Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • es26
  • Ноиабр

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ноиабр
  • Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Амҽыша, ноиабр 1
  • Ашәахьа, ноиабр 2
  • Аҩаша, ноиабр 3
  • Ахаша, ноиабр 4
  • Аԥшьаша, ноиабр 5
  • Ахәаша, ноиабр 6
  • Асабша, ноиабр 7
  • Амҽыша, ноиабр 8
  • Ашәахьа, ноиабр 9
  • Аҩаша, ноиабр 10
  • Ахаша, ноиабр 11
  • Аԥшьаша, ноиабр 12
  • Ахәаша, ноиабр 13
  • Асабша, ноиабр 14
  • Амҽыша, ноиабр 15
  • Ашәахьа, ноиабр 16
  • Аҩаша, ноиабр 17
  • Ахаша, ноиабр 18
  • Аԥшьаша, ноиабр 19
  • Ахәаша, ноиабр 20
  • Асабша, ноиабр 21
  • Амҽыша, ноиабр 22
  • Ашәахьа, ноиабр 23
  • Аҩаша, ноиабр 24
  • Ахаша, ноиабр 25
  • Аԥшьаша, ноиабр 26
  • Ахәаша, ноиабр 27
  • Асабша, ноиабр 28
  • Амҽыша, ноиабр 29
  • Ашәахьа, ноиабр 30
Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2026
es26

Ноиабр

Амҽыша, ноиабр 1

Сара наӡаӡа сгәы ԥжәалаӡом (Иер. 3:12).

Аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа аизара иахәҭакым рахь Иегова иеиԥш арыцҳашьара аарԥшра рҽазыршәоит. Иаҳҳәап, ажәытәан Анцәа зымҩа иацәыхҟьаз ижәлар агха шрыхьыз еилкааны иара иахь ианбахынҳәуеи ҳәа дыԥшӡамызт. Раԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵоз иара иакәын. Иара израильаа рахь иԥааимбарцәа ишьҭуан, урҭ рыгәнаҳақәа рыхьхәра рыгәгьы ишҭамызгьы. Иегова аԥааимбар Осиа иеиҳәеит иԥҳәыс лыгәнаҳа ланажьны дирхынҳәырц, уи агәнаҳаҟаҵара дшаҟәымҵхьацызгьы (Ос. 3:1). Убри ала Анцәа ижәлар идирбеит шаҟа арыцҳашьара илоу (Мал. 3:7). Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аизарахь ахынҳәра иԥырхагахаӡом. Иегова иеиԥш даргьы гәыкала ирҭахуп уи дхынҳәырц. Иӡны иҟаз, аха иааз аԥа изку Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанаҿы аб аԥа аҩныҟа дшыхынҳәуаз харантәи ианиба, «дыҩуа диԥылан, дигәыдиҳәҳәалан, дигәӡит» (Лука 15:20). Иазгәашәҭ, аб аԥа иара иахь днеины аҭамзаара ашьҭаҵара даналаго ҳәа дшыԥшымыз. Иара аб бзиа иҟаиҵашаз ҟаиҵеит — иԥа бзиа дибон аҟынтә, дыҩны диԥылеит. w24.08 27—28, абз. 7, 8

Ашәахьа, ноиабр 2

Аӡәы аҟәыӷара шизымхо ибозар, Анцәа уи ииҭарц диҳәалааит, избанзар Анцәа уи азы иҳәо зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит (Иак. 1:5).

Иахьатәи ажәеинраалаҿы иаагоу ажәақәа иаҳдырбоит Иегова иҟәыӷара шаҳцәимҵәахуа. Иара уи гәыҭбаарала егьырҭ ирыцеиҩишоит. Уи «ҽԥныҳәада» иҟаиҵоит. Иегова ацхырааразы ҳахьиҳәо азы ахаан ҳирԥхашьаӡом, насгьы дҳацәҳаӡом. Иара ихаҭа иҭахуп алабжьаразы ҳиҳәаларц (Ажәам. 2:1—6). Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшны иҳамоу аҟәыӷара егьырҭ ирыцеиҩаҳшалар? (Аԥсал. 32:8). Иаҳдыруа дҳарҵалар. Иаҳҳәап, ҳара иҿыцу ажәабжьҳәаҩцәа ажәабжь рҳәалар шрылшо дҳарбоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа ачҳара аарԥшны аизара ацхырааҩцәеи аӡы иӡааху егьырҭ аишьцәеи аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡашьа ддырҵоит. Ҳорганизациа иатәу ахыбрақәа рыргылареи рхылаԥшреи рҿы аԥышәа змоу егьырҭгьы уи аус ибзианы анагӡашьа ддырҵоит. w24.09 28, абз. 11, 12

Аҩаша, ноиабр 3

Даараӡа бзиа шәаҳбеит (1 Фес. 2:8).

Ҳаҭыр зқәу аиашьа, аизара ахылаԥшҩыс уҟаларц азы вба умамзар ауп, даҽакала иуҳәозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ибзианы иухцәажәалароуп, ухымҩаԥгашьагьы бзиазароуп (1 Тим. 3:2). Уи адагьы, «аизара иатәым ибзианы... [иухцәажәозар] ауп». Ҳәарада, Иегова имаҵ зымуа ауаа ухаҵара акритика азырулар рылшоит, аха ухымҩаԥгашьа аганахь ала аҳәатәы румҭароуп (Дан. 6:4, 5). Ухы уазҵаа: «Иарбан гәаанагароу сганахь ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи, иара убас Иегова ишаҳаҭым ауаа ирымоу?» «Аус бзиақәа бзиа [рбара]» иаанагоит егьырҭ рус бзиақәеи рҟазшьа бзиақәеи ргәаҭара, насгьы урҭ рзы рырҽхәара (Тит 1:8). Уи адагьы, уи иаанагоит ауаа уара уҟынтә иззыԥшу аасҭа еиҳаны абзиарақәа рзыҟаҵара. Избан аизара ахылаԥшыҩцәа рзы уи зхадоу? Избанзар аиашьа аус бзиақәа рыҟаҵара бзиа ибозар, иду адҵақәа рынагӡареи аизара ахылаԥшреи аамҭа рацәаны иазиклоит (1 Пиотр 5:1—3). Уи ирацәаны имч ақәирӡуазаргьы, егьырҭ рымаҵ аура агәырӷьара ду изаанагалоит (Аус. 20:35). w24.11 20—21, абз. 3—5

Ахаша, ноиабр 4

Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп (Аус. 20:35).

Аизара ацхырааҩцәа даара ихадоу аус нарыгӡоит. Апостол Павел гәыкала Анцәа изыҟаз урҭ ахацәа рыхә ҳаракны ишьон. Иаҳҳәап, Филипп инхоз ақьырсианцәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа реиԥш, аизара ацхырааҩцәагьы иалкааны асалам риҭеит (Флп. 1:1). Аизара ацхырааҩцәас амаҵ руеит қәрала еиԥшым иӡааху аишьцәа. Иаҳҳәап, Де́ван зыхьӡу аиашьа 18 шықәса анихыҵуаз аизара ацхырааҩыс дҟалеит, Лу́ис иакәзар, 50 шықәса дырҭысхьан аизара ацхырааҩыс даныҟала. Ари амаҵзура аишьцәа агәырӷьара ду рзаанагоит. Луис иҳәоит: «Сара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рымаҵ ахьызуа насыԥ снаҭоит! Дара сара сахь абзиабара аадырԥшуеит, убри аҟынтә саргьы даара исҭахуп дара рзы ак ҟасҵаларц». Адунеи зегь аҿы инхо аишьцәа аӡәырҩы уи иқәшаҳаҭуп. Уара иӡааху аиашьа уакәзар, аха макьана аизара ацхырааҩыс уҟамзар, уи аҩыза ахықәкы ықәургыларц уазхәыц. w24.11 14, абз. 1—3

Аԥшьаша, ноиабр 5

Суҳәоит, Иегова... иугәаларшәа... угәы иаҭахыз шыҟасҵоз (2 Аҳ. 20:3).

Иуда аҳ Езекиа 39 шықәса анихыҵуаз, хәышәтәышьа змам ачымазара шимоу еиликааит. Аԥааимбар Исаиа Иегова ихьӡала иеиҳәеит ичымазара дшаго (2 Аҳ. 20:1). Уи ажәабжь бааԥс аниаҳа, Езекиа инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Нас иара дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова иҳәара далагеит. Езекиа иҳәара Иегова игәаҵанӡа инеит. Иара ақьиара аарԥшны иҳәеит: «Сара уҳәара саҳаит, улаӷырӡқәагьы збеит. Сара усхәышәтәуеит». Иегова аҳ дрыцҳаишьеит, насгьы Исаиа ила агәра ииргеит ишықәсқәа ишрыциҵо, насгьы Иерусалим ассириаа рҟынтә ишеиқәирхо (2 Аҳ. 20:4—6). Иҟалап уара ачымазара бааԥск удырбалазар. Ухьаа Иегова изеиҭаҳәа. Улаӷырӡқәа узнымкылозаргьы, Анцәа уиҳәа. Иара дузыӡырҩуеит. Абиблиа агәра ҳнаргоит «арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи» ҳауадаҩрақәа зегьы рҿы ҳгәы ширҭынчуа (2 Кор. 1:3, 4). w24.12 24, абз. 15—17

Ахәаша, ноиабр 6

Саргьы дара реиԥш агәра згоит, Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо, ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы (Аус. 24:15).

Шаҟа агәырӷьара ҳаулозеи зыԥсы ҭало ауаа ҳанырԥылало! Насгьы шаҟа агәахәара ҳзаанагалозеи Иегова ишамҭақәеи иареи ирызкны еиҳаны ианеилаҳкаало! (Аԥсал. 104:24; Ис. 11:9). Иҟауҵо зегь шиашоу, насгьы Анцәа иуанаижьырц иҳәара шаҭахым аилкаара аасҭа еиӷьу акрыҟоума?! Иаҭнышәыԥсахуама ари зегьы «агәнаҳа иунаҭо аамҭалатәи агәахәара»? (Аур. 11:25). Ҳәарада мап! Ари аҩыза аԥсҭазаара ари адунеи иҳаднагалар алшо зегь аасҭа акырӡа еиӷьхоит. Иара убас ишәхашәмыршҭлан адгьыл џьанаҭны ианбаҟало ҳәа еснагь азыԥшра шаҭахымхо. Иааиуеит аамҭа уи лабҿаба ианаҳбо, уа ҳанынхало. Иегова иакәмызҭгьы, ари зегьы зыҟаломызт. Абзиабара дуӡӡа игәазҭанаҵеит Иԥа иԥсы ҳахҭынҵара! w25.01 29, абз. 12

Асабша, ноиабр 7

Иегова инапы акгьы алымшо иҟоума? (Ахыԥхь. 11:23).

Ахаҵара ӷәӷәа змаз Анцәа имаҵзуҩцәа рацәаҩны рыӡбахә ануп Ауриацәа рахь асаламшәҟәаҿы. Руаӡәк Моисеи иоуп (Аур. 3:2—5; 11:23—25). Ауаа акгьы ахьымеизҳауаз ацәҳәыраҿы имԥсырц азы Анцәа џьашьахәыла афатәи аӡи риҭон. Моисеи Инцәа игәра ахьигоз ииашаны иҟаиҵеит (Ақәҵ. 15:22—25; Аԥсал. 78:23—25). Израильаа Египет ианалҵыз шықәсык аҟара ашьҭахь Иегова акәац шриҭо реиҳәеит. Моисеи ахаҵара ӷәӷәа шимазгьы, Иегова миллионҩыла ауаа ацәҳәыраҿы акәац зларҿеиҵоз изеилкаауамызт. Убри аҟынтә Анцәа Моисеи диазҵааит: «Иегова инапы акгьы алымшо иҟоума?» (Ахыԥхь. 11:21—23). Иегова Моисеи абас диазҵааит ҳәа ҳхәар ҳалшоит: «Исҳәо сзынагӡаӡом ҳәа угәы иаанагаҵәҟьома?» w25.03 26, абз. 1, 2

Амҽыша, ноиабр 8

[Анцәа] Нои ихаан ауаа цәгьақәа рыла иҭәыз адунеи рыцҳаимшьаӡеит (2 Пиотр 2:5).

Иаанарԥшуама аӡхыҵра аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа? Аҭак «мап» ауп. Избан? Избанзар Абиблиаҿы уи аҩыза анӡам. Иисус ииашаҵәҟьаны Нои ихаан иҟаз амшқәа иаара аамҭа иаҿирԥшит. Аха иара имҳәаӡеит аӡхыҵра аԥхьа иҟаз ахҭысқәа зегьы аԥхьаҟа еиҳа инарҭбааны инаӡоит ҳәа. Уи адагьы, иара имҳәаӡеит Иегова аковчег ашә ахьаиркыз аԥааимбартә ҵакы аман ҳәа (Матф. 24:37—39). Иҟаиҵеи Нои, Иегова иҟынтә агәҽанҵара аниоу? Иара ахаҵара ааирԥшын, аковчег иргылеит (Аур. 11:7; 1 Пиотр 3:20). Убас еиԥш иахьагьы ауаа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа анраҳалак, ираҳаз инақәыршәаны инхалар ауп (Аус. 3:17—20). Пиотр Нои ауаа «аиаша рылазҳәоз» ҳәа изиҳәеит. Иахьа Аҳра иазку ажәабжь адунеи зегь аҿы ирыларҳәоит. Аха, егьа аџьабаа ҳбаргьы, аҵыхәтәа ааиаанӡа адгьыл аҿы инхо ауаа зегьы хаҭала ажәабжь раҳәара ҳалшаӡом. w24.05 9—10, абз. 3—5

Ашәахьа, ноиабр 9

Иегова ицәшәо ракәзар, ҳаҭыр рықәиҵоит (Аԥсал. 15:4).

Ҳара Иегова иҩызцәа пату рықәаҳҵоит, хаалагьы ҳрызныҟәоит (Рим. 12:10). Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо урҭ пату шрықәаҳҵо? Аԥсалом 15:4 иануп Иегова исас «ииҳәаз ажәа дацәхьаҵӡом, уи иара аԥырхага изаанагаргьы» ҳәа. Ҳажәа наҳмыгӡозар, егьырҭ ргәы дҳархьуеит (Матф. 5:37). Иегова иҭахуп иҩызцәа аҭаацәара ианалалоз рхатә ҩыза ирҭаз ажәа иазиашазар. Иара убасгьы Иегова дгәырӷьоит аҭаацәа рхәыҷқәа ирырҭаз ажәа анынарыгӡо. Ҳара Анцәеи иаҳзааигәоуи бзиа иаҳбозар, ҳажәа наҳагӡалоит. Иара убас ҳара Анцәа иҩызцәа ҳаҭыр шрықәаҳҵо ааҳарԥшуеит, асасдкылареи агәыҭбаареи анааҳарԥшуа (Рим. 12:13). Даараӡа ибзиоуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрацәажәо аизара алагаанӡа, ианынҵәалак ашьҭахь, иара убас ажәабжь анрыцаҳҳәо. Аха уи мацара азхаӡом. Ҳара урҭ иҵегь аамҭа рыцаҳхаҳгалароуп. Усҟан дареи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахалоит, Иеговагьы еиҳагьы ҳаизааигәахалоит. Уи адагьы, асасдкылара анааҳарԥшуа, Ҳанцәа ҳаиҿыԥшуеит. w24.06 12, абз. 15, 16

Аҩаша, ноиабр 10

Абас схәыцуеит: дызусҭада ауаҩы, уара духамышҭлартә еиԥш? (Аԥсал. 8:4).

Иегова аҵабырг ззааиртуа ахынраалара злоу ауаа мацара роуп (Матф. 11:25). Ҳара Абиблиа аҵара анҳадыргала, ахынраалара аарԥшны ацхыраара шаҳҭаху еилаҳкааит (Аус. 8:30, 31). Аха ҳара ҳԥагьамхарц азы ҳгәаҳҽанызароуп. Мамзар абиблиатә принципқәеи Иегова иорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәеи реиԥш, ҳхатә гәаанагарагьы хадоуп ҳәа ахәыцра ҳалагар ҳалшоит. Ахынраалара злоу уааны ҳаанхаларц азы, иаҳхаҳмыршҭлароуп, Иегова ҳиҿурԥшуазар, шаҟа ҳхәыҷу (Аԥсал. 8:3, 4). Ҳара иҳалшоит еиҳаны ахынраалареи иара иҿы аҵара аҵареи агәаҳәара ҳаиҭаларц ҳиҳәалар. Иегова аҳалалра аарԥшны ихәыцрақәа ҳзеиҭеиҳәоит. Иара уи ҟаиҵоит Иажәеи иорганизациа иаҳнаҭо адоуҳатә фатәи рыла. Иара ихәыцрақәа ҳхатә хәыцрақәа раасҭа еиҳа рыхә ашьара дҳацхраауеит. Абиблиа шәанаԥхьо Иегова ахынраалара бзиа ишибо, аԥагьареи ахышьҭыхреи шицәымӷу шәеилзыркаауа ашьақәырӷәӷәарақәа шәыԥшаала. Ахынраалара аизырҳара еиҳараӡак ихадоуп ахьӡ змоу аҭакԥхықәрақәа анҳауа. w24.07 10, абз. 8, 9

Ахаша, ноиабр 11

Имаҷу агәыԥ аҟынтәи зықьҩык ҟалоит, имаҷӡоу аҟынтә — иӷәӷәоу ажәлар. Сара, Иегова, ианаамҭоу уи аус сырццакуеит (Ис. 60:22).

Иисус ажәабжьҳәаратә ус напхгара аиҭаларц, насгьы ишьҭанеицәа адоуҳатә фатә риҭаларц азы 1919 шықәса раахыс доуҳала иалху ахацәа имаҷу ргәыԥ ихы иаирхәоит (Лука 12:42). Ҳәара аҭахума, Иегова уи агәыԥ хәыҷ рџьабаа дазылԥхоит (Ис. 65:13, 14). Ҳара ибзианы ҳаиҿкаамызҭгьы, Иисус иҳадиҵаз адҵа ҳзынагӡарымызт (Матф. 28:19, 20). Шәазхәыц, аучастокқәа ҳамамызҭгьы, насгьы доусу иахьиҭахыз ажәабжь иҳәозҭгьы иҟалоз. Ҭыԥқәак рахь ажәабжьҳәаҩцәа иааҟәымҵӡакәа инеилон, даҽа ҭыԥқәак рахь аӡәгьы днеилаӡомызт. Ишәҳәар шәылшома ҳҽеиҿкааны ажәабжь ахьаҳҳәо иҵегьы хәарҭас иаанаго? Иисус адгьыл аҿы даныҟаз иҟаиҵоз ауп ишьҭанеицәагьы иахьа иҟарҵо. w24.04 8—9, абз. 2—4

Аԥшьаша, ноиабр 12

Абзиара ҟауҵалар, сузыразымхаӡои? Абзиара ҟаумҵозар, агәнаҳа аҽаҵәахны ашә аҿы иԥшуп, уатәнатәырц азы (Алаг. 4:7).

Каин Адами Евеи рԥеиҳаб иакәын. Иара иҭаацәа рҟынтә агәнаҳа иҭынхеит. Аха иара иҽеим игәаҳәарақәа дырҿагылаларц азы ихы аус адиулаӡомызт, уи иҽеим аусқәа инарҟаҵеит (1 Иоанн 3:12). Уи азы акәзар ҟалап Иегова Каин дзизыразымыз, имҭагьы зидимкылаз. Аҽыриашара аҭыԥан «Каин игәы ԥжәеит, илахьгьы еиқәышьшьы дҟалеит». Иҟаиҵазеи Иегова ари аҭагылазаашьаҿы? Каин диацәажәеит (Алаг. 4:3—7). Иазгәашәҭ Иегова ақьиара аарԥшны дышиацәажәаз, насгьы аус бзиақәа ҟаиҵалар, дшизылԥхо шиеиҳәаз. Уи адагьы, Анцәа Каин иеиҳәеит агәнаҳа иаанаго алҵшәа, аха Каин уи дизымӡырҩӡеит. Иара игәнаҳақәа рыхьхәра иҭахымхаӡеит. Иӡбама Иегова уи азы уаҳа аӡәгьы рыгәнаҳақәа рыхьхәра дрыцхраалаӡом ҳәа? Зынӡаск мап! w24.08 10, абз. 8

Ахәаша, ноиабр 13

Иалх аԥсҭазаара, унхаларц азы (Ҩынтә. 30:19).

Иара израильаа иргәалаиршәеит закә ԥсҭазаароу ирзыԥшыз. Иегова ибзоурала дара акыраамҭа Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы инхалар рылшон. Уи зеиԥшыҟамыз, ибарақьаҭыз дгьылын! Моисеи израильаа иреиҳәеит «Иегова... шәара ишәмыргылаз идуу ақалақь ԥшӡақәеи, иаашәымхәаз ихәарҭоу амаҭәарқәа ахьыҩноу аҩнқәеи, ишәымжыз аҵеџьқәеи, еиҭашәымҳаз аӡахәаҭрақәеи амаслинаҵлақәеи ахьыҟоу адгьыл ахь» шәнеигоит ҳәа (Ҩынтә. 6:10, 11). Моисеи израильаа ргәырҽаниҵеит ибарақьаҭыз уи адгьыл аҿы кыраамҭа инхаларц рҭахызар, Иегова иԥҟарақәа ирықәныҟәалар шрыхәҭаз. Моисеи урҭ ргәазҭеиҵеит аԥсҭазаара алырхырц, даҽакала иуҳәозар, Анцәа изыӡырҩларц, изиашангьы иаанхаларц (Ҩынтә. 30:20). Аха израильаа Иегова даанрыжьит. Убри аҟынтә ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа иуит ассириаа, нас вавилонаа израильаа рымпыҵадырхаларц, итҟәангьы иргарц (2 Аҳ. 17:6—8, 13, 14; 2 Аш. 36:15—17, 20). w24.11 9, абз. 5, 6

Асабша, ноиабр 14

Аӡәымзар-аӡәгьы сара сахь дзааиӡом, саазышьҭыз Саб уи дааимгар (Иоанн 6:44).

Ақьырсиантә динхаҵарақәа ныҟәызго аӡәырҩы ауаа ирыԥхьаӡоит Иисус игәра агареи Ҳаиқәырхаҩ ҳәа изҳәареи мацара азхоит ҳәа (Иоанн 6:29). Аха узызхәыцша ак ыҟоуп. Галилеиа Иисус изыӡырҩуаз аӡәырҩы ауаа раԥхьа игәра ргеит, аха нас ишьҭанеира иаҟәыҵит. Избан? Иисус акрызҿеиҵаз реиҳараҩык ирҭахыз риҭонаҵы мацара акәын ишьҭанеира ианазхиаз. Ирҭахызи дара? Ихәышәтәларц, акрырҿеиҵаларц, ргәы иахәаша ажәақәа мацара реиҳәаларц. Аха Иисус адгьыл ахь дзааз ргәаҳәарақәа рынагӡаразы акәӡамызт. Иара хықәкыс имаз ауаа ишьҭанеицәаны ишыҟалаша дырҵара акәын. Иисус ауаа иара иахь иааирц иааиԥхьон. Уи иаанагоз иааигәара аҟазаара мацара акәӡамызт, аха хшыҩзышьҭрала изыӡырҩреи идирҵоз зегьы аԥсҭазаараҿы ахархәареи ракәын (Иоанн 5:40). w24.12 12, абз. 12, 13

Амҽыша, ноиабр 15

Ахацәа, Христос аизара бзиа [ишибаз]... еиԥш, шәаргьы убас шәыҳәса бзиа ижәбала (Еф. 5:25).

Ахаҵа иԥҳәыс дипҟозар, ихжәаны длацәажәозар, мамзаргьы лыпату лазырҟәуа ак лирҟаҵозар, ицхраар алшозеи аҽыԥсахра? Иара Иисус диҿыԥшлароуп. Иара иҵаҩцәа дышрызныҟәоз ахацәа иднарҵо рацәоуп, даргьы рыҳәса убас еиԥшҵәҟьа ирызныҟәалароуп. Шәааи еилҳаргап Иисус иапостолцәа дышрызныҟәоз, насгьы дышрацәажәоз. Иисус иапостолцәа пату рықәиҵон, ақьиарагьы ааирԥшуан. Иара ахаан дыхжәаӡамызт, иапостолцәа ршәаны имаӡамызт. Уи аҭыԥан ахынраалара аарԥшны рымаҵ иуан (Иоанн 13:12—17). Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Сара шәысҿыԥшла, избанзар сара сҟәымшәышәуп, аԥагьара сылам, шәымч шҭалогьы жәбап» (Матф. 11:28—30). Иазгәашәҭ Иисус аҟәымшәышәра шилаз. Ауаҩы дҟәымшәышәзар, уи дыԥсыҽуп ҳәа аанагаӡом. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы еиҳагьы дыӷәӷәоуп, аҽынкыларагьы имоуп. Иара данҵәылырхуа иԥсахы еибакӡом. w25.01 10, абз. 10, 11

Ашәахьа, ноиабр 16

Уусқәа Иегова инапы ианҵа (Ажәам. 16:3).

Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа аекономикатә ҭагылазаашьа еиҳа еицәахар алшоит. Аполитикатә еилаҩынтрақәа, аибашьрақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа, мамзаргьы апандемиа ҿыцқәа ҳахдырҵәар алшоит, ҳусура, ҳмал, ма ҳаҩны ҳцәыӡыргьы ауеит. Ишԥаҳалшо аӡбарақәа анҳадаҳкыло Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшыр? Зегь раԥхьаӡа иргыланы шәгәы иҵхо Иегова изеиҭашәҳәа. Ииашоу аӡбара шәыдышәкыларц азы аҟәыӷареи агәҭынчреи шәиҭарц шәиҳәала (Лука 12:29—31). Ишәымоу аигәырӷьара дшәыцхраарц шәиҳәала (1 Тим. 6:7, 8). Асаит jw.org аҿы аԥара анузымхо иуцхраауа астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи рацәаны иаагоуп. Уа аӡәырҩы ирыцхраахьоу алабжьара бзиақәа шәыԥшаар шәылшоит. w25.03 28—29, абз. 10, 11

Аҩаша, ноиабр 17

Анцәа исирбеит ицқьам, ихәынгашьатәу ҳәа аӡәгьы дшыҟам (Аус. 10:28).

Анцәа иауриамыз ауаагьы ижәлар ишахәҭакхо аниӡба, апостол Пиотр Корнили иахь дишьҭит, уи ажәабжь бзиа изеиҭеиҳәарц азы. Ауриацәа егьырҭ ажәларқәа иртәыз ауаа шамахамзар ирацәажәаӡомызт. Убри аҟынтә Анцәа идҵа наигӡарц азы Пиотр ихәыцшьа иԥсахыр акәын. Пиотр Иегова иауриамыз ауаа дшырзыҟоу анеиликаа, ихаҭагьы урҭ даҽакала рыхәаԥшра далагеит. Убри аҟынтә иара дымлакҩакӡакәа Анцәа дахьишьҭыз дцеит (Аус. 10:28, 29). Иара Корнили иҩнаҭа иатәызи иареи ажәабжь рзеиҭеиҳәеит, нас урҭ аӡы рыҽӡаархит. Иауриамыз рыбжьара зегь раԥхьа ақьырсианра здызкылаз Корнили иҩнаҭа иатәызи иареи ракәхеит (Аус. 10:21—23, 34, 35, 44—48). Шықәсқәак рышьҭахь Пиотр аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзиҩит: «Зегьы аӡәк иеиԥш хәыцшьак шәымаз» (1 Пиотр 3:8). Ҳара хәыцшьак ҳамазаауеит, дасу Анцәа ихәыцшьа иҿаҳҵаалар. Анцәа дышхәыцуа Абиблиа аҟынтә еилаҳкаар ҳалшоит. w25.03 9—10, абз. 7, 8

Ахаша, ноиабр 18

Ишәзымдыруа еиуеиԥшым аҵарақәа шәшьақәдырҟьар шәымун (Аур. 13:9).

Ауаа рхәыцшьа Анцәа ииашоу ихәыцшьа еиҳа-еиҳа иацәыхарахоит (Ажәам. 17:15). Убри аҟынтә ҳара аиашеи амци реиҩдыраашьа ҳдыруазар хадоуп, насгьы аӡәгьы ҳаршәаны Иегова ҳаицәыхареитәыр илҳмыршароуп. Апостол Павел ауриацәа иреиҳәеит доуҳала еизҳарц азы аџьабаа рбаларц. Уи алабжьара ҳара ҳзгьы ихәарҭоуп. Ҳара Абиблиа инарҵауланы иҭаҳҵаалар ауп, насгьы Иегова дышхәыцуа ахәыцшьа ҳҵалар ауп. Аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы уи аҿы аџьабаа ҳбалар ҳахәҭоуп. Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы, ҳара есыҽны Анцәа Иажәа ҳаԥхьалароуп, насгьы иҭаҳҵаалароуп (Аԥсал. 1:2). Абиблиа аҭҵааразы ҳхатә график ҳамазар, уи Павел ауриацәа зыӡбахә рзиҩуаз аҟазшьа — ахаҵара — арӷәӷәара иҳацхраауеит (Аур. 11:1, 6). w24.09 10, абз. 7, 8

Аԥшьаша, ноиабр 19

Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит (Иак. 4:8).

Иегова ҳара ҳзы зыԥсы ҭоу Анцәа иакәзар, ҳизиашаны аанхара ҳзымариахоит. Иосиф иҭоурых уи ибзианы иаҳнарбоит. Иара дымлакҩакӡакәа асексуалтә ламысдара мап ацәикит. Иосиф Иегова ицәаныррақәа дрызхәыцуан, игәы иирхьыр иҭахӡамызт (Алаг. 39:9). Ҳара ҳзгьы Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа иакәны дҟаларц азы иҳәареи Иажәа аҭҵаареи рзы аамҭа алҳхуазароуп. Ҳаргьы, Иосиф иеиԥш, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳаиҩызара бжьызхыр алшо зегь ҳҽацәаҳахьчалоит. Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу зхазыршҭуа иара ицәыхарахоит. Иаҳгәалаҳаршәап израильаа ацәҳәыраҿы ирыхьыз. Дара Иегова дшыҟоу рдыруан, аха дреиҷаҳалар шилшо рхадыршҭуа иалагеит (Ақәҵ. 17:2, 7). Аҵыхәтәаны Анцәа иҿагылеит. Урҭ рҿырԥшы ҳара ҳгәаҳҽаннаҵоит. Иҟалалакгьы, ҳара Иегова ҳаиҿагылар ҳҭахӡам! (Аур. 3:12). w24.06 24, абз. 14, 15

Ахәаша, ноиабр 20

Иегова ауаа иашақәа илаԥш рхуп, урҭ ацхыраара ианаҳәо рыбжьы илымҳақәа ираҳауеит (Аԥсал. 34:15).

Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ҳзырҵәыуо аҭагылазаашьақәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Иегова имаҵзуҩцәа анҵәыуо ибоит, насгьы рхьаа ихьаауп. Иара улаӷырӡқәагьы ибоит, игәгьы ихьуеит. Убри аҟынтә иуадаҩу аҭагылазаашьа уанақәшәо, иаразнак ухьаа Иегова изеиҭаҳәала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә ухы ԥхьоумклан, избанзар урҭ бзиа урбоит. Иара убас Абиблиа уаԥхьала, уа Иегова ҳгәы зырҭынчуа ажәақәа рацәаны ианиҵеит. Анцәа ачҳара аарԥшны зегь ахьухуго азы хымԥада дузылԥхоит. Иара ҳалаӷырӡқәа зегь ирыцқьоит. Уаҳа иаҳзааигәоу ауаа ԥслаӡом, аӡәгьы ҳаиҭилаӡом, иузмыриашо аҭагылазаашьақәагьы ҳрықәшәалаӡом (Аат. 21:4). Ҳҵәыуаларгьы, ҳалаӷырӡ аазго агәырӷьара акәхоит. w24.12 20, абз. 3; 25, абз. 19

Асабша, ноиабр 21

«Шәар[а] сара шәсышаҳаҭцәоуп», — иҳәоит Иегова (Ис. 40:22).

Иегова аҳаҭыр ҳаҭәеишьеит ишаҳаҭцәа ҳакәны ҳаҟазарц. Иара ажәабжьҳәараҿы агәымшәара аарԥшра дышҳацхраало ала ажәа ҳаиҭеит (Ис. 43:10, 11). Ҳахәаԥшып уи шыҟаиҵо ҳаилзыркаауа ԥшь-знеишьак. Актәи, агәырӷьажәабжь анаҳҳәо ҳамацара ҳаҟаӡам, Иисус дҳацуп (Матф. 28:18—20). Аҩбатәи, Иегова имаалықьцәа ҳацхрааларц иаҳзааишьҭуеит (Аат. 14:6). Ахԥатәи, Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭоит, уи иаҳдыруа ҳгәаланаршәар ауеит (Иоанн 14:25, 26). Насгьы аԥшьбатәи, ҳара ажәабжьҳәараҿы узықәгәыӷыртә иҟоу ацхырааҩцәа ҳамоуп, урҭ ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи роуп. Иеговеи бзиа ҳазбо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраарала ҳара уи адҵа анагӡара ҳалшоит! Аха аучасток аҿы аӡәгьы даншәықәымшәо, шәгәы каҳауазар, шәхы шәазҵаа: «Иабаҟоу уажәы урҭ ауаа? Макьана аусураҿы иҟазар, ма ихәаахәҭуазар?» (Аус. 16:13). Ус акәзар, адәахьы ажәабжь аҳәара еиҳа еиӷьхоит — уа аучасток аҿы аасҭа еиҳаны ауаа шәԥылар ауеит. w24.04 17, абз. 10, 11

Амҽыша, ноиабр 22

Ауаҩы иҭаацәа хадара рзура илымшозар, Анцәа иеизара дызлахылаԥшлои? (1 Тим. 3:5).

Уара уҭаацәаразар, насгьы аизара ахылаԥшҩыс уҟаларц уҭахызар, уҭаацәара иатәу зегьы ахьӡ бзиа рымазароуп. Убри аҟынтә «уҭаацәа ибзианы хадара [рзууазароуп]». Уара бзиабарала уҭаацәа уреиҷаҳалароуп, насгьы урҭ ирыхәаша аӡбарақәа удукылалароуп. Ус анакәха, аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥугалароуп, иара убас уԥшәмаԥҳәыси ухәыҷқәеи аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи урыцхраалароуп. Уара зықәра наӡам ахәыҷқәа умазар, урҭ «ааӡазароуп, уҳәатәы харҵозароуп» (1 Тим. 3:4). Урҭ бзиабарала иуааӡалароуп. Ҳәарада, аҳәыҷқәа хәыҷқәоуп, ахәмарреи аччареи бзиа ирбоит. Аха аҭаацәа рзыӡырҩшьеи, ауаа пату рықәҵашьеи, ибзианы ахымҩаԥгашьеи дырҵалатәуп. Уи адагьы, уара иулшо зегь ҟауҵароуп ухәыҷқәа Анцәа иҩызцәахарц, насгьы абиблиатә принципқәа рыла инхаларц азы, иара убас аҽӡаахра хықәкыс иқәыргыланы, уи нарыгӡарц азы. w24.11 22, абз. 10, 11

Ашәахьа, ноиабр 23

Зҩызцәа зыԥсы рыхҭнызҵо ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам (Иоанн 15:13).

Ажәабжьҳәара шаҟа аамҭа азышәкуа аҟара, убриаҟара Иегова ицхыраара жәбалоит, насгьы еиҳагьы игәра жәгалоит (1 Кор. 3:9). Ишәхашәмыршҭлан Иегова иара изы иҟашәҵо егьырҭ иҟарҵо ишаҿимырԥшуа. Иара идыруеит бзиа дшыжәбо. Ишәзыҟаиҵаз зыхә ҳараку аҳамҭа — аҿыхра — ахә ҳаракны ишышәшьо ахьибо даараӡа игәы ҟанаҵоит (1 Сам. 16:7; Марк 12:41—44). Аҿыхра акәмызҭгьы, ҳагәнаҳақәа ҳанажьхаӡомызт, Иеговеи ҳареи ҳабжьара аизыҟазаашьа бзиақәагьы зыҟаломызт, наӡаӡа анхаразы агәыӷрагьы ҳауамызт. Шәааи ҳаԥсҭазаарала иааҳарԥшлап Иегова иаҳзыҟаиҵаз зеиԥшыҟам аҳамҭақәеи ибзиабареи рыхә ҳаракны ишаҳшьо (1 Иоанн 4:19). Иара убас ҳусқәа рыла ишьақәҳарӷәӷәалап иԥсы ҳахҭниҵартә еиԥш бзиа ҳазбо Иисус иаҳзыҟаиҵаз ахә ҳаракны ишаҳшьо! w25.01 31, абз. 16—18

Аҩаша, ноиабр 24

Санымгәаҟуаз мшык ыҟамызт (Аԥсал. 73:14).

Ҳазхәыцып 73-тәи Аԥсалом аҿы иану. Уи автор ибон егьырҭ ауаа Анцәа имаҵ шырымуазгьы, агәабзиареи амали шрымаз, насгьы уадаҩрак рымамкәа ишынхоз (Аԥсал. 73:3—5, 12). Урҭ ихы анырҿирԥшуаз, иԥсҭазаара ҵакыдазшәа, насгьы акы иаԥсамызшәа ибон. Ус еиԥш иҟаз угәы казыжьуаз ахәыцрақәа ирыхҟьаны данымгәаҟуаз «мшык ыҟамызт» (Аԥсал. 73:13, 14). Дышԥариааи урҭ иҽеимыз ацәаныррақәа? Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова иныҳәарҭа дыҩналеит (Аԥсал. 73:16—18). Уа, Анцәа имаҵзуҩцәа ахьыҟаз иахьҭынчраз аҭыԥаҿы, иара зегь еиликааит. Иара еиликааит қьафла инхоз ауаа аԥеиԥш ҳәа акгьы шрымамыз. Иара агәра игеит Иегова имаҵ аура иԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иахьиргылаз ииашаны ишыҟаиҵаз. Уи игәы арҭынчит. Убасала анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ ауразы амч иоуит (Аԥсал. 73:23—28). w24.10 26—27, абз. 11, 12

Ахаша, ноиабр 25

Ирдыруазааит ауаа уара Иегова шухьӡу, уара заҵәык Хыхь иҟоу Анцәа ду шуакәу, адгьылгьы напхгаҩыс ушамоу (Аԥсал. 83:18).

Иегова ишаҳаҭцәа ҳакәны ҳҟаларц азы ҳалихит (Ис. 43:10—12). Анапхгаратә хеилак аҟынтә иҳауз асаламшәҟәқәа руак аҿы абас аҳәон: «Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ ахьаҳху ауаҩы ианаршьар алшо зегьы иреиҳау ҳаҭыруп». Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг цәгьарак шәузшәа ахара шшәыдырҵо. Шәара шәышуаҩ бзиоу, насгьы ахаан ус шыҟашәымҵарыз зҳәо ашаҳаҭ дышәҭахуп. Иалышәхрыдаз уи азы? Ҳәарада, ибзианы ижәдыруа, зыгәра жәго, ахьӡ бзиа змоу, зажәа акраҵанакуа ауаҩы. Иегова ҳишаҳаҭцәаны ҳахьалихыз ала иааирԥшит ибзианы ҳшидыруа, насгьы Нцәас иҟоу иара заҵәык шиакәу ауаа раҳәаразы аҳаҭыр шҳаҭәеишьаз. Ҳара ҳзы Иегова ишаҳаҭцәаны аҟазаара ҳаҭыр дууп. Убри аҟынтә Анцәа ихьӡ ауаа ирылаҳҳәаларц азы, насгьы изырҳәо амц аҿаԥҽразы иҳамоу алшарақәа зегь ҳхы иаҳархәоит. Убасала пату ақәҵаны иныҟәаҳго ахьӡ — Иегова ишаҳаҭцәа — ҳшаԥсоу ааҳарԥшуеит! (Рим. 10:13—15). w24.05 18, абз. 13

Аԥшьаша, ноиабр 26

Ичмазҩыз... ихәышәтәит (Матф. 8:16).

Егьырҭ рымаҵ аура Иисус агәырӷьара изаанагон. Ҽнак зны Иисус ауаа ак дырҵара адагьы, рцәеижьтә ҭахрақәагьы дреиҷаҳаит. Иара изыӡырҩырц инеиз зегьы џьашьахәыла ирызхашаз афатә риҭеит. Анаҩс иҵаҩцәа дрыҳәеит уи афатә ауаа ирзыршарц (Марк 6:41). Убасала иҵаҩцәа идирбеит егьырҭ рымаҵ шырулаша. Иара убас иҵаҩцәа идеилиркааит аус аҿы ацхыраара шхадоу. Шәхаҿы иаажәг апостолцәа шаҟа игәырӷьоз Иисуси дареи џьашьахәыла ауаа рацәа акрахьырҿарҵаз, рызхарагьы ахьыҟалаз! (Марк 6:42). Ҳәарада, Иисус ихы аасҭа егьырҭ данреиҷаҳауаз уи аҽны мацара акәӡамызт, избанзар адгьыл аҿы иԥсҭазаара зегьы егьырҭ рымаҵ аура иазикит (Матф. 4:23). Ауаа аҵара дырҵареи рҭахрақәа реиҷаҳареи Иисус агәырӷьара ду изаанагон. w24.11 16, абз. 10, 11

Ахәаша, ноиабр 27

Аҵыхәтәантәи амшқәа раан аамҭа даараӡа [ицәгьахоит] (2 Тим. 3:1).

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәахоит. Убри аҟынтә еиҳагьы ҳаицхыраалар акәхоит. Иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар, насгьы рхаҵара ҳарӷәӷәалар ҳалшоит. Ишԥа? Иаҳҳәап, Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь ианнеиуа, гәыкала ҳарԥылозар. Ҳара иаҳҭахуп аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ҭынчзарц, насгьы аизарақәа дара рзы хыҵакырҭаны иҟаларц. Аизара ахылаԥшыҩцәа ауадаҩрақәа раан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы хыҵакырҭаны иҟалар рылшоит. Иаҳҳәап, аԥсабаратә рыцҳарақәа ианрықәшәо ма аҳақьым ицхыраара анырҭаху, аизара ахылаԥшыҩцәа аамҭа мгакәа урҭ рыцхраара иалагоит. Иара убас Абиблиа рхы иархәаны ргәы шьҭырхуеит, ргәы дырҭынчуеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара ахылаԥшҩы арыцҳашьара аарԥшны дшырзыӡырҩуа, ишеиликаауа анырдыруа, ацхырааразы иҳәара рзымариоуп. Аизара ахылаԥшҩы бзиа ҳшибо анаҳдыруа, Абиблиа аҟынтә иҳаиҭо алабжьарақәа рыдкылара ҳзымариоуп (1 Фес. 2:7, 8, 11). w24.06 28—29, абз. 12, 13

Асабша, ноиабр 28

Иара Иԥа димеигӡа[ӡеит] (Рим. 8:32).

Анцәа илымшо акгьы ыҟаӡам, аха уи иаанагаӡом иара игәаҵәа жәпоуп ҳәа. Ҳара Анцәа ҳиеиԥшны ҳшоуп, иара иоуп ацәаныррақәа ҳалазҵаз. Ус анакәха, ихаҭагьы ацәаныррақәа имоуп. Абиблиаҿы иануп ауаа Анцәа игәы идырхьуан ҳәа (Аԥсал. 78:40, 41). Иегова Иԥа ауаа цәгьақәа даныршьуаз, игәы ихьуан. Аҿыхра ишьақәнарӷәӷәоит Иегова аӡәгьы бзиа ҳшимбо еиԥш бзиа ҳшибо — ҳҭынхацәа ракәыз, ҳҩызцәа гәакьацәа ракәыз (Рим. 8:32, 38, 39). Ҳара ҳхы убриаҟара бзиа иаҳбаӡом Иегова шаҟа бзиа ҳаибо аҟара. Ишәҭахума наӡаӡа шәынхалар? Ишәҭахума шәыгәнаҳақәа шәанажьхар? Иегова уи шәара шәаасҭагьы иҭахуп. Иара дзызҳаҳәо, иҳамҭа ҳадаҳкыларц, ахаҵара ааҳарԥшлац, насгьы ҳаизыӡырҩларц заҵәык ауп. Анцәа агәнаҳа аҟынтә ҳҿыхны шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо ҳирбеит (Еккл. 3:11). w25.01 22, абз. 8, 9

Амҽыша, ноиабр 29

Еснагь Иҳақәиҭу игәы иақәшәо аилкаара шәашьҭаз (Еф. 5:10).

Ӡбарақәак анҳадаҳкыло иаҳбои, иҳаҳауеи, ҳцәаныррақәеи ҳрызхәыцлар ауп. Аха ҳцәаныррақәа ҳаржьар ауеит. Уи адагьы, иаҳбо мацарала ҳанхалар, иахьа акәымзаргьы уаҵәы Иегова игәы иҳархьуеит (Еккл. 11:9; Матф. 24:37—39). Аха хаҵарала ҳанхалар, «Иҳақәиҭу игәы иақәшәо» ҟаҳҵалоит. Анцәа ҳаизыӡырҩлар, анасыԥи агәҭынчреи ҳауеит (Аԥсал. 16:8, 9; Ис. 48:17, 18). Уи адагьы, хаҵарала ҳанхалар, аԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит (2 Кор. 4:18). Дасу ҳхы ҳазҵаар ауп: «Ишԥасыдыскыло аӡбарақәа? Сзықәгәыӷуа избо акәу, мамзаргьы Иегова сиқәгәыӷны илабжьарақәа срықәныҟәоу?» w25.03 20—21, абз. 3, 4

Ашәахьа, ноиабр 30

Шәыбжьара аҭынчра ыҟаз (1 Фес. 5:13).

Ҳара зегьы иҳалшоит ауаа адоуҳатә џьанаҭ ахь ааира ргәаҳарԥхарц азы ак ҟаҳҵалар. Уи азы ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлароуп. Иара мчыла аӡәгьы иорганизациа ахь дааигаӡом. Уи хаала ауаа иара иахь иааиԥхьоит (Иер. 31:3; Иоанн 6:44). Згәы цқьоу ауаа Иегова дзакә Нцәоу анеилыркаалак, рхаҭа иара иахь ааира рҭаххоит. Ишԥаҳалшо ауаа адоуҳатә џьанаҭ ахь ааира рҭаххарц азы ҳҟазшьақәеи ҳхымҩаԥгашьеи рыла уи ҳарԥшӡалар?Ауаҩы ҳаизарахь данааиуа раԥхьаӡа иргыланы иибо ҳара-ҳара ҳахь иааҳарԥшуа абзиабареи ақьиареи роуп. Рхы шԥарбо раԥхьаӡа акәны Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь иааиуа ауаа? Ҳара иаҳҭахуп даргьы ажәытә Коринф инхоз ауаа реиԥш ирҳәарц: «Ииашаҵәҟьаны, шәара Анцәа дшәыцуп!» (1 Кор. 14:24, 25; Зах. 8:23). Ус анакәха, ҳара анаҩсгьы ҳақәныҟәалароуп иахьатәи ажәеинраалаҿы иаагоу абиблиатә мҩақәҵара. w24.04 23—24, абз. 16, 17

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра