Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәа: Sakalava
  • Иахьа

Аҩаша, сентиабр 1

Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала (2 Кор. 13:5).

Ҳара доуҳала ишәу қьырсианцәаны ҳҟалароуп, аха уи аҿы ҳаанымгылароуп. Уи азы ҳхы ҳақәымгәыӷцәалароуп (1 Кор. 10:12). Ҳара ҳхы гәаҳҭалароуп, џьарак ҳгылоу ԥхьаҟа ҳцоу еилаҳкааларц азы. Колоссаа рахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы апостол Павел доуҳала ушәны уҟазарц шаҟа ихадоу дырҩегь далацәажәоит. Колосс инхоз ақьырсианцәа доуҳатә ӡҟцәаӡамызт, аха Павел урҭ ргәырҽаниҵеит ари адунеи афилософиа ихнамхырц (Кол. 2:6—10). Епафрас уи аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ибзианы идыруазҭгьы ҟаларын, иара урҭ рзы Анцәа дааҟәымҵӡакәа диҳәон, «изызҳахьоу ишәхьоу [р]акәны [и]ҟазарц» азы (Кол. 4:12). Павелгьы Епафрасгьы еилыркаауан аџьабаа мбаӡакәа, насгьы Анцәа ицхыраарада уи шалымшо. Дара ирҭахын Колосс инхоз ақьырсианцәа изықәшәозаалакгьы, доуҳала ишәу ракәны иҟазарц. w24.04 6, абз. 16, 17

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026

Ахаша, сентиабр 2

Иегова дҳацуп. Шәырцәымшәан урҭ (Ахыԥхь. 14:9).

Иегова иҿаԥхьа иҳамоу ашәареи иара иахь иҳамоу абзиабареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Ҳара Анцәа гәыкала бзиа даҳбоит, убри аҟынтә игәы изырхьыр алшо ак ҟаҳҵар ҳәа ҳшәоит. Ҳара ҳзын зегь раасҭа ихадоу иара игәы ақәшәара ауп. Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп ацәгьеи абзиеи, амци аиашеи реиҩдыраашьа ҳҵар (Ажәам. 2:3—6; Аур. 5:14). Ҳара Анцәа иаасҭа ауаа ҳрыцәшәалар, аҵабырг иаҿагыло аинформациа агәра агара ҳалагоит. Иаҳгәалаҳаршәап Моисеи 12-ҩык аԥшыхәцәа Изқәыргәыӷыз адгьыл иқәыԥшырц ианишьҭ, иҟалаз. Урҭ рҟынтә 10-ҩык аԥшыхәцәа ханаанаа ирыцәшәеит. Уи ашәара Иегова иахь ирымаз абзиабара аасҭа иӷәӷәахеит. Ихынҳәны ианааи, ажәлар абас рарҳәеит: «Ҳара урҭ ауаа ҳазрабашьӡом, избанзар дара ҳара ҳаасҭа иӷәӷәоуп» (Ахыԥхь. 13:27—31). Урҭ ирҳәаз аҟынтә ииашазгьы ыҟан. Ауаҩы ихәаԥшышьала ханаанаа еиҳа иӷәӷәан. Аха израильаа раӷацәа изыриааиӡом ҳәа аҳәара иашазма? Ус зҳәар зылшоз Иегова зынӡа дызхашҭыз ауаҩ иакәын! w24.07 9, абз. 5, 6

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026

Аԥшьаша, сентиабр 3

Адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу ииашамкәа кыр ҟаиҵома? (Алаг. 18:25).

Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшома Иегова ауаа рус аниӡбо еснагь ииашоу аӡбара шидикыло? Ааи! Иегова инаӡоу, аҟәыӷара ду змоу, арыцҳашьара злоу, «адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу» иоуп. Авраам уи бзианы идыруан. Иегова Иԥа аӡбара аус дазыҟаиҵеит, насгьы уи инапы ианиҵеит (Иоанн 5:22). Абгьы Аԥагьы ауаа рыгәқәа рбоит (Матф. 9:4). Убри аҟынтә Иеговагьы Иисусгьы ак анырыӡбо, еснагь ииашаны рхы мҩаԥыргоит. Шәааи еснагь Иегова игәра ҳгалап, насгьы иӡбарақәа шиашоу аганахь ала ахаан ҳамлакҩаклап! Ҳара еилаҳкаауеит аӡбаҩ ироль анагӡара шҳалымшо (Ис. 55:8, 9). Убри аҟынтә аӡбара зегь иареи Аҳас иҟоу Иԥеи рнапы ианаҳҵоит, Иисус Иаб иеиԥшҵәҟьа аиашареи арыцҳашьареи ааирԥшуеит (Ис. 11:3, 4). w24.05 7, абз. 18, 19

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра