Ахәаша, маи 1
Анцәа ауаа еилихӡом (Рим. 2:11).
Иегова израильаа египеттәи ахәура аҟынтә рхы ианақәиҭитә ашьҭахь иԥшьоу ақьала дыргыларц адҵа риҭеит, насгьы уаҟа амаҵ зулаша аԥшьаҩцәеи алевитцәеи алихит. Иаанагозма уи иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ зуаз ма уи ааигәара инхоз Иегова еиҳа дреиҷаҳауан егьырҭ раасҭа ҳәа? Мап. Иегова зегьы еиԥшны дырзыҟоуп. Израильаа иреиуаз дарбанзаалак Иегова диҩызахар илшон. Иаҳҳәап, Анцәа иԥшьоу ақьала иахагылаз аԥҭеи амца шьаҟеи ижәлар зегьы ирбалартә иҟаиҵеит (Ақәҵ. 40:38). Аԥҭа шьҭыҵны аныҟәара ианалагоз, уи алагер аҵыхәан инхозгьы ирбон. Уи абзоурала дара ирласны рымаҭәақәа еидыркылар рылшон, егьырҭ ирыҵамхакәа, ирышьҭаланы ицаларц азы (Ахыԥхь. 9:15—23). Убасоуп иахьагьы. Ҳахьынхозаалакгьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит бзиа ҳазбо Ҳанцәа анапхгара шҳаиҭало, насгьы ҳшихьчало. w24.06 4, абз. 10—12
АПРЕЛЬ 27 — МАИ 3
ИСАИА 56, 57
Ашәа 12, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Ҳара Иегова имаҵ ахьаҳуа анасыԥ ҳзаанагоит
(10 мин.)
Аидолқәа рымаҵ зуа ауаа баша урҭ ацхырааразы ирыҳәоит (Иса 57:13; ip-2-U 269—270, абз. 14—16).
Иегова дыззымдыруа ауаа акзаара рыбжьаӡам, аҭынчрагьы рымаӡам (Иса 57:20; w18.06 7, абз. 16; it-U «Земля», абз. 21).
Агәнаҳаҟаҵаҩцәа аҭынчра роуӡом (Иса 57:21; it-U «Мир, I», абз. 3).
ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ишԥеиӷьхеи сыԥсҭазаара Иегова сахьиҩызахаз абзоурала?»
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Иса 56:6, 7. Анаӡара ишԥаҿу ари аԥааимбаражәа? (w07-U 15/1 10, абз. 2; w06-U 1/11 27, абз. 1).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 17:20—37 (th аурок 5).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Узацәажәо ауаҩы ааигәа имҩаԥысыз аизараҿы еилукааз зхәыцрак изеиҭаҳәа (lmd аурок 2, апункт 4).
5. Зыгәра жәго деилшәыркаала
(5 мин.) ijwbq-U, астатиа 90 шьаҭас измоу ажәахә. Атема: «Обязательно ли верующему принадлежать к религиозной организации?» (th аурок 16).
6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
(4 мин.) lff аурок 19, апункт 4 (lmd аурок 11, апункт 3).
Ашәа 58
7. Иегова иӡбахә аҳәара шәаҟәымҵлан
(15 мин.) Ахцәажәара.
Иегова дыззымдыруа ауаа изықәгәыӷуа рыздырӡом, аԥсҭазаараҿы иаԥсоу ахықәкы рымаӡам, насгьы ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы агәыӷра рымаӡам. Ус ишыҟоугьы, аӡәырҩы Аҳра иазку ажәабжь мап ацәыркуеит, уи дара ирыцхраар шалшо еилымкааӡакәа. Ҳрылацәажәап ажәабжьҳәараҿы ус еиԥш иҟоу ауаа анаҳԥылалак, ҳгәы каҳмыжьлар зҳахәҭоу ҳаилзыркаауа мзызқәак (Ек 11:6).
Ауаа даҽаџьара нхара ииасуеит. Иҟалап иаҳҳәо ажәабжь хьаас измам ауаа ҽаџьара нхара ииасыр, аха урҭ рҭыԥан иаауа аҿыцнхацәа ҳзыӡырҩра рҭаххар.
Ашә даҽаӡәы иааиртыр ауеит. Иаҳҳәап, зықәрахь инеихьоу аҭаацәа руаӡәк, изызҳаз ахәыҷы, аҿыцнхаҩы, ма асас.
Ауаа рхаҭақәагьы рҽырыԥсахуеит (1Тм 1:13). Адунеи аҿы аицәахара иаҿу аҭагылазаашьа ма гәаҟрак ауаҩы агәырӷьажәабжь азыӡырҩра игәазҭанаҵар алшоит.
Иааҳарԥшуа ачҳара Иегова бзиа дшаҳбо аанарԥшуеит (Лк 6:45; 1Ин 5:3).
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иегова „ҳара даҳцәыхараӡам“». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Избан иҟалалакгьы ажәабжь ҳҳәалар зҳахәҭоу?
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 80, 81
Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | , Анцәа иҳәара
Аҵаразы астатиа (апрель 27, 2026 — маи 3, 2026)
20 Шәырзыҟаҵоума шәара аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь шәзықәшәар алшо ауадаҩрақәа?