Октиабр
Аԥшьаша, октиабр 1
Сара... Иегова иахь сыԥшлоит (Мих. 7:7).
Аизара ахылаԥшыҩцәа, араион ахылаԥшыҩцәа, афилиал, иара убас Анапхгаратә хеилак Иегова имаҵ аура иадҳәалоу анапхгара лассы-лассы иҳарҭоит. Аха зны-зынла ӡбарак зрыдыркылаз ҳзеилымкаауазар ауеит. Уи инадҳәаланы ҳаԥсҭазаараҿы ԥсахрақәак ҟаҵатәхар, уи ҳгәамԥхар алшоит, мамзаргьы амҩақәҵарақәа ҳазҭаз аишьцәа рынамӡара мыцхәы ҳхы азаҳашьҭыр ҳалшоит. Ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәа шәарҭоуп. Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова иорганизациа анапхгара шаиҭо, насгьы ҳҭагылазаашьа ибзианы ишидыруа. Убри аҟынтә анапхгара анҳауа, иаразнак ҳгәырӷьаҵәа уи ҳақәныҟәоит (Аур. 13:17). Ҳара еилаҳкаауеит анапхгара ҳазыӡырҩлар, аизараҿы аӡәкра шыҟало (Еф. 4:2, 3). Ҳәарада, анапхгара ҳазҭо аишьцәа наӡаӡам, аха урҭ ҳарзыӡырҩлар, Иегова даҳзылԥхоит (1 Сам. 15:22). Иара убас агәра ганы ҳаҟоуп ԥсахрақәак аҭахыҵәҟьазар, Иегова уи шгәеиҭо, насгьы ианаамҭо ишиԥсахуа. w25.03 23—24, абз. 13, 14
Ахәаша, октиабр 2
Анцәа... амаӡақәа [ааиртуеит] (Дан. 2:28).
Ҳара ҳанхоит иџьоушьаша аамҭазы! Есыҽны абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо ҳбоит. Иаҳҳәап, аҩадатәии аладатәии аҳцәа адунеи зегь напхгара азыруларц азы аиҿыхара иаҿуп (Дан. 11:40, албаага). Уи адагьы, ҳара иаҳбоит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ахаан ишыҟамлац еиԥш адгьыл аҿы рылаҳәара ишаҿу, насгьы миллионҩыла ауаа уи шрыдыркыло (Ис. 60:22; Матф. 24:14). Уи адагьы, ҳара ианаамҭоу меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳауеит (Матф. 24:45—47). Иегова иаарласны иаҳзыԥшу хәыҷы-хәыҷла иаҳзааиртуеит (Ажәам. 4:18). Аха макьана иаҳзымдыруагьы ыҟоуп. Ус шакәугьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит арыцҳара ду алагамҭазы, иуадаҩу уи аамҭазы, Анцәа ҳизиашан ҳаанхарц, насгьы акзаара ҳцәымӡырц азы иаҭаху зегь шаҳдырло. w24.05 8, абз. 1, 2
Асабша, октиабр 3
Иара ибз ауаҩы дызлаҟам аирҳәаӡом (Аԥсал. 15:3).
Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәоит Иегова исас «ибз ауаҩы дызлаҟам аирҳәаӡом» ҳәа. Иаанагозеи уи? Ауаҩы дызлаҟам изҳәара иаанагоит ихьӡ бжьызхыр алшо амц изҳәара. Аԥсалом 15:3 аҿы иара убас иануп Иегова исас «изааигәоу ацәгьа изиуӡом, иҩызцәа рыхьӡ ирцәгьаӡом» ҳәа (Аԥсал. 15:1). Иҳарцәгьар шԥаҳалшо ҳҩызцәа рыхьӡ? Ҳгәы ацәгьара шҭамгьы, аӡәы ихьӡ ҳарцәгьар ҟалоит. Ҳхаҿы иааҳгап х-ҭагылазаашьак: 1) аиаҳәшьа уаҳа пионерс амаҵ луӡом, 2) Вефиль аҿы амаҵ зуаз хаҵеи-ԥҳәыси уа амаҵ аура иаҟәыҵуеит, 3) аиашьа уаҳа аизара ахылаԥшҩыс ма аизара ацхырааҩыс амаҵ иуӡом. Ииашахома уи аҩыза изақәшәаз иазкны ҳхатә гәаанагара ашьақәыргылара, насгьы уи егьырҭ рыларҵәара? Урҭ аԥсахрақәа зыҟаҵаз иазкны иаҳзымдыруа ыҟазар ҟалоит. Иара убас, ишаҳдыруа еиԥш, Иегова исас «изааигәоу ацәгьа изиуӡом, иҩызцәа рыхьӡ ирцәгьаӡом». w24.06 11, абз. 11—13
Амҽыша, октиабр 4
Иегова еснагь саԥхьа дгылоуп. Сара акгьы сацәшәом, избанзар иара сарӷьара дгылоуп (Аԥсал. 16:8).
Иҳацхраауазеи Иегова иҿаԥхьа ашәара аизырҳара? Аӡбара шәыдышәкылацыԥхьаӡа Анцәа ицәаныррақәа шәрызхәыцла. Абиблиатә цыԥҵәахак шәанаԥхьо, шәхы шәазҵаала: «Схы шԥамҩаԥызгарыз, сара уа сыҟазҭгьы?» Иаҳҳәап, шәхаҿы иаажәг израильаа рыбжьара шәыҟоушәа, насгьы Моисеи Изқәыргәыӷыз адгьыл иқәыԥшырц иишьҭыз 10-ҩык аԥшыхәцәа ирҳәо шәаҳауашәа. Урҭ рыгәра жәгарызма? Шәшәарызма? Мамзаргьы Иегова иахь ишәымоу абзиабара ауаа рҿаԥхьа ашәара иаиааирызу? Иисус Навини Халеви аиаша рҳәон, аха аӡәгьы урҭ рыгәра имгаӡеит. Уи иахҟьаны уи абиԥара аҟынтә Иисус Навини Халеви рыда Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь аӡәгьы дзымнеиӡеит (Ахыԥхь. 14:10, 22, 23). w24.07 10, абз. 7
Ашәахьа, октиабр 5
Агәқәа ҭызҵаауа Иегова иоуп (Ажәам. 17:3).
Аԥааимбар Осиа иԥҳәыс Гомерь егьырҭ ахацәа дрыцныҟәаларц азы дкалыжьит. Аха илылымшаӡози лара лыгәнаҳақәа рыхьхәра? Ауаҩы игәы иҭоу збо Иегова Осиа иеиҳәеит: «Узыԥсахуа, насгьы ҽаӡәы бзиа иибо уԥҳәыс ҿыц бзиа дба, Иегова ижәлар бзиа ишибо еиԥш, дара егьырҭ анцәақәа рахь рхы шдырхогьы» (Ос. 3:1; Ажәам. 16:2). Иазгәашәҭ Осиа иԥҳәыс агәнаҳақәа рыҟаҵара дшаҟәымҵыз. Аха уеизгьы Иегова аԥааимбар иеиҳәеит иланаижьырц, насгьы шьҭахьҟа дидикыларц. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа аҳәатәхамҵара аазырԥшуаз ижәлар мап рцәимкӡеит. Израильаа иҿаасҭаз агәнаҳақәа шыҟарҵозгьы, иара урҭ бзиа ишибац ибон. Анцәа урҭ рахь аԥааимбарцәа ишьҭуан, рыгәнаҳақәа ирыхьхәны аҽыриашара дрыцхраарц азы. Ари аҿырԥштәы иунарбоит Иегова ауаа рыгәқәа шҭиҵаауа, насгьы агәнаҳа ӷәӷәақәа рыҟаҵара иаҟәымҵуа ауаҩы игәнаҳақәа рыхьхәра ицхраара иҽшазишәо. w24.08 10, абз. 7
Аҩаша, октиабр 6
Азакәан — ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу абзиарақәа рыгага заҵәык ауп (Аур. 10:1).
Иудеиа инхоз ақьырсианцәа рыԥсҭазаара мариаӡамызт. Акыршықәса ауриацәа Анцәа ижәлар ракәын. Иерусалим рыԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылон. Уи ақалақь аҟынтә аҳцәа напхгара руан, дара Анцәа ихаҭарнакцәа ракәын. Уи адагьы, уа ицқьоу амҵахырхәара шьагәыҭс иамаз аныҳәарҭа гылан. Анцәа изиашаз ауриацәа Моисеи изакәани адинхаҵаратә напхгаҩцәа ишьақәдыргылоз аԥҟарақәеи ирзыӡырҩуан. Азакәан рыԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рганахь ала анапхгара рнаҭон. Уа акрыфареи, аԥхьатәхсареи, атәымтәылауаа рацәажәареи ирызкыз азҵаарақәа рыӡбахә ҳәан. Аха Иисус данԥсы ашьҭахь Моисеи изакәан аԥыхын, акәырбанқәагьы уаҳа инагалатәӡамызт. Ақьырсианра здызкылоз ауриацәа уажәшьҭа Анцәа даҽакала имҵахырхәара иашьцылар акәын (Аур. 10:1, 4, 10). Апостол Пиотр иеиԥш иҟаз доуҳала иӷәӷәаз ақьырсианцәагьы урҭ рҟынтә ԥсахрақәак рықәныҟәара рзымариаӡамызт (Аус. 10:9—14; Гал. 2:11—14). Уи адагьы, иудеиатәи адинхаҵаратә напхгаҩцәа ақьырсианцәа иҿыцыз рхаҵара иахырҟьаны ирышьҭашәарыцон. w24.09 9, абз. 4
Ахаша, октиабр 7
Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәхашәмыршҭлан. Дара Анцәа иажәа шәдырҵон (Аур. 13:7).
Иегова имаҵзуҩцәа адҵа анриҭо, уи рҽеиҿкааны инарыгӡалоит ҳәа дақәгәыӷуеит (1 Кор. 14:33). Иаҳҳәап, Анцәа иҭахуп адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәахарц (Матф. 24:14). Иегова Иисус уи аус дахаиргылеит. Иисус уи еиҿкааны имҩаԥысларц дахылаԥшуеит. Актәи ашәышықәсазы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аизарақәа анцәырҵуаз, ажәабжьҳәаратә ус напхгара азыруларц азы аизара ахылаԥшыҩцәа алырхуан (Аус. 14:23). Апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи рыла ишьақәгылаз Иерусалим иҟаз анапхгаратә хеилак аизарақәа зегь зықәныҟәалар рыхәҭаз аӡбарақәа рыдыркылон (Аус. 15:2; 16:4). Аизарақәа урҭ рнапхгара иахьазыӡырҩуаз абзоурала «аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара́ ӷәӷәахон, рхыԥхьаӡарагьы есыҽны иацлон» (Аус. 16:5). w24.04 8, абз. 1
Аԥшьаша, октиабр 8
Мариа Магдалина аҵаҩцәа рахь дцан, ус ралҳәеит: «Сара Иҳақәиҭу дызбон!» (Иоанн 20:18).
Нисан 16 азы, ашьыжь шаанӡа гәыԥҩык аҳәса Иисус дахьжыз инеит (Лука 24:1, 10). Уа аԥсы дшыҟамыз анырба, руаӡәк, Мариа Магдалина, Пиотри Иоанни уи рзеиҭалҳәарц азы дыҩны дцеит. Пиотри Иоанни иаразнак адамрахьы ицеит, Мариагьы уахь дрышьҭаланы дцеит. Апостолцәа аԥсы дшыҟамыз анырба, рыҩныҟа ихынҳәит. Мариа уа даангылеит, адамра дадгыланы аҵәыуарагьы даҿын. Лара лыгәгьы иаанагомызт Иисус дышлыхәаԥшуаз. Иара игәаҵанӡа инеит лара дахьҵәыуоз. Убри аҟынтә ихы лирбеит, дагьлацәажәеит. Иара жәақәак роуп илеиҳәаз, аха урҭ ажәақәа лгәы дырҭынчит. Иара убас ихадаз адҵа лыдиҵеит: иԥсы шҭалаз иашьцәа ирзеиҭалҳәарц (Иоанн 20:17, 18). w24.10 13, абз. 7
Ахәаша, октиабр 9
Египет аџьашьахәқәа рацәаны иҟасҵоит (Ақәҵ. 7:3).
Моисеи ԥааимбарс, ӡбаҩыс, ар реиҳабыс, насгьы ҭоурыхҭҵааҩыс дыҟан. Моисеи израильтәи ажәлар Египет иалигеит, насгьы Иегова иҟаиҵаз аџьашьахәқәа рацәаны ибеит. Анцәа иԥшьоу идоуҳала Моисеи игәазҭеиҵеит Абиблиа иахәҭаку раԥхьатәи хә-шәҟәык, иара убас 90-тәи, насгьы иҟалап 91-тәи Аԥсалом иҩырц. Ашәҟәы Иов зҩызгьы иара иакәзар ҟалап. Моисеи 120 шықәса анихыҵуаз, иԥсра маҷк шагыз, израильаа зегь еизганы, Иегова ирзыҟаиҵаз ргәалаиршәеит. Анцәа ижәлар ишырбоз аџьашьахәқәа ҟаҵаны египтаа рыхәҭа иақәиршәеит (Ақәҵ. 7:4). Дара ирбон амшын ҟаԥшь аҽшеиҩнашаз, нас ибахҵәаӡа иҟалаз аҵа иҭысны ицеит. Анаҩс Иегова египеттәи ар ықәихит (Ақәҵ. 14:29—31). Ацәҳәыраҿы Анцәа урҭ дырхылаԥшуан, иагьихьчон (Ҩынтә. 8:3, 4). Уажәшьҭа, Изқәыргәыӷыз адгьыл азааигәара, Моисеи аҵыхәтәаны ргәы шьҭихыр иҭахын. w24.11 8—9, абз. 3, 4
Асабша, октиабр 10
Уи ача зфо дарбанзаалак наӡаӡа дынхалоит. Уи ача сцәеижь ауп. Сара уи ауаатәыҩса нхаларц азы ирыхҭнысҵоит (Иоанн 6:51).
Иисус Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы ииҳәаз ажәақәа иҵаҩцәа имаҷу ргәыԥ мацара акәын изҵанакуаз. Галилеиа ииҳәаз ажәақәа ракәзар, хыԥхьаӡара змамыз ауаа рахь ирхан. 32 шықәсазы ҳ. ҳ. аан Галилеиа Иисус изыӡырҩуаз аиҳараҩык ауаа иара иҟынтә ирҭахыз ача акәын. Аха иара урҭ ача аасҭа ихадаз акы иазхьаирԥшит — уи абзоурала дара наӡаӡатәи аԥсҭазаара роур рылшон. Иисус иҳәеит иԥсхьоу аҵыхәтәантәи амш азы рыԥсы шҭало, насгьы наӡаӡа инхалар шрылшо. Иисус Иҳақәиҭу иуаххьа аан ииҳәаз ажәақәа ҷыдала иалху мацара ирыҵанакуан. Уи аԥхьа Галилеиа ииҳәаз ажәақәа ракәзар, ауаа зегьы ирыҵанакуан. w24.12 11, абз. 10, 11
Амҽыша, октиабр 11
Ахацәа, шәыҳәса бзиа ижәбала (Кол. 3:19).
Иегова егьырҭ ирықәымчуа ауаа ицәымӷуп (Аԥсал. 11:5). Еиҳараӡак ицәымӷуп ахаҵа иԥҳәыс данипҟо (Мал. 2:16). Ахаҵа иԥҳәыс иҽеимкәа длызныҟәозар, уи Анцәеи иареи реиҩызара бжьнахуеит. Иегова уи ауаҩ иҳәарақәа рзыӡырҩра даҟәыҵыргьы алшоит (1 Пиотр 3:7). Ахацәа шьоукы рыҳәса ладырҟәуеит, ихжәангьы ирацәажәоит. Аха Иегова «агәыԥжәара, аԥсахеибакра, аҳәҳәара, улазырҟәуа ажәақәа» ицәымӷуп (Еф. 4:31, 32). Ахаҵа иԥҳәыс лганахь ала дыхжәазар, иареи лареи реизыҟазаашьақәа рыдагьы, Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәагьы бжьихуеит (Иак. 1:26). Убас еиԥш ахаҵа Иеговеи иареи реиҩызара бжьихуеит, апорнографиа дахәаԥшуазар. Уи адагьы, уи иԥҳәыс пату шлықәимҵо аанарԥшуеит. Иегова иҭахуп ахаҵа ихәыцрақәа рҿгьы иԥҳәыс димԥсахларц. Иисус иҳәеит абри аԥҳәыс дсымандаз ҳәа аԥҳәыс илыхәаԥшуа ахаҵа «игәаҿы» ихатә ҩыза дшиԥсахуа (Матф. 5:28, 29). w25.01 9, абз. 6—8
Ашәахьа, октиабр 12
Анцәа уаҩ иашаны ииԥхьаӡо... ...Иисус Христос дхазҵо иоуп (Гал. 2:16).
Абиблиаҿы иануп Иегова имаҵзуҩцәа уаа иашақәаны ишиԥхьаӡо. Уи иаанагоит ҳагәнаҳақәа рыхә рыхшәаара шҳахәҭам. Убри аамҭазы иара аиашара иазку инормақәагьы еилеигаӡом. Иара ҳуаа иашақәаны ҳзиԥхьаӡо уи ҳахьаԥсахаз азы акәӡам, насгьы ҳагәнаҳақәа хырҩа ахьырзиуа азы акәӡам. Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, избанзар ҳагәнаҳақәа ҳхыхзарц азы Иԥеи иареи иҟарҵаз агәра ҳгоит (Рим. 3:24). Иаанагозеи уи ҳара зегь ҳзы? Иисус ажәҩан аҿы напхгара ицзуло уаа иашақәаны иԥхьаӡоуп, насгьы Анцәа ихәыҷқәа ракәны иҟалеит (Тит 3:7; 1 Иоанн 3:1). Иегова урҭ ахаан агәнаҳа ҟарымҵацызшәа рыгәнаҳақәа рхихит. Убри аҟынтә дара аҳцәас, насгьы ԥшьаҩцәас амаҵ аура рылшоит (Рим. 8:1, 2, 30). Наӡаӡа адгьыл аҿы анхара иақәгәыӷуа уаа иашақәаны иԥхьаӡахоит, насгьы Анцәа иҩызцәахоит (Иак. 2:21—23). Урҭгьы рыгәнаҳақәа рхыхуп. w25.02 5, абз. 17, 18
Аҩаша, октиабр 13
Анцәа ихәыцшьа акәӡам иумоу, ауаа рхәыцшьа ауп (Матф. 16:23).
Ҳахәаԥшып ҭагылазаашьак аҿы апостол Пиотр Иегова ихәаԥшышьа шимамыз. Иисус иапостолцәа иреиҳәеит Иерусалимҟа дцараны дшыҟаз, уа дшыркуа, нас дыргәаҟны дшыршьуа (Матф. 16:21). Пиотр ихаҿгьы изаагомызт Иегова Иисус — израильаа ззыԥшыз, изықәгәыӷуаз Мессиа — дыршьыртә иуеит ҳәа (Матф. 16:16). Убри аҟынтә Пиотр Иисус днаскьеиган, ус иеиҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Исықәиҭу. Ари аҩыза уара ахаангьы уақәшәараны уҟаӡам» (Матф. 16:22). Пиотри Иисуси ргәаанагарақәа еиқәымшәаӡеит. Избан? Избанзар Иисус Иегова еиԥш акәын уи аҭагылазаашьа дшахәаԥшуаз, Пиотр иакәзар, даҽакала дахәаԥшуан. Иисус идыруан Иегова ииҭаху ҟаиҵарц азы дгәаҟны дыԥсыр шихәҭаз. Убри аҟынтә Пиотр абзиара игәы ишҭазгьы, илабжьара мап ацәикит. Инарҵазеи Пиотр ари аҭагылазаашьа? Иегова ихәыцшьа еилкааны, уи иҿиҵаалар шихәҭаз. Ҳаргьы убасҵәҟьа ҟаҳҵалароуп. w25.03 9, абз. 5, 6
Ахаша, октиабр 14
Иегова згәы хьаала иҭәу дырзааигәоуп, иара згәы каҳаӡаны иҟоу еиқәирхоит (Аԥсал. 34:18).
Иҟалап зыгәра угоз аӡәы ӷәӷәала угәы уирхьзар, мамзаргьы уиҭиизар. Ауаа шузныҟәозаалакгьы, жәҩантәи Уаб бзиа убара даҟәыҵӡом. Ҳарҭиизар, иахьатәи ажәеинраалаҿы иану Давид иажәақәа ҳгәы дырҭынчуеит. Еилыркаагак аҿы иануп «згәы каҳаӡаны» иҟоу ҳәа ара зыӡбахә цо «бзиарак иақәымгәыӷуа» ракәзар шалшо. Дышԥарыцхраауеи урҭ Иегова? Иара урҭ «дырзааигәоуп». Зхәыҷы бзиа дызбо ан ма аб ахәыҷы данҵәыуо дышьҭыхны дыргәыдрыҳәҳәалоит. Иегова урҭ анацәеи абацәеи дреиԥшуп. Ҳахьырҭииз ма ҳахькарыжьыз иахҟьаны ҳгәы анҳахьуа, иаргьы игәы ихьуеит, ҳацхраарагьы дазхиоуп. Ҳгәы ахьаа ҭазар, насгьы акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозар, Иегова ҳгәы ирҭынчуеит. Ҳазҭагылоу ауадаҩра ахгара дҳацхраарц азы аԥхьаҟа шаҟа абзиара ҳзыԥшу ҳгәалаиршәоит (Ис. 65:17). w24.12 23, абз. 13, 14
Аԥшьаша, октиабр 15
Ишәоуа аҳамҭа шәызҭо Иегова [иоуп] (Кол. 3:24).
Ҳаҭыр зқәу аизара ахылаԥшыҩцәа! Ишәхашәмыршҭлан Иегова ижәбо аџьабаа шибо, ахә ҳаракынгьы ишишьо. Шәара ахьчацәа реиԥш аизара ибзианы шәахылаԥшуеит, шәырҵаҩцәа бзиақәоуп, ажәабжьҳәарагьы шәазҟазоуп. Уи инеиҳангьы, аргыларатә проектқәа шәрылахәуп, арыцҳара иақәшәаз шәрыцхраауеит. Шьоукы ачымазцәа рбаразы еиҿкаау агәыԥқәа рҿы амаҵ жәуеит, егьырҭ — ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитетқәа рҿы. Аизара ахылаԥшыҩцәа ирдыруеит аизара зтәу Иегова шиакәу. Ирыду аҭакԥхықәрақәа гәык-ԥсыкала инарыгӡоит, агәра гангьы иҟоуп Иегова дшырзылԥхо (Кол. 3:23, 24). Зегьы аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ рзуӡом. Аха зегьы Иегова изы ак аҟаҵара рылшоит. Иара ахә ҳаракны ишьоит имаҵ аураҿы иҳалшо зегь ахьыҟаҳҵо. Иара ибоит адунеизегьтәи аус азы аԥара аналаҳҵо, уи маҷзаргьы. Иара убас иара даараӡа даргәырӷьоит агәаара ҳанахымыццакуа, насгьы егьырҭ ианранаҳажьуа. Агәра ганы шәыҟаз Иегова иҟашәҵо ахәыҷы ахә ҳаракны ишишьо. Иара даараӡа бзиа шәибоит, хымԥада дагьшәзылԥхоит (Лука 21:1—4). w24.06 23—24, абз. 12, 13
Ахәаша, октиабр 16
Угәы лымҩақәа рахь иухар умун, лымҩахәасҭақәа урнымлан (Ажәам. 7:25).
Ашәҟәы Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә дарбанзаалак ихьыр алшоит. Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы абас шԥасыхьи ҳәа иџьеишьозар алшоит, насгьы ус ихаҭа дшақәымгәыӷуаз иҟалеит ҳәа иҳәозар ауеит. Аха ибзиан дхәыцыр, агәнаҳахь дназгаз ашьаҿақәа ибар алшоит. Иҟалап иара Иегова бзиа дзымбо ауаа ҩызцәас ишьҭихзар. Мамзаргьы ақьырсианцәа ирықәнагам агәырҿыхагақәа ралхреи, иахәҭам аҭыԥқәа рахь аныҟәареи, иҽеим асаитқәа рахь аҭалареи далагазар. Уи адагьы, иҟалап иара Анцәа иҳәара, Абиблиа аԥхьара, аизарақәа рахь аныҟәара ма ажәабжь аҳәара даҟәыҵзар. Ус анакәха, Ажәамаанақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу арԥыс иеиԥш агәнаҳа ахьыҟаиҵаз џьашьатәӡам. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара агәнаҳа ахаҭа адагьы, агәнаҳа ахь ҳназгар алшо зегьы ҳҽацәаҳахьчалароуп. Арԥыси иламысдоу аԥҳәыси ирызку ахҭыс аҿы убри агәҽанҵара ауп ианугьы (Матф. 5:29, 30). w24.07 16, абз. 10, 11
Асабша, октиабр 17
Ҳара ари ахазына анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа ирҭаҵаны иныҟәаҳгоит (2 Кор. 4:7).
Иарбан хазыноу зыӡбахә цо? Зыхә ҳараку ҳмаҵзура (2 Кор. 4:1). Избанзар Аҳра иазку ажәабжь анаҳҳәо, ауаа еиқәҳархоит. Изусҭцәада анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа? Анцәа имаҵзуҩцәа. Избан Павел уи аҩыза аиҿырԥшра ихы изаирхәаз? Избанзар иара ихаан ахәаахәҭыҩцәа анышәаԥшь иалхыз амаҭәарқәа рыла зыхә ҳаракыз акы ларгаҩаргон, иаҳҳәап, афатә, аҩы, аԥара. Ҳаргьы ауаа зыхә ҳараку ак рызнаҳгоит — Иегова ҳагәра ганы ҳнапы ианиҵаз агәырӷьажәабжь. Иара уи адҵа анагӡаразы амч ҳамазарц дҳацхраауеит. Зны-зынла ауаа рацәажәара ҳзыгәаӷьӡом, иҽеим ак ҳзырҳәар ма иаҳзырур ҳәа ҳшәаны. Иҳацхраауеи уи аҩыза ашәара аиааира? Ишәгәалашәыршәа апостолцәа ажәабжь шәымҳәалан ҳәа анрарҳәа Анцәа изызиҳәоз. Дара ашәара риааир муӡакәа, Иегова иҳәон гәымшәарала иажәа ауаа ирыларҳәаларц дрыцхраарц азы. Анцәа иаразнак рыҳәара аҭак ҟаиҵеит (Аус. 4:18, 29, 31). Зны-зынла ауаа рҿаԥхьа иумоу ашәара уиааиуеит. Убасҟан Иегова уиҳәала, ашәара аиааира иуцхраауа абзиабара ӷәӷәа еизурҳарц азы. w24.04 16, абз. 8, 9
Амҽыша, октиабр 18
Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ (Матф. 6:9).
Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, уи абзиабара ихьӡ аԥшьара ҳгәазҭанаҵоит. Ҳара иаҳҭахуп Аҩсҭаа Иегова изиҳәаз шымцу ауаа ираҳҳәалар (Алаг. 3:1—5; Иов 2:4; Иоанн 8:44). Иаҳзыӡырҩуа ауаа аиаша анырзеиҭаҳҳәо Ҳанцәа ҳидгылоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳара ҳаиԥш егьырҭ ауаагьы аиаша рдырырц. Зегь раасҭа ихадоу Анцәа иҟазшьа — абзиабара ауп. Инапхгара иашоуп, Иаҳра иаарласны агәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥнаҵәоит, насгьы ауаа аҭынчреи, агәырӷьареи, анасыԥи рзаанагоит (Аԥсал. 37:10, 11, 29; 1 Иоанн 4:8). Иегова изкны аиаша анаҳҳәо, ихьӡ ҳаԥшьоит. Иара убас ҳара ҳаигәырӷьоит ҳхаҭақәагьы иаҳху ахьӡ инақәыршәаны ҳахьынхо. w24.05 18, абз. 12
Ашәахьа, октиабр 19
Ачара анууа, ааԥхьара рыҭала иӷару, зхы иамыхәо, ицыркьуа, илашәу ауаа. Уи анасыԥ унаҭоит, избанзар дара ирылшаӡом рыҩныҟа ааԥхьара уҭара. Уара уакәзар, ауаа иашақәа рыԥсы анҭало аамҭазы уҳамҭа уоуеит (Лука 14:13, 14).
Аишьцәа, аиашьа «асасдкылара» илазароуп иаанагоит егьырҭ рзы абзиара аҟаҵара, урҭ ҳҩызцәа гәакьақәа рыкәымзаргьы (1 Пиотр 4:9). Абиблиатә еилыркаагак аҿы асасдкылара злоу ауаҩы изкны абас ануп: «Уи изымдыруа ауаа рзы иҩнашәи игәи еснагь иҟьаҟьаӡа иаартуп». Ухы уазҵаа: «Сырдыруама сара аизарахь иааиуа асасцәа гәыкала издызкыло ауаҩ иеиԥш?» (Аур. 13:2, 16). Асасдкылара злоу ауаҩы имоу егьырҭ ирыцеиҩишоит. Егьырҭ рахь иаҵанакуеит иӷару ауаа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы гәыкала аџьабаа збо Иегова имаҵзуҩцәа, иаҳҳәап, ажәахә зманы иқәгыларц иааз аишьцәа ма араион ахылаԥшыҩцәа (Алаг. 18:2—8; Ажәам. 3:27; Аус. 16:15; Рим. 12:13). w24.11 21, абз. 6
Аҩаша, октиабр 20
Зҽырхианы иҟаз аҭыԥҳацәа уи ахаҵа ачара ахьыҟаз аҩны ицыҩналеит (Матф. 25:10).
Иисус аԥҳәыс даазго ахаҵа иԥыларц ицаз жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана еиҭеиҳәеит (Матф. 25:1—4). Урҭ зегьы ицны ачарахь ацара ргәы иҭан. Урҭ рҟынтә хәҩык Иисус иҟәышу ҳәа рзиҳәеит, егьырҭ хәҩык — иҟәышым ҳәа. Иҟәышыз аҭыԥҳацәа ибзианы рҽазыҟаҵаны иҟан, насгьы аԥҳәыс даазго ахаҵа шаҟа аҭаххо изыԥшра иазхиан. Иара дынханы аҵх агәазы даар ҳәа акәаҷабқәагьы, уи иҭарҭәашаз ахәшагьы шьҭырхит (Матф. 25:6—10). Аԥҳәыс даазго ахаҵа данааи, иҟәышыз аҭыԥҳацәа ачарахь ицны ицеит. Убас еиԥшҵәҟьа доуҳала иалху ақьырсианцәагьы ргәырҽанызар ауп, насгьы Христос дааиаанӡа Анцәа изиашаны иаанхар ауп. Убасҟан дара рҳамҭа роуеит, насгьы Аԥҳәыс даазго ахаҵа, Иисус, жәҩантәи Аҳраҿы иҽидыркылоит (Аат. 7:1—3). w24.09 21, абз. 6
Ахаша, октиабр 21
Ауаа рацәа збеит — милаҭс... иҟоу зегь рҟынтә ауаа (Аат. 7:9).
Ҳмаҵзура шаҟа алҵшәа бзиақәа аанаго анаҳбо, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара еиҳагьы иаҳҭаххоит. Есышықәса миллионҩыла ауаа Абиблиа рҵоит, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларагьы иаҭаауеит. Шәнызықьҩыла ауаа аӡы рыҽӡаархуеит, иҳавагыланы ажәабжь аҳәарагьы иалагоит. Ҳара иҳаздырӡом иҵегьы Аҳра иазку ажәабжь здызкыло шаҟаҩы ҟало. Аха ҳара иаҳдыруеит Иегова арыцҳара ду аан еиқәирхо ԥхьаӡашьа змам ажәлар реизгара дшаҿу (Аат. 7:9, 14). Аҽаҩра Зтәу, Иегова, ибоит аҽаҩра макьана ишҭагалам. Убри аҟынтә ҳара анаҩсгьы ажәабжь бзиа ҳҳәалоит (Лука 10:2). Аханатә аахыс Иисус иҵаҩцәа гәацԥыҳәарала ажәабжь ахьырҳәоз ала егьырҭ ауаа ирылукаауан. Апостолцәа иаадырԥшуаз агәымшәарала ауаа ирдыруан «урҭ Иисус ицыз шракәыз» (Аус. 4:13). Ҳаргьы Ҳарҵаҩы Иисус Христос иеиԥш гәымшәаралеи гәацԥыҳәаралеи ажәабжь ҳҳәалар ҳҭахуп. w25.03 18, абз. 15; 19, абз. 17, 18
Аԥшьаша, октиабр 22
Иегова, дызусҭада ауаҩы, уара уизхьаԥшыртә еиԥш? (Аԥсал. 144:3).
Абиблиа иаҳнарҵоит Иегова ауаа зегь хьаас ишимоу, егьырҭ иатәарымбогьы. Иаҳҳәап, ҽнак Иегова ааҩык аԥацәа змаз Иессеи иахь аԥааимбар Самуил дишьҭит. Анцәа Самуил иеиҳәеит урҭ руаӡәк Израиль аҳас далихырц. Иессеи иԥацәа зегьы ааиԥхьеит, зегь иреиҵбыз, Давид, ида. Аха иара иоуп Иегова иалихыз (1 Сам. 16:6, 7, 10—12). Иегова Давид иҿы егьырҭ ирымбоз ибон, — уи аҷкәын Анцәа даара бзиа дибон. Уазхәыц Иегова хьаас ушимоу шааирԥшуа. Иара уҭагылазаашьа ианаалаҵәҟьо алабжьара уиҭоит (Аԥсал. 32:8). Иаанамырԥшӡои уи ибзианы ушидыруа? (Аԥсал. 139:1). Иегова иуиҭо алабжьара ухы ианаурхәо, насгьы хәарҭа шузаанаго анубо, уи Иегова уԥсҭазаара дшалахәу агәра унаргоит (1 Аш. 28:9; Аус. 17:26, 27). Иегова имаҵ ауразы, насгьы уизыӡырҩларц азы иҟауҵо ибоит. Уҟазшьа ԥшӡақәа рыхә ҳаракны ишьоит, дуҩызахарцгьы иҭахуп (Иер. 17:10). w24.10 25—26, абз. 7—9
Ахәаша, октиабр 23
[И]рыцҳаишьеит, избанзар ахьча дызмамыз ауасақәа иреиԥшын (Марк 6:34).
Уара, ҳәарада, Иегова даара бзиа дубоит, насгьы егьырҭ рымаҵ аура мап ацәукӡом. Иуцхраар алшозеи егьырҭ рзы ак аҟаҵаразы угәаҳәара арӷәӷәара? Уазхәыц аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара шаҟа агәырӷьара узаанагар алшо. Иисус иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» (Аус. 20:35). Иара арҭ ажәақәа инарықәыршәаны дынхон, егьырҭ рымаҵ аура агәырӷьарагьы изаанагон. Иаҳгәалаҳаршәап Марк 6:31—34 рҿы иану Иисус иԥсҭазаара аҟынтә хҭыск. Иисус иапостолцәеи иареи даара иааԥсаны иҟан, убри аҟынтә рыԥсы ршьарц азы иахьҭынчраз ҭыԥк ахь идәықәлеит. Аха аӡәырҩы уи анеилыркаа, Иисус иажәа ҟәышқәа раҳарц азы дара раԥхьа уахь инеит. Иисус ауаа рацәа аниба, урҭ мап рцәикыр ауан, избанзар апостолцәеи иареи «акрыфахаҵәҟьагьы рымамызт». Мамзаргьы еизаз акы-ҩба зхәыцра нараҳәаны, рыҩныҟа ишьҭыр илшон. Аха Иисус абзиабара илан, убри аҟынтә «урҭ акыр дырҵара далагеит», насгьы «ахәлара ианалага» ауп даналга (Марк 6:35). w24.11 16, абз. 9, 10
Асабша, октиабр 24
Шәусқәа рзы Анцәа дышәзылԥхоит (2 Аш. 15:7).
Аҭаацәа, шәхәыҷы Абиблиа аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәашьа ишәырҵала (Рим. 10:10). Абиблиа аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара амузыкатә инструмент арҳәашьа ануҵо иаҩызоуп. Раԥхьа имариоу амелодиақәа рыла уалагоит. Хәыҷы-хәыҷла уҟазара еизҳауеит, еиҳа ицәгьоу амелодиақәа рырҳәара уалагоит. Иқәыԥшу ақьырсиан ихаҵара аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара даналагогьы имариоу азнеишьа ихы иаирхәалар илшоит. Иаҳҳәап, иара аҵара ицызҵо диазҵаар ауеит: «Иудыруазма анџьнырцәа ак анырхәыцуа, аԥсабараҿы иҟоу ишаҿыԥшуа? Иуҭахума уи иазку видеонҵамҭак усырбоит?» Арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» аҟынтә авидеонҵамҭа данаирхәаԥшлак, абас иҳәар илшоит: «Ауаа лассы-лассы аҵарауаа иҟарҵо иџьашьаны иахәаԥшуеит, аха урҭ уи шыҟарҵо аԥсабараҿы иҟоу иаҿыԥшны ауп. Иаԥсада, нас, арҽхәара аоригинал азы?» Иҟалап уи ашьҭахь аҵара уцызҵо Иегова изкны еиҳаны еиликаар иҭаххар. w24.12 19, абз. 17, 18
Амҽыша, октиабр 25
Аӡәы заҵәык ихҟьаны адунеи агәнаҳа иаҵалеит, агәнаҳа аԥсра ахылҿиааит (Рим. 5:12).
Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы Иисус адгьыл ахь даашьҭны ҳҿихыртә иҟаиҵеит. Аха иалшозма аӡәы иԥсхҭынҵара миллионҩыла ауаа еиқәнархар? Апостол Павел иҳәеит: «Аӡәы [Адам] Анцәа дахьизымӡырҩыз азы, агәнаҳа иаҵалаз рацәаҩхазар, аӡәы [Иисус] Анцәа дахьизыӡырҩыз азы, уаа иашақәаны иԥхьаӡахо рацәаҩхоит» (Рим. 5:19; 1 Тим. 2:6). Даҽакала иуҳәозар, инаӡоу уаҩык Анцәа дахьизымӡырҩыз азы ҳара агәнаҳаи аԥсреи ҳҭынхеит, убри аҟынтә агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаурц азы инаӡоу даҽа уаҩык Анцәа дизиашаны даанхар акәын. Иегова Адам ихылҵыз изыӡырҩуаз ауаа наӡаӡа анхаразы алшара риҭар амуӡози? Ҳара инаӡам уаауп, убри аҟынтә уи бзиахон ҳәа ҳгәы иаанагар ауеит. Аха уи аҩыза ҟалашьа амамызт, избанзар Анцәа ус ҟаиҵазҭгьы, Адам иҟаиҵаз агәнаҳа имбазшәа ҟаиҵар акәхон. Аха иара ус ахаан иҟаиҵарымызт, избанзар аиашара злоу Анцәа иоуп! w25.01 20—21, абз. 3, 4
Ашәахьа, октиабр 26
Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо (2 Кор. 5:7).
Апостол Павел идыруан иаарласны дшыршьуаз. Аха иԥсҭазаара даназхәыцуаз, акгьы дахьхәӡомызт. Иара иҳәеит: «Сара... сызныланы сыҩуаз амҩа аҵыхәанӡа снеит, схаҵара сыхьчеит» (2 Тим. 4:6—8). Павел иԥсҭазаара Иегова имаҵ аура иазикит. Уи даара иҟәыӷаран. Иара идыруан Анцәа дшизыразыз. Ҳаргьы Иегова дҳаргәырӷьаларц азы иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳҭахуп. Иҳацҳраауазеи уи аҿы? Павел ихазы, насгьы Анцәа изиашаз ақьырсианцәа рзы абас иҳәеит: «Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо». Иегова дхазҵо ауаа игәаанагара иазхәыцны аӡбарақәа рыдыркылоит. Убас Анцәеи илабжьарақәеи рыгәра шырго аадырԥшуеит (Аԥсал. 119:66; Аур. 11:6). w25.03 20, абз. 1, 2
Аҩаша, октиабр 27
Шәыхшыҩ рҿыцуа шәҽышәыԥсахла (Рим. 12:2).
Ҳара аҭынчра бзиа иаҳбоит, насгьы акгьы ҳацәшәаӡом. Анцәа идоуҳа ацхыраарала аӡәырҩы шьаҭанкыла рҽырыԥсахит. Уаанӡа дара агыгшәыгқәа реиԥш игәымбылџьбараз, рыцҳашьарак зламыз уаан, ма амц рҳәон (Ис. 65:25). Аха дара иҽеим урҭ аҟазшьақәа аанрыжьит (Еф. 4:22—24). Ҳәарада, ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә уеизгьы агхақәа ҳахьлоит. Аха Иегова ҳшеиԥшымгьы, абзиабареи аҭынчреи ҳабжьаҵаны ҳаидикылеит (Тит 2:11). Уи аҩыза аџьашьахәы зылшо Зегьзымчу Анцәа заҵәык иоуп! Анцәа иқәыргәыӷрақәа еснагь инаӡоит (Ис. 55:10, 11). Адоуҳатә џьанаҭ ҟалахьеит. Иегова зеиԥшыҟам ажәлар еиҿикааит. Иара имаҵзуҩцәа рыбжьара ҳаныҟоу, аҭынчра ҳамоуп, насгьы акгьы ҳацәшәаӡом, аӡәгьы уахьиҭахым адунеи аҿы ҳшынхогьы (Аԥсал. 72:7). Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ҳдоуҳатә ҭаацәара рҽадыркыларц. Уи азы ҳара аҵаҩцәа азыҟаҳҵалар ауп (Матф. 28:19, 20). w24.04 23, абз. 13, 15
Ахаша, октиабр 28
Ҳара ҳакәзар, Христос ихәыцшьа ҳамоуп (1 Кор. 2:16).
Иисус Иегова убриаҟара бзиа дибон, ихшыҩ зегьы иара изикуан. Иисус идыруан Анцәа иара иҟынтә дыззыԥшыз, насгьы иҳәатәы анагӡара дазхиан. Уи иахҟьаны аԥышәарақәа дрықәшәараны дшыҟазгьы, уи дацәшәаӡомызт. Иисус зегь раԥхьаӡа иргыланы дзызхәыцуаз Иаб дыширгәырӷьалаша акәын. Иара изы уи аасҭа ихадаз акгьы ыҟаӡамызт. Пиотри егьырҭ апостолцәеи Иисус аамҭа рацәаны ицырхыргон. Дара ирбон Иисус дышхәыцуаз, насгьы ихәыцшьа иҿырҵаалар рылшон. Пиотр актәи исаламшәҟәаҿы ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит Христос иеиԥш ахәыцра иазхиазарц (1 Пиотр 4:1). Иара арҭ ажәақәа аниҩуаз ихы иаирхәеит аибашьразы забџьар еиқәзыршәо аруаа рыӡбахә анырҳәо рхы иадырхәо ажәа. Ақьырсианцәа Иисус ихәыцшьа иаҿыԥшуазар, рцәеижь агәаҳәарақәеи Аҩсҭаа дызхагылоу адунеии рҿагыларазы бџьарла еиқәшәазаауеит (2 Кор. 10:3—5; Еф. 6:12). w25.03 8—9, абз. 1—3
Аԥшьаша, октиабр 29
Ауаҩы игәҭахәыцрақәа иҵаулоу аҵеџь иҭоу аӡы иеиԥшуп, аха аилкаара змоу ауаҩы урҭ ҭигоит (Ажәам. 20:5).
Еилкаатәуи ауаҩы изкны аибадырра апериод аан? Ауаҩы уишьцылаанӡа иҟалап ихадоу темақәак урылацәажәарц уҭаххар. Иаҳҳәап, еиқәшәома шәхықәкқәа? Иҳацхраауазеи ауаҩы дзеиԥшраҵәҟьоу аилкаара? Иреиӷьу азнеишьақәа руак — иаартны, акгьы мӡаӡакәа аицәажәара ауп. Азҵаарақәа ықәшәыргылала, насгьы ибзианы шәӡырҩла (Иак. 1:19). Ишәыцхраауазеи уи аҿы? Шәеицәажәартә алшара шәызҭо аусқәа еицыҟашәҵала. Иаҳҳәап, акреицышәфала, џьара шәеиццала, ажәабжь еицышәҳәала. Шәҩызцәеи шәҭаацәеи рыбжьара шәаныҟоугьы еиӷьны шәеибадыруеит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы шәхы шымҩаԥыжәго, насгьы еиуеиԥшым ауаа шәшырзыҟоу шәеилзыркаауа аусқәа еицыҟашәҵала. w24.05 28, абз. 6, 7
Ахәаша, октиабр 30
Анцәа шәиҿыԥшла, избанзар шәара бзиа иибо ихәыҷқәа шәоуп (Еф. 5:1).
Ҳаԥхьаҟа аамҭа цәгьақәа ҳзыԥшуп. Усҟан Анцәа уажәы аасҭагьы ҳиқәгәыӷлар акәхоит. Убри аҟынтә шәаԥхьала Анцәа ажәытәан инхоз, насгьы иахьа инхо имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз атәы. Шәазхәыцла Анцәа урҭ шеиқәирхоз, ишихьчоз. Усҟан Иегова шәаргьы шәыцаҟьа иакәхоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ргәы ашьҭыхра шәылшоит. Иисус Симон даҽа хьӡык ииҭеит — Кифа (бырзен бызшәала Пиотр), уи иаанагоит «ацаҟьа ԥҽыха» (Иоанн 1:42). Уи Пиотр аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шышьҭихло, насгьы рхаҵара арӷәӷәара дышрыцхраало аанарԥшуан. Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа «ацаҟьа ду иунаҭо ашәшьыра» иаҿырԥшуп, избанзар дара аизара иеиҷаҳауеит (Ис. 32:2). Ҳәарада, уи аҟаҵара зыхәҭоу аизара ахылаԥшыҩцәа рымацара ракәӡам. Ҳарҭ зегьы иҳалшоит Иегова ҳаиҿыԥшны, аӡәи-аӡәи ҳгәы шьҭибахлар, убасала аӡәи-аӡәи ҳзы ацаҟьа ҳаҩызахар. w24.06 28, абз. 10, 11
Асабша, октиабр 31
Иегова... иара заҵәык уизиашазар иҭахуп (Ҩынтә. 4:24).
Иегова изиашаз Израиль аҳцәа иара ишиҭахыз еиԥш имҵахырхәон. Иегова изиашамыз аҳцәа реиҳараҩык Иегова изакәан ааныжьны, амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иалагеит (1 Аҳ. 21:25, 26; 2 Аш. 12:1). Избан аҳцәа ииашоу амҵахырхәара ишазыҟаз Иегова изы абриаҟара изхадаз? Актәи, Анцәа ишимҵахырхәалатәу аганахьала аҳцәа ажәлар аҿырԥшы ддырбалар рыхәҭан. Аҩбатәи, амцмҵахырхәара ауаҩы егьырҭ агәнаҳа ӷәӷәақәа рахь днанагоит. Иара убас амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иалаго ауаҩы изааигәоу ииашамкәа дрызныҟәо далагоит (Ос. 4:1, 2). Ахԥатәи, ажәларгьы аҳцәагьы Иегова изкын. Убри азоуп Абиблиаҿы урҭ рхымҩаԥгашьа ахатә ҩыза иԥсахра изаҿырԥшу (Иер. 3:8, 9). Зхатә ҩыза дзыԥсахуа ауаҩы ихатә ҩыза даараӡа игәы иирхьуеит. Убасоуп Иеговагьы игәы шихьуа, имаҵзуҩы иара дааныжьны, даҽаӡәы имҵахырхәара даналаго ма даҽакы (Ҩынтә. 4:23). w24.07 22—23, абз. 12—15