Август
Асабша, август 1
Усҟан иҟалоит адунеи аншаз инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлац... арыцҳара ду (Матф. 24:21).
Ҳара Анцәа ҳиҳәоит иахьынӡалшо ирацәаҩны згәызҽанаҳҵо ауаа уажәнатә иҳавагыланы иара имаҵ аура иалагарц. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи макьана иаҳзымӡырҩуа ауаа ирызкны? Иегова еиқәирхар илшоит амцдинхаҵара шықәгахаз анырбалак игәра зго ауаа. Ус акәзар, уажәы даара ихадоуп Вавилон ду иахьраны иҟоу ауаа рылаҳәара. Ҳара ауаа уажәы ираҳҳәо аԥхьаҟа иргәалашәар рылшоит. (Иаҿшәырԥш Иезекииль 33:33.) Иҟалап дара уажәы ираҳауа агәҽанҵара ргәалашәар, насгьы аамҭа ыҟанаҵы ицқьоу амҵахырхәара рҽадыркылар. Иаҳҳәап, Филипп инхоз абахҭахьчаҩ «адгьылҵысра ӷәӷәа» аныҟала ауп Иисус игәра анига (Аус. 16:25—34). Убас еиԥш Вавилон ду анықәгахалак, уи збо шьоукы Иегова игәра ргар рылшоит. Уажәы урҭ агәырӷьажәабжь иақәҿырымҭуазаргьы, уи иаанагаӡом аԥхьаҟагьы ргәаанагара рыԥсахӡом ҳәа. w24.05 16—17, абз. 9, 10
Амҽыша, август 2
Христос азакәан аԥихит (Рим. 10:4).
Апостол Павел иауриаз ақьырсианцәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы ихадоу даҽа уроккгьы ҳаԥшаауеит. Урҭ рҟынтә шьоукы доуҳала аизҳара иаҟәыҵит, убри аҟынтә Павел абас рзиҩит: «Макьана хшыла иааӡатәқәоу шәоуп, икьакьоу [адоуҳатә] фатә афара шәцәыуадаҩуп» (Аур. 5:12). Дара Иегова аизара ала хәыҷы-хәыҷла иааиртуаз иҿыцыз аилкаара инақәыршәаны инхаӡомызт (Ажәам. 4:18). Иаҳҳәап, ауриацәа аӡәырҩы Моисеи изакәан ишықәныҟәац иқәныҟәон, Иисус дыԥсижьҭеи, насгьы уи азакәан аҟәихижьҭеи 30 шықәса раҟара шыҵхьазгьы (Тит 1:10). Убри аҟынтә Павел иашьцәеи иаҳәшьцәеи зыӡбахә рзиҩуаз иҵаулоу аҵабыргқәа реилкаара дрыцхраарц иҭахын. Убри акәын урҭ ақьырсианцәа ирҭахыз, уаанӡа Анцәа ишимҵахырхәоз аасҭа уажәы ишимҵахырхәо еиҳа ишеиӷьу агәра ргарц азы. Уи рыцхраауан имшәаӡакәа ажәабжь аҳәара (Аур. 10:19—23). w24.04 6, абз. 15
Ашәахьа, август 3
Иԥсхьоу рыԥсы [ҭалоит], ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы (Аус. 24:15).
Аҩсҭааи, Адами, Евеи Иегова ианиҿагыла аахыс миллиардҩыла ауаа ԥсхьеит. Иарбан ԥеиԥшу урҭ ауаа ирзыԥшу? Зхыԥхьаӡара рацәам Христос ишьҭанеицәа — 144 000-ҩык — ԥсра рықәымкәа жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсы ҭаҵахоит (Аат. 14:1). Зхыԥхьаӡара рацәоу Иегова изиашаз ахацәеи аҳәсеи адгьыл аҿы рыԥсы ҭалоит. Уи ҟалоит ауаа иашақәа рыԥсы анҭало Христос Зқьышықәсатәи инапхгара аан. Урҭ аҵыхәтәантәи аԥышәара рыхганы уаа иашақәаны иаанхар, наӡаӡа адгьыл аҿы инхалоит (Дан. 12:13; Аур. 12:1). Иара убас Зқьышықәсатәи анапхгара аан рыԥсы ҭалоит «ииашақәамгьы» — ахаан Иегова имаҵ зымуаз, аус бааԥсқәа ҟазҵозҵәҟьагьы. Дара рҽырыԥсахыртә, насгьы Иегова имаҵзуҩцәа ракәны иҟалартә алшара роуеит (Иоанн 5:29; Лука 23:42, 43). Аха иҟан идырны, насгьы дара ртәы иарганы Иегова иҿагылоз. Иара иӡбеит урҭ рыԥсы ҭалаӡом ҳәа (Лука 12:4, 5). w24.05 2, абз. 3; 5, абз. 15; 6, абз. 17
Аҩаша, август 4
Ажәала сҳараркуеит, аха гәыла исцәыхароуп (Ис. 29:13).
Аӡәы Иегова дизыразызарц иҭахызар, игәаҿы аиаша иҳәозароуп (Аԥсал. 15:2). Уи иаанаго амцмҳәара мацара акәӡам, ҳара иҟаҳҵо зегьы ламысцқьала иҟаҳҵалар ҳҭахуп (Аур. 13:18). Уи хадоуп, избанзар «Иегова амц зҳәо дицәымӷуп, ауаа иашақәа дырҩыза гәакьоуп» (Ажәам. 3:32). Згәаҿы аиаша зҳәо ҩ-ԥсҭазаашьак мҩаԥигаӡом. Иара ауаа данырбогьы данырымбогьы Анцәа иҳәатәы дахыԥаӡом, изакәанқәагьы еилеигаӡом. Ус акәымкәа, даҽакала ихы мҩаԥигозҭгьы, дымцҳәаҩхон. Дышԥаҟало ауаҩы дымцҳәаҩны? Раԥхьа иара библиатә нормақәак иашоу-ииашаму ҳәа длакҩакуа далагоит (Иак. 1:5—8). Нас уиаҟара ихадаӡам ҳәа ииԥхьаӡо азҵаарақәа рҿы Иегова изыӡырҩра даҟәыҵуеит. Ихымҩаԥгашьа алҵшәақәа анимбалак, дымшәаӡакәа Анцәа изакәанқәа реилагара далагоит (Еккл. 8:11). Убасала имҵахырхәара акгьы иаԥсамкәа иҟаиҵоит. Ҳара ҳакәзар, иҟаҳҵозаалакгьы, ламысцқьала иҟаҳҵалар ҳҭахуп. w24.06 10, абз. 7, 8
Ахаша, август 5
Аҵабырг амаҟа шәымӷашәҵа (Еф. 6:14).
Иегова имаҵзуҩцәа Абиблиа иану аҵабырг бзиа ирбоит. Ҳхаҵара уи аҵабырг шьаҭас иамоуп (Рим. 10:17). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ақьырсиантә еизара зеиҿикааз уи аҵабырг ахьчаларц, шьаҟас иаиурц азы шакәу (1 Тим. 3:15). Ҳара Абиблиеи Анцәа иорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәеи рыгәра агара ҳаҟәыҵыр, Аҩсҭаа игәы иршьышьрын (Еф. 4:14). Иаарласны Аџьныш апропаганда ду еиҿикаауеит, ажәларқәа жьаны Иегова иҿаиргыларц азы (Аат. 16:13, 14). Иара убас иҟалап иара Анцәа имаҵзуҩцәа ржьара еиҳагьы иҽазикыр (Аат. 12:9). Убри аҟынтә ҳара амци аиашеи реиҩдыраашьа ҳҵар хадоуп, насгьы аҵабырг ҳазыӡырҩлароуп (Рим. 6:17; 1 Пиотр 1:22). Уи арыцҳара ду ахгара иҳацхраауеит. w24.07 8, абз. 1—3
Аԥшьаша, август 6
Иахьа ишәысҭо аԥҟара шәара шәзы ицәгьаӡам, иагьышәцәыхараӡам (Ҩынтә. 30:11).
Иегова израильтәи ажәлар анеиҿикаа, иареи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит. Израильаа Анцәа изакәан иқәныҟәалозҭгьы, иара урҭ ихьчалон, дагьырзылԥхалон. Аха израильаа Анцәа иҿагылазҭгьы — иаҳҳәап, амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иалагазҭгьы, — иара уаҳа дырзылԥхаӡомызт, уи иахҟьаны игәаҟлон. Аха уеизгьы дара еиҭа Анцәа иразра роур рылшон. Иегова иахь ихынҳәны изыӡырҩра иалагар ауан (Ҩынтә. 30:1—3, 17—20). Даҽакала иаҳҳәозар, рыгәнаҳақәа ирыхьхәыр рылшон. Убасҟан Иегова дырзааигәахарын, еиҭа дырзылԥхогьы далагарын. Иегова ижәлар акырынтә иҿагылахьан. Уи иахҟьаны агәаҟрақәа ирықәшәон. Аха Иегова аҳәатәхамҵара аазырԥшуаз ижәлар акгьы рылҵӡом ҳәа имԥхьаӡаӡеит. Иара акырынтә израильаа рахь аԥааимбарцәа ишьҭхьан, рыгәнаҳақәа ирыхьхәны иара иахь ахынҳәра ргәазҭеиҵарц азы (2 Аҳ. 17:13, 14). w24.08 9, абз. 4, 5
Ахәаша, август 7
Иерусалим иҟаз аизара ӷәӷәала иашьҭашәарыцо иалагеит (Аус. 8:1).
Иерусалими Иудеиеи инхоз ақьырсианцәа ирацәаны ауадаҩрақәа ирықәшәон. Иисус данԥсы ашьҭахь дук мырҵыкәа ҿыц еиҿкааз аизара ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа ирықәшәеит. 46 шықәса ҳ. ҳ. азы амлакра ӷәӷәа ҟалеит, уи иахҟьаны ақьырсианцәа аӡәырҩы ӷархеит (Аус. 11:27—30). Уи амлакра ӷәӷәа алҵшәақәа 10 шықәса раҟара анҵы ашьҭахьгьы ирныԥшуан. Аха иҟан ианҭынчраз аамҭақәагьы. Иаҳҳәап, 61 шықәса ҳ. ҳ. шыҟаз еиԥш иԥшьоу адоуҳа апостол Павел игәазҭанаҵеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи асаламшәҟәы рзыҩра. Урҭ аԥхьаҟа аԥышәарақәа рзыԥшын аҟынтә, уи даара ирыхәеит. Избан Павел исаламшәҟәы ианаамҭаз иҩит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Иисус зыӡбахә иҳәахьаз арыцҳара дуи Иерусалим ахыбгалареи ааигәахара иаҿын. Убри аҟынтә ақьырсианцәа иҭынчраз уи аамҭа рхы иархәаны урҭ ахҭысқәа рҽырзыҟарҵар рылшон. Павел исаламшәҟәы уи аҿы ирыцхрааит. w24.09 8, абз. 1, 2
Асабша, август 8
Даараӡа... сгәы шьҭырхуеит (Кол. 4:11).
Ҳгәы аныбзиам, Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла бзиа ҳшибо шьақәирӷәӷәоит. Ҳгәы шԥашьҭырхуеи дара? Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳагәҭыха аҳәаха ҳарҭоит, аилкаареи арыцҳашьареи аарԥшны иаҳзыӡырҩуеит. Урҭ ҳааигәара иахьыҟоу мацарагьы ҳгәы анышьҭнахуа ыҟоуп. Дара ҳгәы шьҭызхыр алшо библиатә жәеинраалак ҳгәаладыршәар рылшоит, ма Анцәа иҳациҳәар ауеит (Рим. 15:4). Зны-зынла урҭ рҟынтә аӡәы ҳҭагылазаашьа Иегова дшахәаԥшуа ҳгәалаиршәар илшоит, уи ҳгәы арҭынчыр ауеит. Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи џьара акала иҳацхраар рылшоит, иаҳҳәап, амч анҳамам афатә ҳзыҟарҵар рылшоит. Зны-зынла ацхыраара ҳаурц азы уи ҳаҳәар ауп (Ажәам. 17:17). Егьырҭ ҳгәы иҵхо, насгьы цхыраарас иаҳҭаху рзымдыруазар алшоит (Ажәам. 14:10). Убри аҟынтә доуҳала ишәу шәҩызцәа шәцәаныррақәа рзеиҭашәҳәа. Урҭ шәыцхраар шрылшо рыҵашәҳәа. Зыгәра жәго аӡәык-ҩыџьак аизара ахылаԥшыҩцәа шәрацәажәар шәылшоит. Аиҳәшьцәа шьоукы доуҳала ишәу аиҳәшьцәа ацхырааразы ирыҳәоит. w24.10 10, абз. 15, 16
Амҽыша, август 9
Аԥа дыздызкыло, насгьы уи дхазҵо дарбанзаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоу[еит] (Иоанн 6:40).
Аӡәырҩы ауаа агәабзиара рымазарц, насгьы акыршықәса нырҵырц азы ирфо иацклаԥшуеит, абаҩрҵәырагьы ҟарҵоит. Аха дара ирдыруеит уеизгьы ишажәуа, аԥсрагьы ишзацәымцо. Дара ргәы иаанагоит наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҟалашьа змам ак ауп ҳәа. Уи иагьырҭахӡам, избанзар ргәы иаанагоит, уи ҟалар, ишажәу, ауадаҩрақәа шрымоу наӡаӡа инхалоит ҳәа. Аха Иисус наӡаӡатәи аԥсҭазаара агәырӷьара зцу ак еиԥш дахцәажәон. Иажәақәа ҳрыԥхьар ҳалшоит, иаҳҳәап, Иоанн 3:16, насгьы 5:24 аҿы. Ҽнак зны Иисус зықьҩыла ауаа ачеи аԥсыӡи рҿеиҵеит. Уи џьашьахә дуун. Аха Иисус адырҩаҽны ииҳәаз ауаа уи аџьашьахәы аасҭагьы иаршанхеит. Дара Иисус дахьыҟаз Галилеиатәи амшын аҿықәаҿы ишьҭаз Капернаум инеит (Иоанн 6:39, 40). Уа Иисус иреиҳәеит иԥсхьоу рыԥсы шҭало, наӡаӡа анхарагьы шрылшо. Шәрызхәыц иԥсхьоу шәыуацәеи шәҩызцәеи. Иаанагозеи уи дара рзы? Дара рыԥсы ҭалар, насгьы ишәыцны наӡаӡатәи аԥсҭазаара иалагәырӷьалар рылшоит! w24.12 8, абз. 1, 2
Ашәахьа, август 10
Ахацәа... ...аҳәса иуашәшәыроу амаҭәар иаҩызоуп, урҭ еиҳа иԥсыҽуп шәара шәаасҭа, убри аҟынтә ҳаҭыр рықәышәҵала (1 Пиотр 3:7).
Уажәааигәа аекспертцәа имҩаԥыргаз ҭҵаарак инақәыршәаны, ахацәа аӡәырҩы рыҳәса рыпҟоит, ихжәаны ирацәажәоит, иҽеимкәа ирызныҟәоит, мамзаргьы даҽакала ирықәымчуеит. Ахацәа шьоукы ауаа ианырбо рыҳәса пату рықәҵаны ирацәажәоит, аҩны ианыҟоу пату рықәырҵаӡом. Избан ахацәа шьоукы рыҳәса иҽеимкәа изрызныҟәо? Уи зыхҟьо рацәоуп. Шьоукы рҭаацәа иҟарҵоз ҟарҵоит: раб ран ихжәаны длацәажәозҭгьы, уи цәгьарак аҵаӡам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Даҽа шьоукы ркультураҿы ишаԥу еиԥш рхы мҩаԥыргоит: аԥҳәыс лҭыԥ лдыруазароуп ҳәа ахацәа рыҳәса иџьбараны ирызныҟәоит. Шьоукы ремоциақәа рзынкылаӡом, рыԥсахы еибакуеит. Иҟоуп апорнографиа иахәаԥшуагьы. Уи иахҟьаны аҳәсеи асекси рганахь ала рхәыцшьа бжьысуеит. Аорганизациақәак имҩаԥыргаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, апандемиа COVID-19 аан ахацәа еиҳа лассы-лассы аҳәса ирықәымчуа иалагеит. Ишыҟазаалакгьы, ахацәа рыҳәса иҽеимкәа ирзымныҟәалароуп. w25.01 8, абз. 2, 3
Аҩаша, август 11
Христос адгьыл аҿы ауаҩ иеиԥш данынхоз агәаҟрақәа ихигеит, убри аҟынтә шәаргьы иара иеиԥш ахәыцра шәазхиаз (1 Пиотр 4:1).
«Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан, шәыԥсгьы шәыхшыҩгьы иара изышәк» (Лука 10:27). Иисус иҳәеит Моисеи изакәан аҟынтә ари аԥҟара зегь раасҭа ишхадоу. Ҳгәаҳәарақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳемоциақәеи ҳгәаҿоуп иахьыҵәаху. Убри аҟынтә уи аԥҟара инақәыршәаны, Иегова гәыкала бзиа даҳбалароуп. Иара убас ҳара гәыкала Иегова ҳизиашазароуп, насгьы ҳамчқәа зегь изаҳклароуп. Ҳахшыҩ ҳхы ишаҳархәогьы акраҵанакуеит. Ҳәарада, ҳара ахаан Иегова ихәыцрақәа зегьы ҳзеилкааӡом. Аха «Христос ихәыцшьа» еилаҳкаалар, Иегова дышхәыцуа еиҳа еиӷьны еилаҳкаар ҳалшоит (1 Кор. 2:16). Избанзар Иисус Иегова дышхәыцуа еиԥшҵәҟьа ауп дышхәыцуа. w25.03 8, абз. 1
Ахаша, август 12
Иԥа ибзоурала ҳара ахақәиҭра ҳауит, избанзар иара ишьа каҭәаны ҳҿихит. Ааи, уи икеиҭәаз ашьа абзоурала Анцәа ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны, ҳагәнаҳақәа ҳанаижьит (Еф. 1:7).
Иисус днаӡан азы иԥсҭазаара Адам агәнаҳа ҟаиҵаанӡа иԥсҭазаара иаҟаран (1 Кор. 15:45). Убри аҟынтә Иисус иԥсхҭынҵарала Адам ицәыӡыз ҳазирхынҳәит (Рим. 5:19). Убас Иисус «аҵыхәтәантәи Адам» иакәхеит. Инаӡоу даҽа уаҩык дааны Адам ицәыӡыз ҳхишәаар акәӡам. Иисус знык дыԥсит, насгьы «ауаа наӡаӡа ахәарҭа рзаазго акәырбан неигеит» (Аур. 7:27; 10:12). Излеиԥшымзеи агәнаҳақәа рхыхреи аҿыхреи? Агәнаҳақәа рхыхра — уи Анцәа ауааи иареи реизыҟазаашьа бзиақәа еиҭашьақәиргыларц азы иҟаиҵаз шьаҿоуп. Аҿыхра — уи ауаатәыҩса зегьы рыгәнаҳақәа рхыхразы ишәаз ахә ауп. Уи ахә Иисус ҳара ҳзы икеиҭәаз зыхә ҳараку ишьа ауп (Аур. 9:14). w25.02 4—5, абз. 12, 13
Аԥшьаша, август 13
Анцәа еснагь иажәа наигӡоит азы, ишәызхымго аԥышәара шәақәшәартә алиршаӡом. Аԥышәара шәақәшәаргьы, уи ахгара дшәыцхраауеит (1 Кор. 10:13).
Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу ҳхамышҭуазар, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны ҳрыхәаԥшлоит. Урҭ ауадаҩрақәа раан ҳхы шымҩаԥаҳго Иегова ма даргәырӷьоит, ма игәы инархьуеит. Аҩсҭаа иҳәоит ԥышәарак ҳақәшәар, Анцәа даанҳажьуеит ҳәа (Иов 1:10, 11; Ажәам. 27:11). Аха Иегова ҳизиашаны ҳанаанхо, гәык-ԥсыкала бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит, насгьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәоит. Иарбан уадаҩроу шәара уажәы ишәхыжәго? Иҟалап аҳәынҭқарцәа шәҿагылозар, ахныҟәгара шәцәыцәгьазар, ажәабжь ахьышәҳәо азы ишакәым ишәыхцәажәозар, ма даҽа уадаҩрак шәымазар. Егьа ишәзымариамзаргьы, ишәдыруаз шәзықәшәо аԥышәара Иегова иргәырӷьаразы алшара шышәнаҭо. Ишәхашәмыршҭын ишәызхымго ауадаҩра шыҟам. Иегова зегь шәхыжәгартә амч шәиҭоит. w24.06 22, абз. 9
Ахәаша, август 14
Ауаҩы дԥызшәо, дагьхызхуа ихатә гәаҳәара ауп (Иак. 1:14).
Ижәдыруама шәара шәыԥсыҽрақәа? Ҳара ԥсыҽрак ҳамазар, уи ҳамаӡам ҳәа ҳхы ҳамжьалароуп. Мамзаргьы ҳара ҳаӷәӷәоуп, ахаан агәнаҳа ҟаҳҵаӡом ҳәа ҳамхәыцлароуп. Ус еиԥш иҟоу ахәыцшьа абзиахь унанагом (1 Иоанн 1:8). Шәазхәыц: Павел иҳәеит доуҳала ишәу ақьырсианцәагьы ргәырҽанымзар, акы ихнахыр шалшо (Гал. 6:1). Ҳара ҳхы ҳамжьалароуп, насгьы ҳхызхыр алшо ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа гәаҳҭалароуп (2 Кор. 13:5). Убасала ҳара ҳаԥсыҽрақәа гәаҳҭеит. Иҟаҵатәузеи анаҩс? Урҭ аус рыдаҳулаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп! Иааҳгап ҿырԥштәык. Абиблиатә аамҭақәа раан ақалақь аҭӡамц аҿы зегь раасҭа иуашәшәыраз ахәҭа — агәашәқәа ракәын. Убри аҟынтә урҭ еиҳарак игәцаракны ирыхьчон. Убас еиԥшҵәҟьа, ҳара ҳаԥсыҽрақәа еиҳа игәцаракны аус рыдаҳулалар ауп, ахыхра ҳақәшәар, уи ҳаҿагыларц азы (1 Кор. 9:27). w24.07 15, абз. 5—7
Асабша, август 15
Аус бзиақәа ҟаҵо, Анцәа еиҳагьы еиӷьны деил[ышәкаауеит] (Кол. 1:10).
Иахьатәи ажәеинраалаҿы ишҳәоу еиԥш, ажәабжь бзиа аҳәара урҭ аус бзиақәа рахь иаҵанакуеит. Ҳара Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳзыԥхьо ҳаназхәыцуа, Иегова иахь иҳамоу ахаҵара ӷәӷәахоит, насгьы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа рзеиҭаҳәара шаҟа ихадоу еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит. Анцәа Иажәа шхәарҭоу аилкааразы уи шәаԥхьала, иҭышәҵаала, насгьы шәмыццакӡакәа шәзыԥхьаз шәазхәыцла. Абиблиа шәанаԥхьо ишәзеилымкаауа жәеинраалак шәԥылар алшоит. Уи шәахысны ацара аҭыԥан, уа шәаангыл. «Индекс публикаций Сторожевой башни» ма «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» шәхы иархәаны уи ажәеинраала ҭышәҵаа. Шәмыццакӡакәа Анцәа Иажәа ҭышәҵаалар, уа иану зегьы шиашоу еиҳагьы агәра жәгалоит (1 Фес. 5:21). Уи ус шакәу агәра шәгацыԥхьаӡа, Абиблиа аӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара еиҳагьы ишәҭаххалоит. w24.04 15, абз. 4, 5
Амҽыша, август 16
Исыҩуа зысыҩуа... исҭахын аҳәатәхаҵара еснагь иаашәырԥшуоу-иаашәмырԥшуоу еилыскаарц (2 Кор. 2:9).
Давид абас Анцәа диҳәон: «Уара, Иегова, уқьиоуп, насгьы анажьра уазхиоуп» (Аԥсал. 86:5). Михеи иҩит: «Дыҟоума уара уҩыза Анцәа, зыгхақәа раназыжьуа, насгьы ижәлар рҟынтә инхаз рыгәнаҳақәа ргәалазмыршәо?» (Мих. 7:18). Исаиагьы абас иҳәеит: «Ацәгьаҟаҵаҩ имҩа даныҵааит, агәнаҳаҟаҵаҩгьы ихәыцра цәгьақәа аанижьааит. Ихынҳәааит урҭ Иегова иахь, иара урҭ рыцҳаишьоит, ихынҳәааит Ҳанцәа иахь, избанзар иара гәык-ԥсыкала иранаижьуеит» (Ис. 55:7). Коринфтәи аизараҿы зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы гәыкала дрыдыркылар, бзиа дшырбогьы агәра идыргар шрыхәҭаз раҳәан. Убасала аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова иҿыԥшуан. Дара урҭ амҩақәҵарақәа иқәныҟәаны еснагь аҳәатәхаҵара шаадырԥшуа аадырԥшуан. Ииашаҵәҟьаны, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакны даныҟамла ашьҭахь мызқәак ракәын иҵхьаз, аха ахьырхәра аус ауит — иара игәнаҳа дахьхәит. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа аамҭа мгаӡакәа иара аизарахь ддырхынҳәыр акәын. w24.08 17—18, абз. 12, 13
Ашәахьа, август 17
Руаӡәк дгахоит, егьи дааныжьхоит (Матф. 24:40).
Ҳара зеиԥшыҟам аамҭазы ҳанхоит! Иаарласны Иисус адгьыл иқәынхо ауаа зегьы рус иӡбоит. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит ауаа рус аниӡбалои «ари адунеи аҵыхәтәеи» рҿаԥхьаҵәҟьа иҟало ахҭысқәа (Матф. 24:3). Иисус иԥааимбаражәа ануп Матфеи 24-тәи, 25-тәи ахқәа рҿы, Марк 13-тәи ахаҿы, насгьы Лука 21-тәи ахаҿы. Иисус ахәарҭа ҳзаазго, насгьы ҳгәаҳҽанызҵо х-ҭоурыхк еиҭеиҳәеит. Урҭ ауасақәеи аџьмақәеи, иҟәышызи иҟәышымзи аҭыԥҳацәеи, аталантқәеи ирызку ажәамаанақәа роуп. Урҭ иаҳдырбоит Иисус ҳхымҩаԥгашьа ала шакәу ҳус шиӡбало. w24.09 20, абз. 1, 2
Аҩаша, август 18
Иҟашәҵо зегьы абзиабара аҵаҵаны иҟашәҵала (1 Кор. 16:14).
Ҳара ҿырԥшы хадас иҳамоу Иисус Христос иоуп. Иара Иабгьы ауаагьы бзиа ибоит. Уи абзиабара игәазҭанаҵон ихы дамеигӡаӡакәа аџьабаа абареи уиаҟара пату змам ҳәа иԥхьаӡаз аус анагӡареи (Матф. 20:28; Иоанн 13:5, 14, 15). Аишьцәа, шәара абзиабара шәылазар, Иегова дшәыцхраауеит шәдоуҳатә хықәкқәа рынагӡара, иаҳҳәап, аизара ацхырааҩыс аҟалара (1 Пиотр 5:5). Ари адунеи аҿы зхы ӡырызго ауаа еиҳа ҳаҭыр рықәуп. Аха Иегова иорганизациаҿы ус иҟаӡам. Иисус иеиԥш, абзиабара злоу аишьцәа аизараҿы амчреи аҭыԥ ду аанкылареи иашьҭаӡам. Аԥагьара злоу, зхы ҳаракны избо ауаҩы аизара ахылаԥшҩыс ма аизара ацхырааҩыс дҟалар, уиаҟара иубарҭам адҵақәа рынагӡара мап ацәикыр ауеит. Аха урҭ адҵақәа зыхә ҳараку Иегова иуасақәа рхылаԥшразы даара ихадоуп. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы урҭ рҩызцәа адҵақәа рынагӡара иаҭәаимшьар алшоит (Иоанн 10:12). w24.11 15, абз. 6, 7
Ахаша, август 19
Аизара шәыхьчаларц азы иԥшьоу адоуҳа [шәаханаргылеит] (Аус. 20:28).
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аизарақәа ирхылаԥшуа ахацәа аҭахуп (Еф. 4:8). Уара аӡы зыҽӡаазххьоу аиашьа уакәзар, иулшома ацхыраара ҟауҵар? (Ажәам. 3:27). Иқәургылама уара аизара ацхырааҩыс амаҵ ууларц ахықәкы? Уара аизара ацхырааҩыс амаҵ аура уалагахьазар, уҽазушәома аизара ахылаԥшҩыс аҟалара? Иулшома уԥсҭазаараҿы ак уԥсахыр, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол уахысырц азы? Уи аҵара Иисус иудиҵар алшо адҵақәа урзыҟанаҵоит. Уи улымшошәа убозар, Иегова уиҳәала. Иԥшьоу адоуҳа уаҳәала иудырҵо адҵақәа зегьы ибзианы инаугӡаларц азы (Лука 11:13). Иисус ишьҭанеицәа ажәа риҭеит ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа дышрыцзаало (Матф. 28:20). Иажәагьы наигӡоит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит ҳамҭаҵас иҳаиҭаз ауаа: аизара ацхырааҩцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит бзиа ҳазбо, иҳалалу Ҳаҳ иаҳхылаԥшуа аишьцәа ахьҳаиҭаз! w24.10 23, абз. 16, 17
Аԥшьаша, август 20
Уаанӡатәи уаҳа иргәалашәалаӡом (Ис. 65:17).
Иахьа Анцәа имаҵзуҩцәагьы мгәаҟуеи?! Ааи, уи ус ауп. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп: аамҭак ашьҭахь «уаанӡа иҟаз агәаҟрақәа [ҳ]хашҭуеит, уаҳа и[аҳ]баӡом» (Ис. 65:16). Иегова ҳгәы иҭоу ахьаа ҳхаиршҭуеит, уимоу, уи аӡбахәгьы ахаан иаҳгәалашәаӡом. Ҳара ауадаҩрақәеи астресси рҟынтә уажәнатә ҳаԥсы ҳгоит ҳаизарақәа рахь ҳаннеиуа. Уа ҳара ҳгәы ҭынчуп, насгьы ҳауадаҩрақәеи ҳхьаақәеи ҳхашҭуеит. Аизарақәа ҳнервқәа зырҭынчуа ахәшә иаҩызоуп. Аизараҿы аҭынчра ыҟазаауеит, иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ааҳарԥшуазар, бзиа ҳаибабозар, агәырӷьара ҳамазар, аҭынчра ҳабжьазар, ҳқьиазар, насгьы ҳҟәымшәышәзар (Гал. 5:22, 23). Шаҟа насыԥ дуузеи Анцәа иорганизациа аҿы ҳахьыҟоу! Адоуҳатә џьанаҭ аанзмыжьуа рыблала ирбоит Иегова «ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци» ирызкны ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо. w24.04 22, абз. 9, 10
Ахәаша, август 21
Иҟауҵарц иуҭаху аҿаҭахьа уазхәыцаанӡа, уццакны аҿаҭахьа ашьҭаҵара — шьацҳәоуп (Ажәам. 20:25).
Аибадырра апериод аӡбахә анҳаҳауа аромантика акәзар ауеит лассы-лассы ҳхахьы иааиуа. Аха уи апериод ҭакԥхықәрала иазнеитәуп, избанзар уи аамҭа иалагӡаны еибадыруа арԥыси аҭыԥҳаи ихадоу аӡбара рыдыркылароуп. Дара еибагарц рыӡбар, рчара амш аҽны Иегова иҿаԥхьа ирҳәоит рыԥсы ахьынӡаҭоу бзиа ишеибабало, насгьы пату шеиқәырҵало. Ҳара иаҳҳәо наҳагӡоит. Ҳхатә ҩыза иаҳҭаз ажәагьы уахь иаҵанакуеит. Аибадырра апериод аан аиашьеи аиаҳәшьеи еинаалоу-еинымаалоу еилыркаарц азы еиҳа еиӷьны еибадырроуп. Дара еиԥырҵырц рыӡбар, уи иаанагаӡом ак иашамкәа иҟарҵеит ҳәа. Уи иаанарԥшуеит аибадырра апериод ахықәкы шынанагӡаз — аӡбара адкылара ишрыцхрааз. Уара аибадырра апериод хықәкыс иамоу ухоумыршҭуазар, аҭаацәара зцалалара угәы иҭам ауаҩы иабадырра уалагаӡом. w24.05 26—27, абз. 3, 4
Асабша, август 22
Иҳақәиҭу иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара уацәыԥхамшьалан (2 Тим. 1:8).
Зны-зынла иқәыԥшу ақьырсианцәа зыгәра рго егьырҭ рзеиҭаҳәара рцәыцәгьазар алшоит. Иаҳҳәап, аурок аҿы аеволиуциа атеориа ианалацәажәо, уи агәра шырымго акласс зегь аҿаԥхьа аҳәара иацәыԥхашьозар алшоит. Изцәыԥхашьои? Арҵаҩцәа аӡәырҩы аеволиуциа атеориа еиԥш акәымкәа, фактк еиԥш иахцәажәоит. Аҭаацәа, шәицхраар шԥашәылшо шәхәыҷы, Абиблиа иану шиашоу ала гәыҩбарак имамзарц азы? Шәхәыҷы агәра ишәырга аԥсҭазаара шыҟалаз иазкны аиаша ахьидыруа дацәыԥхашьалар шакәым. Аҵарауаа аӡәырҩгьы аԥсҭазаара ахала иҟалеит ҳәа агәра ргаӡом. Дара ирбоит зыԥсы ҭоу аорганизмқәа џьашьахәыла ишеиҿартәоу, насгьы урҭ аӡәы ишихәыцыз еилыркаауеит. Убри аҟынтә аеволиуциа атеориа агәра ргаӡом. Ицхраар алшозеи шәхәыҷы ихаҵара арӷәӷәареи еиҳа агәымшәара аизырҳареи? Иаҳҳәап, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи Ҳазшаз дшыҟоу агәра дзыргаз еиликааит. w24.12 18, абз. 14, 15
Амҽыша, август 23
Иисус иԥшьоу адоуҳа игәы ҭнаргәырӷьаа[ит] (Лука 10:21).
Иисус агәра ганы дыҟан ажәабжь бзиа иазыӡырҩуа ауаа шыҟало. Уи ицхраауан гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара. Ҳахәаԥшып 30-тәи ашықәс анҵәамҭазы ҳ. ҳ. аан Иисус дзықәшәаз хҭыск. Иисус аӡәырҩы ауаа иргәарԥханы ишизыӡырҩуаз аниба, аҭагалара иазхиоу иҟалахьоу аҽаҩра иаҿирԥшит (Иоанн 4:35). Шықәсык аҟара ашьҭахь иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Аҽаҩра беиоуп» (Матф. 9:37, 38). Ԥыҭрак ашьҭахь даҽазныкгьы ус реиҳәеит: «Аҽаҩра беиоуп». Анаҩс иациҵеит: «Аҽаҩра Зтәу шәиҳәала аҭагаларазы аусуцәа ааишьҭырц» (Лука 10:2). Иисус агәра ганы дыҟан Аҳра иазку ажәабжь иазыӡырҩуа ауаа шыҟало. Ауаа анизыӡырҩуаз, иара даараӡа дгәырӷьон. Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәаратә ус ииашаны ахәаԥшра дрыцхраауан. Иара урҭ иреиҳәон инарыгӡо аус ақәҿиара ду шаиуа. w25.03 18—19, абз. 15—16
Ашәахьа, август 24
Сынцәа — сыцаҟьа, схыхьчарҭа иоуп (Аԥсал. 94:22).
Иегова — ҳхыҵакырҭа иоуп. Ақәаршҩы ӷәӷәа анауа, ауаҩы ацаҟьаҿы иҽиҵәахыр илшоит. Убас еиԥшҵәҟьа ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо Иегова ҳихьчоит. Иара дҳацхраауеит иареи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара. Иара убас уажәы рыцҳарак ҳақәшәаргьы, ҳаԥхьаҟа уи зегь шириашо агәра ҳиргоит. Аха Ҳанцәа ҳзықәиргәыӷуа уи мацара акәӡам. Ҳаԥхьаҟа иара иқәигоит агәҭынчра ҳамызхуа, насгьы ҳзыргәаҟуа зегьы (Иез. 34:25, 26). Иҟаҵатәузеи, Иегова ҳара ҳзы ахыҵакырҭа даҩызахарц азы? Иара иҳәалатәуп. Иегова ҳаниҳәо, ҳгәи ҳахшыҩи зыхьчо «Анцәа иҭынчра» ҳаиҭоит (Флп. 4:6, 7). Иегова есымша ҳааигәара дыҟоуп. Иара ахаан ҳаанижьӡом. Ҳара ҳиқәгәыӷлар ҳалшоит, избанзар иара «наӡаӡа иҟоу Ацаҟьа иоуп» (Ис. 26:3, 4). Иегова есымша дыҟазаауеит. Ус анакәха, ҳаҳәарақәагьы есымша дырзыӡырҩлоит, дагьҳацхраалоит. Иара ҳзықәиргәыӷыз зегьы наигӡоит. Иегова иқәгәыӷразы даҽа мзызкгьы ҳамоуп — иара имаҵзуҩцәа еснагь дрызиашоуп, ахаангьы иаанижьӡом (2 Сам. 22:26). Иара ахаан ҳус бзиақәа ихашҭӡом, ҳамҭадагьы ҳаанижьӡом (Аур. 6:10; 11:6). w24.06 26—27, абз. 4—6
Аҩаша, август 25
Ихьчала угәы, избанзар угәоуп уԥсы зку (Ажәам. 4:23).
Ҳаԥсы анаҳшьо гәырҿыхагас иалҳхуа ҳацклаԥшлароуп. Уи адагьы, аҩызцәа ибзианы ҳхәыцны иалҳхлароуп. Иара убас аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу аԥара арҳареи амал аизгареи роуп ҳәа ахәыцра ҳаламгарц азы ҳгәаҳҽанызароуп. Иегова иахь ҳабзиабара хьшәашәошәа ҳбозар, иареи ҳареи ҳаиҩызара бжьызхуа аамҭа мгакәа иаанҳажьроуп (Матф. 5:29, 30). Изҳахәҭоузеи ҳгәы ахьчара? Абас ахәыцра ҳалагар ҟалоит: «Сара Иегова имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа збоит, убри аҟынтә ари адунеи иснаҭо анырра цәгьа сԥырхагахаӡом». Аха уи хжьагоуп. Иааҳгап ҿырԥштәык. Ахьҭа бааԥс аныҟоу амш аҽны ахьҭа шәыԥсны аҩныҟа шхынҳәуеит, шәыҽшәырԥхарцгьы аԥечкақәа аҿашәкуеит. Аха хәарҭас ишәзаанагозеи уи, ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартызар? Адәахьынтәи иҩнало аҳауа хьшәашәа шәыҩны зегь архьшәашәоит. Иҳаилнаркаауеи ари аҿырԥштәы? Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аԥхарра рыҵазарц азы, доуҳала ибзианы акрахьаҳфо мацара ҳазхаӡом. Ҳара «ашәқәа аҳарклароуп», ари адунеи анырра ҳнамҭаларц азы. Ус ҟаҳамҵалар, адунеи ахәыцшьа, аҳауа хьшәашәа еиԥш, ҳгәы ԥхасҭанатәуеит, Иегова иахь иҳамоу абзиабарагьы архьшәашәоит (Еф. 2:2). w24.07 21, абз. 6, 7
Ахаша, август 26
Шәаӷацәа бзиа ижәбала, ишәышьҭашәарыцо рзгьы Анцәа шәиҳәала (Матф. 5:44).
Ҳара ҳхаҿгьы иаҳзаагом Иисус акгьы ихараӡамкәа изакә хьаау ихигаз. Аха аиашамра дшақәшәазгьы, Анцәа дизиашаны даанхеит, абзиабарагьы ицәымӡӡеит. Ашьаҟа дкыдызҵаз аруаа ирыхәҭоу иақәшәандаз ҳәа дхәыцӡомызт, уи аҭыԥан дара рзы абас Анцәа дихәон: «Саб, иаҭоумҵан, избанзар иҟарҵо рзеилкааӡом» (Лука 23:34). Иҽеимкәа иҳазныҟәо рзы Анцәа ҳаниҳәо, агәҭынчра ҳауеит, ҳагәгьы рзыԥжәалаӡом. Ҳара урҭ ҳшырзыҟоу аҽаԥсахыргьы ауеит. Ари адунеи аҿы ҳанхонаҵы аиашамра ҳақәшәалар алшоит. Аха шәааи, иҟалалакгьы, Иегова ацхырааразы ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалап. Иара убас аиашамра ҳанақәшәо Иисус еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалап. Уи адагьы, ҳаԥсҭазаараҿы абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәалароуп. Убасҟан Иегова даҳзылымԥхар иуӡом (1 Пиотр 3:8, 9). w24.11 6, абз. 16; 7, абз. 17, 19
Аԥшьаша, август 27
Уара ацәгьоура бзиа изымбо Анцәа уоуп. Ауаҩы цәгьа ахаангьы уара уҿы дзыҟалом (Аԥсал. 5:4).
Иегова ицәымӷуп ауаа рхы иааҭашәо аныҟарҵо, иара урҭ рыгәнаҳақәа имбошәа ҟаиҵаӡом (Аԥсал. 5:4—6). Анцәа иҭахуп Иажәаҿы ианиҵаз ииашоу инормақәа рыла ҳанхаларц. Ҳәарада, Иегова инаӡам ауаа рҟынтә анаӡара дазыԥшӡам (Аԥсал. 130:3, 4). Аха убри аамҭазгьы иара ииашақәам ауаа «ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьа рҵәахырц азы... иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара рхы иадырхә[алар]» иуӡом (Иуда 4). Абиблиаҿы иануп ус еиԥш иҟоу ауаа Анцәа иеибашьра Армагеддон аҿы ишықәгахо (2 Пиотр 3:7; Аат. 16:16). Аха Иегова аӡә дҭахар иҭахӡам. Абиблиаҿы еилыкка иануп иара «зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц» шиҭаху (2 Пиотр 3:9). Аизара ахылаԥшыҩцәа Анцәа иҿыԥшны, ачҳара аарԥшны агәнаҳа ҟазҵаз рыгәнаҳақәа ирыхьхәны Иегова иахь ахынҳәра ирыцхраауеит. w24.08 26, абз. 1, 2
Ахәаша, август 28
Унапы аартны, зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа наугӡоит (Аԥсал. 145:16).
Ҳаргьы Иегова ҳаиҿыԥшны абзиабара аус аҿы иааҳарԥшлар ҳалшоит. Уеизараҿы афатә ма ашәҵатәы зҭаху аӡәыр дыҟоума? Иегова уара ула уи аиашьа ма аиаҳәшьа дицхраар илшоит. Рыцҳарак аныҟало Иегова ижәлар ирласны ацхыраара ҟазҵо реиԥш еицырдыруеит. Иаҳҳәап, апандемиа COVID-19 аан аишьцәеи аиҳәшьцәеи афатәи ашәҵатәи змамыз ирымаз рыцеиҩыршон. Уи адагьы, аӡәырҩы агәыҭбаара аарԥшны адунеизегьтәи аус азы хатәгәаԥхарала аԥара аларҵон. Уи ҳорганизациа адунеи зегь аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара рылнаршон. Убас иубарҭан аишьцәеи аиҳәшьцәеи Ауриацәа 13:16 аҿы иану ажәақәа ишрықәныҟәо. Уа иануп: «Абзиара аҟаҵареи ишәымоу егьырҭ рыцеиҩшареи шәхашәмыршҭлан, избанзар ус еиԥш иҟоу акәырбанқәа Анцәа игәы иахәоит». w24.09 27, абз. 6, 7
Асабша, август 29
Еиҳа ихадоу алшәхла (Флп. 1:10).
Иаҳҳәап, шәҭаацәа ныҟәыжәгарц азы усурак шәашьҭоуп. Шәара ҩ-усурҭак шәыԥшааит. Уи иазку аинформациагьы еизыжәгеит: уа инашәыгӡало аус зеиԥшроу, аграфик, амҩа шаҟа шәықәхо, уҳәа убас иҵегьы. Аҩусуракгьы ақьырсиан изы ибзиоу усурҭақәоуп. Иҟалап урҭ рҟынтә усурак еиҳа ишәгәаԥхозар, избанзар уа еиҳаны аулафахәы ршәоит, иара аусура ахаҭагьы еиҳа ишәгәаԥхоит. Аха аӡбара шәыдышәкылаанӡа иҟоуп иҵегьы шәзызхәыцша. Иаҳҳәап: «Ибжьасыжьлар акәхоума аизарақәа аусура иахҟьаны? Исызхалома аамҭа сҭаацәа ремоциатә, насгьы рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳаразы?» Абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа аԥара акәымкәа, Анцәа имаҵ ауреи шәҭаацәареи рызхәыцра ишәыцхраауеит, уи «еиҳа ихадоу» ауп. Убасала Иегова дыззылԥхо аӡбара шәыдышәкылоит. w25.01 17, абз. 11—13
Амҽыша, август 30
Иегова згәы хьаала иҭәу дырзааигәоуп (Аԥсал. 34:18).
Ауаа шшәызныҟәозаалакгьы, Иегова бзиа шәшибо, шәыхәгьы ҳаракны ишишьо жәдыруаз. Ишәхашәмыршҭлан Анцәа абзиарақәа рацәаны ишшәылоу шибо, уи азы ауп иара иахь шәзааиԥхьазгьы (Иоанн 6:44). Иара дшәыцхраарц азы есымша шәааигәара дыҟоуп, избанзар шәара иара изы ахьы шәаҩызоуп. Ҳара Иисус иҿырԥшы еилҳаргар, Иегова изкны еилаҳкаауа рацәахоит. Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз егьырҭ иатәарымбоз ауаа қьиарала дрызныҟәон, иагьрыцҳаишьон (Матф. 9:9—12). Зны ачымазара бааԥс змаз ԥҳәыск аӡәгьы дизгәамҭаӡакәа Иисус иааигәа днеит. Лара схәышәтәхоит ҳәа Иисус данилакьыс, иара лгәы ирҭынчит, насгьы ахаҵара́ ахьаалырԥшыз азы дирҽхәеит (Марк 5:25—34). Иисус Иаб иеиԥшҵәҟьа ауаа дрызныҟәон (Иоанн 14:9). Убри аҟынтә агәра ганы шәыҟаз Иегова шәыхә ҳаракны ишишьо, насгьы ишәылоу аҟазшьа бзиақәа шгәеиҭо, шәхаҵареи иара иахь ишәымоу абзиабареи уахь иналаҵаны. w24.10 7, абз. 4, 5
Ашәахьа, август 31
Сылаӷырӡқәа еизганы, аҳаҭа иҭаҵа (Аԥсал. 56:8).
Давид дзырҵәыуоз ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәон. Аӡәырҩы ауаа дырцәымӷын. Уи адагьы, зыгәра игоз ауаа дырҭиит (1 Сам. 19:10, 11; 2 Сам. 15:10—14, 30). Ауадаҩра данҭагылаз абас иҩит: «Сқәыԥсычҳара сарааԥсеит, иаашаанӡа сышьҭаларҭа лаӷырӡыла искәабон, сиарҭа лаӷырӡыла исырбааӡон» (Аԥсал. 6:6). Давид иԥсҭазаара уадаҩрала ишҭәызгьы, Иегова иара бзиа дшибоз гәыҩбаракгьы имаӡамызт. Зны иара иҳәеит: «Иегова сҵәыуабжь иаҳауеит» (Аԥсал. 6:8). Иахьатәи ажәеинраалаҿы иану ажәақәа иаҳдырбоит Иегова ахаара аарԥшны имаҵзуҩцәа дышреиҷаҳауа. Давид иҩит Анцәа илаӷырӡқәа зегь еизганы аҳаҭа ишҭеиҵо, насгьы урҭ ашәҟәы ишаниҵо. Иара агәра ганы дыҟан иԥсҭазаараҿы ихигаз ауадаҩрақәа зегь рыӡбахә Иегова ишидыруа, насгьы урҭ шихамышҭуа. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб Давид ихигаз адагьы, уи шиныԥшызгьы идыруан. w24.12 22, абз. 11, 12