Сентиабр
Аҩаша, сентиабр 1
Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала (2 Кор. 13:5).
Ҳара доуҳала ишәу қьырсианцәаны ҳҟалароуп, аха уи аҿы ҳаанымгылароуп. Уи азы ҳхы ҳақәымгәыӷцәалароуп (1 Кор. 10:12). Ҳара ҳхы гәаҳҭалароуп, џьарак ҳгылоу ԥхьаҟа ҳцоу еилаҳкааларц азы. Колоссаа рахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы апостол Павел доуҳала ушәны уҟазарц шаҟа ихадоу дырҩегь далацәажәоит. Колосс инхоз ақьырсианцәа доуҳатә ӡҟцәаӡамызт, аха Павел урҭ ргәырҽаниҵеит ари адунеи афилософиа ихнамхырц (Кол. 2:6—10). Епафрас уи аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ибзианы идыруазҭгьы ҟаларын, иара урҭ рзы Анцәа дааҟәымҵӡакәа диҳәон, «изызҳахьоу ишәхьоу [р]акәны [и]ҟазарц» азы (Кол. 4:12). Павелгьы Епафрасгьы еилыркаауан аџьабаа мбаӡакәа, насгьы Анцәа ицхыраарада уи шалымшо. Дара ирҭахын Колосс инхоз ақьырсианцәа изықәшәозаалакгьы, доуҳала ишәу ракәны иҟазарц. w24.04 6, абз. 16, 17
Ахаша, сентиабр 2
Иегова дҳацуп. Шәырцәымшәан урҭ (Ахыԥхь. 14:9).
Иегова иҿаԥхьа иҳамоу ашәареи иара иахь иҳамоу абзиабареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Ҳара Анцәа гәыкала бзиа даҳбоит, убри аҟынтә игәы изырхьыр алшо ак ҟаҳҵар ҳәа ҳшәоит. Ҳара ҳзын зегь раасҭа ихадоу иара игәы ақәшәара ауп. Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп ацәгьеи абзиеи, амци аиашеи реиҩдыраашьа ҳҵар (Ажәам. 2:3—6; Аур. 5:14). Ҳара Анцәа иаасҭа ауаа ҳрыцәшәалар, аҵабырг иаҿагыло аинформациа агәра агара ҳалагоит. Иаҳгәалаҳаршәап Моисеи 12-ҩык аԥшыхәцәа Изқәыргәыӷыз адгьыл иқәыԥшырц ианишьҭ, иҟалаз. Урҭ рҟынтә 10-ҩык аԥшыхәцәа ханаанаа ирыцәшәеит. Уи ашәара Иегова иахь ирымаз абзиабара аасҭа иӷәӷәахеит. Ихынҳәны ианааи, ажәлар абас рарҳәеит: «Ҳара урҭ ауаа ҳазрабашьӡом, избанзар дара ҳара ҳаасҭа иӷәӷәоуп» (Ахыԥхь. 13:27—31). Урҭ ирҳәаз аҟынтә ииашазгьы ыҟан. Ауаҩы ихәаԥшышьала ханаанаа еиҳа иӷәӷәан. Аха израильаа раӷацәа изыриааиӡом ҳәа аҳәара иашазма? Ус зҳәар зылшоз Иегова зынӡа дызхашҭыз ауаҩ иакәын! w24.07 9, абз. 5, 6
Аԥшьаша, сентиабр 3
Адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу ииашамкәа кыр ҟаиҵома? (Алаг. 18:25).
Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшома Иегова ауаа рус аниӡбо еснагь ииашоу аӡбара шидикыло? Ааи! Иегова инаӡоу, аҟәыӷара ду змоу, арыцҳашьара злоу, «адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу» иоуп. Авраам уи бзианы идыруан. Иегова Иԥа аӡбара аус дазыҟаиҵеит, насгьы уи инапы ианиҵеит (Иоанн 5:22). Абгьы Аԥагьы ауаа рыгәқәа рбоит (Матф. 9:4). Убри аҟынтә Иеговагьы Иисусгьы ак анырыӡбо, еснагь ииашаны рхы мҩаԥыргоит. Шәааи еснагь Иегова игәра ҳгалап, насгьы иӡбарақәа шиашоу аганахь ала ахаан ҳамлакҩаклап! Ҳара еилаҳкаауеит аӡбаҩ ироль анагӡара шҳалымшо (Ис. 55:8, 9). Убри аҟынтә аӡбара зегь иареи Аҳас иҟоу Иԥеи рнапы ианаҳҵоит, Иисус Иаб иеиԥшҵәҟьа аиашареи арыцҳашьареи ааирԥшуеит (Ис. 11:3, 4). w24.05 7, абз. 18, 19
Ахәаша, сентиабр 4
Иегова амц зҳәо дицәымӷуп, ауаа иашақәа дырҩыза гәакьоуп (Ажәам. 3:32).
Ҳгәаҿы аиаша аҳәара даараӡа ихадоуп. Уи ус шакәу ҳнарбоит Филипп иҩыза Нафанаил Иисус даниабаирдырыз ахҭыс. Уи ахҭыс ҟалаанӡа Иисус Нафанаил дшизымдыруазгьы, даниба ус иҳәеит: «Абар, Израиль иатәыҵәҟьоу, гызмалра злам ауаҩы» (Иоанн 1:47). Нафанаил уи аганахьала егьырҭ дрылукаартә дыҟан. Ҳәарада, Нафанаил ҳара ҳаиԥш днаӡаӡамызт, аха иара агызмалра зынӡаск илаӡамызт, игәы ҭыӷьӷьаа дыҟан. Иисус уи даараӡа игәаԥхеит, дагьирҽхәеит. 15-тәи Аԥсалом аҿы еиқәыԥхьаӡоу аҭахрақәа ҳрықәшәозар, Иегова дҳаргәырӷьоит. Урҭ аҭахрақәа реиҳарак егьырҭ ҳашрызныҟәо иазкуп. Аԥсалом 15:3 аҿы иануп Иегова исас «ибз ауаҩы дызлаҟам» шаимырҳәо, изааигәоу ацәгьа шизимуа, насгьы «иҩызцәа рыхьӡ» шимырцәгьо. Иаҳҳәо ҳацкламԥшуазар, егьырҭ аԥырхага ӷәӷәа раҳҭоит (Иак. 1:26). w24.06 10, абз. 7, 9; 11, абз. 10
Асабша, сентиабр 5
Иҳақәиҭу, ухьӡ анаҳҳәо, адемонцәаҵәҟьагьы иаҳҳәо ҟарҵоит (Лука 10:17).
Ажәабжьҳәара ибзианы шәҽазыҟашәҵар, уиаҟара шәшәалаӡом, ауаҩы иацәажәарагьы еиҳа ишәзымариахоит. Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәара ишьҭаанӡа ирҳәаша-шырҳәаша реиҳәеит (Лука 10:1—11). Дара ишыдирҵазҵәҟьа иҟарҵеит. Уи алҵшәа бзиақәа аанагеит, аҵаҩцәагьы зеиԥшыҟам агәырӷьара рнаҭеит. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәара ҳҽазыҟаҳҵар? Ишәҳәаша, насгьы уи шәажәақәа рыла ишышәҳәаша шәазхәыц. Шәажәақәа ирхырҳәаар алшо ҩба-хԥа гәаанагара шәхаҿы иааганы, шәҽазыҟашәҵа. Уажәшьҭа шәгәы рҭынчны ауаҩы шәиацәажәар шәылшоит. Шәхааӡа, шәԥышәарччо уи аԥсшәа иашәҳәа. w24.04 16, абз. 6, 7
Амҽыша, сентиабр 6
Амч ду змоу Ҳанцәа Иегова, уара хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, амчи урыԥсоуп, избанзар зегь зшаз уара уоуп (Аат. 4:11).
Ҳара агәырӷьажәабжь заҳҳәо зегь раасҭа ихадоу амзыз — уи Иеговеи иԥшьоу ихьӡи бзиа иахьаҳбо азоуп. Ажәабжьҳәара бзиа иаҳбо Ҳаб ирҳаракра алшара ҳнаҭоит. Ҳара гәыкала абарҭ ажәақәа ҳрықәшаҳаҭуп: «Ҳанцәа Иегова, уара хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, амчи урыԥсоуп» (Аат. 4:11). Ҳара Иегова хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри иаҳҭоит, иара зегь шишаз, насгьы аԥсҭазаара ҳазҭаз иара шиакәу узырбо зыгәра угартә иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа ауаа ирзеиҭаҳҳәозар. Ҳамч иаҳҭоит, иахьынӡаҳалшо ирацәаны ажәабжь ҳҳәаларц азы ҳаамҭа, ҳамч, насгьы иҳамоу аҟынтә акгьы ҳамеигӡозар (Матф. 6:33; Лука 13:24; Кол. 3:23). Ари зегь зыҟаҳҵо бзиа иаҳбо Ҳанцәа иӡбахә аҳәара ахьаҳгәаԥхо азы ауп. Иара убас ҳара иаҳҭахуп ихьӡи иҟазшьақәеи ауаа ирзааҳартлар. w24.05 17, абз. 11
Ашәахьа, сентиабр 7
[Анцәа] гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭоу [дырзылԥхоит] (Аур. 11:6).
Иегова уажәнатә аҭынчреи анасыԥи ҳаиҭоит, ҳаԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаарагьы ҳаиҭоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо, избанзар уи азы агәаҳәарагьы имоуп, амчгьы имоуп. Уи гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ аура ҳгәазҭанаҵоит. Убас ҟарҵон ажәытәан Анцәа имаҵ зуазгьы, иаҳҳәап, Тимофеи (Аур. 6:10—12; 1 Тим. 4:10). Тимофеи зыԥсы ҭоу Анцәа диқәгәыӷуан, убри аҟынтә аизараҿы гәык-ԥсыкала аџьабаа ибон. Иҟаиҵози иара? Апостол Павел ишиабжьигоз еиԥш, иара ажәабжьҳәараҿгьы аизараҿгьы дырҵаҩ бзианы дҟаларц азы ирҵаҩратә ҟазара еиӷьитәуан. Иара убас Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа риҭон, иқәыԥшызгьы, зықәра ыҟазгьы. Иара имариамыз адҵақәагьы идын, иаҳҳәап, амҩа иацәыхҟьаз инақәырӷәӷәаны, аха убри аамҭазгьы хаала дрылабжьалар акәын (1 Тим. 4:11—16; 2 Тим. 4:1—5). Тимофеи агәра ганы дыҟан Иегова уи ахә шишьоз, дагьшизылԥхоз (Рим. 2:6, 7). w24.06 22—23, абз. 10, 11
Аҩаша, сентиабр 8
Иегова израильааи аиудеиааи иԥааимбарцәа... рыла ргәырҽаниҵон (2 Аҳ. 17:13).
Иегова ижәлар рахь лассы-лассы аԥааимбарцәа ишьҭуан, рҽырымԥсахыр иахьнанагоз реиҳәарц, насгьы ириашарц азы. Иаҳҳәап, Иеремиа иҩит: «„ ‚Бхынҳәы, сзыԥсахыз Израиль‘, — иҳәоит Иегова“. „ ‚Сыԥсахы еибакны сшәыхәаԥшлаӡом, избанзар сара гәыкала сыҟоуп‘, — иҳәоит Иегова“. „ ‚Сара наӡаӡа сгәы ԥжәалаӡом. Амала ахара шбыду иаартны иҳәа, избанзар бара Бынцәа Иегова биҿагылеит‘ “» (Иер. 3:12, 13). Иоиль ила Анцәа иҳәеит: «Гәык-ԥсыкала сара сахь шәхынҳәы» (Иоиль 2:12, 13). Исаиа ила Иегова израильаа абас реиҳәеит: «Шәҽышәрыцқьа, шәус цәгьақәа наҟ исԥырыжәга, шәаҟәыҵ ацәгьара аҟаҵара» (Ис. 1:16—19). Анцәа Иезекииль абас иҩырц иеиҳәеит: «„Саргәырӷьома агәнаҳаҟаҵаҩ иԥсра? — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ Иегова. — Мап, сара исҭаху уи имҩа ааныжьны иԥсы ҭазарц ауп!“ „Сара аӡәгьы иԥсра саргәырӷьаӡом... Убри аҟынтә агәнаҳа аҟаҵара шәаҟәыҵны шәынхала“» (Иез. 18:23, 32). Ауаа рыгәнаҳақәа ианрыхьхәуа Иегова даараӡа дгәырӷьоит, избанзар иҭахуп рыԥсы ҭазарц — наӡаӡа инхаларц! w24.08 9, абз. 5, 6
Ахаша, сентиабр 9
Аҩыра зегьы Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩуп, уи хәарҭоуп (2 Тим. 3:16).
Анцәа ижәлар рыбжьара иҟоу зегьы адоуҳатә фатәи анапхгареи риҭоит, иагьихьчоит. Абар Иегова еилых ҟамҵакәа, зегьы еиԥшны дшырзыҟоу ҳзырбо ҿырԥштәык. Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо ауаа зегьы Абиблиа иаԥхьалар рылшоит. Аԥхьанатә уи х-бызшәак рыла акәын ишҩыз: ауриа бызшәеи, арамеи бызшәеи, абырзен бызшәеи. Аха ииашахома иаҳҳәар Абиблиа аоригинал бызшәақәа рыла аԥхьара зылшо Иегова еиҳа изааигәоуп, урҭ абызшәақәа рыла аԥхьара злымшо раасҭа ҳәа? Ҳәарада, мап! (Матф. 11:25). Ҳара Иегова ҳаиҩызахар ҳалшоит, ажәытә бызшәақәа ҳзымдыруазаргьы, аҵара ду ҳамамзаргьы. Абиблиа аилкааразы ҳапрофессорзар акәӡам. Иегова Абиблиа зқьы бызшәала еиҭагазартә еиԥш иҟаиҵеит. Убри аҟынтә адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа ирылшоит Анцәа иеилкаареи иҟәыӷоу илабжьарақәа рықәныҟәареи (2 Тим. 3:16, 17). w24.06 6—7, абз. 13—15
Аԥшьаша, сентиабр 10
Иерусалим... ақәӡаара [ааигәахеит] (Лука 21:20).
Иисус зыӡбахә иҳәахьаз арыцҳара дуи Иерусалим ахыбгалареи ааигәахара иаҿын. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҭынчраз уи аамҭа рхы иархәаны урҭ ахҭысқәа рҽырзыҟарҵар рылшон. Дара ахаҵареи аԥышәарақәа раан ачҳареи раарԥшышьа рҵар рыхәҭан (Аур. 10:25; 12:1, 2). Ҳара актәи ашәышықәсазы иҟаз арыцҳара аасҭа еиҳау арыцҳара ҳхаҳгараны ҳаҟоуп (Матф. 24:21; Аат. 16:14, 16). Шәааи Иегова Иудеиа инхоз ақьырсианцәа ириҭаз алабжьарақәа иахьа ҳаргьы иҳацхраар шҳалшо ҳахәаԥшып. Апостол Павел исаламшәҟәаҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи Анцәа Иажәа еиҳа инарҵауланы иҭырҵааларц ргәазҭеиҵеит (Аур. 5:14—6:1). Ауриатә Ҩырақәа ицырхырааны иара ақьырсианра аиудаизм излеиӷьу дирбеит. Павел иҭахын дара рдыррақәа еиздырҳарц, насгьы аҵабырг еиҳа еиӷьны еилыркаарц. Уи амцҵарақәа ахьыҟоу еилкааны, мап рыцәкра ирыцхраауан. w24.09 8, абз. 2, 3; 10, абз. 6
Ахәаша, сентиабр 11
Иҳақәиҭу иԥсы ҭалаҵәҟьеит (Лука 24:34).
Иисус иҵаҩцәа агәышьҭыхра рҭахын. Избан? Урҭ рҟынтә аӡәырҩы ишьҭанеицәаны иҟаларц азы рыҩнқәеи, рҭынхацәеи, русуреи аанрыжьит (Матф. 19:27). Иҟан зхаҵара иахырҟьаны иҽеимкәа изызныҟәозгьы (Иоанн 9:22). Аха дара уеизгьы рхы иеигӡаӡомызт, избанзар Иисус иззыԥшыз Мессиа шиакәыз агәра ргон (Матф. 16:16). Аха Иисус даныршь, изықәгәыӷуаз зегь башахазшәа рбеит. Еилкаауп дара ргәы каҳаны изыҟаз. Иисус еиликаауан иҵаҩцәа ргәы каҳаны иахьыҟаз рхаҵара ԥсыҽуп ҳәа шаанамгоз, аха рҩыза дахьыԥсыз азы шакәыз. Убри аҟынтә иԥсы анҭала аҽныҵәҟьа иҩызцәа ргәы шьҭихырц иӡбеит. Иаҳҳәап, идамра иадгыланы иҵәыуоз Мариа Магдалина лахь днеит (Иоанн 20:11, 16). Иара убас Еммаусҟа амҩа иқәыз ҩыџьа иҵаҩцәа драцәажәеит. Иара апостол Пиотр иахьгьы дцеит. w24.10 13, абз. 5, 6
Асабша, сентиабр 12
Еснагь шәазхиаз шәгәыӷра аӡбахә иазҵаауа аҭак иҭара (1 Пиотр 3:15).
Аҭаацәа, шәхәыҷы Ҳазшаз дшыҟоу агәра зиго егьырҭ реилыркаашьа ишәырҵа. Еилшәырга астатиақәа «Вопросы молодёжи. Сотворение или эволюция?» (ахәҭақәа 1, 2, 3, насгьы 4). (Урҭ шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы.) Анаҩс ахәыҷы еиҳа игәаԥхаз ашьақәырӷәӷәара алхны Ҳазшаз дшыҟоу агәра зиго шәзеиҭеиҳәааит. Уи аҵара ицызҵо рацәажәара дазыҟанаҵоит. Аӡәы Ҳазшаз иӡбахә еиликаар иҭаххар, ихадоуп уи ирмарианы изеиҭаҳәара. Иаҳҳәап, аҵара ицызҵо аӡәы абас иҳәоит: «Сара избо ауп зыгәра зго. Анцәа иакәзар, ахаан дсымбаӡацт». Усҟан иқәыԥшу ҳашьа ма ҳаҳәшьа абас рҳәар рылшоит: «Ухаҿы иааг абна улаланы ушцо аҵеиџь убазшәа. Угәы иаанагозеи уи анубалак? Ааигәа-сигәа аӡәгьы дыҟамзаргьы, уи аӡәы ишыҟаиҵаз еилкаауп. Убас еиԥшҵәҟьа ҳазқәынхо адунеигьы аӡәы ишеит!» w24.12 18, абз. 16
Амҽыша, сентиабр 13
Абыргцәа ракәӡами аҟәыӷара злоу, аилкаарагьы змоу акыршықәса нызҵыз ракәӡами? (Иов 12:12).
Аӡбарақәа анҳадаҳкыло аӡәы алабжьара бзиа ҳаиҭар, уи ҳаигәырӷьоит. Уи аҩыза ацхыраара ҳарҭар рылшоит аизара ахылаԥшыҩцәеи доуҳала ишәу егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Урҭ ҳара ҳаасҭа акыр еиҳабызаргьы, уи иаанагаӡом иҳарҭо алабжьарагьы ажәхьеит ҳәа. Иегова иҭахуп зықәрахь инеихьоу рҿы аҵара ҳҵаларц, избанзар урҭ аԥышәеи, аилкаареи, аҟәыӷареи рымоуп. Абиблиатә аамҭақәа раан Иегова ижәлар дрыцхрааларц, насгьы анапхгара риҭаларц азы зықәрахь инеихьаз изиашаз ахацәа ихы иаирхәон. Урҭ иреиуан Моисеи, Давид, насгьы апостол Иоанн. Дара еиуеиԥшымыз аамҭақәа раан инхон, рҭагылазаашьақәагьы зынӡа еиԥшӡамызт. Рыхҩыкгьы рыԥсҭазаара ахыркәшамҭаз абиԥара ҿыц иҟәыӷоу амҩақәҵарақәа рырҭеит. Иара убас рыхҩык Анцәа иҳәатәы хаҳҵалар шаҟа ихадоу аҵшьны ирҳәеит. Ҳара зегьы, хәыҷгьы-дугьы, урҭ рылабжьарақәа ҳрызхәыцыр бзиоуп (Рим. 15:4; 2 Тим. 3:16). w24.11 8, абз. 1, 2
Ашәахьа, сентиабр 14
Ауаҩытәыҩса Иԥа ицәеижь шәымфозар, ишьа шәымжәуазар, аԥсҭазаара шәоураны шәыҟаӡам (Иоанн 6:53).
Нои ихаан Анцәа ауаа ашьа рымфаларц реиҳәеит (Алаг. 9:3, 4). Иегова израильаа азакәан анриҭоз, уи аԥҟара еиҭах иҳәеит. Уи еилазгоз дарбанзаалак ашьра иқәырҵон (Алев. 7:27). Иисус ауриацәа Моисеи изакәан иқәныҟәаларц реиҳәон (Матф. 5:17—19). Убри аҟынтә ицәеижьҵәҟьа рфаларц, насгьы ишьаҵәҟьа ржәларц ахаан иреиҳәарымызт. Иисус ихы иаирхәаз ажәақәа «ацәеижь», насгьы «ашьа» иаадырԥшуаз даҽакы акәын. Уи аҩыза азнеишьа иара уаанӡагьы ихы иаирхәахьан. Иаҳҳәап, самариатәи аԥҳәыс илеиҳәеит: «Сара исҭо аӡы...наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо... ӡыхьхоит» (Иоанн 4:7, 14). Ҳәарада, иара иҳәар иҭахӡамызт самариатәи аԥҳәыс ҵеиџьк аҟынтә аӡы лжәыр, наӡаӡатәи аԥсҭазаара лоуеит ҳәа. Капернаум иҟаз ауаагьы идирҵаӡомызт ицәеижьҵәҟьа рфалар, насгьы ишьаҵәҟьа ржәлар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит ҳәа. w24.12 9, абз. 4—6
Аҩаша, сентиабр 15
Шәцәеижь Анцәа игәы иақәшәо, зыԥсы ҭоу, иԥшьоу кәырбанс иҟашәҵа, шәыхшыҩ шәхы иархәаны имаҵ жәула (Рим. 12:1).
Ари адунеи аҿы лассы-лассы аҳәса пату рықәырҵаӡом. Анцәа имаҵ зуа ахацәа ари адунеи аҿы ауаа шхәыцуа еиԥш имхәыцларц азы ргәырҽанызароуп. Избан? Избанзар ушхәыцуа еиԥш ауп ухгьы шымҩаԥуго. Апостол Павел Рим инхоз иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа ргәырҽаниҵеит: «Ари адунеи иатәу ауаа иҟарҵо аҟаҵара шәаҟәыҵ» (Рим. 12:1, 2). Павел ари асаламшәҟәы аниҩуаз, римтәи аизарақәа ыҟоижьҭеи шықәсқәак ҵуазар ҟаларын. Аха уеизгьы Павел иажәақәа излаҳдырбо ала, аишьцәа шьоукы уатәи ақьабзқәеи иаарыкәыршаны иҟаз ауаа рхәыцшьеи рныруан. Убри азоуп Павел рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи рыԥсахырц ргәы зазҭеиҵаз. Ари алабжьара Анцәа имаҵ зуа ахацәа рзы иахьагьы ихәарҭоуп. Угәы унархьуеит шьоукы ари адунеи шхәыцуа еиԥш иахьхәыцуа, насгьы рыҳәса иҽеимкәа иахьрызныҟәо. w25.01 9, абз. 4
Ахаша, сентиабр 16
Ахылаԥшыҩцәа реиԥш амаҵ уа, шәнапы ианҵоу Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала (1 Пиотр 5:2).
Иахьа аизара ахылаԥшыҩцәа рхы иамеигӡаӡақәа аџьабаа рбоит. Дара ауаа ажәабжь бзиа рыларҳәоит (2 Тим. 4:5). Аизара ахылаԥшыҩцәа аизара атерриториаҿы ажәабжьҳәаратә ус еиҿыркаауеит, ажәабжь аҳәашьеи аҵаҩцәа разыҟаҵашьеи ҳдырҵоит, рхаҭагьы гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәоит. Уи адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа арыцҳашьара злоу, ауаа еилызымхуа ӡбаҩцәоуп. Аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо, дара уи ауаҩы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ицхраауеит. Убри аамҭазгьы аизара ацқьара иахылаԥшуеит (1 Кор. 5:12, 13; Гал. 6:1). Аха раԥхьаӡа иргыланы аизара ахылаԥшыҩцәа хьчацәоуп (1 Пиотр 5:1—3). Дара Абиблиа шьаҭас измоу ажәахәқәа рыманы иқәгылоит, аизараҿы зегьы ибзианы рабадырра рҽазыршәоит, насгьы ргәы шьҭырхларц азы ирҭаауеит. Уи адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа шьоукы Иегова ишаҳаҭцәа рзалқәа рыргылара рҽаладырхәуеит, ирхылаԥшуеит, аконгрессқәа реиҿкаараҿы ацхыраара ҟарҵоит, ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитетқәа рҿы, насгьы ачымазцәа рбаразы еиҿкаау агәыԥқәа рҿы амаҵ руеит. Аизара ахылаԥшыҩцәа ҳара ҳзы рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа рбоит. w24.10 20, абз. 9
Аԥшьаша, сентиабр 17
Адам ихҟьаны зегь шыԥсуа еиԥш, Христос ибзоурала зегь рыԥсы ҭалоит (1 Кор. 15:22).
Абиблиа ишҳаилнаркаауа ала, аҿыхра агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит. Апостол Пиотр уи абас дахцәажәеит: «Ишыжәдыруа еиԥш, шәабацәа рҟынтә ишәҭынхаз ҵакы змам аԥсҭазаара аҟынтә ахақәиҭра шәызҭаз ахьи араӡни реиԥш ииаӡаауа ак акәӡам. Ахақәиҭра шәызҭаз зыхә ҳараку Христос ишьа ауп. Иара гра змам асыс даҩызоуп» (1 Пиотр 1:18, 19). Иисус иԥсхҭынҵара абриаҟара агәаҟрақәа ҳзаазго агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭар алшоит (Рим. 5:21). Ҳара Иеговеи Иисуси ахақәиҭра ахьҳарҭаз даара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Уи злалшаз Христос зыхә ҳараку ишьа, даҽакала иуҳәозар, иԥсҭазаара абзоурала ауп. w25.02 5, абз. 15, 16
Ахәаша, сентиабр 18
Насыԥ имоуп еснагь Анцәа ицәшәо ауаҩы (Ажәам. 28:14).
Иҟаҵатәузеи ҳхызхыр алшо аҟынтә ҳхы ҳахьчарц азы? Ҳахәаԥшып ашәҟәы Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ану арԥыс ихҭыс иаҳнарҵо. Иламысдаз аԥҳәыс аҵх еицырхыргарц идылгалеит, иаргьы мап лзицәымкӡеит. 22-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Абар иара уажәшьҭа длышьҭаланы дцоит». Раԥхьа угәы иаанагар алшоит арԥыс ихаҭа дызқәымгәыӷуаз аҭагылазаашьа дақәшәеит ҳәа. Аха аконтекст ишаҳнарбо еиԥш, иара уи агәнаҳахь дназгаз акымкәа-ҩбамкәа ихшыҩдаз аӡбарақәа идикылеит. Иарбан ӡбарақәоу? Зегь злалагаз, уи аԥҳәыс дахьынхоз амҩа дахьанылаз ала ауп. Анаҩс иара лыҩны аган ахь иҿынеихеит (Ажәам. 7:8, 9). Уи аԥҳәыс даниба, дааҳәны ацара аҭыԥан, уахь дылԥылеит. Иара длыгәӡырц иуит, насгьы дхылхырц азы илҳәоз дазыӡырҩуан. Лара иалҳәеит аҭынчразы акәырбанқәа шналгаз. Уи зылҳәаз, дуаҩы цәгьаӡам ҳәа агәра илыргарц азы акәзар ҟалап (Ажәам. 7:13, 14, 21). Арԥыс ихшыҩдараз арҭ ашьаҿақәа ҟаимҵазҭгьы, уи аҩыза ихьрымызт. w24.07 16, абз. 8, 9; 19, абз. 19
Асабша, сентиабр 19
Гәык-ԥсыкала [ианашәыжь], игәы [шәырҭынч] (2 Кор. 2:7).
Шьоукы ргәы иаанагоит Иегова арыцҳашьара илазар, аизараҿы зегьы рхы иааҭашәо ҟарҵалар рылшоит ҳәа. Аха Иегова ахаангьы инормақәа иԥсахӡом. Иара агәнаҳа ҟазҵаз, аха уи иахьымхәуа аизараҿы даанижьӡом (Иуда 4). Ус ҟаимҵазҭгьы, егьырҭ рахь арыцҳашьара ааирԥшит ҳәа ҳазҳәаӡомызт, рдоуҳатә гәабзиарагьы ашәарҭара иҭагылон (Ажәам. 13:20; 1 Кор. 15:33). Аха убри аамҭазгьы Иегова аӡә дҭахар иҭахӡам. Иара иахьынӡалшо зегьы еиқәирхар иҭахуп. Иегова зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи ԥсахны, иареи дареи реиҩызара еиҭашьақәзыргыларц зҭаху ауаа рахь арыцҳашьара ааирԥшуеит (Иез. 33:11; 2 Пиотр 3:9). Убри азы ауп коринфтәи ахаҵа игәнаҳа дахьхәны агәнаҳаҟаҵара данаҟәыҵ ашьҭахь Иегова апостол Павел ила аизара изреиҳәаз уи ианарыжьырц, насгьы дрыдыркыларц. w24.08 16, абз. 7; 18—19, абз. 14, 15
Амҽыша, сентиабр 20
Сашьцәа иреиҵоу руаӡәк изыҟашәҵаз саргьы исзыҟашәҵеит (Матф. 25:40).
Иисус ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана анеиҭеиҳәа, ауаа рус аниӡбало дызхәаԥшло иҳәеит. Иара ауаа рус аниӡбало, урҭ доуҳала ишәу иашьцәа ирывагылазу-ирывамгылазу дахәаԥшлоит (Матф. 25:31—46). Ари аӡбара Армагеддон аҿаԥхьаҵәҟьа, арыцҳара ду аан иҟалоит (Матф. 24:21). Ахьча ауасақәеи аџьмақәеи шеилихуа еиԥш, Иисус доуҳала иалху ақьырсианцәа ирывагылази ирывамгылази еилихуеит. Абиблиа иаҳнарбоит Иисус ӡбаҩыс дҟазҵаз Иегова ихаҭа шиакәу, убри аҟынтә Иисус ауаа рус ииашаны иӡбалоит (Ис. 11:3, 4). Иисус уажәнатә ауаа ирҳәо, ируа, изызхәыцуа, доуҳала иалху иашьцәа ишрызныҟәо дахәаԥшуеит (Матф. 12:36, 37; 25:40). Ауаа рус аниӡбало доуҳала иалху ақьырсианцәа ирывагылаз зусҭцәоу ибзианы идыруазаауеит. Урҭ рыцхрааразы ихадоу азнеишьақәа руак ажәабжь рыцҳәара ауп. w24.09 20—21, абз. 3, 4
Ашәахьа, сентиабр 21
Зегь гәашәҭала, ииашоу-ииашаму еилышәкаала (1 Фес. 5:21).
Акы агәра жәгаанӡа, уи Абиблиа иаҿагылоу-иаҿамгылоу гәашәҭ. Иаҳҳәап, иқәыԥшу аӡәы Анцәа хьаас дышимоу ала длакҩакуеит. Аха уи аҩыза ахәыцра изцәырҵзар, уи иашоуп ҳәа аанагаӡом. Убри аҟынтә уи ауаҩ Абиблиа аартны еиликаар ауп Иегова иара дшизыҟаҵәҟьоу. Абиблиа ҳанаԥхьо, Иегова ибжьы ҳаҳауазар иаҩызоуп. Аха зҵаарак аганахь ала игәаанагара еилышәкаар шәҭахызар, аџьабаа жәбар ауп. Зинтерес шәымоу атема иадҳәалоу абиблиатә жәеинраалақәа шәыԥшаала. Уи азы ҳпубликациақәа рыла аҭҵаара мҩаԥыжәга (Ажәам. 2:3—6). Иегова шәиҳәала иҭышәҵаауа азҵаара иазкны игәаанагара аилкаара дшәыцхраарц. Анаҩс шәҭагылазаашьа иақәшәо, шәхы иашәырхәар шәылшо абиблиатә принципқәа шәыԥшаар ауеит. w24.10 25, абз. 4, 5
Аҩаша, сентиабр 22
[Абзиабара] ахы мацара иазхәыцӡом (1 Кор. 13:5).
Иегова ахаангьы дырзылԥхалаӡом аԥагьара злоу, зхы ҳаракны избо ауаа (1 Кор. 10:24, 33; 13:4, 5). Иисус изааигәаз иҩызцәагьы зны-зынла ииашамыз амотивқәа рыман. Иаҳгәалаҳаршәап ҩыџьа апостолцәа, Иакови Иоанни, иҟарҵаз. Дара Иисус иаҳраҿы аҭыԥ бзиа иаҳәеит. Иахиҳәаазеи уи Иисус? Иара урҭ уи азы имырҽхәаӡеит. 12-ҩык иапостолцәа абас реиҳәеит: «Шәыбжьара амчра ду иашьҭоу дышәмаҵуҩхароуп, аҭыԥ ду иашьҭоу — шәымаҵ иулароуп» (Марк 10:35—37, 43, 44). Ииашоу амотивқәа змоу аишьцәа, даҽакала иуҳәозар, егьырҭ рымаҵ аура зҭаху, аизаразы ҳамҭа дуны иҟалоит (1 Фес. 2:8). w24.11 15—16, абз. 7, 8
Ахаша, сентиабр 23
Абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит (Ажәам. 15:22).
Аӡбарақәа анҳадаҳкыло, абзиабара ҳгәазҭанаҵоит ҳара иҳахәаша акәымкәа, «егьырҭ ирыхәаша» азхәыцра, насгьы ламысла-патула аҽеилаҳәара (1 Кор. 10:23, 24, 32; 1 Тим. 2:9, 10). Убасҟан иҳадаҳкыло аӡбара иааҳакәыршаны иҟоу ауаа рахь абзиабареи апатуқәҵареи аныԥшлоит. Ихадоу ӡбарак шәыдышәкылаанӡа шәазхәыц уи инақәыршәаны иҟаҵатәхо. Иисус иҳәеит уск уалагаанӡа уи шаҟа аго шыԥхьаӡатәу (Лука 14:28). Уахь иаҵанакуеит шәаамҭеи, шәԥареи, шәымчқәеи. Зны-зынла ҳҭаацәа ҳрацәажәар бзиоуп, дасу дызлаҳацхраар илшо еилаҳкаарц азы. Избан ус ҟаҳҵар зыбзиоу? Шәара игәашәҭар ауеит ишәыдышәкылаз аӡбара маҷк ишыԥсахтәу, ма зынӡа даҽа ӡбарак шәыдышәкылар еиҳа ишеиӷьу. Уи адагьы, шәҭаацәа ацхырааразы шәрыҳәар, насгьы ргәаанагара шәазыӡырҩлар, шәус маншәалахарц азы еиҳагьы ишәывагылар алшоит. w25.01 18—19, абз. 14, 15
Аԥшьаша, сентиабр 24
Шәгәырӷьала (Ис. 65:18).
Исаиа иҳаилиркаауеит адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳахьыҟоу аигәырӷьаразы амзызқәа шҳамоу. Уи џьанаҭ зшаз Иегова иоуп (Ис. 65:18, 19). Убри аҟынтә иџьашьатәӡам Иегова доуҳала ицәыббылны иҟоу, ацәҳәыра иаҩызоу, иажәхьоу ари адунеи алҵра ауаа дахьрыцхраауа. Адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳара ишәҭыкакаҷуа зеиԥшыҟам абаҳчаҿы ҳаҟоушәа ҳхы ҳбоит, убри аҟынтә егьырҭгьы уахь ааԥхьара раҳҭалар ҳҭахуп (Иер. 31:12). Адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхо ауаа ҭабуп ззырҳәалаша, насгьы изеигәырӷьалаша даҽа мзызкгьы рымоуп — уи адунеи ҿыц аҿы анхаразы ирымоу агәыӷра ауп. Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит ҳара аҩнқәа шҳаргылало, ҳшагьынхало уаҟа, аӡахәаҭрақәа шыҳааӡало, урҭ ирҿалогьы шаҳфало. Ҳара «баша аџьабаа [ҳ]балаӡом», избанзар Иегова даҳзылԥхалоит. Иара ажәа ҳаиҭоит усҟан акгьы ҳшацәымшәало, ҳаԥсҭазаара насыԥла ишҭәызаауа, насгьы аҵакы шамазаауа. Анцәа иаҳҭаху идыруазаауеит. Иара «зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа на[и]гӡоит» (Ис. 65:20—24; Аԥсал. 145:16). w24.04 22, абз. 11, 12
Ахәаша, сентиабр 25
Анцәа — сыцаҟьа ӷәӷәа, схыхьчарҭа иоуп (Аԥсал. 62:7).
Иегова ҳаниқәгәыӷуа, иара ҳара ҳзы ацаҟьа даҩызахоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иҳаиҳәо зегьы ахәарҭа шаҳзаанаго. Убри аҟынтә аамҭа цәгьақәа раангьы иара ҳаизыӡырҩуеит (Ис. 48:17, 18). Дышҳацхраауа анаҳбо, еиҳагьы игәра ҳго ҳалагоит. Уи Иегова ицхыраарада иҳазхымго ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа ҳарзыҟанаҵоит. Шәхаҿы иаажәг ацаҟьа ду. Уи есымша ишыҟац иҟоуп, ахаангьы аҽаԥсахӡом. Убасҵәҟьа Анцәагьы иҽиԥсахӡом. Иара ииҳәаз наигӡоит, иажәақәа дрыцәхьаҵӡом. Иара ихаҭагьы иҽиԥсахӡом, игәҭакгьы иԥсахӡом (Мал. 3:6). Едемтәи абаҳчаҿы Адами Евеи Иегова иҿагылеит, аха иара ауаа рганахьала имаз игәҭакы имԥсахӡеит. Апостол Павел иҳәеит Иегова «ихы дзаҿагылаӡом» ҳәа (2 Тим. 2:13). Иаанагозеи уи? Иҟалалакгьы, егьырҭ рхы шымҩаԥыргозаалакгьы, Иегова дшыҟац даанхоит. Иара игәҭаки инормақәеи рҽырыԥсахӡом. Иҭынчым, уажәы-уажәы зҽызыԥсахуа арҭ аамҭақәа рзы ҳара Иегова ҳиқәгәыӷлар ҳалшоит. Иара иоуп гәыӷырҭас, еиқәырхаҩыс иҳамоу (Аԥсал. 62:6, 7). w24.06 27, абз. 7, 8
Асабша, сентиабр 26
Ҩныҵҟала, гәаҭала шәзеиԥшроу... ...[ахә ҳаракуп] (1 Пиотр 3:4).
Уара уажәы аӡәы иабадырра уаҿызар, иуцхраар алшои уи ауаҩы аҭаацәара ицалалара иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара? Ауаҩы ибзианы деилукаарц азы иулшо зегь ҟаҵа. Ҳәарада, иудыруагь ыҟоуп. Аха ари аетап аҿы ауаҩы «ҩныҵҟала, гәаҭала [д]зеиԥшроу» аилкаара хадоуп. Иаҳҳәап, ауаҩы Иегова шаҟа бзиа дибо, иҟазшьеи ихәыцшьеи зеиԥшроу аилкаара хадоуп. Ԥыҭрак ашьҭахь уара абарҭ азҵаарақәа рҭак уоуеит: «Дысзыҟалома иара ма лара хатә ҩыза бзианы? (Ажәам. 31:26, 27, 30; Еф. 5:33; 1 Тим. 5:8). Ихеибарҭәаалома ҳемоциатә ҭахрақәа? Дасу иҳагу ҳамыхәаԥшӡакәа ҳзеицынхома? (Рим. 3:23)». Иухоумыршҭлан: шаҟа шәеиԥшу акәӡам ихадоу, шаҟа аилибакаара шәашьҭоу ауп. w24.05 27, абз. 5
Амҽыша, сентиабр 27
Сара Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟасҵеит (2 Сам. 12:13).
Аҳ Давид агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит. Аха аԥааимбар Нафан ицхыраарала иҟаиҵаз агәнаҳа Иегова шаҟа игәы инархьыз анеиликаа, ахынраалара аарԥшны игәнаҳа дахьхәит (Аԥсал. 51:3, 4, 17, надписание). Аҳ Езекиагьы Иегова игәы изырхьыз агәнаҳа ҟаиҵеит (2 Аш. 32:25). Уи ашьҭахь Езекиа, Давид иеиԥш, ахынраалара аарԥшны иҟаиҵаз дахьхәит (2 Аш. 32:26). Аҵыхәтәаны Иегова уи изиашоу уаҩны диԥхьаӡеит, насгьы иҳәеит «ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟаиҵон» ҳәа (2 Аҳ. 18:3). Иаҳдырҵозеи арҭ аҿырԥштәқәа? Ҳагәнаҳақәа гәык-ԥсыкала ҳрыхьхәлароуп, насгьы еиҭах урҭ ҟаҳамҵарц азы ҳхы аус адаҳулалароуп. Иаҳҳәап, аизара ахылаԥшыҩцәа лабжьарак шәырҭеит, аха шәара уи аҳәарагьы иаԥсамызт ҳәа шәыԥхьаӡоит. Уи аҩыза шәақәшәазар, аизара ахылаԥшыҩцәа шәырцәымӷушәа, насгьы Иегова бзиа шәимбошәа шәымхәыцлан. Иегова Израиль иҟаз аҳцәа бзиақәагьы зны-зынла инақәырӷәӷәаны ириашон (Аур. 12:6). Алабжьара аншәырҭо: 1) ахынраалара аарԥшны алабжьара шәызҭо шәизыӡырҩы; 2) аҽыԥсахра ахьшәыхәҭоу шәҽышәыԥсах; 3) анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ жәула. Ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Анцәа урҭ ҳанаижьуеит (2 Кор. 7:9, 11). w24.07 21, абз. 8, 9; 22, абз. 11
Ашәахьа, сентиабр 28
Ацәгьара ҟазҵо наҟ дшәылыжәга (1 Кор. 5:13).
Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз акырынтә ицхраара рҽазыршәахьазҭгьы, аха иара рыцхыраара идимкылазар, аизара дрылыргоит (2 Аҳ. 17:12—15). Иусқәа рыла иааирԥшит Иегова изыӡырҩреи изакәанқәа рыла анхареи шиҭахым (Ҩынтә. 30:19, 20). Аизараҿы алаҳәара ҟарҵоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ауаҩы уаҳа Иегова ишаҳаҭ шиакәым рдыруазарц азы. Уи зыҟарҵо ауаҩы дладырҟәырц азы акәӡам. Аха аизараҿы зегьы абиблиатә мҩақәҵара иқәныҟәаны уаҳа ицымзарц, акрагьицрымфаларц азоуп (1 Кор. 5:9—11). Иегова уи амҩақәҵара ус баша иҳаимҭаӡеит. Апостол Павел иҩит «маҷк аҵәыҵәыра амажәа зегь шарҵәыҵәуа» (1 Кор. 5:6). Зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизараҿы даанхар, уи егьырҭ ақьырсианцәа Иегова изакәанқәа рыла анхара ирԥырхагахар алшоит (Ажәам. 13:20; 1 Кор. 15:33). w24.08 26—27, абз. 3, 4
Аҩаша, сентиабр 29
Амч сызҭо ибзоурала сара зегь схызгар сылшоит (Флп. 4:13).
Ҳара иҳамоу амч егьырҭ иҳазрыцеиҩшаӡом. Аха ҳара иҳалшоит егьырҭ рзы ак ҟаҳҵарц азы ҳамч ҳхы иаҳархәалар. Иаҳҳәап, ишәылшома зықәрахь инеихьоу ма ичмазаҩу иашьак ма иаҳәшьак шәрыцхраар? Дара адәқьан ахь изымцозар, шәара шәцаны афатә рзаашәхәар шәылшоит, аҩнуск рзыҟашәҵар ауеит, мамзаргьы даҽакала шәрыцхраар шәылшоит. Иегова ишаҳаҭцәа рзал аилыргареи ахылаԥшреи ҳхы алаҳархәыр ауеит. Иара убас ишәхашәмыршҭлан ажәақәагьы амч шрымоу. Иҟалап арҽхәара зҭаху аӡәы иаразнак шәхаҿы дааизар, мамзаргьы згәы шьҭыхтәу аӡәы дышәгәалашәазар. Ауаҩы изхәыцра мацара аҿы шәаанымгылан, шәгәы иҭоу ажәа ҟәандақәа шәҳәа. Шәара ишәылшоит уи ауаҩ иахь сасра шәнеир, аҭел шәизасыр, аоткрытка ак анҵаны ишәҭар, мамзаргьы СМС-аацҳара изышәышьҭыр. Ажәа ԥшӡақәа шәхахьы имааиуазар, уи хьаас иҟашәымҵан. Аӡәы игәы ашьҭыхразы гәыкала иҳәоу ажәак-ҩажәак азхар ауеит. Иҟалап ауаҩы убри мацара акәызҭгьы ииҭахыз, игәалаҟазаара шьҭыҵны даҽа мышкгьы Иегова дизиашаны даанхарц азы (Ажәам. 12:25; Еф. 4:29). w24.09 27—28, абз. 8—10
Ахаша, сентиабр 30
Хылаԥшҩыс аҟалара зҭаху аус бзиа дашьҭоуп (1 Тим. 3:1).
Уара аизара ацхырааҩыс амаҵ аура уалагахьазар, иаҳҳәар ҳалшоит аизара ахылаԥшҩыс уҟаларц азы маҷк угуп ҳәа. Уҽазушәома уара уи аус бзиахь ухы архара? Иаҵанакуазеи уи «аус» ахь? Аизара ахылаԥшыҩцәа гәацԥыҳәарала аизара иалахәу ажәабжь рыцырҳәоит, згәы шьҭыхтәу ирҭаауеит, аҵара ддырҵоит, насгьы рцәажәашьеи рхымҩаԥгашьеи рҿы аҿырԥш бзиа рырҭоит, убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара дырӷәӷәоит. Убри азоуп Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа аҳамҭақәа ҳәа зрызҳәоу (Еф. 4:8). Иҟаиҵар ихәҭоузеи аиашьа, аизара ахылаԥшҩыс дҟаларц азы? Уи азы ҟазарақәак илазар мацара азхаӡом. Аиашьа жәабжьҳәаҩ бзианы, насгьы рҵаҩ бзианы дыҟазар ауп. Аха уи адагьы, 1 Тимофеи 3:1—7, насгьы Тит 1:5—9 аҿы зыӡбахә ану аҭахрақәа дрықәшәозароуп. w24.11 20, абз. 1—3