиҭаху. Иисус абас ауаа дахьырзыҟаз аҽыԥсахреи ишьҭанеиреи ргәанарԥхон (Лука 5:27, 28). Иисус аԥхьаҟа изыԥшыз идыруан. Зныкымкәа иҵаҩцәа иреиҳәахьан дшырҭиуа, насгьы ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа (Матф. 17:22; 20:18, 19). Иара идыруан иԥсхҭынҵара адунеи агәнаҳақәа рҵыхәтәа шыԥнаҵәо. Уи адагьы, Иисус идирҵон иԥсҭазаара ауаа ианрыхҭниҵалак, «еиуеиԥшым ауаа» шидиԥхьало (Иоанн 12:32). Агәнаҳа иаҵоу ауаа Иисус иахь ахаҵара аарԥшны ишьҭра иқәлар, Иегова ддыргәырӷьалоит. Убасҟан дара «агәнаҳа аҟынтә» рхы иақәиҭхоит (Рим. 6:14, 18, 22; Иоанн 8:32). Убри аҟынтә Иисус дымлакҩакӡакәа агәымшәара аарԥшны аԥсра цәгьа даԥылеит (Иоанн 10:17, 18). w24.08 5, абз. 11, 12
Асабша, ииун 6
Раԥхьа ажәларқәа зегь ажәабжь бзиа рылаҳәахар ауп (Марк 13:10).
Шәааи Анцәа Иажәа иану аҵабырг раԥхьаӡа ианҳаҳа ҳгәалаҳаршәап. Ҳара еилаҳкааит жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳшибо, насгьы иҭаацәара ҳахәҭакхарц шиҭаху. Еилаҳкааит ахьааи агәаҟрақәеи рҵыхәтәа шԥиҵәо. Иара убас бзиа иаҳбоз ауаа адунеи ҿыц аҿы рыԥсы анҭало ишаҳбо агәыӷра ҳауит (Марк 10:29, 30; Иоанн 5:28, 29; Рим. 8:38, 39; Аат. 21:3, 4). Ари зегьы ҳгәы арԥхеит (Лука 24:32). Ҳара Анцәа Иажәа иану аҵабырг бзиа иаҳбеит, убри аҟынтә уи егьырҭгьы ирзеиҭаҳҳәар ҳҭаххеит! (Иаҿшәырԥш Иеремиа 20:9.) Ҳгәаҿы абиблиатә ҵабырг ахь абзиабара ыҟазар, ҿымҭкәа ҳазтәаӡом (Лука 6:45). Ҳара актәи ашәышықәсазы Иисус иҵаҩцәа реиԥш ҳхы ҳбоит. Дара ирҳәеит: «Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам» (Аус. 4:20). Ҳара аҵабырг даараӡа бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа уи рзеиҭаҳҳәар ҳҭахуп. w24.05 15, абз. 5; 16, абз. 7
Амҽыша, ииун 7
Шәгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ жәула» (Аԥсал. 100:2).
Иегова имаҵзуҩцәа жәҩантәи Раб бзиа дырбоит, насгьы иӡбахә ауаа ирзеиҭарҳәалар рҭахуп. Егьырҭ ажәабжьҳәаратә маҵзура уиаҟара бзиа ирбаӡом. Избан? Шьоукы аԥхашьара рылоуп, насгьы ишәоит. Даҽа шьоукы ааԥхьара рызымҭаз ауаа рахь анеира иацәыԥхашьоит. Шьоукы ирзымӡырҩыр ма ирацәҳар ҳәа ишәоит. Иҟоуп адинхаҵара иадҳәалоу зҵаарак шьҭыхны ажәа рымакра иалагар ҳәа ишәогьы. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы ирзымдыруа ауаа Абиблиа аӡбахә рзеиҭаҳәара рцәыцәгьоуп. Шәара мчыла ажәабжьҳәара шәанцо ҟалалома? Ааи акәзар, шәгәы кашәмыжьын. Шәара ахынраалара ахьшәылоу азы акәзар ауеит шәзыԥхашьаҩу. Ҳәарада, иануацәҳауа ма ианузымӡырҩуа, уи угәы иахәо ак акәӡам, еиҳараӡак ибзиоу акы ауаа рзеиҭаҳәара уҭахызар. Жәҩантәи Шәаб идыруеит ишәхыжәго ауадаҩрақәа, дышшәыцхраауагьы ажәа шәиҭоит (Ис. 41:13). w24.04 14, абз. 1, 2
Ашәахьа, ииун 8
Ахынраалара злоу аҟәыӷара рыцуп (Ажәам. 11:2).
Абиблиа шәанаԥхьо, шәзыԥхьаз зегьы знык ала схы иасырхәоит ҳәа шәаламган. Ишәылшо дырны, амцхә ахықәкқәа ықәшәмыргылан. Иаҳҳәап, абас ҟашәҵа: аус здыжәулар шәҭаху аҟазшьақәа рсиа шьақәыргыланы, акы-ҩба пункт алшәх, егьырҭ даҽазназы иншәыжь. Шәызлалагар шәылшои? Шәара ишәылшоит зегь раасҭа имариоу ма еиҳа аус зыдулатәу ахықәкы ала шәалагар. Ахықәкы аналшәхлак, ҳпубликациақәа рыла аҭҵаара мҩаԥыжәга. Шәхықәкы Иегова изеиҭашәҳәа, насгьы «агәаҳәареи амчи [шәиҭарц]» шәиҳәала (Флп. 2:13). Анаҩс еилышәкааз шәхы иашәырхәала. Иқәшәыргылаз ахықәкы анагӡараҿы ақәҿиара шшәымоу аныжәбалак, иҟалап даҽа хықәкык ацышәҵарц шәҭаххар. Аҽыԥсахра, мамзаргьы қьырсиантә ҟазшьак аизырҳара шшәылшаз аныжәбалак, уи анаҩсгьы шәхы аус адулара шәгәазҭанаҵоит. Уажәшьҭа уи еиҳагьы ишәзымариахар алшоит. w24.09 6, абз. 13, 14
Аҩаша, ииун 9
Убасала ари азҵаараҿы зегь рыла шәшыцқьоу аашәырԥшит (2 Кор. 7:11).
Иҟалап анкьа зны аӡәы игәы ахьишәырхьыз азы шәгәы ҭынчымзар. Иҟаҵатәузеи усҟан? Шәыгха ариашара шәҽазышәшәа. Иаҳҳәап, гәыкала аҭамзаара шьҭашәҵа. Иегова шәиҳәала шәҵыхәала агәаҟра иақәшәаз ргәы ирҭынчырц. Анцәа даргьы шәаргьы дшәыцхраар илшоит, агәҭынчра аиуреи анаҩсгьы имаҵ ауреи. Шәыгхақәа ахәарҭа рылыжәгала, насгьы Иегова иҟынтә ишәоуа анапхгара ақәныҟәара шәазхиаз. Дышәгәалашәыршәа аԥааимбар Иона. Анцәа Иона Ниневиаҟа дцарц иеиҳәеит, аха иара дааҳәны зынӡа даҽаџьара дцеит. Иегова Иона агха шихьыз аилкаареи уи ахәарҭа алгареи дицхрааит (Иона 1:1—4, 15—17; 2:7—10). Иара иԥааимбар акгьы даԥсаӡам ҳәа имԥхьаӡаӡеит. Анцәа даҽазнык уи адҵа ииҭеит. Ионагьы иаразнак Анцәа иеиҳәаз ҟаиҵеит. Иона иҟаиҵаз агха дшахьхәызгьы, игәы казыжьуаз ацәаныррақәа иҽримҭаӡеит, насгьы урҭ Иегова иҟынтә ҿыц иоуз адҵа анагӡара иԥырхагахартә имуӡеит (Иона 3:1—3). w24.10 8—9, абз. 10, 11
Ахаша, ииун 10
Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, шәҽышәыԥсах, шәыгәнаҳақәа шәанажьхарц азы, Иегова аҭынчра шәиҭарц азы (Аус. 3:19).
Иегова ҳуалқәа, мамзаргьы ҳагәнаҳақәа, ҳхыхра адагьы, урҭ анихуеит. Шәхаҿы иаажәг зуал шәықәу ауаҩы шәуал ахьану абӷьыц аашьҭыхны уи шиҵәаӷәо. Аха ииҵәаӷәаз уеизгьы иубарҭоуп. Акы ананырхуа атәы ҳҳәозар, уи даҽакуп. Иаҳгәалаҳаршәап ажәытәан ачернила злырхуаз. Уи аҷышәи, асмолеи, аӡи еилаҵаны иҟарҵон. Убри аҟынтә агубка ырбааӡаны ианырҵаз анырхыр рылшон. Уи ашьҭахь уа ианыз уаҳа аӡәгьы ибаӡомызт. Ауал убас иананырхуаз, уи ахаан иҟамызшәа ианыҵуан. Убас еиԥш Иегова ҳагәнаҳақәа ҳхыхра адагьы, урҭ ыҟамызшәа ианихуеит. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи ари! (Аԥсал. 51:9). w25.02 10, абз. 11
Аԥшьаша, ииун 11
Аԥырқьҳәа умыҵҟьалан, ацәгьара ҟаумҵарц азы (Аԥсал. 37:8).
Иҽеимкәа ианҳазныҟәо ма иҽеимкәа ианҳазхәыцуа, Иегова ҳиқәгәыӷуеит. Ҳара иаҳдыруеит иара зегь шибо. Агәра ганы ҳаҟоуп ианаамҭоу зегьы аҭыԥ ишықәиҵо, уи аиашамра ахгара иҳацхраауеит. Иегова ҳиқәгәыӷны зегьы инапы иананаҳҵо, ҳгәы ԥаҳжәалаӡом, ауаагьы ҳцәымыӷхаӡом. Ус ҟаҳамҵар, иҽеим ацәаныррақәа иҽеим аусқәа рахь ҳнаргоит, агәырӷьара ҳамырхуеит, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәагьы бжьырхуеит. Ҳәарада, макьана ҳара ишахәҭоу еиԥш Иисус ҳзиҿыԥшӡом. Зны-зынла аамҭак ашьҭахь ҳзыхьхәуа ак ҳҳәоит ма иҟаҳҵоит (Иак. 3:2). Зны-зынла ҳхаҭагьы аиашамра ҳақәшәоит. Уи иахҟьаны адунеи ҿыц аиаанӡа ҳгәы ҳахьлар ауеит. Уи аҩыза шәақәшәазар, агәра ганы шәыҟаз Иегова шәызҭагылоу шидыруа. Акгьы ихараӡамкәа агәаҟрақәа ирықәшәоз Иԥагьы ибзиан шәеиликаауеит (Аур. 4:15, 16). Шаҟа ҳаигәырӷьоузеи Иегова аиашамра ҳанақәшәо иҳацхраауа алабжьара бзиақәа Абиблиа ала иахьҳаиҭаз. w24.11 6, абз. 12, 13
Ахәаша, ииун 12
Анцәа иҭахуп иааишьҭыз игәра жәгаларц (Иоанн 6:29).
Наӡаӡатәи аԥсҭазаара уоурц азы Иисус игәра галатәуп (Иоанн 3:16—18; 17:3). Ажәакала, Иисус ауриацәа иреиҳәеит Анцәа дара рҟынтә дыззыԥшыз. Аха дара ииҳәоз раҳаӡомызт. Дара ус иҵааит: «Иарбан џьашьахәу иаҳурбо, угәра ҳгарц азы?» (Иоанн 6:30). Урҭ ирҳәеит Моисеи ихаан Анцәа чаҵас ирфоз аманна есыҽны ишриҭоз (Неем. 9:15; Аԥсал. 78:24, 25; Иоанн 6:31). Ишаҳбо еиԥш, дара зызхәыцуаз ача абаҳаури ҳәа мацара акәын. Иисус «ажәҩан аҟынтә ииашаҵәҟьоу ача» аӡбахә аниҳәа, уи закәузеи ҳәа иагьымҵааӡеит, уи аманна аасҭа ишеиӷьызгьы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара рызҭоз шакәызгьы (Иоанн 6:32). Дара убриаҟара афатә иазхәыцуан, Иисус иреилиркаарц ииҭахыз ихадаз адоуҳатә зхәыцрақәа раҩрыжьит. w24.12 5—6, абз. 10, 11
Асабша, ииун 13
Зегь зыргылаз Анцәа иоуп (Аур. 3:4).
Ашкол аҿы шәхәыҷы еиликаауеит аԥсабараҿы егьырҭ иԥшӡоу асахьақәагьы шыҟоу. Иаҳҳәап, асы анауа илеиуа ацырақәа зегьы афрактал ҳәа изышьҭоу аформа рымоуп. Аха уи аҩыза аформақәа рыла ишьақәгылоу асцырақәа рымацара ракәӡам. Изхәыцда урҭ аформақәа зегьы? Шәхәыҷы ас еиԥш иҟоу иҵаулоу азҵаарақәа дрызхәыцлар, иааҳакәыршаны иҟоу зегьы зшаз Анцәа шиакәу еиликаар ауеит. Шәхәыҷы ианизҳалак, ус шәиазҵаар шәылшоит: «Анцәа ҳаишазар, агәырӷьара ҳамазарц азы ҳшынхалаша шаҳирҵо агәра ганы ҳаҟазар ҳалымшаӡои?» Анаҩс уи Абиблиа ала ишаҳирҵо иеилшәыркаар ауеит. w24.12 16, абз. 8
Амҽыша, ииун 14
Сара исаҳаит шәара шәҟны аӡәы иаб иԥҳәыс дышлыцынхо, уи аҩыза амаҳагьара Анцәа дхазымҵогьы иҟарҵаӡом (1 Кор. 5:1).
Апостол Павел иԥшьоу адоуҳала ииҩыз асаламшәҟәаҿы ианын зыгәнаҳақәа ирхьымхәыз ауаҩы дрылыргарц (1 Кор. 5:13). Ишԥаизныҟәар рыхәҭаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ауаҩы? Павел иҩит уи уаҳа ицымзарц. Иаанагози уи? Дара ус еиԥш иҟоу ауаҩы идтәаланы акрыицфараҵәҟьагьы рыхәҭаӡамызт (1 Кор. 5:11). Ҳара аӡәы ҳидтәаланы акраницаҳфо, ҿымҭӡакәа ҳтәаӡом, хаала ҳаицәажәоит, ԥыҭрак ашьҭахьгьы еиҳаны аамҭа аицыхгара ҳалагар ҳалшоит. Ус анакәха, Павел ииҳәарц ииҭахыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ус еиԥш иҟоу ауаҩы аамҭа ицырхырымгаларц ауп. Уи аизара ишәарҭаз анырра аҟынтә иахьчон (1 Кор. 5:5—7). Уи адагьы, ауаҩы Иегова шаҟа игәы иирхьыз иеилнаркаауан, насгьы ихымҩаԥгашьа дацәыԥхашьаны дахьхәыр алшон. w24.08 15, абз. 4, 5
Ашәахьа, ииун 15
Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит (Иоанн 3:16).
Есышықәса израильаа Агәнаҳақәа рхыхра амш азгәарҭон. Уи амш азы аԥшьаҩ хада аԥстәқәа кәырбанс инеигон. Ҳәарада, урҭ акәырбанқәа инагӡаны ауаа рыгәнаҳақәа рыхнахӡомызт, избанзар ауаҩы ихәи аԥстәы ахәи еиҟараӡам. Аха израильаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәны Иегова ишиҭахыз еиԥш акәырбанқәа аннаргоз, иара рыгәнаҳақәа ранаижьуан (Аур. 10:1—4). Урҭ акәырбанқәа израильаа иргәаладыршәон агәнаҳа ишаҵоу. Иҟаиҵеи Иегова ауаатәыҩса рыгәнаҳақәа инагӡаны ихиҩырц азы? Иара бзиа иибоз Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит, уи «знык ауп ихы кәырбанс иахьнеигаз, ирацәаҩны ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы» (Аур. 9:28). Иисус ирацәаҩны ауаа иԥсы рыхҭынҵаны иҿихит (Матф. 20:28). w25.02 4, абз. 9, 10
Аҩаша, ииун 16
Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы (Матф. 26:41).
Иисус иҳәеит: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Матф. 26:41б). Ииҳәарц ииҭахызи иара? Иисус еиликаауан ауаа шынаӡам, насгьы агхақәа рыхьлар шалшо. Иара убас арҭ ажәақәа рыла иҵаҩцәа рхы иақәымгәыӷларц ргәырҽаниҵар иҭахын. Сааҭқәак раԥхьа апостолцәа Ирықәиҭу ахаан дшаанырмыжьуа рҳәеит (Матф. 26:35). Дара уи гәыкала ирҳәон, убас иҟаларгьы рҭахын. Аха дара рхаҿгьы ирзаагомызт астресс узцәырызго аҭагылазаашьаҿы зынӡа даҽакала рхы шымҩаԥыргоз. Убри азоуп Иисус иахьатәи ажәеинраалаҿы иаагоу ажәақәа зреиҳәаз. Рыцҳарас иҟалаз Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз иазымӡырҩӡеит. Рхы шԥамҩаԥыргеи Рырҵаҩы дыкны данырга? Уаанӡа ишырҳәахьаз еиԥш даанмыжьӡакәа ицызма? Мап, дара рхаҭақәагьы зқәымгәыӷуаз ҟарҵеит: ишәан, ибналеит (Матф. 26:56). w24.07 14, абз. 1, 2
Ахаша, ииун 17
Иԥа ҳара ҳзы данԥсы, Анцәеи ҳареи ҳаинышәеит (Рим. 5:10).
Адами Евеи Раб Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭартәит. Адами Евеи Анцәа ихәыҷқәа ракәын (Лука 3:38). Аха иҳәатәы ианахыԥа, иаӷацәа ракәхеит. Убри аҟынтә Анцәа иҭаацәара иахәҭакны иаанхартә имуӡеит. Иҟарҵаз иахҟьаны ирхылҵыз зегьы, ҳаргьы уахь ҳналаҵаны, агәнаҳа иаҵалеит (Алаг. 3:23, 24; 4:1). Убри аҟынтә ҳара Анцәа ҳаинышәар ауп (Рим. 5:10, 11). Еилыркаагатә усумҭак аҿы абырзен ажәа «аинышәара» иаанагоит «аиӷарара рыбжьыхра, насгьы ҩызас аҟалара». Иџьоушьап, аха Иегова иоуп аинышәаразы раԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵаз. Ишԥаҟаиҵеи уи? Агәнаҳа ҟазҵаз ауааи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц азы Иегова урҭ рыгәнаҳақәа рхихырц иӡбеит. Уи абзоурала иуцәыӡыз архынҳәра улшоит. Уи азы иуцәыӡыз иаҟароу ахә шәатәуп. w25.02 3—4, абз. 7, 8
Аԥшьаша, ииун 18
Анцәа игәы иақәшәо алахьеиқәра ахьхәра иуцхраауеит, аиқәхара унаҭоит (2 Кор. 7:10).
Апостол Павел иҩит: «Ус еиԥш иҟоу ауаҩы еиҳараҩык ахьиқәыӡбаз азхоит» (2 Кор. 2:5—8). Даҽакала иуҳәозар, ахьырхәра ахықәкы нанагӡеит — уаанӡа занԥса илыцныҟәоз игәнаҳа ахьхәра игәазҭанаҵеит (1 Кор. 5:1; Аур. 12:11). Убри азы Павел аизара ргәазҭеиҵеит имҩахҟьаз аиашьа «гәык-ԥсыкала [ианарыжьырц], игәы [дырҭынчырц]». Анаҩс иациҵеит: «Бзиа дшыжәбо агәра ишәырга». Иазгәашәҭ, Павел ииҭахыз уи ахаҵа дырҩегь Анцәа ижәлар дрыхәҭакны дҟаларц мацара акәӡамызт. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ражәақәеи русқәеи рыла иаадырԥшыр акәын агәнаҳа ҟазҵаз гәыкала ишианарыжьыз, бзиагьы дшырбаҵәҟьо. Убасҟан ауаҩы ибарҭахон дахьыхынҳәыз ишаргәырӷьаҵәҟьаз. w24.08 15, абз. 4, 6; 16—17, абз. 7, 8
Ахәаша, ииун 19
Зегьы ишырбоз иҟоу зегь шәзырҳәон, иҟоу зегь шәзаарцон (Аур. 10:33).
Апостол Павел идыруан аԥышәарақәа ухугарц азы ухы акәымкәа, Иегова ишиқәгәыӷлатәу. Павел агәра ганы иҳәеит: «Иегова сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом» (Аур. 13:6). Иахьа ҳашьцәа шьоукы ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәоит. Ишԥаҳалшо урҭ ҳрыцхраар? Ҳара иҳалшоит урҭ рзы Анцәа ҳиҳәалар, насгьы излаҳалшо ала ҳрыцхраалар. Абиблиа имӡаӡакәа иҳанаҳәоит: «Гәыкала Анцәа имаҵ зулар зҭаху Христос Иисус иҵаҩцәа зегьы ирышьҭашәарыцалоит» (2 Тим. 3:12). Ус анакәха, ҳара зегьы уи ҳҽазыҟаҳҵароуп. Шәааи Иегова ҳиқәгәыӷлап, насгьы иарбан ԥышәаразаалакгьы ҳзықәшәо, уи ахгара дышҳацхраауа агәра ҳгалап. Иазалихыз аамҭазы иара гәыкала имаҵ зуа зегьы агәаҟрақәа ирылигоит (2 Фес. 1:7, 8). w24.09 12—13, абз. 17, 18
Асабша, ииун 20
Ажәабжь бзиа заҳаз имаҷҩымкәа коринфаагьы ахаҵара иалаган, аӡы рыҽӡаархит (Аус. 18:8).
Ирыцхраазеи коринфаа ирԥырхагаз иаиааины аҽӡаахра? (2 Кор. 10:4, 5). Анцәа Иажәеи амч ду змоу иԥшьоу адоуҳаи коринфаа аҽыԥсахра ирыцхрааит (Аур. 4:12). Урҭ рыбжьара иҟан аҩы зҽазыршьуаз, иӷьычуаз, насгьы ахацәа ирыцышьҭалоз ахацәа. Аха Христос изку ажәабжь гәыкала ианрыдыркыла, рыԥсҭазаашьа ԥсахны аӡы рыҽӡаархит (1 Кор. 6:9—11). Коринфаа рҟынтә шьоукы ирылаҽны иҟаз ашьцыларақәа ириааир акәын, аха уи рымч ақәхаӡом ҳәа ргәы иаанагаӡомызт. Дара рыҽӡаархырц рҭахын, убри аҟынтә аџьабаа абара иазхиан. Уи абзоурала наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго иҭшәоу амҩа ианылеит (Матф. 7:13, 14). Иҟалап шәыҽӡаашәхырц азы шәаргьы шәҽышәыԥсахыр ахьшәыхәҭоу рацәазар. Шәгәы кашәмыжьын! Иегова иԥшьоу идоуҳа шәиҭарц шәиҳәала. Уи ацхыраарала иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылара шәылшоит, урҭ иагьа иӷәӷәазаргьы. w25.03 6, абз. 15—17
Амҽыша, ииун 21
Аӡәы аҟәыӷара шизымхо ибозар, Анцәа уи ииҭарц диҳәалааит (Иак. 1:5).
Иегова аҟәыӷара шҳаиҭало ҳақәиргәыӷит. Уи иҳадаҳкыларц ҳгәы иҭоу аӡбара игәаԥхоу-игәамԥхоу аилкаара иҳацхраауеит. Ус еиԥш иҟоу аҟәыӷара Иегова «зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит». Анцәа шәаниҳәалак ашьҭахь аҭак шәиҭартә алшара ишәҭ. Шәхаҿы иаажәг ишәзымдыруа қалақьк аҿы шәҟьаланы уа инхо аӡәы амҩа шәирбарц шәиҳәазшәа. Аха уи ауаҩ амҩа шәыҵеиҳәаанӡа шәидҵны шәцома? Ҳәарада, мап. Шәара ибзианы шәизыӡырҩуеит. Убас еиԥшҵәҟьа, Иегова аҟәыӷара шәиҭарц шәаниҳәалак ашьҭахь ҭакс ишәиҭо аилкаара шәҽазышәшәа. Уи азы шәҭагылазаашьа иақәшәо абиблиатә закәанқәеи апринципқәеи шәрызхәыц. Иаҳҳәап, ишәыцхраауазеи еиԥыларак ахь шәцару-шәымцару аӡбара? Шәазхәыц уи иазкны Анцәа Иажәа иану. Ианузеи уаҟа дасу ихы иааҭашәо ахьыҟаиҵо аиԥыларақәеи иҽеим аҩызцәеи ирызкны, насгьы ақьырсиан иԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра ихатә гәаҳәарақәа раасҭа ихадазар шакәу иазкны? (Матф. 6:33; Рим. 13:13; 1 Кор. 15:33). w25.01 16, абз. 6, 7
Ашәахьа, ииун 22
Смаҵзуҩцәа акрырфалоит, шәара шәымлашьлоит (Ис. 65:13).
Исаиа иԥааимбаражәа иунарбоит адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхои уи анҭыҵ иҟоу ауааи злеиԥшым. Иегова иҳалалу Аб иоуп. Иара дышҳаиҷаҳауа ҳбаларц азы, акгьы ҳагижьӡом. Ҳара акраҳфаларц, акраҳажәларц, насгьы ҳгәырӷьаларц азы иԥшьоу адоуҳаи, Абиблиеи, меигӡарахда адоуҳатә фатәи ҳаиҭоит. (Иаҿшәырԥш Аатра 22:17.) Аха иаҳҳәар ҳалшозеи адоуҳатә џьанаҭ анҭыҵ иҟоу ауаа рзы? Урҭ амла иакуеит, аӡба иԥсуеит, насгьы хьымӡӷыла инхоит. Уи зегь зыхҟьо Анцәа дахьырзымдыруа ауп (Ам. 8:11). Иегова имаҵзуҩцәа агәра диргеит адоуҳатә фатә аганахь ала акгьы шрыгимыжьуа (Иоиль 2:21—24). Иарбан фатәқәоу Иегова иахьа иҳаиҭо? Ҳара иҳамоуп Абиблиа, уи шьаҭас измоу апубликациақәа, асаит, аизарақәа, насгьы аконгрессқәа. Ҳара есыҽны ҳазхара ҳфалар ҳалшоит. Убри аҟынтә ҳгәы ҭәуп, агәабзиарагьы ҳамоуп. w24.04 21, абз. 5, 6
Аҩаша, ииун 23
Шәажәақәа еснагь ихааз (Кол. 4:6).
Ауаҩы еиҳа еиӷьны уиабадырырц уҭахызар, уара иулшоит ауаҩы хаҭала уиқәшәар — ҳәарада, шәхала шәахьаанымхо аҭыԥ аҿы — мамзаргьы аҭел уизасыр. Угәы иҭоу еилыкка изеиҭаҳәа (1 Кор. 14:9). Ауаҩы иаразнак аҭак уҭара дазхиамзар, аамҭа иҭ (Ажәам. 15:28). Аха уара еиҳа еиӷьны уабадырра иҭахымзар, ауаҩы иӡбара пату ақәҵа. Иҟауҵар улшои аӡәы ушигәаԥхо уеиҳәазар? Иҟалап иара уи уаҳәара изымариамызҭгьы. Убри аҟынтә қьиаралеи патуқәҵаралеи аҭак иҭ. Аҭак иуҭарц азы аамҭа уҭахызар, убасҵәҟьа иаҳәа. Аха мыцхәы аамҭа умган (Ажәам. 13:12). Ауаҩы еиҳа еиӷьны уиабадырырц уҭахымзар, иаартны, аха ақьиара аҵаҵаны уи иаҳәа. Ауаҩы еиӷьны иабадырра уақәшаҳаҭхар, шәеибадырра аамҭазы шәхы шымҩаԥыжәгало шәалацәажәа, избанзар ҩыџьа анеибадыруа рхы шымҩаԥыргалаша аганахь ала шәгәаанагарақәа еиқәымшәалар алшоит. w24.05 23—24, абз. 12, 13
Ахаша, ииун 24
Сара... ар Рынцәа ихьӡала — Иегова ихьӡала... суԥылоит (1 Сам. 17:45).
Давид иашьцәа ибарц азы израильтәи аруаа рлагер ахь дцеит. Усҟан иара 20 шықәсагьы ихыҵӡомызт. Уа даннеи ибеит аруаа шәаӡыӡаны ишыҟаз. Дара израильтәи ар ирықәмақаруаз, ирхыччоз филистимтәи адау Голиаф иакәын изыцәшәоз (1 Сам. 17:10, 11). Изшәазеи урҭ убриаҟара? Дара зызхәыцуаз раӷа шаҟа дыӷәӷәаз акәын, ииҳәоз ажәақәагьы мыцхәы рхы рзырышьҭуан (1 Сам. 17:24, 25). Давид иакәзар, уи ихы ззишьҭуаз даҽакын. Иара еиликаауан Голиаф дызхыччоз израильтәи ар мацара шакәмыз, иара «зыԥсы ҭоу Анцәа ир» дахыччон (1 Сам. 17:26). Давид Иегова дизхәыцуан. Иара агәра ганы дыҟан ауасақәа данрыцыз Анцәа дицхраазар, уажәгьы дшаанимыжьуа. Давид Иегова диқәгәыӷны Голиаф диҿагылеит, ишаҳдыруа еиԥшгьы, аиааира игеит! (1 Сам. 17:45—51). w24.06 21, абз. 7
Аԥшьаша, ииун 25
Умшәан, избанзар сара суцуп. Угәы каумыжьын, избанзар сара соуп Унцәа. Сара усырӷәӷәоит, суцхраауеит, сарӷьа напала унапы скызаауеит (Ис. 41:10).
Шәхаҿы иаажәг Иегова даҳзымдыруазҭгьы, иахьа ҳаԥсҭазаара зеиԥшрахоз. Уи ҳацхраауеит Анцәа ҳизиашаны аанхара. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәеит: «Сара сзы Анцәа изааигәахара зылԥхароуп» (Аԥсал. 73:28). Ҳара уи ииҳәаз ҳақәшаҳаҭуп. Ҳара иҳаздырӡом арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ԥышәарас ҳзықәшәо. Аха иаҳдыруеит урҭ рыхгара шҳалшо, избанзар «Ҳазшаз Анцәа ду имаҵуцәа» ҳауп (1 Фес. 1:9). Иара змаҵзуҩцәа бзиа избо, ирыцхраауа Анцәа иоуп. Иегова ажәытәан имаҵзуҩцәа аанижьӡомызт, иахьагьы иаанижьӡом. Иаарласны уаҩ иимбац арыцҳара ду ҟалоит. Аха ҳара ҳхала ҳаҟаӡам. Иегова дҳавагылоуп. Убри аҟынтә ҳамлакҩакӡакәа иаҳҳәар ҳалшоит: «Иегова сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом» (Аур. 13:5, 6). w24.06 25, абз. 17, 18
Ахәаша, ииун 26
Шәара... ижәбоит ииашоу ауаҩы ицәгьоу дызлаиеиԥшым (Мал. 3:18).
Абиблиаҿы 40-ҩык инареиҳаны израильтәи аҳцәа рыӡбахә ҳәоуп. Ибзиаз аҳцәа зны-зынла иҽеимкәа рхы мҩаԥыргон. Ҿырԥштәыс дааҳгап аҳ Давид. Иегова Давид изы абас иҳәеит: «Смаҵзуҩы Давид... гәык-ԥсыкала сымаҵ иуан, ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡо мацара акәын иҟаиҵоз» (1 Аҳ. 14:8). Ус шакәызгьы, Давид аӡәы иԥҳәыс дхихын, длыцышьҭалеит, лхаҵагьы дыршьыртә иҟаиҵеит (2 Сам. 11:4, 14, 15). Убри аамҭазгьы, Иегова изиашамыз аҳцәагьы зны-зынла аус бзиақәа ҟарҵон. Иаҳҳәап, Ровоам. Иегова иҳәеит «Ровоам ацәгьара ҟаиҵон» ҳәа (2 Аш. 12:14). Ус шакәызгьы, 10 биԥарак иара дааныжьны, рхазы аҳас даҽаӡәы даналырх, Ровоам Иегова дизыӡырҩын, урҭ дырмабашьӡеит. Уи адагьы, иара иудеиатәи ақалақьқәа ирӷәӷәон, убасала Анцәа ижәлар раӷацәа рҟынтә ихьчон (1 Аҳ. 12:21—24; 2 Аш. 11:5—12). Избан Иегова аҳцәа шьоукы изиашан, шьоукы изиашаӡамызт ҳәа зиԥхьаӡоз? Иара дазхьаԥшуан урҭ гәыкала Иегова бзиа дырбозу-дрымбозу, рыгәнаҳақәа ирыхьхәуазу-ирхьымхәуазу, иара убас ииашоу амҵахырхәара иадгылазу-иадгыламзу. w24.07 20, абз. 1—3
Асабша, ииун 27
Иегова ишиҭаху еиԥш шәрылабжьо, ахшыҩ дырҵо ишәааӡала (Еф. 6:4).
Аха иҟаҵатәузеи, 18 шықәса зхымҵыц аӡы иӡааху ақьырсиан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар? Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа ирыднаҵоит агәнаҳа ҟазҵаз ахәыҷы Иегова ишаҳаҭу иҭаацәеи иареи ирықәшәарц. Аизара ахылаԥшыҩцәа аҭаацәа иразҵаауеит рхәыҷы ахьхәра ицхраарц азы иҟарҵахьоу. Ахәыҷы аҽыԥсахра игәы иҭазар, насгьы иҭаацәа ирҭо ацхыраара идикылозар, ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа акгьы ҟаҵатәӡам ҳәа рыӡбар ҟалоит, избанзар аизара ахылаԥшыҩцәа ирдыруеит ахәыҷы абзиабара аарԥшны ахшыҩ ирҵареи имҩақәҵареи Иегова аҭаацәа шракәу издиҵаз (Ҩынтә. 6:6, 7; Ажәам. 6:20; 22:6; Еф. 6:2—4). Аамҭа-аамҭала аизара ахылаԥшыҩцәа аҭаацәа иразҵаалоит ахәыҷы иаҭаху ацхыраара иоуама ҳәа. Аха иҟаҵатәузеи, зықәра мнаӡац иӡааху ақьырсиан дахьымхәӡакәа агәнаҳаҟаҵара даҿызар? Уи аҩыза аҭыгылазаашьаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа ркомитет агәнаҳа ҟазҵаз ахәыҷы иқьырсиану иҭаацәеи иареи ирықәшәоит. w24.08 24, абз. 18
Амҽыша, ииун 28
Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп (Аус. 20:35).
Ҳара аҳамҭақәа риура ҳгәаԥхоит. Аха аӡәы ак анизыҟаҳҵо, уи еиҳа агәырӷьара ҳзаанагоит. Ҳара анасыԥ ҳамазаауоу-иҳамамзаауоу ҳхаҭа иҳаӡбоит. Еиҳа агәырӷьара ҳамазарц азы егьырҭ абзиарақәа рзыҟаҳҵалар ауп. Иегова убас ҳаишеит. Шаҟа ибзиоузеи уи! (Аԥсал. 139:14). Абиблиаҿы иануп аӡәы ак анизыҟаҳҵо, уи анасыԥ шаҳзаанаго. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам Иегова «насыԥ змоу Анцәа» ҳәа ахьизҳәоу (1 Тим. 1:11). Иегова иоуп адунеи аҿы зегь раԥхьа аҳамҭақәа рыҟаҵара иалагаз, иара иеиԥш згәы ҭбаау дыҟаӡам. Апостол Павел иҳәеит: «Иара илоуп ҳара ҳаԥсы злаҭоу, ҳазланеи-ааиуа, ҳазлаҟоу» (Аус. 17:28). Ааи, «инаӡоу аҳамҭа бзиақәа» Иегова иҟынтә ауп ишҳауа (Иак. 1:17). Ишәҭахума шәара аӡәы ак анизыҟашәҵо уи еиҳа агәырӷьара шәзаанагаларц? Ус акәзар, згәы ҭбаау Ҳанцәа Иегова шәиҿыԥшла (Еф. 5:1). w24.09 26, абз. 1—4
Ашәахьа, ииун 29
Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап (Флп. 3:16).
Аизара ацхырааҩцәа шьоукы ргәы иаанагоит ахаан аизара ахылаԥшыҩцәас изыҟалаӡом ҳәа. Дара ргәы иаанагоит ҳазлацәажәаз аҭахрақәа ахаан изрықәшәалаӡом ҳәа. Аха иухоумыршҭын Иеговагьы иорганизациагьы уара уҟынтә анаӡара ишазыԥшым (1 Пиотр 2:21). Уи адагьы, иухоумыршҭлан Иегова ахаан ухала ушаанимыжьуа. Иара дуцхраауеит — иԥшьоу адоуҳа уиҭоит (Флп. 2:13). Иҟоума еиқәыԥхьаӡоу аҭахрақәа зегь рҟынтә аус здууларц уҭаху акы? Ус акәзар, Иегова уиҳәа, ҳлитератураҿы уи иазку аинформациа ԥшаа, насгьы уҽеиӷьутәыр ахьулшо аизара ахылаԥшыҩцәа уразҵаа. Аизаразы еиҳаны аҟаҵара хықәкыс иқәыргыл. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны рыцхраара улшарц азы Иегова аҵара уирҵаларц, насгьы аҟазшьа бзиақәа реизырҳара дуцхрааларц уиҳәала (Ис. 64:8). Агәра ганы уҟаз Иегова аизара ахылаԥшҩыс аҟаларазы иумоу агәаҳәара хымԥада дшазылԥхо! w24.11 25, абз. 17, 18
Аҩаша, ииун 30
Анцәа диашоуп, убри аҟынтә иахьа уажәраанӡа иԥшьоу рымаҵ уа, ихьӡ азы ижәбо аџьабааи иаашәырԥшуа абзиабареи ихашҭӡом (Аур. 6:10).
Аӡәымзар-аӡәгьы абас дымхәыцлароуп: «Сара Иегова имаҵ зуеижьҭеи акыршықәса ҵуеит, убри аҟынтә сыгәнаҳақәа санаижьларц саԥсоуп». Ҳәарада, Иегова изыҟаҳҵо зегьы ахә ҳаракны ишьоит. Аха аҿыхра ҳамҭас ауп ишҳаиҭаз, изыҟаҳҵо азы ахә ишәарц азы акәымкәа. Ҳара Иегова ирыцҳашьара ҳаԥсоуп, насгьы ҷыдала даҳзыҟазароуп ҳәа ҳҳәозҭгьы, аҿыхра ҳҭахӡам, насгьы Христос баша дыԥсит ҳәа ҳҳәозар иаҩызахон. (Иаҿшәырԥш Галатаа 2:21.) Апостол Павел идыруан иагьа ҟауҵаларгьы, Иегова ианажьра ушзаԥсамхо. Избан, нас, имаҵ аураҿы убриаҟара аџьабаа зибоз? Анажьра даԥсоуп ҳәа иирбарц азы акәӡам, аха Иегова изыҟаиҵаз зегьы ахә ҳаракны ишишьоз иирбарц азоуп (Еф. 3:7). Ҳаргьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ҳуеит. Уи зыҟаҳҵогьы, иара иҟынтә ак ҳаурц азы акәӡам, аха ирыцҳашьара ахә ҳаракны иахьаҳшьо азоуп. w25.01 27, абз. 5, 6