Ҩынтәзакәан
7 Шәынцәа Иегова шәнапаҿы иаажәгараны иҟоу адгьыл ахь шәаннеигалак, ажәлар дуқәа наҟ иқәицоит: хе́ттаа, гирга́шаа, аморе́иаа, ханаа́наа, ферезе́иаа, хиве́иаа, иеву́саа — шәара шәаасҭа еиҳау, шәара шәаасҭа иӷәӷәоу быжь-жәларык. 2 Шәынцәа Иегова урҭ шәыриааиртә иҟаиҵоит, шәаргьы урҭ ԥыххааса иқәышәҵоит. Шәара урҭ ықәышәхроуп. Дареи шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, иагьрыцҳашәымшьан. 3 Аиуара шәыбжьашәымҵан. Шәыԥҳацәа урҭ рԥацәа ирышәымҭалан, рыԥҳацәагьы шәԥацәа рзы ишәымгалан, 4 избанзар дара шәԥацәа сымаҵ аура иаҟәыхны, егьырҭ анцәақәа рымаҵ аура иаладыргоит. Усҟан Иегова игәы шәзыԥжәоит, ирласныгьы шәықәихуеит.
5 Абар урҭ ирзыжәуша: ркәырбаннагарҭақәа шәырбга, иԥшьоу ргәашьақәа ԥыххааса иқәышәҵа, иԥшьоу рышьаҟақәа* хҵәаны икашәыжь, ридолқәа амца рыцраҵаны ижәблы. 6 Избанзар шәара Шәынцәа Иегова изы иԥшьоу жәларуп. Адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегь рҟынтә Шәынцәа Иегова шәара шәалихит, иара иитәу, лымкаала дыззыҟоу жәларны* шәҟаларц азы.
7 Иегова игәы шышәзыбылуа шәирбеит, иара шәзалихыз егьырҭ ажәларқәа раасҭа шәахьеиҳау азы акәӡам (шәара егьырҭ ажәларқәа раасҭа шәеиҵоуп), 8 Иегова шәзалихыз бзиа шәахьибо, насгьы шәабацәа дықәны ириҭаз ажәа ахьигәалашәо азоуп. Убри азоуп Иегова напы ӷәӷәала ахәура шәыҭганы, египеттәи аҳ, афараон, иҟынтә ахақәиҭра зшәиҭаз. 9 Шәара ижәдыруеит Шәынцәа Иегова ида Нцәа дшыҟам. Иара узықәгәыӷыртә иҟоу, зеиқәшаҳаҭра еилазымго Нцәоуп. Бзиа дызбо, иԥҟарақәагьы назыгӡо ирхылҵқәо рахь азықьтәи абиԥараҿгьы гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшуеит, шәара уи ибзианы ижәдыруеит. 10 Дызцәымӷу ракәзар, рықәнага иақәиршәоит, наҟ иқәигоит. Иара аамҭа мгаӡакәа дызцәымӷу ахьирхәуеит. Дасу иқәнага дақәиршәоит. 11 Убри аҟынтә иахьа ишәысҭо аԥҟарақәеи, азакәанқәеи, ақәҵарақәеи ак рыгмыжьӡакәа инашәыгӡала.
12 Арҭ аԥҟарақәа зегьы шәрықәныҟәалар, ак рыгмыжьӡакәагьы инашәыгӡалар, Шәынцәа Иегова иеиқәшаҳаҭра еилеигаӡом, гәыбылрала иҭәу бзиабаралагьы бзиа шәибалоит, дықәны шәабацәа ишреиҳәаз еиԥш. 13 Иара бзиа шәибалоит, дышәзылԥхоит, шәхыԥхьаӡарагьы еизирҳауеит. Иара ишәиҭоит ҳәа дықәны шәабацәа иреиҳәаз адгьыл аҿы дышәзылԥхоит: ахшара рацәа шәиҭоит, шәыдгьыл аҽаҩра шәнаҭалоит, ачарыци*, аҩи, ахәшеи меигӡарахда ишәымазаауеит, шәшьамаҟеи шәыԥсасеи ҿиалоит. 14 Анцәа егьырҭ ажәларқәа зегь раасҭа дышәзылԥхоит. Шәара шәҿы ахылҵ дызмоуа ахаҵагьы дҟалом, аԥҳәысгьы дҟалом, имҿио арахәгьы шәоуӡом. 15 Иегова ачымазарақәа зегьы шәырцәихьчоит, иара Египет ижәбаз ачымазара бааԥсқәа шәирхьӡом, шәызцәымӷу роуп изирхьуа. 16 Шәынцәа Иегова ишәиҭо ажәларқәа зегьы наҟ иқәышәх, ирыцҳашәымшьан урҭ, рынцәақәа рымаҵ жәмулан, избанзар уи шәара шәзы ашьацҳәа иаҩызахоит.
17 „Арҭ ажәларқәа ҳара ҳаасҭа еиҳауп, излақәаҳцои?“ ҳәа шәгәы иаанагаргьы, 18 шәырцәымшәан урҭ. Ишәхашәмыршҭлан Шәынцәа Иегова Египет иҟаиҵаз, афараонгьы изиуз. 19 Ишәхашәмыршҭлан Шәынцәа Иегова напы ӷәӷәала Египет шәаналигоз шәылала ижәбоз уцәа уҭазырӡыӡо арыцҳарақәеи*, узыршанхо аусқәеи, аџьашьахәқәеи. Шәынцәа Иегова шәзыцәшәо ажәларқәа зегь убасҵәҟьа рзиуеит. 20 Шәынцәа Иегова урҭ ргәы каижьлоит*, иаанхогьы, зҽызҵәахуагьы ықәӡаанӡа. 21 Шәырцәымшәан урҭ, избанзар Шәынцәа Иегова — аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырзго Анцәа ду —дшәыцуп.
22 Шәынцәа Иегова урҭ ажәларқәа хәыҷы-хәыҷла иқәицалоит. Иара урҭ иаразнак иқәышәхыр иуӡом, агыгшәыгқәа ҿианы ԥырхага шәырымҭарц азы. 23 Шәынцәа Иегова урҭ ажәларқәа шәыриааиртә иҟаиҵоит, иқәӡаанӡагьы инирҵәалоит. 24 Иара урҭ раҳцәа шәиҭоит, шәара урҭ рыхьӡ адунеи ианыӡаартә иҟашәҵоит. Шәыззымиааиуа ҳәа аӡәгьы дҟалаӡом, зегь ықәышәхуеит. 25 Урҭ ридолқәа жәблы. Шәырмеилаҳан, ишәымган урҭ злахҟьоу ахьи араӡни, шьацҳәас ишәзыҟамларц азы, избанзар Шәынцәа Иегова изы уи зегь хәымгоуп. 26 Уи ахәымгара шәыҩны иҩнашәымгалан, мамзар Анцәа иаргьы ықәигоит, шәаргьы шәықәигоит. Ишәцәымӷыз урҭ, ихәымгашәшьала, иҟаӡамызшәа наҟ иқәыжәга.